Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Дарбан адунеи знапаҿы иҟаҵәҟьоу?

Дарбан адунеи знапаҿы иҟаҵәҟьоу?

Дарбан адунеи знапаҿы иҟаҵәҟьоу?

Аӡәырҩы хыхь иқугылоу азҵаара аҭак ҟарҵон ажәакала,— Анцәа ҳәа. Аха аҵак ду амоуп, Абиблиаҿы џьаргьы иахьарбам, Иисус Христос, ма иара Иаб ари адунеи ианапхгаҩцәаҵәҟьоуп ҳәа. Уи акум, Иисус иҳәеит: «Ари аԥсабара [«адунеи», АЕ] аҳ уажәы наҟ далцахоит». Насгьы иациҵеит: «Ари аԥсабара [«адунеи», АЕ] аҳ даауеит, Сара сыҟны акгьы имам» (Иоанн 12:31; 14:30; 16:11).

Абасала, ари адунеи анапхгаҩы Иисус диҿагылаҩуп. Дызусҭахарыдашь уи?

Аилыркаага ацаԥха — адунеи аҭагылазаашьа аҟнытә

Иреиӷьӡоу агуҭакқуа рынагӡаразы ауаа аҽазышәарақуа шыҟарҵозгьы, аҭоурых зегьы аҩнуҵҟала адунеи ӷуӷуала игуаҟ’уан. Ихуцуа ауаа зегьы ари уамашәа ирбоит, аредакциатә статиақуа равтор Деивид Лоренс, уажәы зыԥсҭазаара иалҵхьоу ашәҟуҩҩы, уамашәа ишибоз еиԥш: «„Адунеиаҿы аҭынчра“ — ари, шамахамзар, зегьы иргуаҳәароуп. „Ауаатәыҩса реизыразра“ — шамахамзар, адунеиаҿы ауаа зегьы ирныруеит урҭ реизыҟазаашьаҿы. Ус анакуха, нас, иҟалазеи? Избан ауаа ирыцишаз агуаҳәарақуа ирыцәтәымны аибашьра ашәарҭа зыҟоу?»

Ари иџьоушьаша акоуп, ус ами? Ҭынчрала, гураҳаҭла аҟазаара агуаҳәара ауаа ирыԥсабаратә цәаҩаны ианыҟоу аамҭазы, дара рыбжьара инарҭбааны аҭыԥ рымоуп аибацәымӷреи ашьреи,— насгьы убас гумбылџьбарала. Урыхуаԥши игыгшәыгтәу агумбылџьбарара иахылҵ’уа ахлымӡаахрақуа. Рыцҳашьарада аргуаҟреи, мҽхакы ҭбаала ақуибахреи рзы ауаа рхы иадырхуон агазтә камерақуа, аконцентрациатә лагерқуа, амцаршәгақуа, анапалматә рҭҟуацгақуа, иара убас егьырҭ ихлымӡаахыу аметодқуа.

Угу иаанагома, гук-ԥсыкала аҭынчреи анасыԥи згуаҳәо ауаа, рхатәы гуаԥхарала абри еиԥш иҟоу ацәгьара хлымӡаах аӡәы изуура рылоуп ҳәа? Иарбан мчқуоу ауаа абри еиԥш дзырҟаҵо, уаҩы иузидымкыло ахымҩаԥгашьа, мамзаргьы, ацәгьара ҟарымҵакуа, ԥсыхуа рмоуратәы, зхы иазырхуода дара? Иузцәырымҵӡаци зныкыр абри еиԥш азҵаара: иаҳбарҭам мчы бааԥсык ауаа напхгара рызнауамашь, абри еиԥш аргуаҟратә усқуа дырҟаҵаразы?

Адунеи анапхгаҩцәа рхаҭарақуа шьақургылоуп

Ари азҵаара аҵыхуала аиԥхьхуцаара аҭахӡам, избанзар Абиблиа иаахтны иаҳнарбоит, ауаатәыҩса реиԥш, амилаҭқуагьы, иаҳбарҭам, ахуцра зылшо хаҭарак напхгара шрызнауа. Убраҟа иаҳәоит: «Адунеи зегьы ацәгьара иҭагылоуп [«абааԥсы инапаҿы иҟоуп», АҾ]». Абиблиа уи ихаҭара абас ишьақунаргылоит: «Аџьныши аҩсҭааи ҳәа изышьҭоу, адунеи зегьы хыхны измоу» (1 Иоанн 5:19; Откровение 12:9).

