Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 54

«Абар, амҩа»

«Абар, амҩа»

(Исаиа 30:20, 21)

  1. 1. Ари аҭынчра мҩоуп,

    Иудыруаз уи уара.

    Ҳанылт Ҳаб иажәала

    Уи амҩа жәытә ҳара.

    Христос убри дирҵон,

    Зегь рыла уи дҿырԥшуп.

    Аиаша ҳбеит уажәшьҭа,

    Ҳагьықәныҟәарц ҳаҿуп.

    АХАПА

    Ииашоу мҩоуп, хақәиҭра ҳазҭо мҩоуп,

    Умхьаҵроуп шьҭа, хаҵарала уӷәӷәоуп!

    Анцәа ибжьы ҳмаҳауеи иахьа:

    «Мҩа иашоуп уи. Ԥхьаҟа уара уеиха!».

  2. 2. Уи бзиабара мҩоуп.

    Ухьамԥшлароуп шьҭахьҟа.

    Умшәан, цәгьарак уаниар,

    Иӡбоит зегьы Анцәа.

    Ибзиабара цқьоуп.

    Мраҵас иԥхоит иара!

    Абзиабаразы

    Иҳаут аԥсҭазаара.

    АХАПА

    Ииашоу мҩоуп, хақәиҭра ҳазҭо мҩоуп,

    Умхьаҵроуп шьҭа, хаҵарала уӷәӷәоуп!

    Анцәа ибжьы ҳмаҳауеи иахьа:

    «Мҩа иашоуп уи. Ԥхьаҟа уара уеиха!».

  3. 3. Аԥсҭазаара мҩоуп уи,

    Уанымҵын, нас, зынӡа.

    Ишыҟам иеиӷьу мҩак

    Агәра ҳиргоит Анцәа.

    Аҭынчра уа иҳауп,

    Аԥсҭазаарагь ҳаԥшаап.

    Зегьирхаку дырҽхәо,

    Гәык-ԥсыкала ҳшәаҳәап.

    АХАПА

    Ииашоу мҩоуп, хақәиҭра ҳазҭо мҩоуп,

    Умхьаҵроуп шьҭа, хаҵарала уӷәӷәоуп!

    Анцәа ибжьы ҳмаҳауеи иахьа:

    «Мҩа иашоуп уи. Ԥхьаҟа уара уеиха!».

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 32:8; 139:24; Ажәам. 6:23.)