Излаадыруазеи ҳара, «аҵыхәтәантәи амшқәа» рҿы ҳшынхо
Ахәҭа 9
Излаадыруазеи ҳара, «аҵыхәтәантәи амшқәа» рҿы ҳшынхо
1, 2. Излаадыруазеи ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рҿы ҳшынхо?
АГӘРА злаагозеи ҳара, Анцәа Иаҳра, ауаҩытәыҩсатә напхгара иҟоу асистема, аҿагылара нап аналанакуа аамҭазы ҳшынхо? Иабантәаадыруеи ҳара, Анцәа ацәгьарақәа зегьи агәаҟрақәеи рҵыхәтәа анҧиҵәо аамҭа, даара ишааигәоу?
2 Уи рдырырц рҭахын Иисус Христос иҵаҩцәагьы. Урҭ иара иазҵааит, иарбан Аҳра амчхараҿ иара иааира «дыргас» иаиуа, насгьы «ашәышықәса анҵәара» (Маҭфеи 24:3). Аҭак ҟаҵо, Иисус акы агмыжькәа дрыхцәажәеит ахҭысҭқәа, адунеи зегь зырҵысуа, насгьы аҭагылазаашьақәа ацны иаҳзырбо, ауаатәыҩса шықәгылаз „аамҭақәа рҵыхәтәа“ афаза, ари амаҭәарқәа рсистема «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан (Даниил 11:40; 2 Тимофеи иахь 3:1). Иаҳбома ҳара ари ашәышықәсаҿ ари адырга ахәҭа? Ааи, ҳара иаҳбоит — инамцхәынгьы!
Адунеитәи еибашьрақәа
3, 4. Иисус иҧааимбаражәа ишҧақәшәо ари ашәышықәса аибашьрақәа?
3 Иисус иҳәахьан, «еиҿагылоит жәлари-жәлари, насгьы аҳреи аҳреи» (Маҭфеи 24:7). 1914 шықәсазы Адунеи зегьы аибашьра иалагалан, ажәларқәеи аҳрақәеи реизкра аҟазшьала егьырҭ аибашьрақәа иреиҧшымызт. Ари афакт рыдкылауа, аамҭаказ аҭоурыхдырҩцәа уи аибашьра «Аибашьра дуӡӡа» ҳәа азырҳәеит. Ари иара ашьҭрала раҧхьаӡатәи еибашьран аҭоурыхаҿы, актәи адунеитә еибашьра. 20 000 000 аруаа раҟареи аграждантә нхаҩцәеи рыҧсҭазаара иалҵит, иарбанзаалак иҳаҩсхьоу аибашьрақәа рҟны иҧсхьаз рхыҧхьаӡара акырӡа еиҳаны.
4 Актәи адунеитә еибашьра аҵыхәтәантәи амшқәа ралагара иазырбагахеит. Иисус иҳәеит, арҭи егьырҭ ахҭысқәеи „ачымазарақәа ралагара“ иазҳәоуп ҳәа (Маҭфеи 24:8). Ари иашахеит, избанзар аҩбатәи адунеитә еибашьра еиҳагьы аилаҧыххаара аанагеит — 50 000 000 аруааи аграждантә нхаҩцәеи рыҧсҭазаара иалҵит. Зегь ааидкыланы ХХ-тәи ашәышықәсаз аибашьраҿы ишьын 100 000 000 ауаа. Иҳаҩсыз 400 шықәса рыҩнуҵҟа иҧсыз рхыҧхьаӡара ҧшьынтә раҵкьыс иреиҳауп! Закәытә хароузеи иаду ауаҩытәыҩсатә напхгара!
Егьырҭ аршаҳаҭгақәа
5—7. Иарбан егьырҭ ршаҳаҭгақәас иҟоу, аҵыхәтәантәи амшқәа рҿы ҳшынхо?
5 Иисус, аҵыхәтәантәи амшқәа ирыцааираны иҟоу, егьырҭ адыргақәагьы алаигалеит: «Иҟалоит адгьылҵысра дуқәа ҭыҧла, насгьы амлашьреи ачымазарақәеи [иҿкыу ачымазарақәа]» (Лука 21:11). Арҭ зегьы ирықәшәоит 1914 шықәсазы иалагаз ахҭысқәа, избанзар арҭ арыцҳарақәа иааргеит ҵҩа змам агәаҟрақәа реизҳара.
