Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 15

Пату рықәышәҵала зықәрахь инеихьоу шәҭаацәа

Пату рықәышәҵала зықәрахь инеихьоу шәҭаацәа

1. Уалс иҳадузеи ҳҭаацәа рҿаԥхьа, иара убас иарбан цәаныррақәоу дара рахь иааҳарԥшлар ҳахәҭоу, насгьы ҳашԥарзыҟазар ахәҭоу урҭ?

 АЖӘЫТӘАН инхоз уаҩ ҟәыӷак иҳәеит: «Уизыӡырҩла уаб, иара иоуп аԥсҭазаара узҭаз, дыҟәнумшьан уан уи дахьажәыз азы» (Ажәамаанақәа 23:22). «Ҟалашьас иамоузеи уҭаацәа ҟәнушьалартә еиԥш!» — шәҳәар шәылшоит шәара. Ҳаиҳараҩык ҳҭаацәа ҟәнаҳшьаӡом, урҭ даара бзиа иаҳбоит. Ҳара еилаҳкаауеит ҳҭаацәа рҿаԥхьа ауал шҳаду. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, урҭ аԥсҭазаара ҳарҭеит. Иегова аԥсҭазаара Дшахыҵхырҭоугьы, ҳҭаацәа рыда аԥсҭаазаара ҳауамызт. Ҳҭаацәа егьа рзыҟаҳҵаргьы, дара иҳарҭаз аԥсҭазаара иузадкылом. Уи адагьы шәазхәыц изакәытә хамеигӡароу, гәҭынчымроу, абзиабара зҵоу зҿлымҳароу иаарԥшлатәу, насгьы шаҟа аԥара аҭаху ахәыҷы иааӡаразы. Шаҟа ҟәыӷара аҵоузеи Анцәа Иажәа иану алабжьара: «Уаби уани аҳаҭыр рықәҵа... ари адгьыл аҿы лыԥха уманы, ақәра-нҵра уманы уҟалоит»! (Ефесаа 6:2, 3).

ШӘҼАЗЫШӘШӘАЛА УРҬ РЕМОЦИАТӘ ҬАХРАҚӘА РЕИЛКААРА

2. Ишԥарылшо изызҳахьоу ахәыҷқәа «ираҭәоу ала» рҭаацәа ирызныҟәалар?

2 Апостол Павел ақьырсианцәа рахь иҩуан: «Зегьы раԥхьаӡа, [ахәыҷқәеи амаҭацәеи] рҭаацәара, изхылҵыз аҳаҭыр шрықәырҵалаша, ираҭәоу ала ишрызныҟәалаша рыхшыҩ азыршьҭлааит: ари Анцәа изы игәахәоуп» (1 Тимофеи 5:4). Изызҳахьоу ахәыҷқәа аџьшьара аадырԥшуеит дара рааӡараҿы аџьабаа збаз рҭаацәеи, рабдуцәеи, рандуцәеи рахь «ираҭәоу ала» ианрызныҟәо. Ахәыҷқәа ус ҟарҵалар рылшоит зықәрахь инеихьоу рҭаацәа — егьырҭ раасҭагьы — абзиабареи агәышьҭыхреи шырҭаху аилкаара ианашьҭоу. Ҳара зегь ҳаиԥш, зықәрахь инеихьоугьы ирдыруазароуп дара пату шрықәырҵо. Урҭ ирныруазароуп баша ишнымхо.

3. Ишԥаҳалшо ҳҭаацәеи, ҳандуцәеи, ҳабдуцәеи пату рықәаҳҵалар?

