Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Иссиру хақәиҭла алхра

Иссиру хақәиҭла алхра

Ахәҭа 5

Иссиру хақәиҭла алхра

1, 2. Иарбан зеиҧшыҟам ҳамҭоу ҳаҟазаара иахәҭакыу?

 АНЦӘА агәаҟрақәа заиҩыжьыз, насгьы уи аганахьала иҟаиҵарц игәы иҭоу аилкааразы, ҳара иҳахәҭоуп еилаҳкаарц иара ҳара ҳшишаз. Уи баша ацәеижьи ахшыбаҩи мацара ҳаҭан акәым ҳшишаз, аха еиҳангьы иҟаиҵеит. Иара убасгьи ҳаишеит иҷыдоу ахшыҩи ацәанырратә ҟазшьақәеи ҳалаҵаны.

2 Ҳара ҳахшыҩи ҳцәанырреи шьаҭас ирзышьҭоуп хақәиҭла алхра. Ааи, Анцәа иҳалиҵеит хақәиҭла алхра азин. Ари ииашаҵәҟьаны иссиру ҳамҭан.

Ҳара ҳашшоу

3—5. Избан ҳара хақәиҭла алхра акыр иаҧсаны изаҳаҧхьаӡо?

3 Шәааи ҳахәаҧшып, Анцәа агәаҟрақәа ахьаиҩыжьуа аганахьала, хақәиҭла алхра азыҟазаашьас иамоу. Раҧхьа уазхәыц абри: пату ақәуҵома уара хақәиҭла иахьалухуа иҟауҵаша ма иуҳәаша, иуфаша ма иушәуҵаша, иарбан усуроу унапы злоукша, уахьынхо ма ушынхаша? Мамзар уара еиҕьушьарызма уҧсҭазаара зегьы жәацыҧхьаӡеи хымҩаҧгашьацыҧхьаӡеи дазусҭазаалак аӡәы иуҵиҳәозар?

4 Дарбанзаалак зхы иақәиҭу ауаҩы иҭахӡам иара иҧсҭазаара убасҟакҵәҟьа дақәиҭымхар. Избан, мап? Избанзар Анцәа убас ҳаишеит. Абиблиа иҳанаҳәоит Анцәа ауаҩы дшишаз иара „ихаҿсахьалеи еиҧшралеи“. Анцәа ихаҭа иҟазшьақәа ируакыуп — хақәиҭла алхра. (Аҟазаара 1:26; Ҩынтәзакәан 7:6). Иара ауаа аниша, ириҭеит зеиҧшыҟам азин — хақәиҭла алхра аҳамҭа. Абри азоуп ҳара агәаҟра заҳныруа, атирантә хагылаҩцәа тәыс ҳаныҟарҵо.

5 Убри азы ахақәиҭра агәазыҳәара машәырӡам, избанзар Анцәа ахақәиҭра Данцәоуп. Абиблиа иаҳәоит: «Иҳақәиҭу Идоуҳа ахьыҟоу, уаҟа хақәиҭроуп» (2 Коринфаа рахь 3:17). Ус анакәха, Анцәа иҳаиҭеит хақәиҭла алхра ҳара ҳаҟазаара иахәҭакны. Ҳара ҳахшыҩи ҳемоциеи аус шыруа злеидыруаз ала, хақәиҭла алхра ҳамазар еиҳа насыҧ ҳаманы ҳшыҟалоз идыруан.

6 Ишҧеишеи Анцәа ҳара ҳахшыбаҩи хақәиҭла алхреи иареи еимаданы аус руртә еиҧш?

6 Хақәиҭла алхра инаваргыланы Анцәа иҳаиҭеит ахәыцра алшара, аиҿырҧшра, аҳасаб адкылара, насгьы абзиеи ацәгьеи реилкаара (Ауриақәа рахь 5:14). Абасала, хақәиҭла алхра шьаҭас иамазар акәын хдыррала алхра. Ҳара ҳшаӡамызт хшыҩ змам, насгьы зхатә гәаҧхара змам роботқәаны. Иара убасгьы, ҳара ҳшаӡамызт аҧстәқәа реиҧш инстинктла ҳныҟәо. Аха, уамашәа иубаша ҳахшыбаҩ убас еибыҭан, ҳхақәиҭла алхреи иареи еимаданы аус руртә.

