Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа имаҵура аҽазкра

Анцәа имаҵура аҽазкра

16-тәи аурок

Анцәа имаҵура аҽазкра

Иҟаҵатәузеи, Анцәа уиҩызахарц азы? (1, 2)

Анцәа уԥсҭазаара шԥеизукуа? (1)

Аӡы аҽӡаахра анбахәҭоу? (2)

Анцәа ҳашизгәыкыу ҳаанхаразы амчқәа абаҳаԥшаари? (3)

1. Анцәа уиҩызахарц азы, ибзианы иуҵароуп Абиблиа иану аиаша (1 Тимофеи иахь 2:3, 4), иеилукааз хауҵалароуп (Ауриацәа рахь 11:6), угәнаҳарақәа рзы уахьхәыроуп (Аусқәа 17:30, 31), иуԥсахроуп уԥсҭазаашьа (Аусқәа 3:19). Анаҩс Анцәа иахь иумоу абзиабара уԥсҭазаара изкра угәанарԥхозароуп. Уи иаанаго, ухазы Анцәа уаниҳәауа, игәаԥхара анагӡара уҽшазукуа иоуҳәоит ауп (Маҭфеи 16:24; 22:37).

2. Уԥсҭазаара Анцәа ианизук ашьҭахь, аӡы уҽӡааухыроуп (Маҭфеи 28:19, 20). Уӡӡаахра зегьы идеилнаркаауеит, уара Иегова уԥсҭазаара шизукыз. Убри аҟнытә аӡы зыҽӡаазхырц зылшо зықәра наӡоу, Анцәа имаҵура зҽазызкыз ауаа рымацара роуп. Ауаҩы аӡы данӡаархуа, уи аӡы ихаҵәаратәы дӡааршьуеит a (Маркоз 1:9, 10; Аусқәа 8:36).

3. Уԥсҭазаара Иегова ианизук ашьҭахь, уи дазыԥшуп, уҿаҭахьа инақәыршәаны анхара уалагап ҳәа (Ԥсалом 49:14; Аекклесиаст 5:3, 4). Аџьныш иҽазишәашт, Иегова имаҵура уаҟәихырц (1 Пиотр 5:8). Аха Анцәа уиҳәауа, уҽизааигәатәла (Филиппаа рахь 4:6, 7). Есыҽны уи Иажәа ҵала (Ԥсалом 1:1—3). Ӷәӷәала уҽадкыл аизара (Ауриацәа рахь 13:17). Убас ухы ааурԥшыр, Анцәа ушизгәыкыу унхарц улзыршаша амчқәа уоуеит. Абасала Анцәа уара уҟынтә ииҭаху зегьы наӡаӡа рынагӡара улшоит!

[Албаага]

a Аӡӡаахра аҽазыҟаҵаразы иуабжьаагоит ашәҟәы «Наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго адырра» (урыс.) ма Хылаԥшра зуа абааш Аилазаара иатәу даҽа ҭыжьымҭак аҵара.