Изаиҩыжьзеи Анцәа агәаҟрақәа
Ахәҭа 6
Изаиҩыжьзеи Анцәа агәаҟрақәа
1, 2. Ишҧаҧхасҭартәи ҳазхылҵыз, Анцәа ҳамҭас ириҭаз, иџьашьахәу алагамҭа?
ИҞАЛАЗЕИ? Иҧхасҭазтәи Анцәа ҳара ҳазхылҵыз ириҭаз Едемтәи абаҳчаҿы, иџьашьахәыз алагамҭа? Избан аџьанаҭ дунеии агармониеи рхаҭыҧан, зқьышықәсақәа рҩнуҵҟа ацәгьареи агәаҟрақәеи аҳра зыруа?
2 Мзызс иамоу, Адами Евеи ирымаз хақәиҭла алхра, цәгьашақә рхы иахьадырхәаз ауп. Дара ираҩрыжьит, урҭ шшамыз, Анцәеи иара изакәанқәеи рыда, ақәҿиара шырмоуаз афакт. Дара ирыӡбеит Анцәа ихьыҧшымкәан иҟазарц, уи ала рыҧсҭазаара еиҕьыртәуаз џьшьа. Убри азы урҭ Анцәа хақәиҭла алхра ириҭаз аҳәаа иахыҧеит (Аҟазаара, ахы 3).
Ауниверсалтә суверенитет азы аимактә зҵаара
3—5. Избан Анцәа Адами Евеи ықәхны аханатә дзаламгаз?
3 Избан Анцәа Адами Евеи ықәхны, даҽа ҭаацәарак наҧҵаны ҿыц дзаламгаз? Избанзар зҵаараны иқәргылан иара иуниверсалтә суверенитет, даҽакала иуҳәозар, иара иузиҟәымҭхо инапхгара азин.
4 Зҵаарас иҟоу абри ауп: измада анапхгара азин, насгьы знапхгара иашада? Анцәа зегьзылшо, насгьы ашамҭақәа зегьы Ршаҩы шиакәу ала, азин имоуп дара напхгара рыҭара. Уи иреиҳаӡоу ахшыҩ шимоу ала, иара инапхгара зегьы иреиҕьуп ашамҭақәа зегьы рзы. Аха убысҟанҵәҟьа Анцәа инапхгара зҵаараны иқәыргылан. Иара убасгьы, акы игызма иара ишамҭа — ауаҩы? Наҟ-наҟ ҳахәаҧшуеит ауаҩ ицқьара азҵаара арахь ишаҵанакуа.
5 Ауаа Анцәа ихьыҧшымкуа иахьыҟалаз азы, иқәыргылан даҽа зҵаарак: изыҟалома ауаа еиҳа ақәҿиара рыманы Анцәа инапхгарада? Ҳазшаз ҳәарада аҭак идыруан. Аха зегь иреиҕьыз амҩа иаша, иара ауаа еилыркаарц азы, дара ргәы ззыҳәоз ҳәаа змам ахақәиҭра рыҭара акәын. Дара иалырхит ари амҩа хатәгәаҧхарала, убри азоуп Анцәа изақәиҭитәыз абри еиҧш алхра ҟарҵартә.
6, 7. Избан Анцәа абысҟаамҭа ауаа изриҭаз ҳәаа змамыз ахақәиҭра?
6 Ауаа аҧышәара иазхаша аамҭеи ҳәаа змам ахақәиҭреи рыҭаны, Анцәа наунагӡа иазгәеиҭоит, ирзеиҕьума ауаа Анцәа инапхгара аҵаҟа, мамзаргьы хьыҧшымрала аҟазаара. Ауаа ирзаужьу аамҭа рызхозар ахәҭоуп, дара рполитикатә, рнаукатә, рааглгыхратә, рмедицинатә еихьӡарақәа ҳәа ирыҧхьаӡо реиҳаракырақәа рҟынӡа инаӡартә еиҧш.
7 Убри азы Анцәа ауаҩы иахьа уажәраанӡа хақәиҭрала анапхгара дақәиҭитәит, гәыҩбарада еилкаахарц азы, иалшома ауаҩытәыҩсатә напхгара иара ихьыҧшым ақәҿиара аиурц. Абасала, ауаҩы иалихырц илшон ақьиареи ма агәмбылџьбарреи, абзиабареи ма ацәымҕреи, аиашареи ма аиашамзаареи. Аха иара иҟаиҵаз алхра иахылҿиааз иҧылеит: қьиаралеи ҭынчралеи, ма цәгьаралеи гәаҟралеи.
Адоуҳатә шамҭақәа рҿагылара
8, 9. а) Ишҧахәыҵҟьеи аҿагылара адоуҳатә сфераҿы? б) Изгәаирҧхада Аҩсҭаа аҿагылара. Адами Евеи рыда?
8 Азҿлымҳара аҭахыуп даҽа факторк. Ҳара ҳазхылҵыз рымацара ракәмызт, Анцәа инапхгара аҿагылара шьҭызхыз. Аха уаҳа иҟадаз усҟантәи аамҭазы? Адоуҳатә шамҭақәа. Анцәа ауаа ишаанӡа аҧсҭазаараз ишеит жәҩантәи асфераҿ еиҳа иҳаракыу аҧсҭазаара аформа-хыҧхьаӡара рацәала амаалықьцәа. Дара убасҵәҟьа хақәиҭла алхреи, насгьы зда ҧсыхәа ыҟам Анцәа инапхгара ацныҟәареи рылаҵаны ишан (Иов 38:7; Ҧсалом 103:4; Аартра 5:11).
