АШӘА 97
Ҳазшаз Иажәала ҳанхоит
-
1. Дгьыли-жәҩани ишеит Анцәа,
Зажәақәа назыгӡаз.
Ҳа ҳанхом ча мацарала,—
Иажәа ҳацуп Ҳазшаз.
Ҳаб иҳаиҭоит агәырӷьара,
Ҳгәаҵаҿ гәыӷрак убас.
АХАПА
Ҳа ҳанхом ча мацарала,—
Иажәа ҳацуп Ҳазшаз.
Ҳгәы зыхьчо, нас ҳахшыҩ зааӡо,
Иажәа ҳацуп Ҳазшаз.
-
2. Анкьа зны Анцәа имаҵ зуаз
Ирыхҳәаау ҵабыргуп.
Урҭ рхаҵареи, нас ргәымшәареи
Ҳарҭ ҳзызгәдуу ҿырԥшуп.
Урҭ ахҭысқәа ртәы ҳаԥхьалар,
Ҳакәымхои кыр зычҳаз.
АХАПА
Ҳа ҳанхом ча мацарала,—
Иажәа ҳацуп Ҳазшаз.
Ҳгәы зыхьчо, нас ҳахшыҩ зааӡо,
Иажәа ҳацуп Ҳазшаз.
-
3. Иажәа цқьами, уи ҳаԥхьонаҵ
Ҳҟәышны ҳарҭ ҳаанхалоит.
Иуадаҩӡоу аԥышәараан
Ҳаб ҳагәқәа ирӷәӷәалоит.
Аԥшьаҩыра хазынами,
Уи иҟынтә иаҳҭынхаз.
АХАПА
Ҳа ҳанхом ча мацарала,—
Иажәа ҳацуп Ҳазшаз.
Ҳгәы зыхьчо, нас ҳахшыҩ зааӡо,
Иажәа ҳацуп Ҳазшаз.
(Уахәаԥш иара убас Иис. Н. 1:8; Рим. 15:4.)