Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Зеиҧшыҟам, Анцәа ишьақәиргылаз адунеи ҿыц

Зеиҧшыҟам, Анцәа ишьақәиргылаз адунеи ҿыц

Ахәҭа 10

Зеиҧшыҟам, Анцәа ишьақәиргылаз адунеи ҿыц

1, 2. Иҟалозеи арыцқьаратә еибашьра Армагеддон ашьҭахь?

 ИҞАЛОЗЕИ Анцәа ирыцқьаратә еибашьра Армагеддон ашьҭахь? Уи ашьҭахь иалагоит иссиру аера ҿыц. Армагеддон иацәынхаз, Анцәа инапхгара ишадгылаз аазырҧшыз, адунеи ҿыц ахь инагахоит. Шаҟа игәырхыҭхыҭгахозеи ари иҿыцу аҭоурых апериод, ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара Анцәа иҟнытә азылҧхарақәа анырзааишьҭлак!

2 Анцәа Иаҳра анапхгарала еиқәхаз аџьанаҭ аиҿкаара иалагоит. Дара рымчқәа аздырхоит рхы заҵәык акәымкәа, уи аамҭаз инхало ауаа зегьы ирыхәо аусқәа. Адгьыл иҧшӡоу, иҭынчу, агәазыҳәара узаазго нхарҭа ҭыҧны, ауаатәыҩса рзы аҽеиҭакра иалагоит.

Ацәгьа аиашара ала иҧсаххоит

3. Закәытә еидароузеи ҳазҵыҵуа иаразнак Армагеддон ашьҭахь?

3 Арҭ зегь ҟаларц алшоит Аҩсҭаа идунеи ақәхра абзоурала. Уаҳа иҟалаӡом аимак зырҿиауа амц динқәеи, азеиҧшеилазааратә нхамҩақәеи, мамзаргьы аҳәынҭқаррақәеи. Уаҳа иҟалаӡом аҩашьара уалазгало аҩсҭаа ипропаганда; аорганизациақәа зегьы, иара аларҵәара иазкыу, иқәӡаауеит Аҩсҭаа исистема иацны. Ухаҿы иааг: узхәынго Аҩсҭаа идунеи зегьы аҭагылазаашьа аҧыхыуп! Шаҟа иҭынчрахозеи!

4. Уахцәажәа, аҵараҿы иарбан ҧсахроу иҟало.

4 Ауаҩытәыҩсатә напхгара аҭархагатә идеиақәа ҧсаххоит ашьақәыргыларатә ҵарала Анцәа иҟнытә. «Уара уҧацәа зегьы Иҳақәиҭу иҟнытәи идырҵахоит (Исаиа 54:13). Абриа аҩыза хәарҭара аазго шықәсыла ицо арҵара абзоурала, «адгьыл ҭәуеит Иҳақәиҭу идыррала, аӡқәа амшын шдырҭәуа еиҧш» (Исаиа 11:9). Ауаа уаҳа ирҵалаӡом ацәгьара, аха „адгьыл иқәынхо зегьы ирҵоит аиаша“ (Исаиа 26:9). Амшқәа ҭәызаауеит уеиҿызкаауа хәыцралеи хымҩаҧгашьалеи (Аумҭақәа 17:31; Филиппаа рахь 4:8).

5. Ирыхьуазеи ацәгьарақәа зегьи, насгьы ауаа цәгьақәеи?

5 Абасала, уаҳа иҟалаӡом ауаҩшьрақәа, ақәымчрақәа, амцқьарақәа, арҳәрақәа уҳәа убас егьырҭ ацәгьоурақәа. Атәым иҟаиҵо ацәгьарақәа ирыхҟьаны аӡәгьы дгәаҟлаӡом. Ажәамаанақәа 10:30 рҟны иҳәоуп: «Аиашауаҩ ахаангьы дшьақәҟьаӡом, амцқьақәа адгьылаҿы изынхаӡом».

Инаӡоу агәабзиара шьақәыргылоуп

6, 7. а) Иарбан арыцҳашьара злам факту Аҳра анапхгара зҵыхәтәа ҧнаҵәо? б) Ишҧааирҧши ари Иисус адгьылаҿы даныҟаз?

6 Адунеи ҿыц аҟны раҧхьатәи аҿагылара иахҟьаз арыцҳарақәа абзиарахь иргьежьхоит. Иаҳҳәап, Аҳра анапхгара ачымазарақәеи ажәреи рҵыхәтәа ҧнаҵәоит. Уажәы уара хар змам агәабзира умазаргьы, иҟоуп арыцҳашьара злам афакт, уқәра цацыҧхьаӡа ула цоит, ухапыцқәа каҧсоит, улымҳа иагхоит, уцәа кыҷуеит, урҳәарах ҧхасҭахоит, уара аҵыхәтәан уҧсаанӡа.

