Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 1

Иамоума амаӡа аҭаацәаратә насыԥ?

Иамоума амаӡа аҭаацәаратә насыԥ?

1. Избан аҭаацәара бзиақәа ауаатәыҩсатә еилазаараҿы акыр зрыҵанакуа?

 АҬААЦӘАРА — ари ижәытәӡоу еиҿкаароуп, насгьы ауаатәыҩсатә еилазаараҿы уи акрызҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит. Аҭоурых зегьы аҩныҵҟа аилазаара зырӷәӷәоз аҭаацәара бзиақәа ракәын. Аҭаацәара — араҟа ауп ахәыҷқәа аҟазшьа бзиақәа рыҭаны рааӡара ахьалшо.

2—5. а) Иарбан цәаныррақәоу ахәыҷы имоу насыԥ змоу аҭаацәараҿы? б) Иарбан уадаҩрақәоу иҟоу ҭаацәарақәак рҿы?

2 Насыԥ змоу аҭаацәара — ари ишәарҭадароу, иҭынчу ҭыԥуп. Ҳхаҿы иааҳгап ҭаацәара бзиак. Аиҷаҳара аазырԥшуа аҭаацәара рхәыҷқәеи дареи уаххьа анеицырфо, амш шырхыргаз иалацәажәоит. Ахәыҷқәа еицҿакны рани раби ирзеиҭарҳәоит ашкол аҿы аамҭа шырхыргаз. Аҭаацәагьы ахәыҷқәагьы рыԥсы анеицыршьалак ашьҭахь, илахҿыхӡа иҟалоит иааиуа амш азы.

3 Насыԥ змоу аҭаацәараҿы ахәыҷы идыруеит: дычмазаҩхар, иани иаби ицхраауеит, иаҭаххар уаха шаанӡагьы дахьышьҭоу идтәалазаауеит рҽеиҭныԥсахло. Ахәыҷы еиликаауеит иани иаби иуадаҩрақәа рзеиҭеиҳәар, алабжьареи ацхыраареи шиоуа. Иара иныруеит аҩны дшыхьчоу, адунеи аҿы агәҭынчымра ыҟазаргьы.

4 Ахәыҷқәа ианрызҳалак, ишаԥу еиԥш, дара рхаҭа аҭаацәара иалалоит. Мрагыларатәи жәаԥҟак иаҳәоит: «Ахәыҷқәа рҭаацәа рџьабаа анеилыркаауа, дара рхаҭа ахшара анроулак ауп». Ахәыҷқәа ианрызҳалак, аџьшьареи абзиабареи аарԥшуа, дара рҭаацәараҿы анасыԥ ыҟазарц рҽазыршәоит. Иара убас урҭ, зықәрахь инеихьоу, змаҭацәа ирылагәырӷьо рҭаацәа иреиҷаҳауеит.

5 Иҟалап уажәы ухәыцуазар: «Сара сҭаацәа бзиа избоит, аха уи араҟа зыӡбахә аҳәо аҭаацәара зынӡаск иеиԥшым. Схатә ҩызеи сареи ҳусура аамҭа еиқәшәаӡом, убри аҟынтә аибабараҵәҟьазгьы аамҭа ҳацәмаҷуп. Ҳазлацәажәогьы аԥара иацу ауадаҩрақәа роуп». Мамзаргьы иуҳәозар ҟалап: «Схәыҷқәеи смаҭацәеи даҽа қалақьк аҿы инхоит, убри аҟынтә урҭ рбара сылшом». Ааи, ҳара иаҳхарам амзызқәа ирыхҟьаны, ҳҭаацәаратә ԥсҭазаара вба амамкәа иҟам. Ус ишыҟоугьы, шьоукы аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы насыԥ рымоуп. Изларылшои уи? Иамоума амаӡа аҭаацәаратә ԥсҭазаара? Ааи, иамоуп. Уи еилаҳкаанӡа, ихадоу зҵаарак аҭак ҟаҳҵароуп.

ИЗАКӘЫЗЕИ АҬААЦӘАРА?

6. Иарбан ҭаацәарақәоу ҳазлацәажәо ари ашәҟәаҿы?

