Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Излеилаҳкаауазеи ҳара, Анцәа дшыҟоу

Излеилаҳкаауазеи ҳара, Анцәа дшыҟоу

Ахәҭа 3

Излеилаҳкаауазеи ҳара, Анцәа дшыҟоу

1, 2. Иарбан принципу иҳацхраауа Анцәа дшыҟоу ашьақәыргылараҿы?

 АНЦӘА дшыҟоу ашьақәыргылара лшарас иҟоу, зҽызымҧсахуа апринцип ахархәара ауп: иҟаҵоу даҭахыуп аҟаҵаҩ. Амаҭәар шаҟа иуадаҩны иҟаҵоу аҟара, убысҟак дҟазазароуп аҟаза.

2 Иаҳҳәап, уҩны аҩнуҵҟа укәша-мыкәша унаҧшы — ааҧшы. Астолқәа, аҟәардәқәа, узқәҩҩуа астолқәа, акаруаҭқәа, ачуанқәа, адырганқәа, асаанқәа, егьырҭ акрыфаратә хархәагақәа — арҭ зегьы аҟаза даҭахыуп, убри аҩыза аҟаза дырҭахыуп аҭӡамцқәа, адашьмақәеи аҭуанқәеи. Аха арҭ амаҭәарқәа еиҿарҧшрала рыҟаҵара мариоуп. Абас имариоу амаҭәарқәа аҟаза дырҭахызар, ииашаӡамхои еиҳа ицәгьоу амаҭәарқәа иҵегь иҟәышу аҟаза дырҭахыуп ҳҳәар?

Апатуқәҵара ду ҳазцәырызго адунеи

3, 4. Ишҧаҳацхраауеи адунеи, Анцәа дшыҟоу аилкаараҿы?

3 Асааҭ даҭахыуп асааҭҟаҵаҩы. Иахаҳҳәаарц ҳалшозеи иузымшәо еиҳа иуадаҩу амратә система, апланетақәа асекунд иақәршәаны шәышықәсала амра иахьахагьежьуа? Иаҳҳәарц ҳалшозеи апатуқәҵара ду ҳазцәырызго, шә-миллиардк аеҵәақәа ахызыҧхьаӡало, ҳара ҳахьынхо агалактика Асар Рымҩа азы? Уара уахынла зныкыр уааҭгылахьоума, уаҵаҧшырц Асар Рымҩа? Уамашәа иумбаӡеи? Уажәшьҭа уазхәыц, ҳ-Асар Рымҩа иеиҧшу, миллиардла агалактикақәа зҵазкуа, ухахьы иузаамго иҭбаау адунеи! Уи адагьы, жәҩантә маҭәарқәа шәышықәсала реиҭаҵраҿы убысҟак уақәгәыҕратә иҟоуп, урҭ асааҭ иаша иаҿдырҧшит.

4 Ҿырҧшыла имариоу асааҭ, асааҭҟаҵаҩы дшыҟоу агәаанагара ҳнаҭозар, гәҩарада, иузымшәо еиҳа ицәгьоу, насгьы апатуқәҵара ду узцәырызго адунеи иҳанаҭоит агәаанагара аконструктори арҿиаҩи дшыҟоу. Абри азоуп Абиблиа ааҧхьара зҳанаҭауа „ҳалақәа ҳҩахан ажәҩан ҳаракыра ҳаҵаҧшырц“, нас иара ҳазҵаауеит: «Дарбан изшаз урҭ?» Аҭак абас аҳәоит: «Иара [Анцәа] урҭ зегьы хьыӡҳәала идыруеит: алшара дуӡӡа имоуи имч ду алеи Иара иҿы акгьы ықәҟьаӡом» (Исаиа 40:26). Абасала, адунеи ашьақәгылара зыбзоуроу иҳамбо, напхгара зуа, ахшыҩ зҵоу амч — Анцәа иоуп.

Зеиҧшыҟам ала еиҿартәу адгьыл

5—7. Адгьыл иазкыу иарбан фактқәоу иузырбо, иара Аконструктор дшамаз?

