Ҳара Анцәа игәҭакқәа ҳзааицҳауеит
Ахәҭа 4
Ҳара Анцәа игәҭакқәа ҳзааицҳауеит
1, 2. Излаадыруеи ҳара, Анцәа аҭак шриҭо, гәык-ҧсыкала азҵаарақәа изҭо?
АБЗИАБАРА змоу Анцәа ииашаҵәҟьаны ирзааиртуеит иара игәҭакқәа, гәык-ҧсыкала ишьҭоу ауаа. Иара акреилызкаарц зҭахыу ауаатәыҩса ириҭоит азҵаарақәа рҭакқәа, иаҳҳәап анаҩстәи азҵаара: избан иара изаиҩыжьуа агәаҟрақәа?
2 Абиблиа иаанацҳауеит: «Уишьҭалар Иара [Анцәа], дуҧшаауеит Иара». «Дыҟоуп жәҩанаҿ Анцәа, иаазыртуа амаӡақәа». «Иҳақәиҭу Анцәа акгьы ҟаиҵаӡом, ирзааимыртыкәа Иара имаӡақәа Иара итәцәа, иҧааимбарцәа» (1 Паралипоменон 28:9; Даниил 2:28; Амос 3:7).
Иабаҟоу аҭакқәа?
3. Азҵаара избан изаиҩыжьуа Анцәа агәаҟрақәа, аҭак ҳаҧшаарц абаҳалшо?
3 Азҵаарақәа рҭак, избан Анцәа изаиҩыжьуа агәаҟрақәа, насгьы Иара иҟаиҵарц игәы иҭоу убри аганахьала, ҳара иҳахәаразы, Иара идоуҳа анапхгарала иҩҩу аацҳараҿы иагәылоуп. Ари аацҳара — иара Иажәа, Аҧшьаҩыра ауп. «Аҩыра зегьы Анцәа идоуҳа аҵоуп, ихәарҭоуп арҵаразы, аҿаҧҽразы, ариашаразы, ариашарахь амҩақәҵаразы, днаӡахааит Анцәа иитәу ауаҩы, иарбанзаалак аус бзиа дазхиазааит» (2 Тимофеи иахь 3:16, 17).
4, 5. Иҟазҵозеи Абиблиа абас уамашәа иубаша шәҟәны?
4 Абиблиа — ииашаҵәҟьаны зеиҧшыҟам шәҟәуп. Иара иагәылоуп ауаатәыҩса рҭоурых иазкыу, зегь реиҳа ииашоу аацҳара, уи аума иахцәажәоит ауаҩы ишара ҟалаанӡатәи аамҭахь иаҵанакуа ахҭысқәа. Иара убас ҳазҭагылоу аамҭа иақәшәоит, избанзар иара аҧааимбаражәа ҳара ҳаамҭазтәи, насгьы иаарласны иҟалаша ҧхьаҟатәи ахҭысқәеи ирыдҳәалоуп.
5 Иарбанзаалак даҽа шәҟәык абри аҩыза агәрагара амаӡам ииашоу аҭоурых аганахьала. Иаҳҳәап, иҟоуп хыҧхьаӡарақәак, ажәытә классикцәа рнапҩырақәа. Аха иҟоуп анапҩырақәа ихарҭәаам Абиблиеи, мамазаргьы иара ахәҭақәеи рацәаны: 6 000 рҟынӡа — Ауриатә Ҩырақәа (39 шәҟәы «Ажәытә уасиаҭ»), 13 000 аҟара напҩыра Ақьырсиантә Бырзентә Ҩырақәа (27 шәҟәы «Аҿыц уасиаҭ»).
6. Агәра ҳгартә ҳзыҟоузеи, иахьатәи Абиблиа шьаҭала, Анцәа доуҳала ианаҧиҵаз аамҭаз ишыҟаз еиҧшҵәҟьа иҟоуп ҳәа?
