Иабананагеи аҿагылара?
Ахәҭа 7
Иабананагеи аҿагылара?
1—3. Ишҧашьақәнарҕәҕәеи аамҭа Анцәа ииашара?
ЕИМАКТӘУ азҵаара Анцәа инапхгара азин атәы ҳалацәажәозар, иабакылнагеи шәышықәсалатәи, Анцәа ихьыҧшым ауаҩытәыҩсатә напхгара? Ирзаарҧшыма ауаа, дара иеиҕьу шнапхгаҩцәоу, Анцәа иаасҭа? Ауаҩы гәымбылџьбарала ауаҩы дшизыҟоу афактқәа рыла аӡбара ҳалагар, еилкаахоит, мап шакәу.
2 Ҳара ҳазхылҵыз Анцәа инапхгара мап анацәырк, иашьҭанеит арыцҳарақәа. Дара рхыи, насгьы ирхылҵыз ауаҩытәыҩсатә ҭаацәареи, ирзааргеит агәаҟрақәа. Дара рхы ада, аӡәгьы ахара рызрыдҵомызт. Анцәа Иажәа иаҳәоит: «Аха дара бжьысит Иара иҿаҧхьа, дара Иара ихәыҷқәам рымцқьарала» (Ҩынтәзакәан 32:5).
3 Аҭоурых иаҳнарбеит Анцәа агәҽанызаара иҟаиҵаз шиашаз, урҭ Анцәа инапы иҵҵыр дара шеицакуа, насгьы аҵыхәтәан ишҧсуа (Аҟазаара 2:17; 3:19). Дара Анцәа инапхгара иҵҵит, насгьы аамҭа цацыҧхьаӡа ииашаҵәҟьаны еицакит, иагьҧсит.
4. Избан ҳара зегьы инаӡам уааны ҳзииуа, ачымазарақәеи аҧсреи заа ҳазхианы?
4 Римаа рахь 5:12 аҿы еиҭанаҳәоит, дара ирхылҵыз анаҩс ирыхьыз: «Аӡәы ила агәнаҳа адунеи ишалалаз, насгьы агәнаҳарала аҧсра, иара убас аҧсрагьы ауаа зегь рахь ииасит». Убри азоуп, ҳара ҳазхылҵыз Анцәа ихылаҧшра ианаҿагыла, дара инаӡам гәнаҳауааны изыҟалаз. Агенетика азакәан ишақәшәо ала, иарбанзаалак, дара ирхылҵыз ирырҭарц ирылшоз, идырҳаз анамӡара акәын. Убри азоуп ҳара инаӡам уааны ҳзииуа, ачымазареи аҧсреи заа ҳазхианы.
5, 6. Иаҳнарбазеи аҭоурых аҭынчреи аизҳареи раагаразы ауаҩы иҟаиҵаз алшарақәа рганахьала?
5 Ииасит ирацәаны ашәышақәсақәа. Рҽеиҭнырыҧсахлеит аимпериақәа. Иҧышәан еиуеиҧшымыз аҳәынҭқарратә формақәа. Аха ҩаҧхьа еснагь ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара агәаҟрақәа рыхьӡон. Уазыҧшызар ауан, ф-нызқь шықәса рнаҩс ауаа аҭынчреи, аиашареи, аманшәалареи, адунеи ахьынӡа-наӡааӡо раагараҿы аихьӡарақәа рымазарц, насгьы иахьатәи ҳаамҭаз дара уажәшьҭа рхы иадырхәозар акәын ақьиареи, агәрыцҳашьареи, аусеицуреи реиҧш иҟоу аҟазшьақәа.
6 Аха аус аҟны иаабо даҽакуп. Иарбанзаалак ауаҩы иаҧиҵахьоу аҳәынҭқаррақәа, зегьы ирзаанамгаӡеит аҭынчреи аманшәалареи. Ари ХХ-тәи ашәышықәса мацаразы ҳара иаабоит иааиҧмырҟьаӡакәа миллионла ауаа рықәхра ахолокауст аамҭазы [анацисттә геноцид], насгьы шә-мллионҩык инреиҳаны аибашьраҿы рҭахара. Ҳара ҳаамҭазы ҵҩа змам ауаа ргәаҟын, гыгшәыгҵас ишьын, насгьы абахҭақәа ирҭакын аполитикатә еиқәшаҳаҭымхареи амчҳареи ирхырҟьаны.
