Изусҭцәада Иегова Ишаҳаҭцәа?
Изусҭцәада Иегова Ишаҳаҭцәа?
Ижәдыруазеи шәара Иегова Ишаҳаҭцәа ирызкны? Џьоукы урҭ ирзырҳәоит ақьырсианра апропаганда азыҟаҵаҩцәа, ақьырсиантә секта ҿыц; аиудаизм анырра зныԥшуа ақьырсиантә секта, мамзаргьы амедицинатә ҽыхәшәтәра мап ацәызкуа афанатикцәа ҳәа. Аиашазы, арҭ аилкаарақәа рахьтә акгьы Ашаҳаҭцәа иузрыдкылом. Избан, нас, џьоукы урҭ ирызкны абасеиԥш агәаанагара зрымоу? Еиҳараӡакгьы, арҭ ауаа ииашам аилкаарақәа ахьроуа аҟнытә ауп.
Дара рыхьӡ — Иегова Ишаҳаҭцәа — иҳанаҳәоит, урҭ Иегова ишизышаҳаҭуа. Аха дызусҭада Иегова? Иегова — ари, Абиблиа излаҳәо ала, Зегьзымчу Анцәа ихы иеиҭаз ахьӡ ауп a. Ари хатәы хьӡуп, титулӡам, иаҳҳәап, Анцәеи ма Иҳақәиҭуи реиԥш. Ҵабыргны, дарбанзаалак аҭоурых аҩнуҵҟа Анцәа ихьӡаԥша иазышаҳаҭуаз, Иегова ишаҳаҭ ҳәа ихьӡуҵар алшоит (Ақәҵымҭа 3:13—15; Исаиа 43:10).
Убри азоуп Абиблиа, Авель инаиркны уи инаҩсгьы ажәытәӡатәи аамҭақәа рхаантәи ахацәа иашақәа еиқәыԥхьаӡауа, урҭ «ашаҳаҭцәа рыԥҭа» ҳәа зрыхьӡнаҵауа (Ауриацәа рахь 11:4; 12:1). Нои, Абраам, Исаак, Иаков, Иосиф, Моисеи, Давид уҳәа реиԥш иеицырдыруаз ауаа, Анцәа ишаҳаҭцәа — Иегова Ишаҳаҭцәа рыгәҭа иҟоуп. Иисус Христос «иқьиоу, ииашоу ашаҳаҭ» ҳәа ихьыӡҵан (Аартра 3:14).
Ашаҳаҭцәа заҭаху
Абиблиа иҳанаҳәоит, Анцәа ауаҩы днаӡаны дшишази, нас уи џьанаҭаҿы дшынирхази ртәы. Зегьзшаз ауаҩы убасеиԥш дишеит, уи наӡаӡа дынхалартә, ихшаара аԥсҭазаара риҭартә, иџьанаҭ-ҩны адгьыл зегьы иахьигӡартә еиԥш. Усҟан ауаҩы идыруан, и-Нцәа дызусҭаз, убри аҟнытә Ашаҳаҭцәа аҭахымызт (Аҟазаара 1:27, 28).
Анцәа ауаҩы ахатәгәаԥхара дақәиҭитәит, аха ҳара ҳазхылҵыз ииашамыз ауп иалырхыз. Урҭ Анцәа ихьԥшымзарц рыӡбеит. Анцәа аханатә аахыс дшынаӡоугьы, аиашара шилоугьы, дшыцқьоугьы, ауаатәыҩса гәнаҳацәахеит, иқьиадахеит. Ус шакәугьы, иԥшьоу ҳ-Анцәа ичҳаит агәнаҳаи ацәгьеи аамҭала рыҟазаара. Абиблиа иаанарԥшуеит, Анцәа иазалихыз аамҭа шьҭа ишынҵәо. Ауаатәыҩса абри рдырразы, Иара Иажәа — Тореи, Аԥсаломқәеи, Аевангелиеи — ҳаамҭанӡа еиқәирхеит.
