Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Left: Olena Yefremkina/stock.adobe.com; center: lunamarina/stock.adobe.com; right: Rido/stock.adobe.com

ШӘГӘЫШӘҼАНЫЗ!

Зыгәра жәгалар шәылшода? Иаҳәозеи Абиблиа?

Зыгәра жәгалар шәылшода? Иаҳәозеи Абиблиа?

 Ауаа даараӡа ргәы каҳауеит зыгәра угар ахәҭоу ирҳәои ируеи анеиқәымшәо. Ауаа рыгәра агара иаҟәыҵит...

  •   ажәлар ракәымкәа, зхы мацара иазхәыцуа аполитикцәа;

  •   ииашам ажәабжьқәа зҳәо ажурналистцәа;

  •   ауаа ирыхәаша иашьҭам аҵарауаа;

  •   ауаа Анцәа изааигәахара рыцхраара аҭыԥан аполитикцәа ирыдгыло адиннапхгаҩцәа.

 Ааи, иҟәышу ауаҩы зыгәра игаша аниӡбо, агәҽанызаара ааирԥшуеит. Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит:

  •   «Ауаа рҟынтә анапхгаҩцәа шәрықәымгәыӷын, дара шәеиқәырхара рылшаӡом» (Аԥсалом 146:3).

Зыгәра жәгалар шәылшо

  Абиблиа иҳанаҳәоит зыгәра агара иаԥсоу дызусҭоу — уи Иисус Христос иоуп. Иара ашәышықәсақәа раԥхьа инхоз иуаҩ бзиаз мацара иакәӡам. Анцәа Иисус Аҳас далихит, «Иаҳрагьы ҵыхәаԥҵәара амамкәа, наунагӡа иҟазаауеит» (Лука 1:32, 33). Иисус Анцәа Иаҳра Аҳас дамоуп, уи уажәы ажәҩан аҟынтә напхгара ҟанаҵоит (Матфеи 6:10).