Анцәа игәҭакы анагӡара иазааигәахоит
Ахәҭа 8
Анцәа игәҭакы анагӡара иазааигәахоит
1, 2. Ишҧеиқәиршәоз Анцәа аусқәа, агәаҟрақәа раҧыхразы?
АШӘЫШЫҚӘСАҚӘА цацыҧхьаӡа, аҿагылара аазырҧшыз ауааи адемонцәеи рнапхгара, ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара алада ирыхон. Аха Анцәа ҳгәаҟрақәа иҽрыламырхәкәа дынхомызт. Уи аума, ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа, ауаа еиҵырҕәҕәа изкыз ацәгьеи агәаҟрақәеи рҟнытә, ахақәиҭра риҭарц аусқәа еиқәиршәон.
2 Едем иҟаз аҿагылара аамҭа инаркны, Анцәа иҳәынҭқарра аҧҵаразы игәҭакы аартра далагеит, ари адгьыл џьанаҭ нхарҭаны ауаа рзы иҟазҵо (Аҟазаара 3:15). Уи ашьҭахь Иисус, Анцәа ихаҭарнак иаҳасабала, ари ҧхьаҟатәи Анцәа иҳәынҭқарра ихадоу теманы иҵараҿы иҟаиҵеит. Иара иҳәеит, ауаатәыҩса рзы иара гәыҕра заҵәны ишыҟало (Даниил 2:44; Маҭфеи 6:9, 10; 12:21).
3. Ишҧазиҳәеи Иисус ҧхьаҟатәи аҳәынҭқарра адгьыл азы, насгьы избан?
3 Иисус ари ҧхьаҟатәи Анцәа иҳәынҭқарра „Жәҩантә Аҳра“ ҳәа ахьӡиҵеит, избанзар иара жәҩанынтә напхгара аулоит азы (Маҭфеи 4:17). Уи иара убас „Анцәа Иаҳра“ ҳәа азиҳәеит, избанзар уи Автор Анцәа иоуп (Лука 17:20). Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа Анцәа идоуҳа риҭон ишәҟәҩҩцәа, ианырҵарц аҧааимбаражәақәа, абри аҳәынҭқарра иалахәхо рзы, насгьы уи иҟанаҵарц иҟоу.
Адгьыл аҳ ҿыц
4, 5. Ишҧааирҧши Анцәа, иара Аҳас идикылаз Иисус шиакәу?
4 Ҩнызқь шықәса раҟара аҧхьа, Иисус иҿы ауп иахьынаӡаз, ҳаҧхьаҟатәи Анцәа Иаҳра Аҳ изкыз, аҧааимбаражәақәа рацәаны. Иара иакәхеит, ауаатәыҩса ирхылаҧшуа жәҩантә ҳәынҭқарра Ахагылаҩс Анцәа иалихыз. Иара иҧсра ашьҭахь Анцәа Иисус иҧсы ҭеиҵеит ажәҩанаҿы аҧсҭазааразы, кыр зымчу, ҧсра зқәым доуҳатә шамҭак иаҳасабала. Иара иҧсҭалара ашаҳаҭцәа рацәаҩын (Аумҭақәа 4:10; 9:1—9; Римаа рахь 1:1—4; 1 Коринфаа рахь 15:3—8).
5 Анаҩс Иисус «днатәеит Анцәа иарҕьарахь» (Ауриақәа рахь 10:12). Уаҟа иара дазҧшын аамҭа, Анцәа жәҩантәи Иаҳра Аҳак иаҳасабала аусура алагара инапы ианиҵаанӡа. Убри ала инаӡеит аҧааимбаражәа Ҧсалом 109:1 аҟнытә, Анцәа иара иахьиеиҳәо: «Утәа Сара сарҕьарахь, Уара уаҕацәа Уара ушьапаҵаҟа иҟасҵаанӡа».
6. Ишҧааирҧши Иисус, Анцәа Иаҳра Аҳ изкыу, аҭахрақәа дышрықәшәо?