5 Шаҟа ирацәаны аҵарауаа адгьыл ҭырҵаауа аҟара, дара еилыркаауеит, уи зеиҧшыҟам ала ишеиҿартәу, ауаа ықәынхаларц. Амреи иареи убысҟак ииашаны аҭыҧ рыбжьоуп, иахәҭоу алашареи аҧхарреи аиуразы. Шықәсык ала, уи знык амра иакәшоит, иаҭахыу акәакь наара аҭаны, ашықәс аамҭақәа адгьыл ахәҭақәа рҟны имҩасыртә. Иара убас адгьыл ес-24 сааҭ рыла инагӡаны иара ахаҭа агәҵәы иахагьежьуеит, еиҧмырҟьаӡакәа алашареи алашьцареи рпериодқәа аашьҭуа. Иара атмосфера иамоуп ианаало агазтә еилаҧсара, аҧсыҧ лагаҩагара ҳалзаршои акосмос аҟнытә арадиациа ҳацәызыхьчои. Иара убас иамоуп аҧсҭазааразы акрызҵазкуа, афатә аизырҳаразы иаҭахыу, аӡи анышәи.

6 Абарҭи егьырҭ афакторқәеи реиқәшәарада изыҟаломызт аҧсҭазаара. Абри зегь машәырны иҟалама? «Саиенс ниус» иаҳәоит: «Угәы иаанагошәа иҟоуп, арҭ реиҧш зеиҧшыҟам, насгьы ииашоу аҭагылазаашьақәа машәырны ҟалашьа шрымамыз» (Science News). Мап, урҭ машәырла изыҟаломызт. Дара гәаанагарас ирымоуп, хықәкыла ишьақәзыргылаз иреиҳаӡоу Аконструктор иҟазаара.

7 Зеиҧшыҟам аҩны уҩналар, насгьы иубазар афатә рацәа, зеиҧшыҟам арҧхагатә система, аҳауа зрыцқьо акондиционер, аӡы узҭо ибзиоу аӡымҩангага, иарбан алкаау узызнеиуа? Абарҭ зегьы рымацара иҟалеит ҳәоу? Мап, хымҧада уара алкаа ҟауҵоит, ахшыҩ змоу ауаҩы ишышьақәиргылаз, насгьы иреиҳау еиҷаҳарала ишыҟаиҵаз. Адгьылгьы убасҵәҟьа ишьақәыргылан, иагьыҟаҵан еиҳау еиҷаҳарала, иқәынхо ауаа рҭахрақәа нагӡахартә, насгьы иара акырӡа иуадаҩуп, акырӡагьы еиҕьны еиқәршәоуп, иарбанзаалак ҩнык аасҭа.

8. Иарбан Анцәа бзиабарала ҳара дышҳаиҷаҳауа ҳзырбо, адгьыл иазкыу егьырҭ афактқәа?

8 Насгьы урызхәыц, ҳаҧсҭазаара иҵегь игәырҕьахәны иҟазҵо. Урыхәаҧш зыфҩы хаау, ауаа агәырҕьара рзаазго, еиуеиҧшым иҧшӡоу ашәҭқәа. Анаҩс иҟоуп еиуеиҧшым гьамала ихаау ирацәаны афатә хкқәа. Насгьы убасҟак ула хызкуа абнара, ашьхара, аӡиақәа иара убас егьырҭ ашамҭақәа. Иахыуҳәаауазеи, ҳаҧсҭазаара еиҳа агәырҕьара азҭо, иссиру амраҭашәара? Аҧстәқәа раҳра — ҳгәы иамыхәаӡои аласбақәа иҟәымшәышәу рҟазшьеи реицыхәмарреи, ацгәы ҧшқақәеи егьырҭ аҧстә хәыҷқәеи? Абасала, аҧсабара иуднагалоит, аҧсҭазаара ацхырааразы ҧсыхәа змам акакәны иҟам, ирацәаны агәырҕьара зцу аџьашьахәқәа. Арҭ аҿырҧштәқәа иаҳдырбоит, ауаа ирызхәыцны, адгьыл бзиабарала иҭәу еиҷаҳарала ишышьақәыргылаз, дара баша инымхаларц, аха аҧсҭазаара иалагәырҕьаларц.

9. Еибызҭада адгьыл, насгьы хықәкыс имааз?

9 Убри азы ахшыҩ зҵоу лкаахоит: абарҭ зегь Рыҭаҩ дшыҟоу идкылара, Абиблиа зҩыз ишыҟаиҵаз еиҧш, Анцәа Иегова изызҳәаз: «Уара иушеит ажәҩани адгьыли». Иарбан хықәкыс имаз? Иара аҭак ҟаиҵоит Анцәа дихцәажәауа «еибызҭаз адгьыли иара зшази; Иара шьақәирҕәҕәеит уи; баша имшаӡеит уи: Иара уи еибиҭеит аҧсҭазаараз» (Исаиа 37:16; 45:18).

