Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 28

Иегова уиҩызаха

Иегова уиҩызаха

(Аԥсалом 15)

  1. 1. О, Иегова, Ҳаб,

    Ҩызас иумада?

    Дарбан иузааигәоу, кыр иузаԥсоу?

    Уашҭахь инеиуада?

    Згәыӷра акыр иӷәӷәоу,

    Уажәала зыԥсы ҭоу,

    Ҽԥныҳәа змаӡам, аиашара злоу,

    Иаша мҩала ицо.

  2. 2. Ҩызас иузааигәаӡоу

    Сзыҟалару сара?

    Дарбан иаҿало ушьха иԥшьоу?

    Ԥхьакырҭа зыԥшаара?

    Ухьӡ ҳаракы зыԥшьо,

    Уажәа ҵары зыхьчо.

    Уи згәы ҳалалу, иашара злоу,

    Амц бзанҵы изымҳәо.

  3. 3. Ҳуқәгәыӷуеит, о, Ҳанцәа,

    Ҳамҩа уахылаԥшла.

    Улаԥш хааӡа ианҳацу ҳара,

    Иацлоит ҳа ҳхаҵара.

    Ҳашьҭоуп иҳарӷәӷәаларц

    Ҳҩызара иҳабжьоу!

    Зегь раҵкьыс иеиӷьу Ҩызоуп уара,

    Бзиабара цқьа злоу.

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 139:1; 1 Пиотр 5:6, 7.)