Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 71

Иегова ируаа ҳауп!

Иегова ируаа ҳауп!

(Ефесаа рахь 6:11—14)

  1. 1. Ҳара, Иегова ируаа,

    Уи Иԥа Ҳаҳ иоуп.

    Аҩсҭаа ԥырхага шҳаиҭогь,

    Аӡәк иеиԥш ҳа ҳаимадоуп.

    Ажәлар ажәабжь раҳҳәар ауп,

    Ҳмаҵзура нагӡо.

    Ауадаҩрагь ҳхаҳгап,

    Мап, зынӡа ҳшәаӡом.

    АХАПА

    Ҳара, Иегова ируаа,

    Иԥа даҳхадоуп.

    Зегь ирылаҳҳәароуп:

    «Шьҭа Иисус Аҳ иоуп».

  2. 2. Имаҵ ҳуеит Иегова,

    Ҳрышьҭоуп згәы аарту,

    Гәырҩа змоу, иҵәыуо,

    Ирыцҳаугьы батәуп.

    Ажәа иаша иазгәышьуа

    Ргәы ҳарҭәып зегьы.

    Аҳратә залқәа рышҟа

    Иааҳаԥхьап даргьы.

    АХАПА

    Ҳара, Иегова ируаа,

    Иԥа даҳхадоуп.

    Зегь ирылаҳҳәароуп:

    «Шьҭа Иисус Аҳ иоуп».

  3. 3. Ҳара, Иегова ируаа,

    Ԥхьаҟа ҳа ҳцалоит.

    Аибашьразы ҳмазеиуп,

    Идоуҳа ҳа ҳагоит.

    Алахҿыхра ҳахьчалап,

    Ҳгәаҳҽанызаалап.

    Ауадаҩра ҳақәшәар,

    Ҳиашара ҳахьчап.

    АХАПА

    Ҳара, Иегова ируаа,

    Иԥа даҳхадоуп.

    Зегь ирылаҳҳәароуп:

    «Шьҭа Иисус Аҳ иоуп».

(Уахәаԥш иара убас Флп. 1:7; Флм. 2.)