Аиҳараҩык Анцәа дахьырзымдыруа аҟнытә, уи гәыкала изыҟоу ауаа ирыдиҵеит, иара изышаҳаҭларц. Анцәа абарҭ реиԥш иҟоу ауаа иреиҳәоит: «Сара сышаҳаҭцәа... шәоуп шәара» (Исаиа 43:10). Насгьы урҭ инарыгӡауа аус азы иҳәоуп: «Ари Аевангелие ԥсҳаратәы аԥсабара [«адунеи», АЕ] шеибакыу уазны [«жәабжьны», АЕ] ираҳәахоит, ажәларқәа зегьы рзы ирзышаҳаҭхар азы» (Маҭфеи 24:14).
Иахьа, ахаан ишыҟамлац еиԥш, еиуеиԥшым арасақәа, ажәларқәа, абызшәақәа рҟынтә ауаа рацәа гәык-ԥсыкала Анцәа Иажәа ҭырҵаауеит. Урҭ рхазы аартра ҟарҵеит, адинхаҵаратә қьабзқәа акыр — амурҭаҭра ишахылҵыз, Анцәагьы ишигәамԥхо.
Иҟалап, ишәаҳахьазаргьы, џьоукы адин акоммерциатә қьар алыргаразы рхы ишадырхәо. Егьырҭ — рполитикатә гәҭакқәа, мамзаргьы арыцҳацәа рыбзоурала абеиахаразы лшарак аҳасабала. Шәгәы ишԥаанагауа, абас еиԥш иҟоу адинхаҵаратә бжьахәҳахәҭцәа ишԥарыдыркыло Анцәа изышаҳаҭра иаша? Ишаабо ала, урҭ уи шәарҭак еиԥш иазнеиуеит. Абригьы Иегова Ишаҳаҭцәа гәаӷшақә рыхцәажәарақәа зыхҟьо ируакуп.
Иегова Ишаҳаҭцәа цқьалаҵәҟьа Абиблиа иқәныҟәоит, дара уи азы ирыхьлакгьы. Урҭ иаԥырымҵеит адин ҿыц. Урҭ
зықәныҟәауа Тореи, Аԥсаломқәеи, Аевангелиақәеи — аиаша динхаҵара иазышьаҭоу ашәҟәқәа ирҳәо мацароуп. Нас, зыгәра ргозеи дара? Алада еиқәыԥхьаӡоуп урҭ иддырҵо рахьтә акык-ҩбак. Шәрыԥхьа, нас шәхала ишәыӡба, иалшарыма арҭ аҵарақәа иашоуп ма ииашам ҳәа рызҳәара.Х-хаҿшаара ҳәа иҟаӡам
Абиблиа иднарҵом, Х-хаҿшаара ҳәа акы ыҟоушәа. Уи акәым, иара иаҳәоит, ииашоуи инаӡаӡатәуи Анцәа ҳәа иҟоу аӡәы заҵәык шиакәу. «Иҳақәиҭу [«Иегова», АҾ], ҳ-Анцәа иоуп, Иҳақәиҭу даӡәыкуп» (Ҩынтәзакәан 6:4). Иара — Зегьзшаз иоуп; Иара днаӡаӡатәуп, зегьимчуп, иара иваҟәло дыҟаӡам. Иисус иакәзар, уи Зегьзымчу Нцәам. Уи адгьылаҿы дынхон уаҩынаӡак иеиԥш, дагьԥсит инаӡам ауаатәыҩса рзы. Анцәа иразрала Иисус иԥсҭазаара хҿыхрак еиԥш идикылеит, убри аҟнытә ауаа иашақәа Иисус ила ахеиқәырхара роуеит. Абри ауп Анцәа ииҭахугьы (Лука 22:42; Римаа рахь 5:12).
Имԥсуа аԥсы ыҟаӡам
Ауаа зықәшәозеи, ианыԥслакь ашьҭахь? Анцәа Иажәа аҭак ҳанаҭоит: «Зыԥсы ҭоу шыԥсуа рдыруеит, аха иԥсхьоу акгьы рыздыруам» (Аекклесиаст 9:5). Ауаҩы имԥсуа аԥсы ихаӡам. Аԥсцәа срацәажәоит ҳәа згә иаанагауа, аиашазы, аҩсҭаацәа роуп дзацәажәо. Хәарҭа ҳәа акгьы рылам иԥсхьоу рзы аныҳәарақәагьы; уи зыхәарҭоу абасеиԥш аныҳәарақәа рзы аԥарақәа зырҭо апап заҵәык иоуп.
