АШӘА 3
Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара
(Ажәамаанақәа 14:26)
-
1. Гәыӷрак ҳаҭәеишьеит Иегова Ҳаб.
Ҳахӡыӡаауеит иара.
Кыр иаԥсоу агәыӷра аӡбахә
Рызнаҳгалоит ауаа.
Аха ҳхьаақәа ҳдыргәаҭеилоит ҳарҭ,
Ҳдырцәом урҭ, ҳдыргәаҟлоит цәгьа.
Нас инҿыцәаауеит агәыӷра,
Иахылҵуам ԥхаррак шьҭа.
АХАПА
Иегова — ҳзықәгәыӷуа еснагь Шьаҟоуп,
Иҳамоу Мчыс, Ҳацаҟьа ӷәӷәа.
Ҳарҭ ҳазмыхәо уа ула иҳалшароуп,
Ҳазшаз заҵәык уоуп ҳазхәаԥшуа!
-
2. Ҳагәқәа рҿы, Иегова, ианҵала,
Ҳахшыҩаҿ иҟалааит,
Ҳгәы шурӷәӷәоз ианыуадаҩӡаз
Иаҳгәалаҳаршәалааит.
Ҳаб, ушҳацхраауаз анҳгәалашәо,
Ҩаԥхьа амчқәа ҳарҳауеит.
Уара ухьыӡ ҳарҭ, Иегова,
Зегьы идҳарҳауеит!
АХАПА
Иегова — ҳзықәгәыӷуа еснагь Шьаҟоуп,
Иҳамоу Мчыс, Ҳацаҟьа ӷәӷәа.
Ҳарҭ ҳазмыхәо уа ула иҳалшароуп,
Ҳазшаз заҵәык уоуп ҳазхәаԥшуа!
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 72:13, 14; Ажәам. 3:5, 6, 26; Иер. 17:7.)