3 Убри аҟынтә ҳҭаацәеи, ҳабдуцәеи, ҳандуцәеи пату анрықәаҳҵо, бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит (1 Коринфаа 16:14). Ҳара ҳҭаацәа ҳрыцнымхозар, иаҳгәалашәалар бзиоуп дара рзы шаҟа ихадоу ҳара ҳҟынтә аацҳарак анроуа. Урҭ даара иҳаргәырӷьоит ргәы ҟазҵо асаламшәҟәы рзаҳҩыр, аҭел ҳарзасыр, ма сасра ҳрызнеир. Иапониа инхо Миио 82 шықәса анылхыҵуаз илҩит: «Сыԥҳа [лхаҵа раионтә хылаԥшҩуп] исалҳәоит: „Сан, ҳбыҳәоит, „бҳацыз“ ҳахьцалакгьы“. Лара есымчыбжьа исзаалҭиуеит ицараны иахьыҟоу аҭыԥқәа рыхсаала, насгьы аҭел аномер. Нас уи ахсаала сахәаԥшны исҳәар сылшоит: „Дара уажәы абра иҟоуп!“ Сара еснагь Иегова ҭабуп ҳәа иасҳәоит абри леиԥш иҟоу аԥҳа дахьсиҭаз».

ԤАРАЛА ШӘРЫЦХРААЛА

4. Ргәы шԥазҭанаҵоз аиудеитә динтә ҵас, ауаа зықәрахь инеихьоу рҭаацәа гәымбылџьбарала ирзыҟазарц?

4 Иаҵанакыр алшома аҭаацәа пату рықәҵара ԥаралагьы рыцхраара? Ааи. Ус лассы-лассы иҟалалоит. Иисус ихаан инхоз аиудеитә диннапхгаҩцәа абри аҩыза аҵас рыман: дарбанзаалак аӡәы сԥареи смали — «Анцәа ҳамҭас иаҭәасшьеит» иҳәазар, уи иҭаацәа реиҷаҳара уаҳа уалс идӡам ҳәа иԥхьаӡон (Матфеи 15:3—6). Шаҟа игәымбылџьбароузеи ари! Ииашаҵәҟьаны, адиннапхгаҩцәа ауаа ргәазҭарҵомызт рҭаацәа реиҷаҳара, аха рхы ада акгьы иазымхәыцуа, егьырҭ рҭахрақәа хьаас имкуа, цәымӷрала ирзыҟан. Ҳара ус аҟаҵара ҳҭахӡам! (Ҩынтәзакәан 27:16).

5. Избан тәылақәак рҿы зықәрахь инеихьоу ауаа аҳәынҭқарра ацхыраара шырнаҭогьы, аҭаацәа пату рықәҵара зны-зынла ԥаралагьы ацхыраара рыҭара заанаго?

5 Иахьа ирацәаны атәылақәа рҿы зықәрахь инеихьоу ауаа рматериалтә ҭахрақәа, иаҳҳәап афатә, ашәҵатәы, насгьы ахыҵакырҭа аҳәынҭқарратә социалтә программақәа ацхраауеит. Уи адагьы, иҟалап урҭ ианажәлак инырхша ԥарақәак еизыргазар. Аха еизыргаз аԥарақәа нырхзар, ма ирзымхозар, рхәыҷқәа апатуқәҵара аадырԥшуеит ишрылшо ала ԥарала ианрыцхраауа. Зықәрахь инеихьоу аҭаацәа рыцхраара иаанарԥшуеит аҭаацәара Аԥҵаҩы Анцәа Иегова иахь азиашара.

АБЗИАБАРЕИ АХАМЕИГӠАРЕИ

6. Иарбан ԥсахрақәоу шьоукы иҟарҵо, рҭаацәа ирыцхрааларц?

6 Аӡәырҩы изызҳахьоу ахәыҷқәа бзиабаралеи хамеигӡарадеи зхала зхы иамыхәо рҭаацәа ирыцхраауеит. Шьоукы рҭаацәа дара рахь нхара иргоит, мамзаргьы рааигәара анхара иалагоит. Даҽа шьоукы рҭаацәа рахь нхара ииасуеит. Арҭ рҩызцәа аԥсахрақәа зылԥхара духоит аҭаацәа рзы еиԥш, ахәыҷқәа рзгьы.

7. Изаҭахымзеи ирласны аӡбара адкылара, зықәрахь инеихьоу шәҭаацәа ацхыраара анырҭаху?