6 Иисус адгьылаҿы даныҟаз, уи иааирҧшит, абри аҩыза аҭыҧ аанкыларазы аҭахрақәа дышрықәшәо. Дахьҧхарҵоз дахәамҧшкәа, уи иалихит Анцәа иҿаҧхьа ицқьара ахьчара. Абас еиҧш иҟоу ахымҩаҧгашьала Иисус иааирҧшит Аҩсҭаа амц шиҳәоз, дарбанзаалак ауаҩы аҧышәарақәа рҿы Анцәа дизиашаны дынхом ҳәа анышьақәирҕәҕәоз. Иисус, инаӡоу ауаҩы, «аҵыхәтәантәи Адам», иааирҧшит, Анцәа агха шыҟаимҵаз, инаӡоу ауаа шаны (1 Коринфаа рахь 15:22, 45; Маҭфеи 4:1—11).
7, 8. Бзиарас иҟаиҵеи Иисус адгьыл аҿы, уи алагьы иааирҧшызеи?
7 Дарбан ҳәынҭқару абысҟак абзиарақәа ҟазҵаз, Иисус шықәсқәак рыла имаҵураҿы иҟаиҵаз аҟара? Анцәа иҧшьоу идоуҳа адҵарала, Иисус ихәшәтәуан ачымазцәа, агра змаз, алашәцәа, адагәацәеи аҿаҳацәеи. Иара уи адагьы аҧсцәа рыҧсы ҭеиҵон! Иара имаҷу амҽхак аҭаны иаҳирбеит, ауаатәыҩса рзы инарҭбааны иҟаиҵо, иара иаҳра амчхараҿ даннеилак (Маҭфеи 15:30, 31; Лука 7:11—16).
8 Иисус адгьылаҿы даныҟаз, иара убысҟак абзиарақәа ҟаиҵеит, иара иҵаҩы Иоанн ус иҳәартә: «Абри адагьы, ирацәоуп Иисус ирҿиаз: аха акы аанмыжькәа иҩызар, уи, сгәы иаанагоит, адунеи ахаҭагьы иакрымызт иҩхоз ашәҟәқәа» (Иоанн 21:25) a.
9. Избан гәык-ҧсыкала иҟаз ауаа Иисус изидеизалоз?
9 Ауаа рахь абзиабара ду иманы, Иисус дқьианы, дрыцҳашьаҩны дыҟан. Иара дрыцхраауан арыцҳацәеи агәаҟцәеи, аха амалуааи еицырдыруази ргәаҕгьы имамызт. Гәыкала иҟаз ауаа бзиабарала иҭәыз Иисус иааҧхьара ақәҿырҭит, иара ианиҳәоз: «Шәааи Сара сахь, аџьа збои аидара иаҵоуи, Сара шәара шәсырҭынчуеит; Сара суҕә шәықәышәҵа Сара сҟынтәгьы ишәҵа, избанзар Сара схырнаалаҩуп, гәылагьы сҧагьам, насгьы ишәыҧшаауеит агәҭынчра; избанзар Сара суҕә бзабаауп, насгьы Сара сеидара ласуп“ (Маҭфеи 11:28—30). Анцәа ицәшәоз ауаа иара идеизалон, насгьы гәырҕьарала иазҧшын иара инапхгара (Иоанн 12:19).
Напхгара еицызуа
10, 11. Адгьыл анапхгараҿы Иисус ицны зҽалазырхәуада?
10 Ауаҩытәыҩсатә ҳәынҭқарраҿы аус еицызуа амаҵуҩцәа шыҟоу еиҧш, убасҵәҟьа иҟалоит жәҩантә Анцәа Иаҳраҿы. Иисус ида, адгьыл анапхгараҿы иалахәзароуп егьырҭгьы, избанзар Иисус, изааигәаӡаз, ажәа риҭеит дара иара ицны аҳцәак раҳасабала ауаатәыҩса ишырхагыло (Иоанн 14:2, 3; Аартра 5:10; 20:6).