Зегь иреиҕьу алагамҭа

7, 8. Изеиҧш џьашьахә лагамҭоузеи Анцәа ҳазхылҵыз ириҭаз?

7 Анцәа иеиҷаҳара убарҭан, ҳара ҳазхылҵыз Адами Евеи, хақәиҭла алхра инаваргыланы, иахьроуз аҟәышра зҵоу ауаҩы дзеилаҳаша зегьы. Дара нархан иҭбаау абаҳча еиҧшыз аџьанаҭаҿы. Урҭ барақьаҭла иҭәын. Дара рцәеижьи рыхшыҩи наӡан, убри азы дара ирыхәҭамызт иажәыр, ичмазаҩхар, мамзаргьы иҧсыр — дара наӡаӡа рыҧсы ҭазар рылшон. Дара ирымазарц рылшон инаӡоу ахәыҷқәа, иара убасҵәҟьа насыҧ змоу наӡаӡатәи аҧеиҧш бзиа заушаз. Еизҳауаз ауаатәыҩса ирымазарц рыхәҭан ргәы иақәшәо аусура. Урҭ рхықәкы адгьыл зегьы џьанаҭны аҟаҵара акәын (Аҟазаара 1:26—30; 2:15).

8 Дара ирыдгалаз аганахьала Абиблиа иаҳәоит: «Ибеит Анцәа зегьы, Иара иишаз, абар, ибзиоуп даараӡа» (Аҟазаара 1:31). Абиблиа иара убас иаҳәоит Анцәа изы: «Инаӡоуп Иара иусқәа» (Ҩынтәзакәан 32:4). Ааи, Ҳазшаз ауаатәыҩсатә ҭаацәара ириҭеит инаӡоу алагамҭа. Иеиҕьу алагамҭа зыҟаломызт. Аиҷаҳара змоу Нцәаны дышҧааҧши иара!

Аҳәаа змоу ахақәиҭра

9, 10. Избан хақәиҭла алхра ахархәара ииашаны аиҿкаара заҭахыу?

9 Аха имазма Анцәа хықәкыс хақәиҭла алхра ҳәаак амаӡамкәа иҟаларц? Ухаҿы иааг амҩатә ҧҟара ахьыҟам транспортла иҭәу ақалақь, насгьы досу иахьиҭахуи ишиҭаху аласра иманы дахьныҟәо. Иуҭахызма уара абри еиҧш аҭагылазаашьаҿы аныҟәара? Мап, ари ирацәаны амашәыр аазгоз амҩатә нархьиахон.

10 Убас ауп ишыҟоу Анцәа иҳаиҭаз аҳамҭагьы — хақәиҭла алхра. Ҳәаа змам ахақәиҭра иаанагон анархьиа ажәлар реилазаараҿы. Иҟазарц рыхәҭоуп азакәанқәа, ауаатәыҩса рхымҩаҧгашьа еиҿызкаауа! Анцәа Иажәа иаҳәоит: «Шәхы мҩаҧыжәгала зхы иақәиҭу ауаа реиҧш, ахаангьы шәхы иашәмырхәан шәара шәхақәиҭра ацәгьара ариашаразы» (1 Пиотр 2:16, «Иерусалимтәи Абиблиа» [«The Jerusalem Bible»]). Анцәа иҭахуп азеиҧш бзабааз хақәиҭла алхра ахылаҧшра амазарц. Иара иҭахын ҳара иҳамазарц ихарҭәаау акәмкәа, аха азакәан ҧҟара иахьҧшу ахақәиҭра.

Азакәанқәа зтәыда?

11. Изтәыдаз азакәанқәа ҳазцныҟәарц ҳахәҭаз?

11 Изтәыдаз азакәанқәа ҳара ҳазцныҟәарц ҳахәҭаз? Иашьҭанеиуа атекст 1 Пиотр 2:16 («Иерусалимтәи Абиблиа») ахәҭа аҿы иҳәоуп: «Шәара аӡәгьы тәыс шәимаӡам Анцәа ида». Ари иаанагаӡом агәаҟра узаазго атәра. Ҳара убас еиҧш ҳшан, Анцәа изакәан ҳацныҟәауа, иеиҳау анасыҧ ҳаманы ҳаҟазаарц (Матфеи 22:35—40). Иара изакәанқәа иҳадыргалоит иреиҕьу анаҧхгара, ауаа ирхәыцыз, иарбанзаалак азакәанқәа ирҿурҧшуазар. «Сара Ишәықәиҭу, уара Унцәа, уара ихәарҭоу узырҵо, уара убри амҩа уқәзҵо, узқәларц ухәҭоу» (Исаиа 48:17).