7 Ус еиԥш иҟоу аԥсахрақәа зны-зынла ибзиоу ҳәа акгьы алҵӡом. Избан? Иҟалап аӡбарақәа ирласны ирыдыркылозар, мамзаргьы уи ремоциақәа иддырҟаҵозар. «Аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа заа дрызхәыцуеит»,— ҟәыӷарала ҳгәазҭанаҵоит Абиблиа (Ажәамаанақәа 14:15). Иаҳҳәап зықәрахь инеихьоу уан лымацара анхара лцәыцәгьоуп, убри азы уара уахь диасыр еиӷьуп ҳәа уԥхьаӡоит. Еиҳа еиӷьу аӡбара удукылар уҭахызар, уазхәыцыр бзиан: ҭахрас илымаҵәҟьоузеи сан? Иҟоума иунаало аӡбара удызгало аҳәынҭқарратә социалтә маҵзурақәа? Илҭахума сан аиасра? Ааи акәзар, ишԥаныруеи уи лара лыԥсҭазаара? Иаанлыжьыр акәхома лҩызцәа? Ишԥаныруеи уи лара лемоциатә ҭагылазаашьа? Шәрылацәажәозма шәара арҭ азҵаарақәа? Ишԥашәныруеи ус еиԥш иҟоу аиасра уареи, ухатә ҩызеи, ухәыҷқәеи? Илхылаԥшлода уан, уи аҭаххар? Иалшома аусқәа ршара? Шәалацәажәама ҭаацәашәала ари азҵаара?

8. Узацәажәар улшода алабжьара уоурц, зықәрахь инеихьоу уҭаацәа урыцхраарц ануҭаху?

8 Аҭаацәа реиҷаҳара аҭакԥхықәра ахәыҷқәа зегьы ирыдуп, убри азы ибзиахон ҭаацәашәала шәеизаны аӡбарақәа зегь еицшәыдышәкылар. Ихәарҭаха́р ҟалоит аизара аиҳабацәа, ма абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа иақәшәахьоу шәҩызцәа рацәажәара. «Гәрагарада аицәажәара апланқәа хнарбгалоит,— ҳгәазҭанаҵоит Абиблиа,— аха абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит» (Ажәамаанақәа 15:22).

АРЫЦҲАШЬАРЕИ АИЛКААРЕИ ААШӘЫРԤШЛА

9, 10. а) Изызхәыцлатәузеи зықәрахь инеихьоу ауаа уанырхылаԥшуа, урҭ шажәхьоугьы? б) Идухахьоу ахәыҷқәа рҭаацәа ирыхәаша азы ирыӡбозаалакгьы, ишԥарыхәҭоу урҭ дара ирзыҟазарц?

9 Зықәрахь инеихьоу уҭаацәа пату рықәуҵарц, аилкаареи арыцҳашьареи аарԥшлатәуп. Аамҭа иара атәы ҟанаҵоит, иажәхьоу ауаа еиҳа-еиҳа ирцәыцәгьахоит аныҟәара, акрыфара, агәынкылара. Урҭ ацхыраара рҭаххар ҟалоит. Лассы-лассы ахәыҷқәа иаадырԥшуеит рҭаацәа рахь мыцхәы ахылаԥшра, дара рнапхгарада шьаҿак ҟарҵар руам. Аха зықәрахь инеихьоу аҭаацәа — хәыҷқәаӡам; урҭ рыԥсҭазаараҿы аԥышәа дуи аҟәыӷареи дырҳаит, дара рхы иахылаԥшуан, насгьы рхала зегь рыӡбон. Уаанӡа еиԥш рхы иахәоит ҳәа рыԥхьаӡоит, убри аҟынтә рхәыҷқәа дара рхылаԥшра ианалагалак, ргәы каҳар алшоит. Шьоукы ргәы иалсуеит рхьыԥшымра рымырхуазшәа ргәы ианабо, дара уи иаҿагылоит.