Уамашәа иубаша зыҧсы ҭоу аклетка

10, 11. Уамашәа иубартә излаҟоузеи зыҧсы ҭоу аклетка?

10 Иуҳәарц улшозеи зыҧсы ҭоу аорганизмқәа рзы? Дырҭахӡами урҭ ашаҩы? Ҿырҧшыгас, ҳахәаҧшып уамашәа иубаша зыҧсы ҭоу аклеткақәа рҷыдарақәа. Амолекулиартә биологиа аҟәша аҵарауаҩ Маикл Дентон ишәҟәы «Аеволиуциа: атеориа акризис аҿы» иҳәеит: «Иахьа адгьыл аҿы иҟоу зынӡа имариаӡоу зыҧсы ҭоу асистема — абактериатә клеткақәа-ҷыдала иуадаҩу аобектқәоуп. Реиҳаӡа ихәыҷу абактериа аклетка, даараӡа ишмаҷугьы... дара зегьы, иуҳәозар, иҟаҵәҟьоу имаҷӡоу фабрикоуп, зқьыла инаӡоу ҳасабла еиҿыртәу ахәҭақәа иуадаҩу амолекулиартә механизм зҵазкуа... ауаҩы иҟаиҵаз амеханизм аасҭа акырӡа иуадаҩу, насгьы зыҧсы ҭам аматериаҿы иара иеиҧшу зынӡаскгьы иҟам» (Evolution: A Theory in Crisis).

11 Хаз-хазы иҟоу аклетка агенетикатә код аганахьала далацәажәо иара иҳәеит: «ДНК алшара аинформациа аҵәахраҿ даараӡа иаҩсуеит даҽа иаадыруа асистема алшара; иара убысҟак аеффект аҵоуп, ауаҩ иеиҧш иҟоу иуадаҩу аорганизм аҟазшьа аҷыдарақәа иаҭахыу аинформациа зегьы, зқьы миллионла граммк аасҭа еиҵаны иакапануеит... Зыҧсы ҭоу амолекулиртә механизм иаанарҧшуа ахшыҩи ауадаҩреи иаҿурҧшуазар, зегь реиҳа аҧыжәара змоу аҭыжьрақәа даарак лшарак змам акакәушәа ҳбоит. Ҳара иаабоит акгьы ҳшаҧсам».

12. Ииҳәазеи ҵарауаҩк аклеткақәа рыҟалара аганахьала?

12 Дентон иациҵоит: «Иаадыруа имариоу аклеткақәа рыхкқәа рыуадаҩра убысҟак идууп, уақәшаҳаҭхар залшом ари аобект иаалырҟьан иҟалеит ҳәа, џьара ишьақәгылам, уаҩиимбац хҭыск абзоурала». Даҭахын аконструктори ашаҩи.

Уамашәа иубаша ҳахшыбаҩ

13, 14. Избан ахшыбаҩ еиҳа уамашәа иубартә изыҟоу, зыҧсы ҭоу аклетка аасҭа?

13 Анаҩс ари аҵарауаҩ иҳәоит: «Ауадаҩра уалацәажәозар, хазы иҟоу аклетка акымзарак иҟамшәа убоит, хшла ичо рыхшыбаҩ асистема ианаҿурҧшлак. Ауаҩы ихшыбаҩ жәа-миллиард неирон раҟарала ишьақәгылоуп. Неиронцыҧхьаӡа иаунажьуеит жәа-нызқь инаркны шә-нызқь рҟынӡа аидҳәалагатә цыхәқәа (волокна), ахшыбаҩаҿы егьырҭ анеиронқәа рыдҳәаларазы. Зегьы ааидкыланы, аидҳәалагақәа рхыҧхьаӡара ауаҩы ихшыбаҩаҿы, инықәрҧшны зқьы триллион иаҟароуп».

14 Дентон иациҵоит: «Ахшыбаҩаҿы иалкаау аҳасабала аидҳәалагақәа ашәктәи ахәҭа мацарала еиҿкаазаргьы, иара убригьы иунарбо асистема, хыҧхьаӡарала даара акырӡа еиҳауп, Адгьыл аҿы иалкаау аидҳәалагақәа ирыҵаркуа акоммуникациатә система аасҭа». Анаҩс иара дҵаауеит: «Иалшарызма иарбанзаалак имашәыру апроцесс еизнагар арҭ реиҧш иҟоу асистемақәа?» Ишаабо ала, аҭак мап ауп. Ахшыбаҩ дамазар акәын еиҷаҳауа Аконструктори Ашаҩи.

