Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа игәы иақәшәо аҭаацәаратә ԥсҭазаара

Анцәа игәы иақәшәо аҭаацәаратә ԥсҭазаара

8-тәи аурок

Анцәа игәы иақәшәо аҭаацәаратә ԥсҭазаара

Иарбан ҭыԥу ахаҵа аҭаацәараҿы иааникыло? (1)

Ахаҵа иԥҳәыс длызныҟәарц шԥаиқәнагоу? (2)

Аб ҭакԥхықәрас идузеи? (3)

Иарбан рольу аԥҳәыс аҭаацәараҿы иналыгӡо? (4)

Ииҭахәузеи Анцәа ани-аби ахшаареи рҟнытә? (5)

Абиблиа хазы-хазы анхареи аилыҵреи ишԥарзыҟоу? (6, 7)

1. Абиблиа излаҳәо ала, ахаҵа иоуп аҭаацәара иахагылоу (1 Коринфаа рахь 11:3). Ахаҵа ԥҳәыс заҵәык лоуп имазааша. Хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәара алаларазы ашәҟәы рыҽҭарҩыроуп, атәылаҿы иаԥҵоу азакәан инақәыршәаны (1 Тимофеи иахь 3:2; Тит иахь 3:1).

2. Ахаҵа иԥсеиԥш бзиа дибозароуп иԥҳәыс. Уи, Иисус ишьҭрақәлаҩцәа дышрызныҟәоз еиԥш, ларгьы длызныҟәозароуп (Ефесаа рахь 5:25, 28, 29). Ахаҵа ихәҭаӡам иԥҳәыс лыпҟара, ма ишакәзаалакгьы иҽеимкәа лызныҟәара. Ус акәымкәа, уи лара ҳаҭыр лықәиҵозароуп (Колоссаа рахь 3:19; 1 Пиотр 3:7).

3. Аб иҭаацәа рныҟәгаразы ҽышәала акриуазароуп. Уи иԥҳәыси ихәҷқәеи фатәылеи, маҭәалеи, нхарҭалеи еиқәиршәозароуп. Аб, иара убасгьы, иҭаацәа рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауазароуп (1 Тимофеи иахь 5:8). Уи анапхгара ихахьы игоит, Анцәа игәҭакы аилкаараҿы иҭаацәа дрыцхраауа (Ҩынтәзакәан 6:4—9; Ефесаа рахь 6:4).

4. Аԥҳәыс ламыс-цқьала лхаҵа дицхраауазароуп (Аҟазаара 2:18). Уи лхаҵа дивагылазароуп ахшаара аҵара дырҵареи рааӡареи рус аҿы (Ажәамаанақәа 1:8). Иегова иҭахуп, аԥҳәыс лҭаацәа бзиа ибаны дырхылаԥшуазарц (Ажәамаанақәа 31:10, 12, 26, 27; Тит иахь 2:4, 5). Уи лхаҵа лгәаҵанӡа пату иқәылҵозароуп (Ефесаа рахь 5:22, 23, 33).

5. Анцәа иҭахуп, ахәыҷқәа рани раби ирзыӡырҩларц (Ефесаа рахь 6:1—3). Уи ани-аби ирыдиҵоит рыхшаара рымҩақәҵареи рыриашареи. Ани-аби аамҭа азалырхуазароуп, рхәҷқәеи дареи Абиблиа еицырҵаларазы, урҭ рдоуҳатәи рцәанырратәи ҭахрақәагьы иреиҷаҳаларазы (Ҩынтәзакәан 11:18, 19; Ажәамаанақәа 22:6, 15). Ани-аби рыхшаара ирымчны, гәрыцҳашьарада ирмааӡозароуп (Колоссаа рахь 3:21).

6. Хаҵеи-ԥҳәыси рҳәоу анеиқәымшәо, урҭ Абиблиа ирабжьанаго иқәныҟәозароуп. Абиблиа ааԥхьара ҟанаҵоит абзиабареи агха анажьреи рахь (Колоссаа рахь 3:12—14). Анцәа Иажәа ақәшаҳаҭым, хаҵеи-ԥҳәыси, уамаӡак еиҩцам апроблемақәа ирхырҟьаны, хазы-хазы еиҿыҵны рынхара. Аха аԥҳәыс лхаҵа дынлыжьырц лылшоит, 1) уи аҭаацәа рныҟәгара иаахҵәаны мап ацәикуазар, 2) лгуабзиареи лыԥсҭазаареи ашәарҭа иҭаиргылартә еиԥш, иҽырцәгьаны ихы мҩаԥигозар, мамзаргьы 3) убысҟак иҽырџьбараны Иегова имаҵ ахьылуа дылԥышькласуазар (1 Коринфаа рахь 7:12, 13).

7. Хаҵеи-ԥҳәыси ирыбжьоу агәреибагара рыхьчозароуп. Аԥсахра гәнаҳароуп Анцәеи аҭаацәараҿы иумҩалоуи рҿаԥхьа (Ауриацәа рахь 13:4). Абиблиа инақәыршәаны, аилыҵреи ҩаԥхьа аҭаацәара алалареи рзы ҿыҵга заҵәыкны иҟоу аибаԥсахроуп (Маҭфеи 19:6—9; Римаа рахь 7:2, 3). Иегова ицәымӷуп, абиблиатә ҵаҵӷәы амамкәа ауаа анеилыҵуа, насгьы даҽа ҭаацәарак анаԥырҵауа (Малахиа 2:14—16).

[Асахьақәа, адаҟьақәа 16, 17]

Анцәа ани-аби ирыдиҵоит рыхшаара рымҩақәҵареи рыриашареи.

[Асахьа, адаҟьа 17]

Зҭаацәа бзиа избо аб, урҭ материаллеи доуҳалеи еиқәиршәоит.