Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 83

«Ҩнык аҟнытә даҽа ҩнык ахь»

«Ҩнык аҟнытә даҽа ҩнык ахь»

(Аусқәа 20:20)

  1. 1. Ҩнаҭак аҟынтә даҽак ахь ҳцо,

    Иегова иажәабжь ҳҳәоит.

    Қалақьи қыҭеи ҳаҩмыжькәа,

    Иԥсаса ҳахьчалоит.

    Аԥсҳара шааигәахаз иазкны

    Ибзиоу ажәабжь ҳҳәоит,

    Аԥсҳа ишиҳәаз еиԥш, иахьа

    Зегьы ирылаҳҳәоит.

  2. 2. Ҩнаҭак аҟынтә даҽа ҩнык ахь

    Агәыӷра наҳамгои.

    Ҳазшаз ихьӡ зҳәо, уи, хымԥада,

    Аԥсеиқәхара имбои.

    Аха ҳаҭыр злаиқәаҳҵои

    Знык зыӡбахәгьы ҳмаҳац?

    Ирзааҳартып иажәхьоу, иҿоу

    Иҳаракӡоу уи ахьӡ.

  3. 3. Нас, ажәабжь Аҳра ду иазку

    Зегьы ирхьыҳагӡап.

    Уи рыдыркылома дара?

    Ҳара иаҳзыӡбом, мап.

    Ирзеиҭаҳҳәап аԥеиԥш атәы,

    Уи ҳақәиргәыӷт Ҳазшаз.

    Ҳархысны ҳарҭ аҩнаҭақәа,

    Иԥсасагьы ҳаԥшаап.

(Уахәаԥш иара убас Аус. 2:21; Рим. 10:14.)