Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа игәы иҭеикзеи адгьыл азы?

Анцәа игәы иҭеикзеи адгьыл азы?

5-тәи арок

Анцәа игәы иҭеикзеи адгьыл азы?

Изишазеи Иегова адгьыл? (1, 2)

Избан адгьыл уажәы изџьанаҭым? (3)

Ирыхьраны иҟоузеи ауаа-цәгьақәа? (4)

Иҟаиҵарызеи ҳаԥхьаҟа Иисус ачымазаҩцәа рзы? иажәхьоу рзы? иԥсхьоу рзы? (5, 6)

Иҟаҵатәузеи, ԥхьаҟатәи азылԥхарақәа риуразы? (7)

1. Иегова адгьыл ишеит, ауаа наунагӡа насыԥ рыманы уи иқәынхаларц. Иара иҭахын, иқьиоу, игәырӷьахәу ауаатәыҩса рыла еснагь адгьыл ҭәызарц (Ԥсалом 113:24; Исаиа 45:18). Адгьыл ахаан уаҩы изықәхуам, уи наӡаӡа иҟазаауеит (Ԥсалом 103:5; Аекклесиаст 1:4).

2. Анцәа ауаҩы дишаанӡа, адгьылаҿы аҭыԥ алихит, уамашәа иԥшӡаз џьанаҭ ахьышьақәиргылаз. Уи Едемтәи абаҳча ҳәа ахьӡиҵеит. Уахь иҭеигалеит раԥхьатәи ахаҵеи аԥҳәыси — Адами Евеи. Анцәа иҭахын, урҭ ирымазарц ахшаара, адгьыл иқәынхалаша. Хәыҷы-хәыҷла ауаа адгьыл зегьы џьанаҭыртәрын (Аҟазаара 1:28; 2:8, 15).

3. Адами Евеи агәнаҳа иаҵалеит, идырны Анцәа изакәан иахыԥаны. Убри азы Иегова урҭ Едемтәи абаҳча иҭицеит. Иӡит џьанаҭ ссир (Аҟазаара 3:1—6, 23). Аха Иегова ихамшҭӡеит, адгьыл ззишаз. Уи ҳақәиргәыӷуеит, ауаа наунагӡа иахьықәынхало џьанаҭ шалихуа ала. Анцәа игәҭакы шԥанеигӡои? (Ԥсалом 36:29).

4. Адгьыл џьанаҭхаанӡа, уи иқәгатәуп ауаа-цәгьақәа (Ԥсалом 36:38). Ари ҟалоит Армагеддон аҿы — ацәгьара аԥырхразы Анцәа иеибашьраан. Уи анаҩс Аҩсҭаа 1 000 шықәса ҳәа дҿарҳәоит. Ари иаанаго адгьыл ԥырхага азызуа аӡәгьы дшыҟамло ауп. Рыԥсы еиқәхоит Анцәа иуаажәлар рымацара (Аартра 16:14; 20:1—3).

5. Анаҩс 1 000 шықәса адгьыл дахагылазаауеит Аԥсҳа Иисус Христос (Аартра 20:6). Хәыҷы-хәыҷла уи ауаа рыхшыҩи рцәеижьи ирылицоит агәнаҳа. Урҭ, Адами Евеи агәнаҳа ҟарҵаанӡа ишыҟаз еиԥш, иуаанаӡахоит. Усҟан иҟалом ачымазарақәеи, ажәреи, аԥсреи. Ачымазаҩцәа рхьаақәа наҟ хара ирҟәыгазаауеит, иажәу ҩаԥхьа рҿарахьы еиҭахынҳәуеит (Иов 33:25; Исаиа 33:24; Аартра 21:3, 4).

6. Иисус Зқьышықәсатәи Инапхгараан Анцәа гәыкала изыҟоу ауаа адгьыл зегьы џьанаҭыртәуеит (Лука 23:43). Уи адагьы, Анцәа адгьылаҿы аԥсҭазаарахь ирхынҳәуеит миллионҩыла иԥсхьоу (Аусқәа 24:15). Арҭ ауаа Анцәа ииҭаху нарыгӡалар, наунагӡа адгьыл иқәынхалоит. Мап анакәха, урҭ наӡаӡа инырҵәахоит (Иоанн 5:28, 29; Аартра 20:11—15).

7. Абас қәҿиарала ихыркәшахоит Анцәа аханатә аахыс адгьыл азы игәы иҭеикыз зегьы. Иуҭахума уаԥхьаҟа арҭ азылԥхарақәа уоурц? Уи азы иухәҭоуп наҟ-наҟгьы Иегова иеилкаара, насгьы иҭахрақәа рзыӡырҩра. Убри аҟны иуцхраауеит иузааигәаӡоу Аԥсҳара Азалаҿы Иегова Ишаҳаҭцәа реизарақәа рахь аныҟәара (Исаиа 11:9; Ауриацәа рахь 10:24, 25).

[Асахьа, адаҟьа 10]

Иӡыз џьанаҭ.

[Асахьақәа, адаҟьа 11]

Армагеддон ашьҭахь адгьыл ҩаԥхьа иџьанаҭхоит.