Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Уажәы адунеи ҿыц ашьаҭа акра иаҿуп

Уажәы адунеи ҿыц ашьаҭа акра иаҿуп

Ахәҭа 11

Уажәы адунеи ҿыц ашьаҭа акра иаҿуп

1, 2. Имҩаҧысуазеи ҳала ишабо, Абиблиа ҧааимбаражәа назыгӡо?

 ИАРА убас иџьашьатәу убри ауп, иара уажәы, Аҩсҭаа идунеи анеицакуа, адунеи ҿыц ашьаҭа акра иаҿуп. Ҳара ҳала ишабо Анцәа еизигоит ажәларқәа зегьы рҟнытә ауаа, насгьы дара рыла адгьыл ҿыц аилазаара ашьаҭа икуеит, иаарласны иахьатәи еиҟәҭхоу адунеи зыҧсахуа. Абиблиа 2 Пиотр 3:13 аҿы ари аилазаара ҿыц «адгьыл ҿыц» ҳәа ахьӡуп.

2 Абиблиатә ҧааимбаражәа иара убас иаҳәоит: «Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы [ҳара ҳазҭагылоу аамҭазы]... идәықәлоит ажәлар рацәа, иагьырҳәоит: шәааи, ҳагьхалап Иҳақәиҭу ишьхахь [иара имҵахырхәара иаша]... иагьҳирҵоит Иара имҩақәа; ҳагьныҟәалап Иара имҩала» (Исаиа 2:2, 3).

3. а) Исаиа иҧааимбаражәа зыбжьара иҟалода? б) Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәы абри азы ишҧаҳәо?

3 Ари аҧааимбаражәа нагӡахоит иқәныҟәо „Анцәа имҩеи иара имҩахәасҭа иануи“ рыбжьара. Абиблиа аҵыхәтәантәи ашәҟәаҿы абри аҭынчра бзиа избо жәларбжьаратәи еилазаара азы иаҳәоит “шьарда ауаа рацәа... амилаҭқәеи, ахылҵшьҭрақәеи насгьы ажәларқәеи абызшәақәеи„ ҳәа, ииашаҵәҟьаны иҟоу адунеизегьтәи аешьара, еидгыланы Анцәа имаҵ зуа раҳасабала. Абиблиа иара убас иаҳәоит: «Арҭ арыцҳара дуӡӡа аҟнытә иааз роуп». Ари иаанагоит, дара ари ицәгьоу амаҭәар асистема аҵыхәтәа иацәынхоит ҳәа (Аартра 7:9, 14; Маҭфеи 24:3).

Ииашаҵәҟьоу жәларбжьаратә ешьара

4, 5. Ишҧалшеи Иегова Ишаҳаҭцәа адунеизегьтәи решьара аҟазаара?

4 Миллионҩыла Иегова Ишаҳаҭцәа гәыкала рҽазыршәоит Анцәа имҩақәеи идҵақәеи рҽақәыршәаны анхара. Дара ргәыҕра аҧырсал наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь — ари Анцәа идунеи ҿыц ауп. Есыҽны Анцәа изакәанқәа рҽақәыршәаны иныҟәо, дара иаадырҧшуеит уажәы, иара убас адунеи ҿыц аҿгьы иара инапхгашьа ацныҟәара ишазхиоу. Зехьынџьара, дара рмилаҭи ррасеи иахәымҧшӡакәа, дара ацныҟәоит ирзеиҧшу аҭахрақәа — Анцәа иара Иажәаҿы ишьақәиргылаз. Убри азы ауп дара — ииашаҵәҟьоу жәларбжьаратә ешьара зракәу, иҿыцу, Анцәа ишьақәиргылаз адунеитә еилазаара (Исаиа 54:13; Маҭфеи 22:37, 38; Иоанн 15:9, 14).

5 Иегова Ишаҳаҭцәа зеиҧшыҟам адунеизегьтәи ешьара абзоура рхы иадыркылом. Дара еилыркаауеит, уи зылҵшәоу иҕәҕәоу Анцәа идоуҳа амч, иара изакәанқәа ирыцныҟәо ауаа иахьырныруа шакәу (Аумҭақәа 5:29, 32; Галатаа рахь 5:22, 23). Ари — Анцәа иус ауп. Иисус ишиҳәаз ала, «ауаа ирылымшо Анцәа илшоит» (Лука 18:27). Убри аҟнытә Анцәа, иҕәҕәоу адунеи ашьақәыргылара алшара имазар, иара убасҵәҟьа илшоит адунеи ҿыц аилазаара ашьақәыргылара.

6. Избан Иегова Ишаҳаҭцәа решьара, иахьа иџьоушьа акы ауп уҳәарц зулшо?