6 Иааиҧмарҟьаӡакәа адгьылҵысра дуқәа ҟалоит, хыҧхьаӡара рацәала аҧсҭазаара зго. Ачымазара испанка амацара актәи адунеизегьтәи еибашьра иашьҭанеиз, 20 000 000 раҟара ауаа ашьит — даҽа ҧхьаӡарақәак рыла 30 000 000 ма инреиҳаны ауаа. Шә-нызықь ҧсҭазаара СПИД иагоит, насгьы хара имгакәа миллионҩыла ауаа агар алшоит. Есышықәса миллионла ауаа агәыхь чымазарақәеи, акьыбеи, егьырҭ ачымазарақәеи ирыхҟьаны иҧсуеит. Егьырҭ миллионла ҧшьаала амлакра иахҟьаны иҧсуеит. Ҳәарада, 1914 инаркны «апокалипсис ҽыуаҩцәа» аибашьрақәеи, афатә азымхареи, иҿкыу ачымазарақәеи аазго, ирацәаны ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара иалахәу ҭадырхоит (Аартра 6:3—8).
7 Иисус иара убас заа иҳәахьан, ацәгьаурақәа шеизҳауаз, иахьа адунеи зегь аҿы имҩаҧысуа. Иара иҳәеит: «Азакәандара аизҳара иахҟьаны, ҧыҭҩык рҿы ихьшәашәоит абзиабара» (Маҭфеи 24:12).
8. Аҧааимбаражәа 3 ахы а-2-тәи Тимофеи иахь иаашьҭыз ишҧақәшәо ҳара ҳаамҭа?
8 Анаҩс абиблиатә ҧааимбаражәа иаҳәахьан амораль алаҟәра, иахьа адунеи зегь аҿы иубарҭоу: «Аҵыхәтәантәи амшқәа раан аамҭа цәгьа ҟалоит. Избанзар ауаа ҟалоит хыбзиабаҩцәаны, аҧара рыҧсы азыцәгьаны, иҧагьаны, ҽхарззалаҩцәаны, рыбз цәгьаны, рҭаацәа ирзымӡырҩуа, абзиара рнымаало, ихәымгақәаны, аиҩызара бзиа ирымбо, еинымаало, цәгьаҳәаҩцәаны, зҽыззымҟажо ракәны, игәымбылџьбараны, ақьиара бзиа ирымбо, иҧсахыҩцәаны, иҧхамшьаҩцәаны, излаҟам рҽалаҟаҵаны, еиҳа ақьаф бзиабаҩцәаны, анцәаибзиабара аасҭа, анцәа бзиа дызбо иҧшра рыҭаны, арахь имч мап ацәызкуа ракәны... Ауаа цәгьақәеи амцҳәаҩцәеи рыцәгьаурақәа рықәҿиалоит» (2 Тимофеи 3:1—13). Арҭ зегь ҳала ишабоз инаӡеит.
Даҽа мзызк
9. Иарбан хҭысу ажәҩан аҟны иҟалаз, аҵыхәтәантәи амшқәа адгьылаҿы ралагамҭа иақәшәаз?
9 Иҟоуп даҽа мзызк, абри ашәышықәсаҿ агәаҟрақәа реизҳара азы аҭакҧхықәра зду. Иҟалеит хҭыск аҵыхәтәантәи амшқәа ралагамҭа иақәшәаз 1914 шықәсазы, насгьы ауаатәыҩса еиҳау ашәарҭа аҿаҧхьа изыргылаз. Уи аамҭаз, Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәы аҧааимбаражәа ишаанацҳауа ала, «иалагеит ажәҩан аҿы аибашьра: Михаил [ажәҩанаҿ напхгара ҟазҵо Христос], насгьы Имаалықьцәа агәлшьап [Аҩсҭаа] иабашьуан, агәлшьапи имаалықьцәа [адемонцәа] дара ирабашьуан, аха изымиааит, иагьырзымҧшааит уаҳа ажәҩан аҿы аҭыҧ. Дагьыршәын агулшьап дуӡӡа, ажәытәӡатәи амаҭ, Аҩсҭааи Аџьныши ҳәа хьӡыс измоу, адунеи зегь зырҩашьо, дыршәын адгьыл ахь, насгьы иара имаалықьцәагь ицыршәын» (Аартра 12:7—9).