7 Аха арҭ узыргәаҟуа ахҟьақәа ҳазхылҵыз рҟнытә иаҳзынхаз иаарласны ииасхьоу акы акәхоит. Иугәалашәома уара, Иисус адгьыл аҟны даныҟаз агәабзиара аганахьала иаҳирбаз? Абиблиа иаанацҳауеит: «Идеизалеит Иара ажәлар рацәа ацыркьцәа, алашәцәа, аҿаҳацәа, агра змаз егьырҭгьы ирацәаны ирыцны, иааганы ишьҭарҵон дара Иисус ишьапаҿы; Иара иагьалиргон урҭ; убас еиҧш ажәлар иџьаршьон, ианырбоз аҿаҳацәа цәажәо, агра змоу ргәы бзианы, ацыркьцәа ныҟәоны, алашәцәагьы ирбоны» (Маҭфеи 15:30, 31).

8, 9. Уахцәажәа анасыҧ, адунеи ҿыц аҿы иааиуа, инаӡоу агәабзиара анышьақәгылалак.

8 Закәытә насыҧузеи иҟало адунеи ҿыц аҟны, ҳчымазарақәа зегьы анаҧыххалак! Ахаангьы уаҳа агәамбзиара иахҟьаны ҳгәаҟлаӡом. «Дарбанзаалак инхо аӡәгьы иҳәаӡом: „Сара сычмазаҩуп“». «Усҟан иаахтышт алашәцәа рыблақәа, адагәацәагьы рлымҳақәа ираҳашт. Усҟан ацыркь дҩаҵҟьашт, абынҽа еиҧш, аҿаҳагьы ибыз шәаҳәалашт» (Исаиа 33:24; 35:5, 6).

9 Иџьашьахәӡами ари — есышьыжь гәабзиарала уҭәны ааҧшра? Зықәрахь инеихьоу ауаа ргәы иамыхәаӡои ҩаҧхьа рқәыҧшра амч ихарҭәааны ишроуа анырдыруа, насгьы Адами Евеи аҧхьа ирымаз анаӡараҿы ишнеиуа? Абиблиатә қәыргәыҕра иаҳәоит: «Усҟан иара ицәеижь еиҳа иҿахоит данқәыҧшыз аасҭа; иара дхынҳәоит иқәыҧшра амшқәа рахь» (Иов 33:25). Закәытә гәахәароузеи абласаркьақәеи, абжьырҳага аппаратқәеи, алабақәеи, уназга-азго аскамқәеи, насгьы амедицинатә препаратқәеи ркажьра! Уаҳа ахаан иаҳҭаххом ахәшәтәырҭақәа, аҳақьымцәа, насгьы ахаҧыцтә ҳақьымцәа.

10. Иахьуазеи аҧсра?

10 Ауаа абри еиҧш агәабзиара ду змоу, ирҭаххаӡом аҧсра. Дара ҧсра рықәым, избанзар ауаатәыҩса ирҭынхаз анамӡареи аҧсреи ирыбжьарханы уаҳа иаанхом. Христос «ихәҭоуп аҳра аура, иаҕацәа зегь ишьапаҵаҟа ишьҭеиҵаанӡа. Иқәххоит аҵыхәтәантәи аҕа — аҧсра». «Анцәа иҳамҭа — наӡаӡа аҧсҭазаара» (1 Коринфаа рахь 15:25, 26; Римаа рахь 6:23; уахәаҧш иара убас Исаиа 25:8).

11. Ишҧеизнаго Аартра аҿы адунеи ҿыц азылҧхарақәа?

11 Анцәа аиҷаҳаҩ, ауаатәыҩса ҭаацәара аџьанаҭ аҿы ирзааишьҭуа азылҧхарақәа еицҵауа, Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәы иаҳәоит: «Иагьирыцқьоит Анцәа урҭ рылабжышқәа, аҧсрагьы уаҳа иҟалом; аҵәыуареи, агәынқьреи, ачымазареи уаҳа иҟалаӡом. Ииасит ажәытәра» (Аартра 21:3, 4).

Иҧсхьоу рыхынҳәра

12 Ишҧаҳирбеи Иисус Анцәа ииҭаз аҧсҭаҵара алшара?