6 Абасала, адунеи ҿыц аҿы Анцәа инапхгашьа убар алшоит, уажәы адунеи ҿыц ашьаҭа акышьа ала. Иара убас иара Ишаҳаҭцәа рганахьала иҟаиҵаз, ииашаны, — иахьа иџьоушьаша акоуп. Избан? Избанзар иара еиҿикааит Иегова Ишаҳаҭцәа рыла ииашаҵәҟьоу адунеизегьтәи аешьара, амилаҭтәи, арасатәи, адинхаҵаратә интересқәа иаарго аимак ала иузеиҟәымҭхо. Миллионла Ашаҳаҭцәа рхыҧхьаӡара аныҟоу аамҭаз дара 200 тәыла инреиҳаны рҟны ишынхогьы, урҭ еидҳәалоуп дара-дарала иузеиҟәымҭхо ҧахла акы еиҧш. Ари адунеизегьтәи, аҭоурых зегьы аҿы зеиҧшыҟам аешьара ииашаҵәҟьаны иахьатәи џьашьахәуп — Анцәа иус ауп (Исаиа 43: 10, 11, 21; Аумҭақәа 10:34, 35; Галатаа рахь 3:28).

Анцәа иуаажәлар злоудыруа

7. Иисус иажәақәа рыла, ииашоу ишьҭанеицәа дыршьас ирымоузеи?

7 Уаҳа еилкаашьас иамоузеи, идунеи ҿыц ашьаҭа аҳасабала Анцәа ихы иаирхәо ауаа зусҭцәоу? Иаҳҳәап, иназыгӡода Иисус иажәақәа Иоанн 13:34, 35 рҟны иаҳәо? Иара иҳәеит: «Аҧҟара ҿыц шәысҭоит Сара, аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала; Сара шәара бзиа шәшызбаз еиҧш, убас шәаргьы бзиа шәеибабала. Убри ала шәырдыруеит зегьы, шәара Сара сҵаҩцәа шшәакәу, шәыбжьара абзиабара шәымазар». Иегова Ишаҳаҭцәа агәра харҵоит Иисус иажәақәа, насгьы дара ирықәыршәаны иагьныҟәоит. Анцәа иажәа ишаҳнарҵо ала, урҭ „ирымоуп гәацҧыҳәарала абзиабара дара-дара“ (1 Пиотр 4:8). Дара „бзиабарала рҽеибырҭеит, уи анаӡара аизак шакәу ала“ (Колоссаа рахь 3:14). Абасала, «ҷабгас», адунеи зегь аҿы дара-дара еидкыланы измоу, аешьаратә бзиабара ауп.

8. Уаҳа излоудыруазеи 1 Иоанна 3:10—12 инақәыршәаны Анцәа иуаажәлар?

8 Иара убас 1 Иоанн 3:10—12 аҟны иаҳәоит: «Анцәа ихәыҷқәеи Аџьныш ихәыҷқәеи удыруеит абас: дызусҭазаалак аиаша ҟазымҵо, Анцәа дитәым, убасҵәҟьа зашьа бзиа дзымбогьы. Абри ауп ажәабжь бзиа, аханатә шәара ишәаҳаз, ҳара бзиа ҳаибабаларц, агызмал иҟнытә иҟаз, насгьы зашьа дызшьыз, Каин иеиҧш акәымкәа». Убри аҟнытә Анцәа иуаажәлар адунеизегьтәи ешьара еиҧш рҽаладырхәӡом ақәымчрақәа.

Даҽа излалукааша дыргак

9, 10. а) Иарбан усуроу излоудыруа, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, Анцәа имаҵуҩцәа? б) Ишҧанарыгӡо Иегова Ишаҳаҭцәа Маҭфеи 24:14?

9 Иҟоуп даҽа лшарак Анцәа имаҵуҩцәа злоудыруа. Адунеи аҵыхәтәа иазкыу аҧааимбаражәаҿы Иисус еиқәиҧхьаӡеит ирацәаны, абри аамҭа апериод аҵыхәтәантәи амшқәа злалукаашаз. (Уахәаҧш Ахәҭа 9.) Аҧааимбаражәа аилазаара ахәҭа Маҭфеи 24:14 аҿы иаагоуп: «Ирылаҳәахоит ари Аҳра иазкыу Ажәабжь Бзиа адунеи зегь аҟны, ажәларқәа зегьы рзышаҳаҭраз; убысҟан иааиуеит аҵыхәтәа».