6 Зегьзымчу Анцәа, Абиблиа адоуҳа азҭаз, дахылаҧшуан анапҩырақәа рыхҩылааҿы атекст ҧсахрада иаанхарц. Убри азоуп иахьатәи ҳбиблиақәа, аҧхьаӡатәи Аҧшьаҩыра шыҟаз еиҧш изаанхаз. Ари ҳара еилаҳкаарц ҳалшоит иҵегь, избанзар Ақьырсиантә Бырзентә Ҩымҭақәа рнапҩыра ахҩылаақәак, рхы ыҵырхуеит аоригиналтә ҩыра анҩыз шә-шықәса рашьҭахьтәи аамҭаз. Ирацәамкәа, ажәытәӡатәи адунеи аан иҟаз ашәҟәҩҩцәа, рнапҩымҭа ахҩылаақәа иҟоу адата иарбоуи, аҧхьатәи анҵамҭа авторцәа ианырҩызи инаркны, аамҭала ирацәаны ашәышақәсақәа рыбжьоуп.
Анцәа иҳамҭа
7. Шаҟа инарҭбааны ирыларҵәоузеи Абиблиа?
7 Абиблиа — зегь реиҳа ирыларҵәоу шәҟәуп аҭоурыхаҿы. Икьыҧхьын х–миллиард екземплиар раҟара. Иарбанзаалак даҽа шәҟәык ари ахыҧхьаӡара иазааигәахом. Абиблиа, ма иара ахәҭақәа, 2 250 бызшәахь ианреиҳаны еиҭаган. Абасала, Абиблиа 90 процент ианреиҳаны адунеи иқәынхо ауаа ирымазарц рылшоит.
8—10. Иарбан мзызсқәоу Абиблиа ҭаҳҵаартә иаҧсоуп ҳәа иҟоу?
8 Еилкаауп, Анцәа иҟнытәиуп зҳәо ашәҟәы, насгьы ҩнуҵҟалатәи дәыхьтәилеи изиашоу аршаҳаҭга змоу, иаҧсоуп иҭаҳҵаарц a. Уи иҳаилнаркаауеит аҧсҭазаара ҵакыс иамоу, адунеи ахҭысқәа ирыҵаркуа, насгьы ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иаанаго. Иарбанзаалак даҽа шәҟәык уи ҟанаҵартә еиҧш алшара амаӡам.
9 Ааи, Абиблиа — ари ауаатәыҩсатә ҭаацәара рахь Анцәа иҟаиҵаз ааҧхьара ауп. Аус зуа имч, мамзаргьы идоуҳа анапхгарала, иара рҩит 40–ҩык ауаа раҟара. Абасала, Анцәа дҳацәажәоит ҳара иара Иажәа, Аҧшьаҩырала. Апостол Павел иҩуан: «Ҳара ҳҟнытәи ишәаҳаны ишәыдышәкылаз Анцәа иажәа, шәара ишәыдышәкылеит ауаҩы иажәа ҳәа акәымкәа, аха Анцәа иажәаны, — иашала иара шыҟаҵәҟьоу еиҧш» (1 Фессолоникаа рахь 2:13).
10 Еиду Америкатәи Аштатқәа 16-тәи апрезидент, Авраам Линкольн, Абиблиа «Анцәа ауаҩы ииҭахьоу иреиҕьу ҳамҭоуп... Уи ада ҳара иҳаздыруамызт ацәгьеи абзиеи» ҳәа азиҳәеит. Убри азы, иҳанаҳәозеи ари иреиҳаӡоу аҳамҭа агәаҟрақәа шалагази, Анцәа урҭ заиҩыжьуеи, насгьы убри аганахьала Анцәа иҟаиҵарц гәҭакыс имоу?
[Албаага]
a Абиблиа шиашоу еиҳа аилкааразы уахәаҧш ашәҟәы «Абиблиа — Анцәа иажәа, мамзаргьы ауаҩы иажәа акәу?» (аурыс.), 1989 шықәса азы Ахьчарҭатә Бааш аилазаара иҭнажьыз.
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Асахьа, адаҟьа 10]
Анцәа идоуҳа змоу Абиблиа ауаатәыҩсатә ҭаацәара ирзырхоу ауп.