10, 11. Ишҧарныҧши ауаатәыҩса Аҩсҭааи иара идемонцәеи адгьылахь рылбаарҟьара?
10 Ишҧаныри ари ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара? Аҧааимбаражәа иацнаҵоит: «Арыцҳара адгьыли амшыни рҟны инхо шәзы, избанзар дышәзылбааит Аџьныш игәахы еибакны, идырны, аамҭа кьаҿ шизынхаз!» Ааи, Аҩсҭаа идыруеит, иара исистема аҵыхәтәа ишазааигәахәо, убри азы, иареи иара исистемеи аҧырххаанӡа, илшо зегь ҟаиҵоит, ауаа Анцәа иҟнытә ихьеирҳәырц азы (Аартра 12:12; 20:1—3). Шаҟа ибжьысзеи арҭ адоуҳатә шамҭақәа хақәиҭла алхра цәгьашақә рхы иахьадырхәаз! Закәытә ҭагылазаашьа бааҧсхазеи иҟалаз дара рнырра иахҟьаны, еиҳарак 1914 шықәса раахыс!
11 Иџьашьатәӡам, Иисус ҳара ҳаамҭаз ииҳәаз: «Иҟалоит ацәырҵра бааҧсқәа, насгьы жәҩанынтә адырга дуқәа» (Лука 21:11).
Ауаҩытәыҩсеи адемонцәеи рнапхгара аҵыхәтәа ааигәоуп
12. Иарбан аҵыхәтәантәи ҧааимбаражәқәа рҟнытә иҟалараны иҟоу, ари асистема аҵыхәтәа аҧхьа?
12 Шаҟа ҧааимбаражәа аанхазеи инаӡамкәа, иҟоу асистема Анцәа иқәихаанӡа? Зынӡа имаҷуп! Аҵыхәтәантәиқәа руак 1 Фессалоникаа рахь 5:3 аҿы иаҳәоит: «Аҳәара иналагалак: „аҭынчреи ашәарҭадареи“, убасҟан иааларҟьаны ирыхьӡоит дара рынҵәара». Ари иаҳнарбоит, ари асистема аҵыхәтәа алагоит убысҟан, «аҳәара ианалагалак». Ақәхра ҟалоит ргәы ианҭам ари адунеи азы, иара зегь реиҳа ианазыҧшым, ауаатәыҩса ауаа рҟынтәи аҭынчреи ашәарҭадареи иззыҧшу рыхшыҩ аназышьҭу.
13, 14. Иарбан рыцҳара аамҭоу заа ииҳәахьаз Иисус, насгьы ишҧахыркәшахо уи?
13 Ари адунеи азы аамҭа, Аҩсҭаа инырра аҵаҟа иҟоу, аиасра иаҿуп. Иаарласны иара арыцҳара аамҭазы аҵыхәтәахьы инеиуеит. Иисус уи азы иҳәеит: «Усҟан иҟалоит арыцҳара ду, адунеи алагамҭа инаркны уажәаанӡа иҟамлац, иагьыҟалом» (Маҭфеи 24:21).
14 «Арыцҳара ду» апогеис иҟалоит Анцәа иеибашьра Армагеддон. Аҧааимбар Даниил иажәақәа рыла ари Анцәа «аҳрақәа зегь анықәихуа, насгьы ианхирбгало» аамҭа акәхоит. Ари иаанаго, иахьа иҟоу Анцәа ихьыҧшым ауаҩытәыҩсатә напхгара, аҵыхәтәа ауп. Иара иаҳратә жәҩантә напхгара ауаатәыҩса русқәа зегьы инагӡаны анапаҵаҟа иаанагоит. Даниил заа иҳәахьан, анапхгара аҭакҧхықәра «даҽа жәларык» ишрыҭамхо (Даниил 2:44; Аартра 16:14—16).