10 Ари имариам усуп, аха ибзиахон зықәрахь инеихьоу аҭаацәа алшара рыҭара зны–зынла рхала рхы амаҵ азыруларц, насгьы рхатәы ӡбарақәа рыдыркылаларц. Ииашахомызт дара ирмазҵаакәа рҭаацәа ирызку аӡбарақәа рыдыркылалар. Иҟалап уажәшьҭа ирылымшо рацәазар. Аха дара ирылшо ахәыҷы аҟаҵара алшара раҳҭап. Иаҳбар ҳалшоит шаҟа имаҷны ҳҭаацәа рыԥсҭазаара анапхгара азаҳуа аҟара, убриаҟара дара ҳшырзааигәахо. Ҳҭаацәагьы ҳаргьы иҳамоу анасыԥ еиҳахоит. Дара и́рҭахым, аха ирыхәо ак ҟаҳҵарц ҳҽазаҳшәозаргьы, зегь акоуп ҳҭаацәа пату рықәҵара иаанагоит ргәаанагареи рцәанырреи азхәыцра, насгьы дара ирықәнагоу аҳаҭыр рықәҵара. Анцәа Иажәа иануп: «Ишлахьоу уихаҵгылала, аҭаҳмада пату иқәҵала (Алевит 19:32).

ШӘҬААЦӘА РАХЬ ИИАШОУ АЗНЕИШЬА ШӘЫМАЗ

11—13. Ишԥаилшо изызҳахьоу ахәыҷы зықәрахь инеихьоу иҭаацәа реиҷаҳара, даныхәыҷыз иҭаацәеи иареи реизыҟазаашьақәа шыбааԥсызгьы?

11 Зны-зынла изызҳахьоу ахәыҷқәа ирцәыцәгьоуп зықәрахь инеихьоу рҭаацәа пату рықәҵара, уаанӡа ирымаз аизыҟазаашьақәа ирыхҟьаны. Иҟалап уара уаб зегь изеиԥшны, дыхьшәашәаны дузыҟазҭгьы, уан хадара луазҭгьы, дыхжәаны дузыҟазҭгьы. Иҟалап иахьа уажәраанӡагьы уҭаацәа угәы рыхшәаны, ргәаӷ кны, урызгәааны уҟазар, уара ишуҭахыз иахьузыҟамыз азы. Иулшома уара ас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа риааира? a

12 Финлиандиа изызҳаз Бассе еиҭеиҳәоит: «Сабԥса анацисттә Германиа СС фицарс дыҟан. Иара ирласны иԥсахы еибакуан, убри иахҟьаны дшәарҭахон. Акырынтә сыла ишабоз сан дипҟахьан. Ҽнак зны игәы сзыԥжәан, имаҟа рхха дысҿасит. Убас иӷәӷәаны дсысит, акаруаҭ сықәҳартә еиԥш».

13 Аха уи аб иман даҽа ҟазшьақәакгьы. Бассе иациҵоит: «Даҽа ганкахьалагьы, уи игәақәкны аус иуан, ихы деигӡомызт, ҳҭаацәа ныҟәигон. Уи ахаангьы аб ицәаныррақәа сара сахь иааирԥшӡомызт, аха сара издыруан уи аарԥшышьа шизымдыруаз. Саб даныхәыҷыз иан аҩны ддәылылцеит. Иара иԥсҭазаара цәгьан, иԥхӡашала ихы зланыҟәигоз ирҳауан, насгьы зынӡа дышқәыԥшыз аибашьра дцеит. Ганкахьала саб деилыскаауан, насгьы ахара идысҵомызт. Иансызҳа сара исыӡбеит дыԥсаанӡа исылшо зегь ала сицхрааларц. Уи мариамызт, аха сара исылшо зегь ҟасҵон. Сара аҵыхәтәанынӡа ԥа бзианы сыҟан, сгәы иаанагоит иаргьы убас иԥхьаӡон ҳәа.

14. Иарбан жәеинраалоу ухы иаурхәар улшо еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы, иаҳҳәап зықәрахь инеихьоу уҭаацәа уанырхылаԥшуа?