6 Еиҳарак аҭаацәарақәа, ишаԥу еиԥш, ишьақәгылоуп ани, аби, ахәыҷқәеи рыла. Андуи абдуи иахьынӡарылшо хазы инхоит. Аҭаацәара ирзааигәам рҭынхацәеи дареи еибабалар шрылшогьы, урҭ рахь ирымоу аҭакԥхықәра рацәам. Абри ашәҟәаҿы еиҳарак зыӡбахә аҳәо абас еиԥш иҟоу аҭаацәарақәа роуп. Аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еиҳа-еиҳа ирацәахоит ан, ма аб дахьыҟам, мамзаргьы абԥса, ма анԥса дахьыҟоу аҭаацәарақәа, насгьы еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ани аби ахьеицнымхо.

7. Изакәызеи аҭаацәара ду?

7 Культурақәак рҿы иаԥуп аҭаацәара дуқәа раԥҵара. Ус еиԥш иҟоу аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа ирылшозар, есыҽны андуцәеи абдуцәеи ирхылаԥшуеит, иааигәаны аибабареи аҭакԥхықәрақәеи еизааигәам ауацәагьы аҵанакуеит. Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы ирыцхраауеит, ма ирааӡоит рашьцәа, ма раҳәшьцәа рхәыҷқәа, насгьы аҵара ахьырҵаҵәҟьогьы ахә ахыршәаауеит. Ари апубликациаҿы излацәажәо апринципқәа аҭаацәара дуқәагьы рхы иадырхәар рылшоит.

АҬААЦӘАРАТӘ ԤСҬАЗААРА ХЬАНҬАХЕИТ

8, 9. Иарбан проблемақәоу ҳәынҭқаррақәак рҿы иҟоу, аҭаацәаратә ԥсҭазаара аҽшаԥсахуа аазырԥшуа?

8 Угәы унархьыртә иҟоуп иахьа аҭаацәаратә ԥсҭазаара ахьеиӷьымхо. Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит Индиа. Уаҟа аԥҳәыс дынхоит лхаҵа иҭаацәараҿы, урҭ рнапхгарала аҩны аусқәа налыгӡоит. Аха иахьа аӡәгьы иџьеишьаӡом индиатәи аҳәсақәа аҩны анҭыҵ аусура иахьашьҭоу. Аха зегь акоуп аҩны инарыгӡоз аусқәагьы ҟарҵалароуп. Ирацәаны атәылақәа рҿы ицәырҵуеит азҵаара аԥҳәыс даҽаџьарагьы аус луазар, аҩны шаҟа аус луша атәы, аҭаацәараҿы егьырҭ рус иаҿурԥшуазар.

9 Мрагыларатәи атәылақәа рҟны иаԥуп зеизыҟазаашьа бзиоу аҭаацәара дуқәа. Аха мраҭашәаратәи аиндивидуализми аекономикатә уадаҩрақәеи ирыхҟьаны, иаабац аҭаацәара дуқәа рымч рцәыӡуеит. Убри азы аӡәырҩы ирыԥхьаӡаӡом зықәрахь инеихьоу рҭынхацәа рбара уалуп, ма ҳаҭыруп ҳәа, аха еидароуп ҳәа ауп ишахәаԥшуа. Шьоукы гәымбылџьбарала ирызныҟәоит зықәрахь инеихьоу рани раби. Ҳәарада, гәымбылџьбарала, насгьы тәамбашақә урҭ иахьырзыҟоу атәылақәа рацәоуп.

10, 11. Иарбан фактқәоу иаазырԥшуа ирацәаны атәылақәа рҿы аҭаацәаратә ԥсҭазаара аҽшаԥсахыз?

10 Аҭаацәарақәа реилыҵра ауаа зышьцылоу ак акәны аҟалара иаҿуп. Хаҵеи-ԥҳәыси реилыҵра еиҳа-еиҳа ауаа зышьцылоу ак акәны иҟалеит. Анкьа ауаа аҭаацәара ианалалоз, рыԥсы ахьынӡаҭоу еицынхон. Аха иахьа ауаа аҭаацәара ҿыцқәа анаԥырҵо, аамҭа кьаҿк ашьҭахь еилыҵуеит, даҽа ҭаацәарак иалаларц. Шьоукы зныкымкәа-ҩынтәымкәа аҭаацәара иалалоит. Иара убас ирацәахеит ан, ма аб рхала рыхшара ахьырааӡо аҭаацәарақәагьы.

