Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Уазхәыц уи аамҭа

Уазхәыц уи аамҭа

Ахҩылаара:

  1. 1. Ҳаамҭа цәгьоуп, инҵәом ҳгәырҩақәа,

    Икәадахеит ҳара ҳамчқәа.

    Нас, сыбла хызҩар еиҭагьы,

    Ҿыц сгәыӷра збоит аԥсы ҭаны.

    АХАПА

    Уазхәыци уара: ҳгәаҟрақәа нҵәахьеит.

    Иԥшӡоуп аԥсҭазаара, ҩаԥхьа ҳҿахеит.

    Уазхәыци, ҳанҿыхо абас ҳҳәоит зегьы:

    «Иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит, Ҳаб, иҿыцу амш азы!»

  2. 2. Исмаҳацт ахаан абыжьқәа.

    Ирбом са сыблақәагь уажәшьҭа.

    Уи амш ааигәоуп, иансаҳало,

    Ҳдунеи ԥшӡа сыбла ианабо.

    АХАПА

    Уазхәыци уара: ҳгәаҟрақәа нҵәахьеит.

    Иԥшӡоуп аԥсҭазаара, ҩаԥхьа ҳҿахеит.

    Уазхәыци, ҳанҿыхо абас ҳҳәоит зегьы:

    «Иҭабуп ҳәа, Ҳаб, иуаҳҳәоит иҿыцу амш азы!»

    АИАСЫРҬА

    Ишԥасҭаху иахьаҵәҟьа сныҟәаларц,

    Ԥшаҵас сласны са сҿынасхарц!

    АХАПА

    Уазхәыци уара: ҳгәаҟрақәа нҵәахьеит.

    Иԥшӡоуп аԥсҭазаара, ҩаԥхьа ҳҿахеит.

    Уазхәыци уара: зегь ҳаицгәырӷьо ҳкәашалоит,

    Иҿыцу амшгьы ҳаргәырӷьалоит.

    АХАПА

    Уазхәыци уара: ҳгәаҟрақәа нҵәахьеит.

    Иԥшӡоуп аԥсҭазаара, ҩаԥхьа ҳҿахеит.

    Уазхәыци, ҳанҿыхо абас ҳҳәоит зегьы:

    «Иҭабуп, Ҳаб, ари амш азы!»