15. Аҩсҭааи иара идемонцәеи рнырра иахьуазеи?
15 Уи аамҭазы, иара убас, Аҩсҭааи адемонцәеи иарбанзаалак рнырра аҵыхәтәа ҧҵәахоит. Арҭ аҿагылара аазырҧшыз адоуҳатә шамҭақәа аҧыххоит, «ажәларқәа рхыхра» уаҳа алшара рмоурц (Аартра 12:9; 20:1—3). Урҭ ашьра рықәҵоуп, дара иагьрызҧшуп ақәӡаара. Закәытә хақәиҭрахозеи ауаатәыҩса ирзыҟало, ибжьызхуа адемонцәа рнырра рхы анацәыргалак!
Иацәынхода? Иацәнымхода?
16—18. Иацәынхода ари асистема аҵыхәтәа, насгьы иацәнымхода?
16 Иацәынхода, ари адунеи азы Анцәа иӡбарақәа анынагӡахалак? Иацәнымхода? Абиблиа иаҳнарбоит, Анцәа инапхгара згәазыҳәо хьчахоит, насгьы иҧсӡом. Анцәа инапхгара зҭахым хьчахаӡом, урҭ Аҩсҭаа идунеи иацнырҵәахоит.
17 Ажәамаанақәа 2:21, 22 аҟны иаҳәоит: «Ииашақәоу [Анцәа инапхгара иацныҟәо] адгьыл аҿы инхалоит, насгьы ицқьақәоу иҟазаауеит уа; азакәандацәа [Анцәа инапхгара иацымныҟәо] адгьыл иқәӡаауеит, ацәгьахәыцҩцәа уа рдацҧашә аанхаӡом».
18 Ҧсалом 36:10, 11 иара убасгьы иаҳәоит: «Даҽа маҷк ауп, дҟалаӡом ицқьам... Иҧагьақәам адгьыл рзынхоит, насгьы аҭынчра рацәа иалагәырҕьоит». 29-тәи ажәеинраала иацнаҵоит: «Ииашақәоу адгьыл рҭынхоит, иагьықәынхалоит уа наӡаӡа».
19. Иарбан лабжьагажәоу ҳгәахьы иааҳгар ахәҭоу?
19 Ҳгәаҿы иааҳгар ҳахәҭоуп Ҧсалом 36:4 аҟнытә алабжьагажәа, иахьаҳәо: «Уиқәгәыҕ Иҳақәиҭу, Иара имҩагь уаныз: нас Иара уҳараикуеит уара, уара адгьыл уҭынхарц азы; ианықәххо ицқьақәам, уара иубоит». Ажәеинраалақәа 37, 38 рҟны иҳәоуп: «Игәаҭала ацқьақәа, ииашоугьы уихәаҧш; избанзар ас еиҧш иҟоу ауаҩы ҧхьаҟатәи иҧеиҧш ҭынчроуп. Азакәандацәа зегьы нырҵәахоит; амцқьақәа ҧхьаҟатәи рҧеиҧш ҭахоит».
20. Иаҳҳәарц зҳалшозеи угәы зырхыҭхыҭуа аамҭаз ҳанхоит ҳәа?
20 Закәытә гәырҭынчгоузеи иагьгәышьҭыхгоузеи Анцәа ииашаҵәҟьаны ишааирҧшуа аиҷаҳара, насгьы ацәгьара зегьи, агәаҟрақәеи иаарласны рҵыхәтәа шыҟаиҵо адырра! Шаҟа угәы архыҭхыҭуазеи арҭ аҧааимбаражәа ссирқәа рынагӡара абас ишааигәоу аилкаара!
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Асахьа, адаҟьа 20]
Абиблиа иаҳәахьан ахҭысқәа, аҵыхәтәантәи амшқәа «рдырга» аазырҧшуа
[Асахьа, адаҟьа 22]
Иаарласны Армагеддон аҿы инырҵәахоит Анцәа инапхгара иацымныҟәо. Ииашаҵәҟьаны иҳәатәы иацныҟәо еиқәхоит, насгьы инхалоит ииашоу адунеи ҿыц аҿы.