11 Аӡәырҩы ишахәҭоу еиԥш аҭаацәара алалара зынӡаск ргәы иҭаӡам. Шьоукы аҭаацәара иаламлаӡакәа ахәыҷқәа рхылҵуеит. Еиҳа-еиҳа ирацәахоит аҭаацәара алалара аҭакԥхықәра мгаӡакәа еицынхо ауаа. Убас еиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо иҟоуп.

12. Ишԥагәаҟуеи ахәыҷқәа иахьатәи аҭаацәараҿы иҟоу аиҭакрақәа ирыхҟьаны?

12 Ишԥарныруеи ари ахәыҷқәа? Ирацәаны атәылақәа рҟны еиҳахеит аҭаацәара анҭыҵ ииуа ахәыҷқәа, урҭ зхылҵуа анацәа рхаҭа хәыҷқәоуп. Урҭ реиԥш иҟоу анацәа аӡәырҩы еиуеиԥшым ахацәа рҟынтә ахәыҷқәа рымоуп. Адунеизегь аҟынтә аацҳарақәа ирҳәоит миллионҩыла аҩны змам ахәыҷқәа амҩаду ишану; аӡәырҩы рыҩны кажьны ицеит гәымбылџьбарала иахьрызныҟәоз, мамзаргьы урҭ аҩны идәылырцеит рҭаацәа иахьрызныҟәымгоз азы.

13. Иарбан уадаҩрақәоу аҭаацәарақәа анасыԥ рызымҭо?

13 Ааи, аҭаацәара акризис иҭагылоуп. Еиқәаҳаԥхьаӡаз адагьы, аҭаацәара насыԥ рымамкәа иҟазҵо ахәыҷқәа рҭаацәа иахьырзымӡырҩуа, гәымбылџьбарала иахьрызныҟәо, аҭаацәараҿы ақәымчреи, аҩы аҽаршьреи, ма егьырҭ узыршәаша ауадаҩрақәа иахьрыхҟьо ауп. Зхыԥхьаӡара рацәоу хәыҷи-дуи рзы аҭаацәара иҭынчу ҭыԥым.

14. а) Иарбан мзызқәоу иамоу, шьоукы ргәаанагарала, аҭаацәара акризис иахьҭагылоу? б) Дышԥахцәажәеи азакәандырҩы иахьатәи адунеи, насгьы ишԥаныруеи аҭаацәара иажәақәа рынагӡара?

14 Избан аҭаацәара акризис изҭагылоу? Шьоукы ргәаанагарала, уи мзызс иамоу аҳәсақәа аҩны анҭыҵ аусура иахьалагаз ауп. Даҽа шьоукы иахарарҵоит иахьатәи аамҭа иаҟазшьоу аморальтә бжьысра. Иааргоит даҽа мзызқәакгьы. Ҩ-нызқь шықәса раҟара ҵуеит еицырдыруаз закәандырҩык иҳәеижьҭеи аҭаацәара ауадаҩрақәа шаныруа атәы. Абар уи ианиҵаз: «Иудыруазааит, аҵыхәтәантәи амшқәа ихьанҭоу аамҭақәахоит, ауаа рхы-рыԥсы иашьҭалоит, есааира акы абаҳарҳари ҳәа идәықәлоит, ахамаԥагьара иаанахәоит, рыбыз хәаԥсоит, изхылҵыз ирзымӡырҩуа иалагоит, иҭабуп аҳәара рхадыршҭуеит, ԥсыцқьала аҟазаара мап ацәыркуеит, аӡәы иҩызахара-изааигәахара иашьҭалом, нышәара зқәым ракәхоит, имыцҳәацәахоит, аҽынкылара рцәыӡуеит, игәымбылџьбарахоит, аус хир, аус бзиа аҟаҵара иацәыхарахоит, — ичарҳәацәахоит, ԥхашьара злам ракәхоит, рых беиа ирбауеит, Анцәа ицҟазаара аасҭа руаҩытәыҩсатә гәаҳәара ҿыхаа-мыхаақәа ихырхуеит» (2 Тимофеи 3:1—4). Аӡәыр агәыҩбара инаҭома арҭ ажәақәа иахьа ишынаӡо? Иџьашьатәума абас еиԥш аҭагылазаашьа ахьыҟоу адунеи аҿы аҭаацәарақәа акризис иахьҭагылоу?