12 Иисус ауаа рыхәшәтәреи агра змоу ралыргареи адагьы, еиҳаны иҟаиҵон. Иара уи адагьы ауаа аҧсрахьтә иргьежьуан. Уи ала иара иаҳирбеит, Анцәа ҳамҭас ииҭаз, иџьашьахәу аҧсҭаҵара алшара. Иугәалашәома ахҭыс, Иисус зыҧҳа дыҧсыз ахаҵа иҩны даннеиз? Иисус иҧсыз аӡҕаб илеиҳәеит: «Аҭыҧҳа, бара боуп изысҳәо, бгыл». Изеиҧшразеи аҵыхәтәа? «Аҭыҧҳа иаразнак дгылеит, насгьы аныҟәарагьы далагеит». Ари збаз уа иҟаз ауаа «даара иаршанхеит». Дара рынасыҧ ҳәаа амамызт! (Марк 5:41, 42; иара убас уахәаҧш Лука 7:11—16; Иоанн 11:1—45).

13. Иарбан гәыҧ уаау зыҧсы ҭаҵахо?

13 Адунеи ҿыц аҿы «иҟалоит аҧсцәа рыҧсҭалара, ииашоугьы ииашамгьы» (Аумҭақәа 24:15). Уи аамҭаз Иисус ихы иаирхәоит Анцәа ииҭаз иҧсхьоу рыҧсҭаҵара алшара: «Сара соуп аҧсҭалареи аҧсҭазаареи; Сара схазҵо, дыҧсыргьы, дыбзахоит» (Иоанн 11:25). Иара убасгьы иҳәеит: «Адамраҿ иҟоу [Анцәа игәалашәараҿ], Анцәа Иҧа ибжьы раҳауеит, егьҭыҵуеит» (Иоанн 5:28, 29).

14. Аҧсра уаҳа излаҟамло ала, иара иацны уаҳа иқәххозеи?

14 Шаҟа игәырҕьара дуӡӡахозеи зехьынџьара иҧсхьаз гәыҧ-гәыҧла аҧсҭалара ианалаго, ирызгәакьоу ауаа рыҽрыдыркыларц. Иҟалаӡом уаҳа агазеҭқәа рҟны зыҧсы ҭоу рылахь еиқәызҵо ашәаџьҳәарақәа! Уи ахаҭыҧан, хымҧада иҟалоит ӡынӡа даҽакы — ҿыц зыҧсы ҭалаз рзы алаҳәарақәа, дара бзиа избо ргәырҕьараз. Абасала, аҧсыжрақәа, аҧсыжраз амцақәа, акрематориақәа, анышәынҭрақәа уаҳа иҟалаӡом!

Ииашаҵәҟьоу аҭынч дунеи

15. Ишҧанаӡои аҵыхәтәанӡа Михеи иҧааимбаражәа?

15 Ҳаҧсҭазаара аганқәа зегьы рҿы ииашаҵәҟьаны аҭынчра ҟалоит. Аибашьрақәа, аибашьрақәа ирхылаҧшуа, насгьы абџьар аҟаҵара, ииасхьоу усны иҟалоит. Избан? Избанзар иӡуеит аимак лазҵо амилаҭтә, агәыҧтә, арасатә интересқәа. Усҟан ииашаҵәҟьаны «ишьҭырхуам жәларк даҽа жәларк рзы аҳәа, уаҳагьы ирҵаӡом аибашьышьа» (Михеи 4:3).

16. Дышҧеиҷаҳауеи Анцәа аибашьрақәа уаҳа иҟамларц азы?

16 Ари уамашәа иубар алшоит, избанзар ауаҩытәыҩсатә ҭоурых — ари есымша иҟоу шьаарҵәыратә ҭоурыхыуп. Аха ари ҟалалон, избанзар ауаатәыҩса адемонцәеи ауаҩытәыҩсатәи рнапхгара аҵаҟа иҟан. Адунеи ҿыц аҿы, Аҳра анапхгара аҵаҟа, иҟалоит анаҩстәи: «Шәааи, насгьы ижәба Иҳақәиҭу иусқәа... Иаанкылауа аибашьрақәа адгьыл аҵыхәанӡа, ирхәашеит ахәмпал, насгьы еилаҧиҵәҵәеит ахыц, аҽыуардынқәа мцала иблит» (Ҧсалом 45:9, 10).

17, 18. Изеиҧшрахозеи ауааи аҧстәқәеи реизыҟазаашьа адунеи ҿыц аҿы?

17 Иара убас ауаҩи аҧстәқәеи ирыбжьалоит Едем иҟаз аҭынчра (Аҟазаара 1:28; 2:19). Анцәа иҳәоит: «Ирыбжьасҵоит убысҟан дара рзы аиқәшаҳаҭра абнатә ҧстәқәеи, жәҩантә ҧсаатәқәеи, адгьыл иқәу аџьҟәаҟәтә ҳәазақәеи... Ирысҭоит шәарҭадара анхара» (Осиа 2:18).