15. Ахшыбаҩ азы ишҧахцәажәеи егьырҭ?

15 Зегь реиҳа аҧхьагылара змоу акомпиуторқәа ауаҩы ихшыбаҩ иаҿурҧшуазар, даараӡа имариоу акакәны иааҧшуеит. Анаукатә шәҟәҩҩы Мортон Хант иҳәеит: «Ҳактивтә гәынкылара иаҵанакуеит миллиардқәак раҵкыс еиҳаны аинформациа, уажәтәи аҭҵааратә компиутор аасҭа». Убри азы анеирохирург ад-р Роберт Дж. Уаит иҟаиҵоит алкаа: «Сара исылшом Иреиҳаӡоу Аинтеллект иҟазаара мап ацәкра, ихәарҭоу аиҿартәра автор, насгьы ухахьы иузаамго ахшыбаҩи ахшыҩи реидҳәалашьа аҿиара — афеномен, ауаҩы изы наӡара змам... Сара ҧсыхәа сымам ихасымҵар, арҭ зегьы хшыҩ змоу аҵҵырҭа шрымаз, насгьы Аӡәы аусура ишалаиргаз». Насгьы Иара даараӡа еиҷаҳаҩык иакәзар акәын.

Здаҟам ашьамҩангагатә система

16—18. а) Иарбан ганахьалоу ашьамҩангагатә система здаҟам акәны иахьааҧшуа? б) Иарбан лкаау ҳара ҳзызнеирц ахәҭоу?

16 Ҳахәаҧшып здаҟам ашьамҩангага асистема, ихырҳагоу амаҭәари акислороди еиҭазго, насгьы аинфекциақәа рҟнытә ҳзыхьчо. Иҟаҧшьу ашьатә клетка ари асистема злашьақәгылоу ихадароу ахәҭа аганахьала, ашәҟәы «Ауаҩытәыҩсатә иорганизм анбан» иаҳәоит: «Цәыкәбарк ашьа иаҵанакуеит 250 миллион хазы иҟоу ашьатә клеткақәа... Иҟазар ҟалоит, дара ауаҩы ицәеижьаҿы 25 триллион-хыҧхьаӡара, атенис акортқәа ҧшьба рҭыҧ хызҩо... Имҩаҧысуеит аҧсахрақәа: секәндцыҧхьаӡа — 3 миллионк иҿыцу аклеткақәа» (ABC’s of the Human Body).

17 Егьи ахәҭа здаҟам ашьамҩангагатә система аганахьала — ашьатә клетка шкәакәақәа — иара абри ашәҟәы ҳара иҳанаҳәоит: «Аклетка ҟаҧшьқәа хкык акәзар иҟоу, ашьатә клетка шкәакәақәа еиуеиҧшым ахкқәа ыҟоуп, иарбанзаалак ахкы иалшоит иацхраарц аорганизм еиуеиҧшым хкыла ақәҧараҿ. Ҿырҧштәыс иаагозар, хкык иқәнахуеит иҧсхьоу аклеткақәа. Егьырҭ ахкқәа идырҿиоит антитела авирусқәа ирҿагыло, иара иатәым амаҭәарқәа аҧырхагамхарц, мамзаргьы инҭкааны иуҳәозар, иафоит иагьарсоит абактериақәа».

18 Шаҟа иџьашьахәузеи ари иҳаракны еиҿкаау асистема! Ҳәарада, ас ибзианы аилаҟацара, насгьы абас гәцаракрыла ахьчара ҟазҵо, дамазар ахәҭоуп даараӡа иҟәышу, насгьы еиҷаҳауа аиҿкааҩы — Анцәа.

Егьырҭ аџьашьахәқәа

19. Алақәеи ауаа ирхәыцыз аппаратқәеи реиҿырҧшра иаҳдырбозеи?