АҬААЦӘАРАТӘ НАСЫԤ АМАӠА

15—17. Ҳабахьанарԥшуеи ари апубликациа аҭаацәаратә ԥсҭазаара амаӡа аазырԥшуа аилкааразы?

15 Аҭаацәаратә насыԥ аиура иазку алабжьарақәа рацәаны иҟоуп. Мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рҿы алабжьарақәа удыргалоит ахаларҵага шәҟәқәеи ажурналқәеи рҿы. Аха уадаҩрас иҟоу, алабжьарақәа узҭогьы уаауп, ирҳәо еиҿагылоит, убри азы иахьа иаԥсоуп ҳәа иуԥхьаӡо алабжьара уаҵәы зынӡа акгьы иаԥсамхар алшоит.

16 Иабаԥшаатәу узықәгәыӷша анапхгара аҭаацәаратә насыԥ аиуразы? Шәашьҭаларызма шәара уи анапхгара 1 900 шықәса зхыҵуа ашәҟәаҿы? Мамзаргьы абас еиԥш иҟоу ашәҟәы ажәит ҳәа шәгәы иаанагома? Аха абри ашәҟәаҿы ауп аҭаацәаратә ԥсҭазаара амаӡа иашаҵәҟьа ахьаатуа.

17 Ари ашәҟәы — Абиблиа ауп. Абиблиа Анцәа имч ала ишҩу шьақәзырӷәӷәо рацәоуп. Уа иануп: «Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп, уи хәарҭоуп аҵарашьҭкаараҿ, аҿаԥҽраҿы, агхақәа рырҽеираҿ, аиаша-ҵабырг ашҟа амҩа ақәҵараҿ» (2 Тимофеи 3:16). Уажәы шәзыԥхьо апубликациа шәгәазҭанаҵоит шәазхәыцларц Абиблиа шшәыцхраауа зегь «рырҽеираҿ», иахьа аҭаацәараҿы ицәырҵуа астресси ауадаҩрақәеи шәанрықәшәо.

18. Избан Абиблиа агәра угартә изыҟоу аҭаацәаратә зҵаарақәа рганахьала?

18 Абиблиа аҭаацәаратә насыԥ аиура ишацхраауа агәрагара шәцәыцәгьазар, шәазхәыц абри: Абиблиа аҩра ргәазҭазҵаз аҭаацәара Аԥызҵаз иоуп (Аҟазаара 2:18—25). Абиблиа иаҳәоит Анцәа ихьӡ Иегова ауп ҳәа (Ақәҵымҭа 33:19). Уи Зегьзшаз иоуп, адгьыл аҿы иҟоу аҭаацәарақәа зегь иара иоуп иаԥызҵаз. Иегова дацклаԥшуеит аҭаацәаратә ԥсҭазаара ауаатәыҩса ҟалеижьҭеи. Иара идыруеит иарбан проблемақәоу аҭаацәараҿы ицәырҵыр алшо, насгьы иҳабжьеигоит урҭ шыӡбатәу. Аҭоурых аҩныҵҟа зегь реиҳа анасыԥ змаз ауаа гәык-ԥсыкала абиблиатә принципқәа зҭаацәараҿы зхы иазырхәоз ракәын.

19—21. Иарбан иахьатәи ҿырԥштәқәоу иаазырԥшуа, аҭаацәараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа Абиблиа ацхыраарала рыӡбара шалшо?

19 Индонезиа инхо ԥҳәыск шьцыларас ишьҭылхит алашыҩкратә хәмаррақәа. Шықәсыла хҩык лхәыҷқәа дырхылаԥшуамызт, насгьы лхаҵа еснагь диацәҳауан. Нас лара Абиблиа аҵара далагеит. Хәыҷы-хәыҷла Иԥшьоу Аҩыра иану ахь лхаҵара́ еизҳаит. Абиблиатә лабжьарақәа рхархәара даналага, уи аҭаацәараҿы илыдыз аԥҳәыс лроль бзианы анагӡара илыцхрааит. Абиблиатә принципқәа ирықәшәоз лҽазышәарақәа лҭаацәара зегь анасыԥ рзаанагеит.