10 Иаҳбома ҳара ари аҧааимбаражәа анагӡара? Ааи. 1914 ш. раахыс аҵыхәтәантәи амшқәа аналагаз, Иегова Ишаҳаҭцәа адунеи зегь аҿы еиҭарҳәоит ажәабжь бзиа Иисус излеиҳәахьаз аҳасабала, уи ауаа рыҩнаҭацыҧхьаӡа рнеирала ауп (Маҭфеи 10:7, 12; Аумҭақәа 20:20). Миллионла Ашаҳаҭцәа атәылақәа зегь рҟны ирҭаауеит, адунеи ҿыц азы ирацәажәарц. Уи иабзоуроуп уара ари аброшиура уоура, избанзар Иегова Ишаҳаҭцәа русура иаҵанакуеит Анцәа Иаҳра иазкыу миллиард екземплиар алитература акьыҧхьреи арыларҵәареи. Иудыруама уара уаҳа аӡәыр ҩнаҭацыҧхьаӡа ажәабжь зҳәауа? Марк 13:10 иаҳнарбоит, аҵыхәтәа «ааиаанӡа», амҩаҧгара шахәҭоу ажәабжьҳәареи арҵареи аус.

Аҩбатәи акрызҵазкуа аимактә зҵаара аҭак

11. Иегова Ишаҳаҭцәа уаҳа еихьӡарас ирымоузеи, Анцәа инапхгара иацныҟәауа?

11 Анцәа изакәанқәеи ипринципқәеи ирыцныҟәауа, Иегова ишаҳаҭцәа даҽа еихьӡарак аҿы инеиуеит. Дара иаадырҧшуеит, Аҩсҭаа амц шиҳәоз, ауаа аҧышәараан Анцәа изиашан иаанхом ҳәа аниҳәоз, убриала дара аҭак ҟарҵоит аҩбатәи акрызҵазкуа аимактә зҵаара, ауаатәыҩса рыцқьара иаҵанакуа (Иов 2:1—5). Миллионла ауаа амилаҭқәа зегь рҟнытә аилазаара еиҿкаауа, Ашаҳаҭцәа аӡәк иаҳасабала Анцәа инапхгарахь азиашара аадырҧшуеит. Аҩсҭаа иқәыҕәҕәареи, насгьы дара инаӡам шуаауи иахәамҧшыкәа, дара ауниверсалтә суверенитет азы аимактә зҵаараҿ Анцәа иганахь игылоуп.

12. Изҿыҧшуада Ашаҳаҭцәа рхаҵараҿы?

12 Иахьа миллионла Иегова Ишаҳаҭцәа иацырҵоит, иҳаҩсхьоу аамҭаз иҟаз, Анцәа иахь азиашара аазырҧшуаз, егьырҭ ашаҳаҭцәа рышаҳаҭра. Урҭ рахь, аӡәык-ҩыџьак мацара рыӡбахә уҳәозар, иҟан Авель, Нои, Иов, Авраам, Сарра, Исаак, Иаков, Девора, Руф, Давид насгьы Даниил (Ауриақәа рахь, ахы 11). Абиблиа ишаҳәо еиҧш, дара — «ашаҳаҭцәа рыҧҭа» (Ауриақәа рахь 12:1). Дареи егьырҭгьи, Иисус иҵаҩцәагьы налаҵаны, ирыхьчеит ацқьара Анцәа иганахьала. Иисус ихаҭа иҳаиҭеит аҿырҧшы дуӡӡа, инаӡоу ацқьара хьчаны.

13. Аҩсҭаа изкыу Иисус иажәақәа риашара шьақәзырҕәҕәозеи?

13 Ари ишьақәнарҕәҕәоит, Иисус адинхаҵаратә ҧызаҩцәа Аҩсҭаа изы иреиҳәаз: «Уажәшьҭа шәсышьҭоуп сышәшьырц Сара, Ауаҩы, ишәазҳәаз шәара аиаша, Анцәа иҟнытәи исаҳаз... Аҩсҭаа иоуп шәара шәаб, шәаргьы ишәҭахыуп шәаб игәахәара аҟаҵара; уи аханатә дуаҩшьҩны дыҟан, иҽизнымкылеит аиашаҿы, избанзар уи илам аиаша; иара амц аниҳәо, иара итәоуп ииҳәо, избанзар иара дымцҳәаҩуп насгьы амц абыс дамоуп» (Иоанна 8:40, 44).

Иалухуазеи уара?

14. Адунеи ҿыц ашьаҭа уажәы иахҭысуазеи?

14 Адунеи ҿыц ашьаҭа, Анцәа еиҿикаауа Иегова Ишаҳаҭцәа жәларбжьаратә еилазаарахь, еиҳа-еиҳа аҽарҕәҕәахоит. Есышықәса шә-нызқьҩыла ауаа дара рхақәиҭла алхра рхы иархәауа, ииашоу адырра ашьаҭа змоу, Анцәа инапхгара рыдыркылоит. Дара адунеи ҿыц аилазаара иахәҭакны иҟалоит. Еимактәу азҵаара ауниверсалтә суверенитет аҿы Анцәа иган ааныркылоит, насгьы ишьақәдырҕәҕәоит Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу.