14 Даҽа ҭагылазаашьақәак рҿы еиԥш, аҭаацәараҿгьы ухы иаурхәар улшоит Абиблиа иану алабжьара: «Агәыҳалалра, аҟәыӷара, ахыларҟәра, ахачҳара шәыҽреиуашәтә, убарҭ рыла шәҽеилашәҳәа. Аӡәи-аӡәи шәеибашаҭа, шәгәеизынхарақәа, шәгәалақәа шәыбжьышәх, ишәанеибажь, Христос [«Иегова», АдҾ] ишшәанаижьыз аиԥш» (Кәаласаа 3:12, 13).

ЗҬААЦӘА ИРХЫЛАԤШУАГЬЫ АИҶАҲАРА РҬАХУП

15. Избан аҭаацәа рхылаԥшра ахьаа зузаанаго?

15 Зхы иамыхәо аҭаацәа рхылаԥшра — ари имариам усуп, уахь иаҵанакуеит ирацәаны адҵақәа рынагӡара, аҭакԥхықәра ду аарԥшра, насгьы ирацәаны аамҭа рзалхра. Аха зегь раасҭа иуадаҩу — уи зегь емоциала ухгара ауп. Угәы унархьуеит ула ишабо уҭаацәа ргәабзиара, рыхдырра, рхахәара алшара анырцәыӡуа. Пуерто-Рико инхо Сенди ус лҳәеит: «Ҳара ҳҭаацәара зегьы сан иныҟәылгон. Угәы унархьуан дышгәаҟуаз абара. Раԥхьа лара дцыркьуа далагеит, нас лабада дызныҟәомызт, уи ашьҭахь ҩ-лабак лкын, анаҩс уназга-аазго асқам ахь диасит. Лара еиҳа-еиҳа деицәахон, аҵыхәтәаны дыԥсит. Сан лыбаҩқәа ачыра бааԥсы рыман, убри аҟынтә уахгьы-ҽынгьы илхылаԥшлатәын. Лара даҳкәабон, акрылҿаҳҵон, ҳалзаԥхьон. Уи даара ицәгьан, еиҳарак емоциала. Сан дшыԥсуа анеилыскаа, аҵәыуара салагеит: лара даара бзиа дызбон».

16, 17. Иарбан лабжьароу иуцхраауа аҭышәынтәалара аарԥшра, зхы иамыхәо уҭаацәа уанреиҷаҳауа?

16 Иҟаҵатәузеи, абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа уақәшәазар? Цхыраара дуӡӡоуп Иегова Абиблиа ала ииҳәо азыӡырҩра, насгьы иара иҳәара (Филиппаа 4:6, 7). Ихәарҭахо́ит ибзианы акрыфареи ацәареи. Уи уцәеижьтә, насгьы уемоциатә гәабзиара иацхраауеит, амч унаҭоит иузааигәоу ауаҩы ихылаԥшразы. Аамҭа-аамҭала есыҽнытәи аусқәа рҟынтә уԥсы ушьалар улшоит. Аусураҿы аԥсшьара амшқәа узымгаргьы, ибзиахон маҷк акәзаргьы, аԥсшьаразы аамҭа алхра. Аӡәы уиҳәар улшоит ачымазаҩ дидтәаларц, уара аҩны уаадәылҵырц азы.

17 Лассы-лассы иҟалалоит зхы иамыхәо аҭаацәа ирхылаԥшуа рымч зқәымхо рылдыршароуп ҳәа анырыԥхьаӡо. Акы аҟаҵара улымшозар, ухы иахараумҵалан. Иҟалоит аҭагылазаашьақәа, бзиа иаҳбо иаҳзааигәоу ауаҩы амедицинатә цхыраара ахьирҭо абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩны даҳҭар анакәхо. Уара зхы иамыхәо уҭаацәа урхылаԥшуазар, иулшо дырла. Уара уани уаби ушырхылаԥшуа еиԥш, ухи, ухәыҷқәеи, ухатә ҩызеи урхылаԥшлароуп.

АМЧ-АЛШАРА АНЦӘА ИҞЫНТӘ

18, 19. Иарбан қәыргәыӷроу ацхырааразы Иегова иҳаиҭаз, насгьы иарбан ҿырԥштәу иаҳзырбо уи шынаигӡо?