12. Закәытә хақәиҭла алхроу, Анцәа изакәанқәа рҳәааҿ иҳамоу?

12 Убри инацны Анцәа изакәанқәа рҳәааҿ иҳадыргалоит инарҭбааны хақәиҭла алхра. Ари унанагоит аиуеиҧшымрахь, иагьыҟанаҵоит ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара узыршанхо акакәны. Уазхәц еиуеиҧшым афатә хкқәа, ашәҵатәқәа, амузыка, аҟазара, анхарҭақәа адунеи ахынӡанаӡааӡо. Ҳәарада, ҳара еиҕьаҳшьоит арҭ азҵаарақәарҿы ҳамацара иалаҳхыр, дазусҭзаалак даҽаӡәы ҳара ҳзы аӡбра азин иаҳҭар аасҭа.

13. Ҳхатә хырҳагас иҳауырц азы, иарбан цәеижьтә закәанқәоу ҳара ҳзыцныҟәарц ҳахәҭоу?

13 Абасала, ҳара ҳшан ауаҩытәыҩсатә хымҩаҧгашьа иазкыу, Анцәа изакәанқәа ҳанрыцныҟәо, зегь реиҳа насыҧ ҳамазаартә еиҧш. Ари ацәеижьтә закәанқәа Анцәа ииӡбаз уанрыцныҟәо еиҧшуп. Иаҳҳәап, ҳара адибахаларатә закәан хьаас имкыкәа, аҳаракыра аҟнытә ҳаҧар, ҳара абаҩҧҵәа ҳауеит, мамзаргьы ҳаҧсуеит. Иара убасгьы, ҳара ҳорганизм аҩнуҵҟатә закәанқәа иатәамбакәа афатәи ажәтәи адкылара ҳаҟәыҵыр, мамзаргы аҳауа аҩагара, усҟан ҳара ҳаҧсуеит.

14. Иабантәаадыруеи ҳара, ауаа Анцәа ихьыҧшымкәа ишшамыз?

14 Хымҧада, ҳара Анцәа иаҧиҵаз ацәеижьтә закәанқәа рыцныҟәара ада ҧсыхәа ҳамамкәа ҳашшаз еиҧш, иара убасгьы ҳара ҳшан Анцәа иморалтәи исоциалтәи закәанқәа ҳармыцныҟәар ада ҧсыхәа ҳамамкәа (Маҭфеи 4:4). Ауаа шаӡамызт дара р-Конструктор ихьыҧшымкәа иҟазарц, иара убри аамҭазы ақәҿиара рыманы. Аҧааимбар Иеремиа иҳәоит: «Инеиуа имчым ишьаҿақәа ахырхарҭа рыҭара. Ақәнага сақәыршәа сара, Иҳақәиҭу» (Иеремиа 10:23, 24). Убри азы, ауаа шан рхы ахьдырхалакгьы, Анцәа инапхгара аҵаҟа инхалартә еиҧш, рхатә напхгара аҵаҟа акәымкәа.

15. Адами Евеи рзы, Анцәа изакәанқәа, рымч зқәымхо акакәны иҟалар акәызма?

15 Анцәа изакәанқәа рыцныҟәара ҳара ҳазхылҵыз рзы ихьанҭоу акакәны иҟазарц ахәҭамызт. Уи дара реизырҳара иацхраар акәын, иара убасгьы ауаҩытәыҩсатә ҭаацәарагьы. Раҧхьатәи аҭаацәа Анцәа изакәанқәа рҳәааҿ инхазҭгьы, зегьы бзабаахон. Ҳара уажәы зеиҧшыҟам ақьафурҭатә џьанаҭ аҿы ҳанхозаарын бзиа еибабо, иеидкылоу уаҩытәыҩсатә ҭаацәараны! Иҟаӡамзаарын ацәгьеи, агәаҟрақәеи насгьы аҧсреи.

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьа, адаҟьа 11]

Ҳазшаз ауаатәыҩса инаӡоу алагамҭа риҭеит

[Асахьа, адаҟьа 12]

Иуҭахызма уара, амҩатә ҧҟара змам, транспортла иҭәу амҩа уанызаарц?