15. Иарбан еилыхратә усу Иисус ҳаҧхьаҟа имҩаҧигараны иҟоу?

15 Анцәа инапхгара ахьалырхуа ала, дара Христос «иарҕьанапахь» агылара иаҧсаны иҟалоит, «ауасақәеи» «аџьмақәеи» анеилирго аамҭазы. Иисус аҵыхәтәантәи амшқәа рзы иҧааимбаражәаҿы иҳәеит: «Ажәларқәа зегьы еизоит Иара иҿаҧхьа насгьы Иара дара-дара еилихуеит, ахьча ауасақәеи аџьмақәеи шеилихуа еиҧш. Ауасақәа Иара иарҕьа напы аганахь иргылоит, аџьмақәа иарма напы ахь ииаигоит». Ауасақәа — арҭ Христос иашьцәа зыҽрыдызкыло, насгьы ирыцхраауа, Анцәа инапхгара иацныҟәо ихынраалоу уаауп. Аџьмақәа — арҭ ҳәатәхазымҵо уаауп, Христос иашьцәа мап рцәызкуа, насгьы Анцәа инапхгара иадымгыло. Изеиҧшрахозеи алҵшәа? Иисус иҳәеит: «Ииашам [аџьмақәа] дәықәҵахоит наӡаӡатәи ахьырхәрахьы, аха аиашақәа [ауасақәа] наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь» (Маҭфеи 25:31—46, «Анцәа иҟнытә Ажәабжь Бзиа»).

16. Иҟауҵарц иухәҭоузеи, иааираны иҟоу аџьанаҭ аҿы унхарц уҭахызар?

16 Ииашаҵәҟьаны, ҳара Анцәа даҳхылаҧшуеит! Даара иаарласны Иара иаҳзааигоит уамашәа иубаша адгьылтә џьанаҭ. Иуҭахума уара унхар абри аџьанаҭ аҿы? Ааи анакәха, иаарҧшы уара ушазыразу Анцәа иусмҩаҧгақәа, Иара идырралеи, насгьы иуҵо иақәыршәаны уныҟәашьалеи. «Дшәыҧшаа Иҳақәиҭу, Иара иҧшаара аналшо; шәиҧхьа Иара, Иара данааигәоу. Иаанижьааит ицқьам иара имҩа, азакәандаҩгьы — ихәыцрақәа зегьы, дагьхьаҳәааит Иҳақәиҭу иахь, нас Иара ианаижьуеит уи» (Исаиа 55:6, 7).

17. Избан изыҟамло аамҭа арӡра, зымаҵ ҳуыша иалхра аан?

17 Аамҭа арӡра ҟалом. Ари ажәытә система аҵыхәтәа даара иаигәоуп. Анцәа Иажәа иҳабжьнагоит: «Бзиа ишәымбан адунеи, адунеи аҿы иҟоугьы: адунеи бзиа избо, уи Аб ибзиабара имаӡам... Ииасуеит адунеи, иара агәаҧхарақәагьы, аха Анцәа иҳәатәы назыгӡо дыҟазаауеит наӡаӡа» (1 Иоанн 2:15—17).

18. Иарбан хымҩаҧгашьоу алшара узҭо агәра гаҵәҟьаны аҧсҭазаара азыҧшра, иџьашьахәу Анцәа идунеи ҿыц аҿы?

18 Уажәы Анцәа ижәлар аҵара рҵоит наӡаӡа аҧҭазааразы адунеи ҿыц аҿы. Дара идырҳауеит адоуҳатә, насгьы егьырҭ азаанаҭ дыррақәа, аџьанаҭ ашьақәыргылараз зда ҧсыхәа амам. Ҳара ҳҽадцаланы иуабжьаҳгоит Анцәа Напхгаҩык иаҳасабала далухырц, насгьы уажәы адунеи зегь аҟны имҩаҧиго, аҧсҭазаара еиқәзырхо аус уадгыларц. Иҵала Абиблиа Иегова Ишаҳаҭцәа рыла. Ирҳала Анцәа изкыу адырра, ииашаҵәҟьаны ҳара иаҳхылаҧшуа, насгьы агәаҟрақәа зегьы рҵыхәтәа ҧызҵәо. Абасала, уара адунеи ҿыц уахәҭакны уҟалоит. Убысҟан уара агәра ганы уазыҧшызарц улшоит Анцәа изыразра аиура, насгьы аҧсҭазаара иџьашьахәу адунеи ҿыц аҿы.

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьа, адаҟьа 31]

Иегова Ишаҳаҭцәа жәларбжьаратә ешьара ахаҭа шьақәдыргылоит

[Асахьа, адаҟьа 32]

Анцәа идунеи ҿыц ашьаҭа уажәы акра иаҿуп