Зны аџьныш Иисус ‘дхысх’уеит ҳәа данаҿыз’, Иисус ари адунеи Аҩсҭаа дшахагылаз азы гуҩбара имамызт. Абиблиа иаҳәоит иҟалаз: «Аҩсҭаа Иара адырҩагь дигахт даара шьха ҳаракык аҿы, иагьиирбеит аԥсабара [«адунеи», АЕ] аԥсҳацәа зегьи урҭ рдурақуеи [«рыхьӡыԥшеи», АЕ], иагьиеиҳәеит: абри зегьы Уара иусҭоит, уҽылкажьны усеихырхуазар. Убасҟан Иисус иеиҳәеит: усԥырҵ, аџьныш» (Маҭфеи 4:1, 8—10).

Абри уазхуци. Аҩсҭаа Иисус дхих’уан, «адунеи аԥсҳарақуа зегьы» идгалауа. Иҟаларызмашь Аҩсҭаа идигалоз ухызх’уа акакуны, Аҩсҭаа адунеи аԥсҳарақуа зегьы дырнапхгаҩыҵәҟьамызҭгьы? Мап, иҟаларымызт. Насгьы иазгуаҭа: Иисус мап ацәимкӡеит, Аҩсҭаа шиакуу ари адунеи аиҳабырақуа знапаҿы иҟоу. Иара ус иагьыҟаиҵон, Аҩсҭаа урҭ рҿы амчра имамызҭгьы. Убри аҟнытә Аҩсҭаа, Аџьныш, ииашаҵәҟьаны ари адунеи зегьы иаҳбарҭам напхгаҩыҵәҟьоуп! Абиблиа, аиашазы, уи ‘ари адунеи данцәоуп’ ҳәа ихьӡ аҳәоит (2 Коринфянам 4:4). Аха абри иеиԥш ахаҭара бааԥсы абасеиԥш амчра дуӡӡа имазааратәы излаҟалазеи?

Иаҩысҭаахаз Анцәа иишаз маалақьын, аха уи Анцәа диҵашьыцуа далагеит. Анцәа закуанла амчра имаз имеикит уи. Убри азыҳәан уи ихы иаирхуеит амаҭ, ихатәы маругак аҳасабала, раԥхьатәи аԥҳәыс Ева далаижьарц. Убасала иагьилшеит, лхаҵа Адами лареи Анцәа изыӡырҩра ацынхурас, Аҩсҭаа идҵа нарыгӡартә еиԥш (Бытие 3:1—6; 2 Коринфянам 11:3). Иара убасгьы уи, Адами Евеи макьана имииц рхылҵшьҭра зегьы Анцәа иҟуҭхара сылшап ҳәа, агуӷра ааирԥшит. Анцәа Аҩсҭаа аамҭа ииҭеит, дызхашшаауаз ашьақурӷуӷуара иҽазишәарц, аха абри аҿы Аҩсҭаа длыҵшәадахеит (Иов 1:6—12; 2:1—10).

Акрызҵазк’уа акоуп, Аҩсҭаа адунеи напхгара ахьазиуа аҿы дахьызаҵәым. Уи илшеит, маалықьцәақуакгьы Анцәа иҿагыланы, иара идгылартә еиԥш, агура дыргара. Урҭ демонцәахеит, иара идоуҳатә цхырааҩцәахеит. Абиблиа иналкааны иҳабжьагауа, ус аҳәоит урҭ рзыҳәан: «Анцәа иабџьарқуа зегь рыла шәҽеибышәҭа, аџьныш шәызлахихқуо зегьы рҿагылара шәылшарц; избанзар ҳара ҳаибашьра ашьеи ацәеижьи ирзынархам, аха... ари адунеи лашьца анапхгаҩцәеи ажәҩан аҵаҟа ацәгьаратә доуҳақуеи ирҿагылоуп» (Ефесянам 6:11, 12).

Адоуҳа мчы бааԥсқуа урҿагыла

Арҭ иаабарҭам адунеи анапхгаҩцәа бааԥсқуа ауаатәыҩса зегьы ииашам амҩа рықуҵара рҽазҵәылхны иашьҭоуп, Анцәа имҵахырхуара иаҟуҭхауа. Уи азы урҭ рхы иадырхуо аметодқуа ируакыуп, аԥсрашьҭахьтәи аҟазаара аидеиа ашьақурӷуӷуара, Анцәа Иажәа аԥсцәа ахдырра шрымам еилыкка ишаҳнарбогьы (Бытие 2:17; 3:19; Иезекииль 18:4; Псалом 145:3, 4; Екклесиаст 9:5, 10). Убри инақуршәаны, адоуҳа бааԥсы, иԥсыз ибжьы ахаҵаны, уи иуацәа, ма иҩызцәа ирацәажәар алшоит, убри аусаҿы аԥшцәеи, аҵаацәеи, мамзаргьы иаабарҭам асфера аҟнытә «абжьы» ахы иархуауа. «Абжьы» агура унаргоит, иара иԥсыз иакуушәа, аха, аиашазы, уи — дыџьнышуп!