Иахьатәи аҭагылазаашьа
7. Уахцәажәарц шҧалшо иахьатәи аҭагылазаашьа ауаатәыҩсатә ҭаацәараҿ?
7 Анаҩсгьы, уахәаҧш иахьабалак иахьатәи аҭагылазаашьа ауаатәыҩсатә ҭаацәараҿ. Ацәгьауреи агәымбылџьбарреи цәгьаны ирылоуп. Анаркотикқәа рхархәара аепидемиатә мҽхак аанахәеит. Цәеижьла аизааигәахара ирхылҵыз ачымазарақәа рымҽхак дырҭбааит. Миллионҩыла аҧсра узаазго ачымазара СПИД рыхьуеит. Амлакреи ма ачымазарақәеи ирыхҟьаны есышықәса миллионла ауаа ҧсуеит, уи аамҭазы хыҧхьаӡарақәак роуп амал ду знапаҿы иҟоу. Ауаа ирҟьашьит иагьыҧхасҭартәит адгьыл. Иахьабалак аҭаацәарақәа хыбгалоит, аморалтә хәшьарақәагьы ирыҕрагылоит. Ииашаҵәҟьаны, иахьатәи ҳаҧсҭазаара ианубаалоит «ари ашәышықәса анцәа» — Аҩсҭаа игәымхоу инапхгара. Адунеи, иара напхгара ззиуа, хаара аҵам, иџьбароуп, насгьы зынӡа иҧхасҭоуп (2 Коринфаа рахь 4:4).
8. Избан ҳара изҳалымшо ауаҩытәыҩсатә еихьӡарақәа ииашҵәҟьоу прогрессуп ҳәа рызҳәара?
8 Анцәа ириҭеит иазхаша аамҭа, ауаа рнаукатәи рматериалтә прогресси ахықәцәанӡа инаӡартә. Аха ари ииашу прогрессума, ахыци ахәмпали апулеметқәеи, атанкқәеи, ареактивтә бомба аршәгеи, насгьы ареактивтә иадер бџьарлеи иахьыҧсаххаз? Прогрессума ари, ауаа акосмос ахь аҧырра анрылшо, аха адгьылаҿы дара-дара ҭынч ианзеицнымхо? Прогрессума ари, ауаа уахынла ишәаны амҩа ианзанымло, ҭыҧқәак рҿы — ҽынлагьы?
Иаҳнарбазеи аамҭа
9, 10. а) Еилкка иаҳдырбазеи иҳаҩсыз ашәышықәсақәа? б) Избан Анцәа шьҭахьҟа изрымимхыз хақәиҭла алхра?
9 Аамҭа аҧышәара иаҳнарбеит, Анцәа инапхгара иахьыҧшым ауаа, қәҿиарала рхатә шьаҿақәа хырхарҭа шрызрымҭо. Уи дара рзы фатәыда, ӡыда, ҳауада ишызнымхо еиҧшуп. Уи шьақәзырҕәҕәо ҳҿаҧхьа иаарҧшуп: гәҩарада, ҳара афатәи, аӡи, аҳауеи ҳархьыҧшны ҳашшаз еиҧш, иара убасҵәҟьа ҳара ҳаибыҭан Анцәа инапхгара ҳахьыҧшны.
10 Ацәгьара азаужьны, Анцәа зныкала иаахҵәаны иаҳирбеит хақәиҭла алхра цәгьашақә ахархәара, илахьеиқәҵагоу ахылҿиаа шамоу. Хақәиҭла алхра акыр иаҧсоу шҳамҭоу ала, ауаа шьҭахьҟа рымхра ахаҭыҧан, Анцәа иаҩижьит уи цәгьашақә ахархәара иаҵанакуаз рбарц азы. Анцәа Иажәа аиаша аҳәоит: «Инеиуа имчым ишьаҿақәа рхырхарҭа рыҭара» ҳәа анаҳәо. Иара убасгьы ииашаны иаҳәоит: «Ауаҩы ауаҩы дихагылоуп ацәгьаразы» (Иеремиа 10:23; Екклесиаст 8:9).
