Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 146

Зегьы ҿыцны исшоит

Зегьы ҿыцны исшоит

(Аатра 21:1—5)

  1. 1. Иҳанаҳәо аамҭақәа рдырга акоуп:

    Иисус Христос дгылеит, Аҳас дҟаҵоуп.

    Хыхь ажәҩангьы цқьоуп, Аҩсҭаа ихьымӡӷ ҳбеит,

    Ҳазшаз игәаԥхара шьҭа иааигәахеит.

    АХАПА

    Ауаа иҭыԥаҿ инхалоит,

    Анцәа еснагь рыгәҭа дҟалоит.

    Ҳгәырҩеи ҳхьааи зынӡа иаҳԥырҵуеит,

    Аԥсреи аҵәыуареи наҟ иӡуеит.

    Ҳанцәа иҳаиҳәеит: «Зегьы ҿыцны исшоит.

    Ишәасҳәахьоу насыгӡоит».

  2. 2. Иерусалим Ҿыц зегь рыбла иабап,

    Асысгьы аҭаца рацәа дҽырбап.

    Хаҳәы ԥшӡала лхаҵа изы дкаҷҷоит,

    Иегова длашараны дылхаԥхоит.

    АХАПА

    Ауаа иҭыԥаҿ инхалоит,

    Анцәа еснагь рыгәҭа дҟалоит.

    Ҳгәырҩеи ҳхьааи зынӡа иаҳԥырҵуеит,

    Аԥсреи аҵәыуареи наҟ иӡуеит.

    Ҳанцәа иҳаиҳәеит: «Зегьы ҿыцны исшоит.

    Ишәасҳәахьоу насыгӡоит».

  3. 3. Уи ақалақь ргылан,— насыԥ дук иатәуп,

    Агәашәқәа уахи-ҽни убра иаартуп.

    Анцәа ижәлар уи илашара рԥхо,

    Ирхылҵуеит дара иара ихьӡ-иԥша.

    АХАПА

    Ауаа иҭыԥаҿ инхалоит,

    Анцәа еснагь рыгәҭа дҟалоит.

    Ҳгәырҩеи ҳхьааи зынӡа иаҳԥырҵуеит,

    Аԥсреи аҵәыуареи наҟ иӡуеит.

    Ҳанцәа иҳаиҳәеит: «Зегьы ҿыцны исшоит.

    Ишәасҳәахьоу насыгӡоит».

(Уахәаԥш иара убас Матф. 16:3; Аат. 12:7—9; 21:23—25.)