Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Адгьыл, агәаҟрақәа рҟнытәи зхы иақәиҭхаз

Адгьыл, агәаҟрақәа рҟнытәи зхы иақәиҭхаз

Ахәҭа 2

Адгьыл, агәаҟрақәа рҟнытәи зхы иақәиҭхаз

1, 2. Иарбан даҽа хәаҧшышьоу рҽаздыркыло аӡәырҩуаа?

 АХА миллионла ауаа адунеи зегь аҿы зынӡа даҽа хәаҧшышьак рымоуп. Дара ирбоит ауаатәыҩса ирызкыу иџьашьахәу ҧхьаҟатәи аҧеиҧш. Дара ишьақәдырҕәҕәоит, абра адгьылаҿы, иаарласны ишыҟало ацәгьарақәеи агәаҟрақәеи рҟнытә зхы иақәиҭхо, адунеи. Урҭ агәра ргоит, ацәгьарақәа зегьы иаарласны ишаҧырххо, иагьшышьақәыргылахо зынӡа иҿыцу адунеи. Уи аума дара ишьақәдырҕәҕәоит, ари адунеи ҿыц ҳара ҳаамҭаз ашьаҭа акра ишаҿу.

2 Арҭ ауаа агәра харҵоит, адунеи ҿыц ахы ишақәиҭхо аибашьреи, агәымбылџьбарреи, ацәгьоуреи, ақәнамгареи, аҕарреи рҟнытә. Ари адунеи ҟалоит чмазарада, гәырҩада, лаҕырӡыда уи аума ҧсрадагь. Уи аамҭаз ауаа наӡаны иҟалоит, насыҧ рыманы џьанаҭ дгьылаҿы наунагӡа инхалоит. Иҧсхьоуҵәҟьагьы рыҧсы ҭаҵахоит, егьрымазаауеит наӡаӡа анхара алшара!

3, 4. Избан абарҭ ауаа дара ирымоу ахәыцшьа агәра зырго?

3 Ари ахәаҧшышьа баша гәыҕраны, гәазыҳәара мацараны, аха ииашаны иҟоушәа зхы цәырзго акоума? Мап, зынӡаскгьы. Ари џьанаҭ хымҧада ишыҟало шьақәрҕәҕәоуп, иҕәҕәоу ашьаҭа змоу хаҵарала (Ауриақәа рахь 11:1). Избан дара абас агәра зырго? Избанзар ари аҩыза аргәыҕра ҳаиҭеит зегь зымчу адунеи зегь Зшаз.

4 Анцәа иҳаиҭаз аргәыҕра аганахьала Абиблиа иаҳәоит: «Жәак аанымхеит лҵшәада иразу ажәақәа рҟнытә, Иҳақәиҭу шәара шәзы ииҳәаз, шәара Шәнцәа; зегь наӡеит шәара шәзы, жәакгьы аанымхеит инагӡамкәа». «Анцәа дуаҩӡам, Иара амц иҳәартә еиҧш... Иара иоума иҳәаны, иҟазымҵо? иҳәаны иназымгӡо?» «Дықәны иҳәоит Иҳақәиҭу Саваоф: Сара ишысхәыцыз, убас иагьыҟалоит; Сара ишазгәасҭаз, убас инагӡахоит» (Иисус Навин 23:14; Ахыҧхьаӡарақәа 23:19; Исаиа 14:24).

5. Иарбан зҵаарақәоу аҭак зҭахыу?

5 Аха, Анцәа гәҭакыс имаз адгьылтә џьанаҭ акәзар, избан нас иара уаанӡа изаҩижьыз асҟак ацәгьарақәа ҟалартә? Избан иара ф-нызқь шықәса дызҧшыз, нас ацәгьара ықәихырц? Иаанагозма нас, арҭ шәышықәсала агәаҟрақәа, ииашаҵәҟьаны Анцәа даҳхылаҧшӡом ма дыҟаӡам ҳәа?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]