Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 89

Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит

Аӡырҩра азылԥхарақәа аанагоит

(Лука 11:28)

  1. 1. Ҳаизыӡырҩуама Иисус гәыҭыӷьӷьаала?

    Уи иажәақәа ҳамҩа дыркаҷҷалоит.

    Урҭ ҳхы иаҳархәозар, иаҳдыруа ала,

    Ҳанцәа даҳзылԥхоит, насыԥлагь ҳирҭәлоит.

    АХАПА

    Цқьа уӡырҩы, инагӡа —

    Нас ирӷәӷәала ухаҵара.

    Иаарту Анцәа игәаԥхара нагӡа —

    Зылԥхара угмыз зынӡа.

  2. 2. Ҳәарада, иалшоит ҳаԥсҭазаашьа ҳахьчар,

    Ахаҳә-цаҟьаҿ иқәҳаргылар ҳаҩны.

    Икаҳарым уи, аԥшатлакә аацәырҟьар,

    Ҳҟалар Иисус иажәа ҳгәы азцаны.

    АХАПА

    Цқьа уӡырҩы, инагӡа —

    Нас ирӷәӷәала ухаҵара.

    Иаарту Анцәа игәаԥхара нагӡа —

    Зылԥхара угмыз зынӡа.

  3. 3. Ашәыр ду аҵла ианаамҭоу иҿамлои,

    Аӡы ахьхьаҳәа иахьцо иазҳалар.

    Ԥхьаҟа инымҵәо аԥсҭазаара ҳԥымлои,

    Хәыҷҵас Анцәа иҳәатәы ҳаҳалар.

    АХАПА

    Цқьа уӡырҩы, инагӡа —

    Нас ирӷәӷәала ухаҵара.

    Иаарту Анцәа игәаԥхара нагӡа —

    Зылԥхара угмыз зынӡа.

(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 28:2; Аԥсал. 1:3; Ажәам. 10:22; Матф. 7:24—27; Лука 6:47—49.)