19 Иҟоуп ауаҩы ицәеижьаҿы егьырҭ аџьашьахәқәа рацәаны. Ала — урҭ рахьынтә иҟоу акоуп, убасҟак иссирӡаны еиқәршәоуп, камерак иара иузаҿырҧшуам. Астроном Роберт Иастров иҳәеит: «Ала, аконструктор дамазар акәхап; дарбанзаалак ателескоп аконструктор изыҟаҵомызт ари иеиҕьны». Аҭыжьырҭа «Попиулар фотографи» аҿы иаҳәоит: «Ауаҩы илақәа, акы агмыжькәа еиҳау адиапазон аҵанакуеит, афильм аасҭа. Дара ирбоит х-шәаракала, ҷыдала иҭбаау акәакь аҵаҟа, еицакрада, иааиҧмырҟьаӡакәа аҵысра аан... Иашахом акамера ауаҩы ила аҿырҧшра. Ианаму еиҳа, ауаҩы ила — ари уаҩиимбац аҧхьагылара змоу суперкомпиуторуп, иҧсабаратәым аинтеллект ацны, аинформациа — аус адуларатә алшара аманы, аласреи аусуратә режимқәеи ацны, иарбанзаалак ауаҩы инапы иҟанаҵаз аппарат, акомпиутор ма акамера, аасҭа еиҳа еиҕьны» (Popular Photography).

20. Иарбан уаҳа иҟоу ауаҩытәыҩсатә аоргонизмаҿы егьырҭ уамашәа иубаша аганқәа?

20 Насгьы уазхәыц, ҳара ҳаилкаара алшарада ҳцәеижь иуадаҩу аорганқәа зегьы рус еицура. Иаҳҳәап, ҳара ҳацаҿы иҳадаҳкылоит ирацәаны еиуеиҧшым афатәи ажәтәи, аха аорганизм иарсоит, насгьы иахылҵуеит аенергиа. Иҧышәа арҭ еиуеиҧшым афатәқәа амашьына абылтәы ахьҭарҭәо абак иҭаҵаны, насгьы уахәаҧш шаҟа хара иара зцо! Уи ашьҭахь — иџьашьатәу аира, иссиру аҧшқа ицәырҵра — зҭаацәа иреиҧшу — жә-мзы заҵәык рыла. Иахыуҳәаар улшозеи шықәсқәак зхыҵуа ахәыҷы илшарақәа, иуадаҩу ацәажәаратә бызшәа идкылараҿы?

21. Ирҳәозеи ихәыцуа ауаа аорганизм аџьашьахәқәа ианрыхәаҧшуа?

21 Ааи, ирацәаны уамашәа иубаша, иуадаҩу аҧҵамҭақәа ауаҩы иорганизмаҿы ҳара апатуқәҵарала ҳарҭәуеит. Дарбанзаалак аргылаҩ уи еиҧш аҟаҵара алшара имам. Изыҟалозма дара џьара илашәу хҭыск иалҵшәаны? Еилкаауп, мап шакәу. Уи аума, арҭ уамашәа иубаша ауаҩытәыҩса иорганизм аганқәа ианрыхәаҧшлак, аҧсаломшәаҳәаҩ иеиҧшҵәҟьа ихәыцуа ауаа ирҳәоит: «Ухьӡ еиҳараскуеит Уара, избанзар ссирны сеиқәршәоуп сара. Иссируп Уара уусқәа» (Ҧсалом 138:14).

Иреиҳаӡоу Аргылаҩ

22, 23. а) Избан изҳахәҭоу ҳара Ашаҩы дшыҟоу агәра агара? б) Иаҳәои Абиблиа ииашаны Анцәа изы?

22 Абиблиа ишьақәнарҕәҕәоит: «Иарбанзаалак аҩны аӡәы ила иргылахоит; аха зегьы еиҿызкааз Анцәа иоуп» (Ауриақәа рахь 3:4). Иарбанзаалак, зынӡа имариоугьы, аҩны дамазароуп аргылаҩ, ус анакәха, еиҳагьы иуадаҩу адунеи ирацәаны еиуеиҧшым аҧсҭазаара адгьылаҿы изцу, иара убас дамазароуп аргылаҩ. Абасала аеропланқәа, ателевизорқәа, акомпиуторқәа, реиҧш иҟоу аппаратқәа зхәыцыз ауаа шыҟоу агәра ҳгозар, иҳахәҭаӡами ҳара абарҭ зегь рыҟаҵаразы ауаҩы ахшыбаҩ изҭаз Иара иҟазаара агәра ҳгар?