20 Испаниа инхо ԥшәымаԥҳәыск еиҭалҳәоит: «Шықәсы заҵәык акәын схаҵеи сареи ҳахьеицынхоз, ҳҭаацәараҿы ауадаҩра ӷәӷәақәа ианрылага». Дара еицырзеиԥшыз зынӡа имаҷын, насгьы имаҷӡаны еицәажәон, иара уигьы ажәа анеимаркуаз акәын. Аԥҳа хәыҷы дышрымазгьы, еилыҵырц рыӡбеит. Аха еилыҵаанӡа, урҭ ирабжьыргеит Абиблиа иаԥхьарц. Урҭ еилыркааит аҳәсеи ахацәеи рзы Абиблиа иану алабжьарақәа, насгьы рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәо иалагеит. Хара имгакәа, хаҵеи ԥҳәыси ҭынч еицәажәо иалагеит, рҭаацәара хәыҷы насыԥла иҭәит.

21 Абиблиа зықәрахь инеихьоугьы ирыцхраауеит. Ҿырԥштәыс иааҳгап Иапониа инхо хаҵеи-ԥҳәыси. Ахаҵа згәы еибакуаз, игәымбылџьбараз аӡә иакәын. Урҭ рыԥҳацәа Абиблиа аҵара иалагеит, рҭаацәа шырҿагылозгьы. Нас рабгьы Абиблиа аҵара далагеит, аха ран аиаша даҿагылон. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа, лара игәалҭон абиблиатә принципқәа лҭаацәа анырра бзиа шырнаҭоз. Лыԥҳацәа ибзианы илхылаԥшуан, лхаҵагьы акырӡа деиӷьхеит. Абас еиԥш иҟоу аԥсахрақәа ари аԥҳәыс лгәазҭарҵеит Абиблиа аҵара, уигьы алҵшәа бзиақәа аанагеит. Ари зықәрахь инеихьоу аԥҳәыс акырынтә илҳәахьеит: «Ҳара хаҵеи-ԥҳәыси ыҟазарц шрыхәҭаҵәҟьоу ҳҟалеит».

22, 23. Ишԥарыцхраауеи Абиблиа амилаҭқәа зегь рҟынтә ауаа аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы анасыԥ аиура?

22 Арҭ зегь аҭаацәаратә насыԥ маӡас иамоу еилызкааз ауаа рацәа иреиуоуп. Дара абиблиатә лабжьарақәа рыдыркылоит, насгьы рхы иадырхәоит. Егьырҭ ауаа зегь реиԥш, дара нхоит игәымбылџьбароу, игәаԥхашәадароу, аекономикатә уадаҩрақәа ахьыҟоу ари адунеи аҿы. Уи инеиҳангьы, урҭ наӡам, аха еигәырӷьоит аҭаацәара Аԥҵаҩы игәаԥхара анагӡара рҽахьазыршәо. Абиблиа ишану еиԥш, Иегова — ари «уара у-Нцәа, уара ихәарҭоу узырҵо, узықәныҟәалаша амҩа ала уназго» иоуп (Исаиа 48:17).

23 Абиблиа ҩнызқь шықәса раҟара раԥхьа аҩра ишалгазгьы, уа иану алабжьарақәа иахьагьы ихәарҭоуп. Уи адагьы, ари ашәҟәы ауаа зегь рзы иҩын. Абиблиа — ари америкатәи, мамзаргьы мраҭашәаратәи шәҟәым. Иегова «аӡәы заҵәык иҿганы, ишьҭраны, адунеи аҿы ауаатәыҩса ирҿиеит», насгьы уи идыруеит ауаа зегь рыԥсихологиа, урҭ ахьынхозаалакгьы (Аусқәа 17:26). Абиблиатә принципқәа зегь рзы ихәарҭоуп. Шәаргьы урҭ шәхы иашәырхәалар, еилышәкаауеит аҭаацәаратә ԥсҭазаара маӡас иамоу.