Иҟалоит аԥсҭалара
Иԥсхьоу рзы гәыӷра хаҭаҵәҟьас иҟоу — аԥсҭалароуп, мамзаргьы адгьылаҿы уажәшьҭа ишьақәргылоу џьанаҭ ԥсҭазаарахь аиҭахынҳәроуп. Анцәа дырзылԥхоит имаҵ зуаз риашара азы. Анцәа дыззымдыруаны иԥсыз, аԥсҭалара ашьҭахь уи деилыркааратәы алшара роуеит. Абасала, «иҟалоит аԥсцәа рыԥсҭалара, иқьиази иқьиамзи» (Аусқәа 24:15). Изымгылауа Анцәа иаԥсам ҳәа ииԥхьаӡо рымацара роуп.
Амца ахьеилашуа џьаҳаным ыҟаӡам
Абзиабара злоу Анцәа иаԥиҵарымызт иԥсхьоу наӡаӡа иахьиргәаҟло аҭыԥ. Анцәа ауаа рбылреи рыргәаҟреи рҵыхәала Иеремиа 7:31).
иҳәоит абас: «Сара [ари аҩыза] аӡәгьы идсымҵеит, насгьы... [ари аҩыза] сгәы иҭамшәацт» (Алахьынҵа ыҟаӡам
Анцәа ауаа рылахь ианиҵом, урҭ ирԥеиԥшу. Иҟаӡам алахьынҵа, ауаҩы диаанӡа иԥеиԥш ҳәаақәзҵарыз. Ҳара ҳхаҭа ҳауп иҟаҳҵо ашьаҿа, ҳхымҩаԥгашьақәа рзы аҭакԥхықәра зду. «Дызусҭазаалак ҳаҩнуҵҟа ихазы аҭак ҟаиҵоит Анцәа иҿаԥхьа» (Римаа рахь 14:12).
Адоуҳаныҟәгацәа рыкласс ыҟаӡам
Зыԥсҭазаара Анцәа изызкыз зегьы Иара иҿаԥхьа иеиҟароуп. Амҵахырхәаҩцәа иашақәа зегьы — аиашьцәеи аеҳәшьцәеи роуп. Анцәа изакәызаалак азин ҷыда змоу адоуҳаныҟәгацәа рыкласс шьақәимырӷәӷәаӡеит. Иисус иҳәеит: «Дарбанзаалак зхала зыҽҳаразкуа дларҟәхоит, зҽылазырҟәуа дҳаракхоит» (Лука 18:14). Анцәа дрықәыӡбоит, адин зхы иархәаны, егьырҭ ауаа лазырҟәуа (Маҭфеи 23:4—12).
Аныха амҵахырхәара азин ыҟам
«Анцәа Ддоуҳауп, Иара иеихырхәагьы, доуҳалеи иашалеи ихырхәалароуп» (Иоанн 4:24, АЕ). Анцәа имаҵуҩцәа иашаҵәҟьақәа аныхақәа ирымҵахырхәом.
Аполитикатә усқәа рыҽрыламырхәра
Иисус ишьҭанеицәа рзы иҳәеит, «урҭ шыԥсабаратәқәам» [«адунеи ишатәым», АЕ] (Иоанн 17:16). Убри азы Иегова Ишаҳаҭцәа аҳәынҭқарратә акәыз, аҭыԥантәи акәыз, аполитика зынӡа рхы аладырхәӡом. Аха урҭ азакәан иазыӡырҩуа уааԥсыроуп (Римаа рахь 13:1, 5—7).