18 Шаҟа иҭбаахозеи ари аҭынчра? «Ақәыџьмеи асыси еицынхалоит, абжьасгьы аӡысгьы еицышьҭазаауеит; аҳәысгьы, алым ҿагьы, ацәгьы еицызаауеит, ахәыҷы ҧшқагьы инеигааигалоит урҭ». Уаҳа ахаангьы аҧстәқәа ауаа рзы ишәарҭахом, мамзаргьы дареи дареи. «Алымҵәҟьагьы, ацә еиҧш, иафалоит аҭәа»! (Исаиа 11:6—9; 65:25).

Адгьыл џьанаҭны аҟаҵара

19. Ишҧаҟалои адгьыл?

19 Адгьыл ауаатәыҩса рзы иҟалоит џьанаҭ нхарҭаны. Убри азоуп Иисус иара дхазҵаз ахаҵа ажәа зииҭаз: «Џьанаҭ усыцҟазаауеит». Абиблиаҿы иҳәоуп: «Илахҿыххоит ацәҳәыреи адгьыл шабеи, егьгәырҕьоит ауаҩы дахьықәнымхо атәылагьы, егьышәҭуеит нарциссшәа... Ихәыҵҟьоит ацәҳәыраҿы аӡқәа, адәеиужьаҿгьы аӡыҳәҵәақәа» (Лука 23:43; Исаиа 35:1, 6).

20. Избан ауаатәыҩса амлакра уаҳа изырхьымӡо?

20 Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа миллионҩыла амлакра уаҳа ирыхьӡом. «Ибарақьаҭхоит ача адгьылаҿы, ашьхара ақәцәаҿы; иара ашәырқәагьы зазалоит». «Адәыҵла иара ашәыргьы унаҭалоит, адгьылгьы иунаҭалоит иара аалыҵқәа; иагьыҟалоит урҭ ишәарҭаданы дара рыдгьылаҿы» (Ҧсалом 71:16; Иезекииль 34:27).

21. Ирыхьуазеи аҩныдара, аҩныжәқәа, насгьы араион цәгьақәа?

21 Убра уаҳа иҟалом аҕарра, ҩны змам, аҩныжәқәа, насгьы ақәыларақәа рыла иҭәу араионқәа. «Егьдыргылалоит аҩнқәа егьынхалоит уаҟа, насгьы ажь-ӡахәақәа еиҭарҳалоит, аҽаҩрагьы рфалоит. Идыргылаӡом даҽаӡәы дынхаларц азы, еиҭарҳалаӡом даҽаӡәы ифаларц азы». «Дарбанзаалак ижь-ӡахәа аҵаҟа дтәазаауеит, насгьы илаҳа аҵаҟагьы, дызусҭазаалак аӡәгьы иршәом урҭ» (Исаиа 65:21, 22; Михеи 4:4).

22. Ишҧаарҧшу Абиблиаҿы Анцәа инапхгара азылҧхарақәа?

22 Џьанаҭаҿы абарҭи, егьырҭ ирацәаны, азылҧхарақәа роуеит ауаатәыҩса. Ҧсалом 144:16 аҿы иаҳәоит: «Иаауртуеит Уара унапы иагьурҭәуеит инхо зегьы ргәазыҳәара». Иџьашьатәӡам абиблиатә ҧааимбаражәа иахьаанацҳауа: «Иҧагьақәам адгьыл рзынхоит, иагьалачоит аҭынчра рацәа... Ауаа иашақәа адгьыл рзынхоит, иагьықәынхалоит уа наӡаӡа» (Ҧсалом 36:11, 29).

Ииасхьоу аҧыхра

23. Ишҧаҧихуеи Анцәа иаҳхаагахьоу агәаҟрақәа зегьы?

23 Анцәа Иаҳра анапхгара иқәнахуеит ааха зегьы, ииасхьоу ф-нызқь шықәса ауаатәыҩсатә ҭаацәара ирзаанагаз. Уи аамҭаз агәырҕьара акырӡа еиҳахоит, ауаа ирхыргахьоу агәаҟрақәа раасҭа. Иҽеим агәалашәарақәа аҧсҭазаара уаҳа идырхәашьӡом. Аизҳара иазкыу ахәыцрақәеи аусқәеи, ауаа рыҧсҭазаара иаҧны иҟало, хәыҷы-хәыҷла ахьаа узаазго агәалашәарақәа арыцқьоит.