11 Ус анакәха, жәҩантәи аҧсҭазаарахь Иисус ицны рыҧсы ҭаҵахоит зхыҧхьаӡара ҧҵәоу ауаа. Дара Анцәа Иаҳра аилазаара иалахәуп, ауаатәыҩса наунагӡатәи азылҧхарақәа рзаазго (2 Коринфаа рахь 4:14; Аартра 14:1—3). Абасала, Иегова ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа аҳәынҭқарразы ашьаҭа азышьҭеиҵон, ауаатәыҩсатә ҭаацәара наунагӡатәи азылҧхарақәа рзаазго.
Ихьыҧшым анапхгара аҵыхәтәа
12, 13. Иарбан усқәоу уажәы изызхиоу Анцәа Иаҳра?
12 Ари ашәышықәсазы Анцәа хаҭала адгьыл аусқәа иҽрылаирхәит. Ари аброшиура а-9-тәи ахәҭаҿы иахцәажәараны ишыҟоу ала, абиблиатә ҧааимбаражәа иаҳнарбоит 1914 шықәсазы Анцәа Иаҳра шышьақәыргылаз Христос инапхгарала, насгьы уажәы иара хиоуп Аҩсҭаа исистема зегьы ақәхразы. Ари Аҳра азхиоуп „[Христос] иаҕацәа рыгәҭа аҳра азоура“ (Ҧсалом 109:2).
13 Абри азы аҧааимбаражәа Даниил 2:44 аҿы иаҳәоит: «Убырҭ аҳрақәа рымшқәа раан [иахьатәи ҳаамҭазы иҟоу] Жәҩантәи Анцәа иқәиргылоит аҳра [ажәҩан аҿы], наӡаӡа иҧымго, насгьы ари аҳра даҽа жәларык ирыҭахом [ауаҩытәыҩсатә напхгара уаҳа ахаан инашьҭхом]; иара [Анцәа Иаҳра] иқәнахуеит иагьеиланарбгоит аҳрақәа зегьы, иара ахаҭа гылазаауеит наӡаӡа».
14. Иарбан зылҧхарақәоу ирышьҭанеиуа ауаҩытәыҩсатә напхгара аҧыхра иабзоураны?
14 Иарбанзаалак Анцәа ихьыҧшым анапхгара анаҧыххалак, Анцәа Иаҳра анапхгара адгьылаҿ инаӡахоит. Аҳра жәҩанынтә напхгара шауа ала, иара ахаангьы ауаа иҧхасҭартәырц рылшом. Анапхгара аҧхықәра ыҟазаауеит уа, дара раҧхьаӡа иахьыҟаз — ажәҩанаҿ, Анцәа иҟны. Анцәа инапхгара адгьыл зегьы аконтроль шазнауло ала, аӡәгьы уаҳа амц динхаҵарала дырҩашьахом, ма агәынамӡара узҭо ауаҩытәыҩсатә философиалеи, мамзаргьы аполитикатә теориалеи. Урҭ рахьынтә акгьы аҟазаара азин рыҭахом (Маҭфеи 7:15—23; Аартра, ахқәа 17 инаркны 19 аҟынӡа).
[Албаага]
a Иисус иҧсҭазаара ихарҭәааны ахцәажәаразы уахәаҧш ашәҟәы «Иарбан аамҭазаалак инхоз зегь иреиҳаз ауаҩ ду», 1991 шықәсазы Иегова Ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз ирацәаны абызшәақә рахь.
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Асахьа, адаҟьа 18]
Иисус адгьылаҿы даныҟаз, иара ихәшәтәуан ачымазцәа, насгьы аҧсцәа рыҧсы ҭеиҵон, абри ала иҳарбо, адунеи ҿыц аҿы иҟаиҵараны иҟоу.
[Асахьа, адаҟьа 19]
Жәҩантә Анцәа Иаҳра аҵыхәтәа ҧнаҵәоит Анцәа ихьыҧшымкәа иҟоу зегьы анапхгаратә формақәа.