Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа ицәымӷу аусқәа

Анцәа ицәымӷу аусқәа

10-тәи аурок

Анцәа ицәымӷу аусқәа

Анцәа изы иҽеим ишԥазнеитәу? (1)

Иарбан сексуалтә хымҩаԥгашьоу иузудымкыло? (2)

Ақьырсиан дышԥарзыҟазааша амц? (3) алашыҩкратә хәмаррақәа? (3) аӷьычра? (3) ақәымчра? (4) аспиритизм? (5) аҩҽаршьра? (6)

Ауаҩы иҽеим аусқәа ихырцәигарц шԥаилшо? (7)

1. Анцәа имаҵуцәа абзиа иадгылоит. Аха урҭ убасҵәҟьа ацәгьа ацәымӷшьа рҵароуп (Ԥсалом 96:10) Ари иаанаго Анцәа ицәымӷу аусқәа рҽырцәыхьчароуп. Иарбақәан урҭ?

2. Ацәыбзара. Аҭаацәараԥҵараанӡатәи асекс, хаҵеи-ԥҳәыси реибаԥсахра, арахә азнеира, амаҳагьара, агомосексуализм — арҭ Анцәа иҿаԥхьа иӷәӷәоу гәнаҳарақәоуп (Алевит 18:6; Римаа рахь 1:26, 27; 1 Коринфаа рахь 6:9, 10). Ҩыџьа аҭаацәара иалаӡамкәа еицынхозар, ииашахоит, ма еилыҵыр, ма аҭаацәара алаларазы ашәҟәы рыҽҭарҩыр (Ауриацәа рахь 13:4).

3. Амц, алашыҩкратә хәмаррақәа, аӷьычра. Анцәа Иегова ахаан амц иҳәаӡом (Тит иахь 1:2). Уи илԥха зҽаԥсазтәырц зҭаху, амц рымҳәозароуп (Ажәамаанақәа 6:16—19; Колоссаа рахь 3:9, 10). Алашыҩкратә хәмарра хкқәа зегьы идырбыжкуеит аԥсымҭәра. Убри аҟнытә ақьырсианцәа алашыҩкратә хәмаррақәа, алотереиа, аҽырҩрақәа, ма бинго уҳәа иарбанзаалак рхы рыладырхәӡом (Ефесаа рахь 5:3—5). Ақьырсианцәа иара убасгьы иӷьычуам. Урҭ идырны иӷьычу акы аархәаӡом, насгьы имҵаакәа аӡәы имаҭәақәа ирылакьысуам (Ақәҵымҭа 20:15; Ефесаа рахь 4:28).

4. Аԥсеибакра, ақәымчра. Иҟажам аԥсеибакра ақәымчрахь ихар алшоит (Аҟазаара 4:5—8). Ақәымчра аазырԥшуа Анцәа дзиҩызахом (Ԥсалом 10:5; Ажәамаанақәа 22:24, 25). Ашьоура, мамзаргьы џьоукы иаҳзыруз ацәгьара аҭак аҭара иашаӡам (Ажәамаанақәа 24:29; Римаа рахь 12:17—21).

5. Аҟреи аспиритизми. Џьоукы рчымазарақәа рхәышәтәыр анырҭаху, адоуҳатә мчқәа рыдырԥхьалоит. Даҽа џьоукыхгьы абӷара рдыруеит, раӷацәа чмазахарц, мамзаргьы иԥсырц азы. Абарҭ аусқәа зегьы зыбзоуроу амч — Аҩсҭаа иоуп. Убри аҟнытә ақьырсианцәа изаҟаразаалак урҭ рхы рыларгалом (Ҩынтәзакәан 18:9—13). Ҳара иаҳԥырхагоу еиҵазҟәаҟәо рҟнытә еиӷьу хыхьчагас иҟоу — Иеговеи ҳареи еизааигәаӡоу ҳаизыҟазаашьақәа реиқәырхароуп (Ажәамаанақәа 18:10).

6. Аҩҽаршьра. Аҩы, ауараш уҳәа егьырҭ алкогольтә рыжәтәқәа маҷк рхархәара иашам ҳәа иԥхьаӡатәым (Ԥсалом 103:15; 1 Тимофеи иахь 5:23). Аха амцхә ажәра, аҽаршьра Анцәа иҿаԥхьа ииашахом (1 Коринфаа рахь 5:11—13; 1 Тимофеи иахь 3:8). Мыцхәы арыжәтә ахархәара агәабзиара уашәшәыранатәыр, аҭаацәара хнарбгалар алшоит. Уи адагьы, иахарҟьацәаны аҩы зжәуа ауаҩы егьырҭ азалымдарақәагьы мариала иҽриҭар илшоит (Ажәамаанақәа 23:20, 21, 29—35).

7. Анцәа иҽеим ҳәа ииԥхьаӡо аусқәа знапы рылаку ауаа «Анцәа Иԥсҳарахь неишьа рымаӡам» (Галатаа рахь 5:19—21). Уара ииашаҵәҟьаны Анцәа бзиа дубозар, игәы уақәшәарц уҭахызар, абарҭ аусқәа ухырцәугарц улшоит (1 Иоанн 5:3). Анцәа иҿаԥхьа иҽеим ацәымӷшьа ҵала (Римаа рахь 12:9). Урыҿцаала Анцәа игәы иақәшәо аҵасқәа зыҟазшьоу ауаа (Ажәамаанақәа 13:20). Ацхыраара урҭарц рылшоит ишәхьоу уҩызцәа-ақьырсианцәа (Иаков 5:14) Еиҳараӡак ацхыраара уақәгәыӷла Анцәа иҟнытә, иара уиҳәауа (Филиппаа рахь 4:6, 7, 13).

[Асахьақәа, адаҟьақәа 20, 21]

Анцәа ицәымӷуп аҩҽаршьреи, аӷьычреи, алашыҩкратә хәмаррақәеи, иара убас ақәымчреи.