23 Абиблиа даанарҧшуеит абас ихьӡҵауа „Иҳақәиҭу Нцәас, ажәҩани иара аиужьреи зшаз, адгьыл иара иамоу алҵшәеи еиузыжьыз, ирызҭо аҧсыҧ лага-ҩагара ажәлар иара убра, насгьы иара убра иныҟәо адоуҳа“ (Исаиа 42:5). Абиблиа ииашаны иаҳәоит: «Уаҧсоуп Уара, Иҳақәиҭу, удкылара ахьӡи-аҧшеи амчи, избанзар Уара иушеит зегьы, зегьы Уара угәаҧхарала иҟоуп иагьшоуп» (Аартра 4:11).

24. Излаҳалшозеи еилаҳкаарц Анцәа дшыҟоу?

24 Ааи, ҳара еилаҳкаарц ҳалшоит Анцәа дшыҟоу иара иишаз ала. «Иара иҿы иумбо, адунеи ишоу аҟнытә ашамҭақәа рызхәыцрала иубарҭахоит» (Римаа рахь 1:20, Ауасиаҭ ҿыц иҿыцу аиҭага).

25, 26. Избан акы цәгьашақә ахархәара изаанамго уи ҟазҵаз дамам ҳәа?

25 Акы цәгьашақә рхы иадырхәозар, ари иаанагаӡом уи ашаҩы дамаӡамызт ҳәа. Аероплан ухы иаурхәар ауеит аҭынчра иазкыу ахақәкы аманы, аҳаиртә лаинер аҳасабала. Аха иара ухы иаурхәар ауеит аилаҧыххааразы, арҭҟәацга казыжьуа аҳасабала. Иара рхы идырхәозар ашьыга аҳасабала, уи иаанагаӡом иара аконструктор дамаӡамызт ҳәа.

26 Иара убасгьы ауаа ицәгьаны рхы аадырҧшуазар, уи иаанагаӡом дара Ашаҩы дрымаӡамызт ҳәа, иара убасгьы Анцәа дыҟаӡам ҳәа. Ус анакәха, Абиблиа ииашаны иҟанаҵоит азгәаҭара: «Закәытә хшыҩдароузеи! Аҟәџьалҟаҵаҩы днышәаҧшьуп ҳәа дуҧхьаӡар ауама? Аҟаҵамҭа аҟаҵаҩ изы иаҳәома: „иара иакәӡам сҟазҵаз сара“? иаҳәоума аҭыхымҭа иара асахьа ҭызхыз изы: „иара изеилкааӡом“?» (Исаиа 29:16).

27. Избан ҳара ҳазҧшырц зҳалшо, агәаҟра аганахьала, Анцәа ҳазҵаарақәа рҭак ҟаиҵоит ҳәа?

27 Ҳазшаз иааирҧшит аҟәышра, иишаз зегьы уамашәа иуадаҩны еиҿыртәаны. Уи иаҳирбеит иара ииашаҵәҟьаны дшаҳхылаҧшуа, ҳаҧсҭазаара ианаалаҵәҟьо адгьыл шаны, ҳцәеижьи ҳахшыҩи иџьоушьаратә ишаны, ҳара ҳгәырҕьаразы бзиарас иҟоу зегьы шаны. Гуҩарада, иара иааирҧшуеит убри аҩызаҵәҟьа аҟәышреи ахылаҧшреи абарҭ реиҧш иҟоу азҵаарақәа рҭак аныҟаиҵо: избан Анцәа изаиҩыжьыз агәаҟрақәа? Иҟаиҵозеи иара убри аганахьала?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьа, адаҟьа 5]

Ахьчагатә атмосфера змоу адгьыл зеиҧшыҟам ҩнуп, ҳара ҳзыҳәан иҳаиҷаҳауа Анцәа еиҿаиртәыз.

[Асахьа, адаҟьа 6]

Адгьыл ҟаҵан бзиабаратә еиҷаҳарала, ҳара аҧсҭазаара инагӡаны ҳалагәырҕьаларц.

[Асахьа, адаҟьа 7]

«Хшыбаҩк иамоуп еиҳаны аидҳәалагақәа, Адгьыл аҿы иҟоу зегьы акоммуникациатә система аасҭа» (аҵарауаҩ амолекулиартә биологиа аганахьала).

[Асахьа, адаҟьа 8]

«Ала, аконструктор дамазар акәхап; дарбанзаалак ателескоп аконструктор изыҟаҵомызт ари иеиҕьны» (астроном).