9 Абиблиа иаҳнарбоит, аханатә аҿагылара жәҩантә сфераҿ ишхәыҵҟьаз. Доуҳа шамҭак иҭаххеит ҳәаа змам ахақәиҭра. Уи адагьы иҭаххеит, ауаа иара имҵахырхәаларц (Маҭфеи 4:8, 9). Ари адоуҳа — аҿагылаҩ дҟалеит Адами Евеи анырра рызҭаз иакәны, дара ықәгаларц, мыцла ишьақәырҕәҕәо, Анцәа дара бзиарак рцәиҵәахуазшәа (Аҟазаара 3:1—5). Убри азоуп изишьҭоу Аџьныш (ацәгьаҳәаҩ) насгьы Аҩсҭаа (амакҩы) ҳәа. Анаҩс иара егьырҭ адоуҳатә шамҭақәа аҿагыларахь иеигеит. Урҭ адемонцәа ҳәа ирдыруа иҟалеит (Ҩынтәзакәан 32:17; Аартра 12:9; 16:14).
10. Иабакылнагеи ауааи адоуҳатә шамҭақәеи рҿагылара?
10 Ауаа Анцәа ианиҿагыла, Аҩсҭааи иара идемонцәеи рымчра аҵаҟа иҟалеит. Убри азоуп Абиблиа Аҩсҭаа „ари ашәышықәса анцәа“, «изырлашәыз рыхшыҩ [ахамҵаҩцәа]» ҳәа зихьӡанаҵо. Убри азоуп Анцәа Иажәа изаҳәо «адунеи зегьы агызмал имчра аҵаҟа иҟоуп» ҳәа. Иисус ихаҭа Аҩсҭаа изиҳәеит „ари адунеи аҳ“ ҳәа (2 Коринфаа рахь 4:4; 1 Иоанн 5:19, Ажәабжь Бзиа Анцәа иҟнытә; Иоанн 12:31).
Еимактәу ҩ-зҵаарак
11. Иарбан даҽа еимактәу зҵаарак азы Аҩсҭаа Анцәа ааҧхьара зииҭаз?
11 Аҩсҭаа ишьҭихит, Анцәа ааҧхьара изҭоз, еимактәу даҽа зҵаарак. Иуҳәаҵәҟьозар, иара ахара идиҵеит Анцәа ауаа шишаз аҟны агха имоушәа, насгьы дарбанзаалак ақәыҕәҕәара зоуз иҭаххаӡом иашаны ахымҩаҧгара ҳәа. Иуҳәозар, аҧышәара анроулак, дара Анцәа дагьыршәиуеит ҳәа ауп ииҳәаз (Иов 2:1—5). Абасала Аҩсҭаа агәыҩбара аиҭеит ауаҩытәыҩсатә шамҭақәа рыцқьара.
12—14. Иаанарҧшыр шҧахәҭаз аамҭа, Аҩсҭаа ишьҭихыз еимактәхаз аҩ-зҵаарак рганахьала, аиаша?
12 Убри азы Анцәа иазхашаз аамҭа азауижьит. Хшыҩ змоу ашамҭақәа зегь ирбарц азҵаарақәа шыӡбахо, иара убасгьы Анцәа исуверенитет иазкыу еимактәу азҵаарагь. (Иаҿырҧш Ақәҵра 9:16.) Ауаҩытәыҩсатә ҭоурых иарҳаз аҧышәа иаанарҧшыр акәын, арҭ еимактәхаз аҩ-зҵаарак рганахьала аиаша.
13 Зегь раҧхьа инаргыланы, иаҳнарбозеи аамҭа ауниверсалтә суверенитет аганахьала, Анцәа инапхгара азин амазаара? Ирылшома ауаа Анцәа иаасҭа еиҕьны рхала рхы анапхгара азоура? Инанагоума иарбанзаалак ауаҩытәысатә напхгара асистема аибашьреи, ақәылареи, аиашамзаареи ахьыҟамло, насыҧ змоу адунеи ахь? Иазҧҵәома урҭ рахьтә акы аҕарра аҵыхәтәа, насгьы меигӡарахда зегь рзеиқәршәома? Иарбанзаалак асистема ачымазареи, аҧсреи ажәреи иазиааиуама? Анцәа инаҧхгарала арҭ зегь рынагӡара азгәаҭан (Аҟазаара 1:26—31).
14 Иаҳнарбои аамҭа аҩбатәи еимактәу азҵааразы, иишаз ауаҩы дзыҧсаз аганахьала? Агха ихьма Анцәа, ауаа абасала ишаны? Урҭ рахьтә аӡәы ииашаны ихы мҩаҧигома, аҧышәара аан? Иааирҧшуама ауаа рахьынтә аӡәы, ихьыҧшым ауаҩытәысатә напхгара ахаҭыҧан, Анцәа инаҧхгара шиҭахыу?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Асахьа, адаҟьа 13]
Анцәа аамҭа азауижьит, ауаа реихьӡарақәа аҳаракыра аҟынӡа инаӡарц
[Ахыҵхырҭа иазку аинформациа]
Shuttle: Based on NASA photo