АШӘА 76
Цәаныррас иумоузеи?
-
1. Гәыкала уус уазнеит,
Уи уара ишԥауныруеи?
Ажәлар ажәабжь дырҳара
Цқьа уашьҭамзи уара.
Умчқәа зықәхоз ҟауҵеит,
Анцәагьы иазирҳауеит.
Згәаҵа ҟьаҟьаӡа иаарту
Уи дрыхәарц ауп дызҿу.
АХАПА
Иеилаҵәап шьҭа ҳара ҳабжьқәа,
Ианырҳәо аҽхәаԥхьыӡ ҳагәқәа.
Ҳарҭ иаҳҭахыми есымша
Ҳазшаз ихьӡ аҭгара.
-
2. Уара ишԥауныри,
Ауаа ҭынчқәа рахь уаннеи?
Уажәабжь ақәҿиҭит аӡәы,
Уи неирц игәаҿы.
Имӡырҩуагьы рацәоуп:
Русқәа маҷым, еилахоуп.
Умазеиуп зегь акоуп,
Шаҳаҭразы ухиоуп.
АХАПА
Иеилаҵәап шьҭа ҳара ҳабжьқәа,
Ианырҳәо аҽхәаԥхьыӡ ҳагәқәа.
Ҳарҭ иаҳҭахыми есымша
Ҳазшаз ихьӡ аҭгара.
-
3. Ҳаб думыхӡыӡаауеи,
Нас, уара ишԥауныруеи?
Ҳаҭыр уиҭеит уаԥсахарц,
Шаҳаҭра ҟауҵаларц!
Ҳаҟами ҳаҽхәалартә,—
Анцәа Иажәа дҳарҵалартә.
Ҳусгьы хыркәшахоит лассы,
Иаԥсоу ҳаԥшаап ҳласны!
АХАПА
Иеилаҵәап шьҭа ҳара ҳабжьқәа,
Ианырҳәо аҽхәаԥхьыӡ ҳагәқәа.
Ҳарҭ иаҳҭахыми есымша
Ҳазшаз ихьӡ аҭгара.
(Уахәаԥш иара убас Аус. 13:48; 1 Фес. 2:4; 1 Тим. 1:11.)