Убри аҟнытә знымзар-зны абри еиԥш «абжьы» уаҳар, уажьар умун. Уи иаҳәозаалакгьы удумкылан, урҿыԥшла Иисус иажәақуа: «Усԥырҵ, аџьныш» (Маҭфеи 4:10; Иакова 4:7). Адоуҳатә сфера мыцху азҿлымҳара адоуҳа бааԥсқуа урыднамҳәалааит. Ари аиԥш аизыҟазаашьа аспиритизм ҳәа иашьҭоуп, аха Анцәа имаҵууцәа уи аформақуа зегьы ирцәихьчоит. Абиблиа рықуӡбоит «аԥшра знапы алакыу,.. аҟцәа ирыҿцаауа, иҟалаша ҟазарыла заа иразҳәо, насгьы аԥсцәа иразҵаауа» (Второзаконие 18:10—12, АҾ; Галатам 5:19—21; Откровение 21:8).

Аспиритизм ауаҩы аџьныш инапаҵаҟа днанагоит азы, иара апрактикатә формақуа зегьы рыҽрылархура мап рыцәкла, урҭ игурҿыхагоушәа, ма игуацԥыҳәагоушәа убозаргьы. Арҭ апрактикатә формақуа рахь иԥхьаӡоуп «амагиатә хаҳәала» аԥшра, аспиритизм асеансқуа рзы апланшеткақуа рхархуара, ахдыррарҩашьаратә гункылара (АРГ), анапсыргуҵа анԥшылара (ахиромантиа), аеҵәақуа рыла аԥшра. Аџьнышцәа ирҭыԥны иҟарҵо аҩнқуа рҿы абжьы цәгьақуеи егьырҭ аԥсабаратә феноменқуеи цәырыргоит.

Убри инаҷыданы, адоуҳа бааԥсқуа рхы иадырхуоит ауаҩы илоу агунаҳаратә ҟазшьа ҷыдарақуа, алитературеи акинофильмқуеи рҿы игуаԥхашәадоу, иԥшӡам ахымҩаԥгашьақуа ареклама рзуура иацхраауа. Аџьнышцәа ирдыруеит, ииашам ахуцрақуа ахшыҩ иҭцамзар, хашҭра рықумкуа ишаанхауа, насгьы ауаа иԥшӡам ахымҩаԥгашьа аҟынӡа инагауа — дара аџьнышцәа рхаҭақуа реиԥшҵәҟьа (Бытие 6:1, 2; 1 Фессалоникийцам 4:3—8; Иуды 6).

Иҵабыргыуп, аӡәырҩы ахыччашт, адоуҳа бааԥсқуа адунеи напхгара азыруеит зҳәо аидеиа. Аха урҭ рхамҵара џьашьатәӡам, избанзар Абиблиа иаҳәоит: «Аҩсҭаа ихаҭа алашара Амаалықь иԥшра ааихуоит» (2 Коринфянам 11:14). Зегь реиҳа ҟазарыла ихы иаирхуо амц зызкыу Аҩсҭааи иара идемонцәеи шыҟаҵәҟьоу афакт аганахьала ауаа рылахҩара ауп. Аха урҭ урымжьааит! Аџьныш идемонцәеи иареи ыҟаҵәҟьоуп, уаргьы, хымԥада, урҭ урҿагылазароуп (1 Петра 5:8, 9).

Насыԥшәа, уажәшьҭа иааигуоуп Аҩсҭаа идгылаҩцәеи иареи уаҳа ианыҟамло аамҭа! «Адунеи [иара адемонтә напхгаҩцәа налаҵаны] ыиасуеит,— агура ҳнаргоит Абиблиа,— ...аха Анцәа игуаԥхара назыгӡо дыҟазаауеит наӡаӡа» (1 Иоанн 2:17). Изакутә хақуиҭроузеи усҟан ишьақугыло, ари анырра бааԥсы анԥырҟуҟуаахалакь! Убри аҟнытә ҳаҟазаап Анцәа игуаԥхара назыгӡои ииашоу Анцәа идунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара иеигурӷьои рыгуҭа (Псалом 36:9—11, 29; 2 Петра 3:13; Откровение 21:3, 4).

[Асахьа, адаҟьа 4]

Илшарызма Аҩсҭаа абарҭ адунеи аԥсҳарақуа зегьы Иисус идгалара, урҭ иара итәымызҭгьы?