Иҳараку агәаԥхашәатә нормақәа
Анаҩстәи ажәақәа рыла Иисус иҳаилиркааит, Анцәа имҵахырхәаҩцәа иашақәа зладыртәу: «Аӡәи-аӡәи бзиа шәеибабала, Сара бзиа шәшызбаз еиԥш, абри ауп Сара сыԥҟара» (Иоанн 15:12, 13). Даҽаџьара Абиблиа иаҳәоит: «Адоуҳа иацырҟьоуп: абзиабара, агәырӷьара, аҭынчра, акрычҳара, аразра, агәшаҭара, ахаҵара, аҟәмшәышәра, аҽынкылара» (Галатаа рахь 5:22, 23). Абарҭқәа зцәаҩоу ауаа амц рҳәом, иӷьычуам, алашыҩкратә хәмаррақәа ирылахәӡам, анаркотикқәа цәгьашақә рхы иадырхәом, ицәаԥҽыгоу, игәаԥхашәадоу аԥсҭазаашьа ныҟәргом (Ефесаа рахь 4:25—28). Урҭ Анцәа бзиа дырбоит аҟнытә, иара ицәымӷу зегьы рхацәыргоит. Абасеиԥш иҟоу аԥҟарақәа Иегова Ишаҳаҭцәа рыԥсҭазааразы инапхгароуп.
Иааигәоуп ари адунеи аҵыхәтәа
Иҳаҩсхьоу аамҭақәа излареиԥшымзеи ҳара ҳаамҭа? Аԥааимбаражәақәа рынагӡахашьала иубаратәы иҟоуп, ари асистема, иахьатәи адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа ҳшырхаану (Даниил 2:44). Аха иахьа ицәырҵуеит азҵаара: игәаԥхома Анцәа ҳхымҩаԥгашьа? Анцәа дызлаӡәыку ала, аиаша динхаҵарагьы акоуп. Уи ииашоу динхаҵараны ианыԥхьаӡатәу убысҟаноуп, иара иднарҵауа Тореи, Аԥсаломқәеи, Аевангелиеи рҵарақәа ирықәшәозар. Ус анакәха, ҳара иҭаҳҵаароуп ари Ажәа.
Иегова Ишаҳаҭцәа абри аус ауп рнапы злакугьы. Иарбан дину ишәымазаалакгьы, шәара ишәыхәҭоуп Анцәа Иажәа аҭҵаара. Уи аӡәгьы иҟаиҵом шәара шәзыҳәа. Ижәдыруаз: «Дызусҭазаалак ҳаҩнуҵҟа ихазы аҭак ҟаиҵоит Анцәа иҿаԥхьа» (Римаа рахь 14:12).
Аӡәгьы Иегова Ишаҳаҭ иакәны дииӡом. Дарбанзаалак ихала иӡбуеит, Ашаҳаҭ ҳәа дҟалару. Ауаҩы ламыс-цқьала Анцәа Иажәа анҭиҵаалак, уаҟа иԥшаауеит аиаша, нас убри шьаҭас иагьыҟаҵаны, Иегова захьӡу Анцәа иаша иԥсҭазаара изикуеит. Абри аҩыза Анцәа Иажәа аҭҵаара шәгәаҳәозар, ишәыҩҩы ҵаҟа иарбоу адресқәа рахьтә руакала.
Абиблиатә цитатақәа, даҽакала иарбамзар, Абиблиа Асинодалтә еиҭагеи (АЕ), иара убас 1912 шықәсазы аԥсышәала иҭыҵыз Аевангелиеи рҟнытә иаагоуп. Ацитата анаҩс аркьаҿра АҾ гылазар, уи иаанаго, ацыԥҵәаха еиҭагоуп англыз бызшәала иҭыжьу «Адунеи Ҿыц Аԥшьаҩырақәа Реиҭага» аҟнытә.
[Албаага]
a Аԥсылмантә дунеиаҿы Абиблиа Тореи, Аԥсаломқәеи, Аевангелиақәеи рыла ишьақәгылоу шәҟәык аҳасабала еицырдыруеит. Ианеиҵоугьы Аҟәырҟан 64 текст рҿы арҭ ашәҟәқәа Анцәа Иажәа ҳәа рыхьӡҵоуп, инаҵшьынгьы иазгәаҭоуп, урҭ ишрыԥхьатәу, иара убас уаҟа ирну адҵақәа ишрықәныҟәалатәу. Џьоукы ирҳәоит, Тореи, Аԥсаломқәеи, Аевангелиақәеи ртекстқәа ԥсахын ҳәа. Аха урҭ реиԥш иҟоу аҳәамҭақәа ҵакыс ирымоу Аҟәырҟан ажәақәа рыдымкылароуп, насгьы Анцәа ихатәы Ажәа мԥсахӡакәа аиқәырхара имч шақәмхауа ауп.