11. Иарбанзаалак ауаҩытәыҩсатә напхгара аформа иазаҧыхма агәаҟрақәа?
11 Ауаҩытәыҩсатә напхгара, Анцәа ила ф-нызқь шықәса рыҩнуҵҟа иазаужьыз аамҭа агәра угартә иунарбоит, ауаҩы агәаҟрақәа раҧыхра алшара шимам. Иарбан аамҭазаалакгьы, уи аҟаҵара иара илымшеит. Иаҳҳәап, Израильтәи аҳ Соломон иара иаамҭаз иҟәышреи, имали, имчхареи рыла илымшеит ауаҩытәыҩсатә напхгара иахылҿиаауа ацәгьара ариашара (Екклесиаст 4:1—3). Иара убас иахьагьы, иҿыцӡоу атехника еихьӡарақәа рхархәаралагьы, адунеи ахагылаҩцәа ирылшом агәаҟрақәа раҧыхра. Еиҳагьы еицәоу, аҭоурых аҟнытә иаабоит, Анцәа инапхгара иахьыҧшым ауаа, агәаҟрақәа раҧыхра ахаҭыҧан, урҭ еиҳа ишеиздырҳаз.
Хара иҧшуа Анцәа илаҧш
12—14. Изакәытә наунагӡатәи хырҳагоу ицәырҵуа, Анцәа агәаҟрақәа ахьаиҩыжьыз иалҵшәаны?
12 Анцәа агәаҟрақәа ахьаиҩыжьыз азы, ҳара ахьаа ҳаҭан. Аха Анцәа хара дыҧшуан, кыраамҭа аныбжьыслак ашьҭахь алҵшәа бзиақәа шцәырҵуа дырны. Анцәа дшахәаҧшуа ала ишамҭақәа ирзаанагоит ахырҳага шықәсқәаки ма зқьышықәсақәеи рымацара акәымкәа, миллион шықәсала, ааи, наӡаӡа зегьы.
13 Знымзар-зны ҳаҧхьаҟа дарбанзаалак аӡәы хақәиҭла алхра цәгьашақә ихы иаирхәар, насгьы Анцәа иҟаиҵо агәыҩбара аиҭар, уи уаҳа аамҭа иҭара аҭаххом, иара дышиашоу шьақәирҕәҕәарц азы. Аҿагылаҩцәа зқьышықәса аамҭа рыҭаны, Анцәа ишьақәиргылеит азакәан ҧҟара хҭыс, наӡаӡа, иарбан ҭыҧзаалакгьы адунеиаҿы ахархәара зылшо.
14 Иахьа уажәраанӡа Анцәа ацәгьеи агәаҟрақәеи ахьаиҩыжьыз ала, зегьы, иара иҳәатәы иақәымшәо, ақәҿиара шамоуа инагӡаны ишьақәирҕәҕәоит. Илабҿабахоит, гәҩарада, ауаа ма адоуҳатә шамҭақәа ихьыҧшым рыплан наунагӡатәи ахырҳага шаанамго. Аҵыхәтәан Анцәа инагӡаны азин иоуеит дарбанзаалак аҿагылаҩ ҧшрак ҟамҵакәа иқәхра. «Амцқьацәа ықәихуеит» (Ҧсалом 144:20; Римаа рахь 3:4).
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Асахьа, адаҟьа 15]
Ҳара ҳазхылҵыз Анцәа ихьыҧшымра аналырх ашьҭахь, дара аҵыхәтәан иажәит иагьҧсит.
[Асахьақәа, адаҟьа 16]
Ауаҩытәыҩсатә напхгара, Анцәа ихьыҧшым, иааҧшит иҭархаганы.
[Ахыҵхырҭа иазку аинформациа]
U.S. Coast Guard photo