18 Иегова абзиабара аҵаҵаны, Иажәа Абиблиа ала анапхгара риҭоит зықәрахь инеихьоу аҭаацәа ирхылаԥшуа ауаа, аха уи ала Иегова ицхыраара нҵәаӡом. «Иегова дырзааигәоуп и́ҳәо зегьы»,— иҩит аԥсаломшәаҳәаҩ Анцәа идоуҳатә мчы абзоурала. «Ацхырааразы рыҵәаабжь иаҳауеит, иагьеиқәирхоит». Иегова еиқәирхоит, ма ихьчоит изиашоу имаҵзуҩцәа даара ицәгьоу аҭагылазаашьақәа рҿгьы (Ԥсалом 145:18, 19).

19 Филиппинқәа рҿы инхо Мирна уи еилылкааит адабла зысыз лан данылхылаԥшуаз. «Бзиа иубо ауаҩы дышгәаҟуа, насгьы ихьуа изымҳәо дшыҟоу анубо, еицәоу акгьы ыҟам,— лҩит Мирна.— сан ашьшьыҳәа дӡааҟәрылозшәа, аха лара лыцхрааразы акгьы сзыҟамҵозшәа сгәы иабон. Акырынтә сшьамхнышлан Иегова иасҳәон сшааԥсаз. Сара сҵәыуон Давид иеиԥш, иара Иегова диҳәон илаӷырӡқәа еизигарц, насгьы дигәалашәаларц [Ԥсалом 56:8]. Иегова иқәыргәыӷра инақәыршәаны, сзызгәаҟуаз амч сиҭеит. „Иегова сара дарӷьажәҩаны дсыман“» (Ԥсалом 18:18).

20. Иарбан библиатә қәыргәыӷрақәоу ирыцхраауа, насгьы ргәы казмыжьуа зхы иамыхәо аҭаацәа ирхылаԥшуа рхәыҷқәа, изхылаԥшуа рыԥсҭазаара иалҵыргьы?

20 Иажәуа аҭаацәа рхылаԥшра — ари «илахьеиқәҵагоу аҵыхәтәа змоу жәабжьуп» рҳәоит. Зықәрахь инеихьоу ауаҩы зегьы иреиӷьны ихылаԥшуазаргьы, дыԥсыр алшоит, Мирна лан ишлыхьыз еиԥш. Аха Иегова игәра зго ирдыруеит аԥсра шҵыхәтәам. Апостол Павел иҳәеит: «Агәыӷра сымоуп... ииаша-ҵабыргу рнаҩсангьы, агәнаҳа змоу иреиуоугьы иԥсхьоу рахьтә иширгылауазы» (Аусқәа 24:15). Зҭаацәа ԥсыз ауаа ргәы арҭынчуеит аԥсҭалара агәыӷра, насгьы аԥсра уаҳа иахьыҟамло насыԥла иҭәу адунеи ҿыц Анцәа ишышьақәиргыло адырра (Аатра 21:4).

21. Иарбан лҵшәа бзиақәоу ирзаанаго зықәрахь инеихьоу аҭаацәа пату рықәызҵо?

21 Анцәа имаҵзуҩцәа рҭаацәа иреиҷаҳауеит, урҭ рықәрахь ианнеилакгьы (Ажәамаанақәа 23:22—24). Дара рҭаацәа пату рықәырҵоит. Ус аныҟарҵо, дара ирбоит Анцәа идоуҳа зҵоу ажәақәа шынаӡо: «Уани уаби гәырӷьалоит, узыхшаз лгәы еизҳалоит» (Ажәамаанақәа 23:25). Зегь раасҭа ихадоу, зықәрахь инеихьоу аҭаацәа ирхылаԥшуа, ҳаҭыр рықәызҵо, Анцәа Иегова пату иқәырҵоит, ддыргәырӷьоит.

a Араҟа ҳара ҳалацәажәаӡом аҭагылазаашьа аҭаацәа ирымоу амчреи агәрагареи ииашамкәа рхы ианадырхәо, уи ацәгьоура иадукылар аналшо.