24, 25. а) Иҟалараны иҟоузеи Исаиа иҧааимбаражәа инақәыршәаны? б) Агәра ҳгарц зҳалшозеи, иҳаҩсхьоу агәаҟрақәа рҟнытә ергьҳәа агәалашәарақәа заҵәык шракәу инхо?

24 Анцәа еиҷаҳаҩ иааицҳауеит: «Сара исшоит ажәҩан ҿыц [иҿыцу ажәҩантә ҳәынҭқарра ауаатәыҩса ирхагылоу] адгьыл ҿыцгьы [ ииашоу ауаатәыҩсатә еилазаара]; ииасхьоу уаҳа иугәалашәом угәаҿгьы иааиуам. Шәара шәазылахҿыххоит шәагьеигәырҕьалоит наунагӡа, Сара исшо». «Адгьыл зегьы аҧсы ашьоит, аҽарҭынчоит, игәырҕьаны абжьы ҭнагоит» (Исаиа 14:7; 65:17, 18).

25 Абасала, иара Иаҳра ацхыраарала, Анцәа зынӡа иҧсахоит аҭагылазаашьа бааҧсы, абас акыраамҭа иааиуаз. Иара иааирҧшуеит убас еиҧш иҟоу ахылаҧшра ду, наӡаӡа зегьы инамцхәны азылҧхарақәа ҳзаашьҭуа. Уи ала ажәытәан иҳауз агәаҟрақәа зегьы ҳханаршҭуеит. Усҟан иаҳхаҳгахьоу агәырҩақәа зегьы ергьҳәа агәалашәарахь ииасуеит, иаҳгәалаҳаршәарц ҳҭаххозаргьы.

26. Избан Анцәа иарбанзаалак иҳаҩсхьоу агәаҟрақәа зхаирҭәаауа?

26 Абасоуп Анцәа ишхеирҭәаауа ҳара ари адунеи аҿы иаҳхаҳгарц иҳалшоз. Иара идыруеит ари ҳара ишаҳхарам ҳара ҳнаӡамкәа ҳахьиз, избанзар анамӡара ҳара ҳазхылҵыз рҟнытә иаҳҭынхеит. Ҳара ҳакәӡам изхароу, Аҩсҭаа идунеи аҿы ҳахьиз, избанзар Адами Евеи ииашаны инхазҭгьы, уи ахаҭыҧан ҳара џьанаҭ аҿы ҳаииуан. Убри азы Анцәа рыцҳашьара дула, инеиҳангьы ихеирҭәаауеит иаҳхаҳгахьоу иҳаҩсхьоу ахьанҭара.

27. Иарбан ҧааимбаражәақәоу адунеи ҿыц аҿы шьахәла инаӡараны иҟоу?

27 Адунеи ҿыц аҿы ауаатәыҩса иҧыршәоит ахақәиҭра Римаа рахь 8:21, 22 аҿы иҳәаз: «Иара ашамҭа хаҭа ахы иақәиҭхоит абаара атәра аҟнытә Анцәа ихәыҷқәа рхақәиҭра ахьӡ-ҧша ахь. Избанзар иаадыруеит, ашамҭа зегьы шеибакәу иқьы-ҕызуеит иагьыуазыруеит уажәраанӡа». Убысҟан ауаа ирбоит инагӡаны ишыҟало анцәаиҳәара: «Иаиааит Уара Уаҳра; иҟалааит Уара угәаҧхара ажәҩан аҟны еиҧш, адгьыл аҿгьы» (Мафҭеи 6:10). Иџьашьахәу аҭагылазаашьақәа џьанаҭ дгьылаҿ ажәҩан аҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа ирҿырҧшхоит.

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьақәа, адаҟьа 23]

Адунеи ҿыц аҿы абыргцәа рқәыҧшра амч ахь ихынҳәуеит.

[Асахьа, адаҟьа 24]

Адунеи ҿыц аҿы ачымазарақәа зегьи аграқәеи аҧырххоит.

[Асахьа, адаҟьа 25]

Адунеи ҿыц аҿы иҧсхьоу аҧсҭазаарахь рыҧсы ҭаҵахоит.

[Асахьа, адаҟьа 26]

«Уаҳа ирҵалаӡом аибашьышьа».

[Асахьақәа, адаҟьа 27]

Џьанаҭ аҿы ауааи аҧстәқәеи рыбжьара иҟалоит инаӡоу аҭынчра.

[Асахьа, адаҟьа 27]

„Анцәа иааиртуеит инапы егьирҭәуеит инхо зегьы ргәазыҳәара“

[Асахьа, адаҟьа 28]

Анцәа Иаҳра инеиҳаны иханырҭәаауеит иаҳхаагахьоу агәаҟрақәа зегьы раасҭа.