Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Аныҳәарала Анцәа ишизааигәахатәу

Аныҳәарала Анцәа ишизааигәахатәу

7-тәи аурок

Аныҳәарала Анцәа ишизааигәахатәу

Избан акыр заҵанакуа аныҳәара шьцылараны ашьҭыхра? (1)

Аныҳәара зышҟа ирхатәыда, насгьы ишԥа? (2, 3)

Иарбан темақәоу ишьҭыхтәу ииашаны аныҳәаразы? (4)

Ианбахәҭоу аныҳәара? (5, 6)

Дырзыӡырҩуама Анцәа аныҳәарақәа зегьы? (7)

1. Аныҳәара — ари хынрааларыла Анцәа иацәажәара ауп. Хымԥада, иаҭахуп Анцәа иҳәара аҽаршьцылара. Убасала иара уизааигәахоит, уҩыза гәакьак иеиԥш. Иегова ҳәаа амамкәа дшыҳаракугьы, алшара ду шимоугьы, уи ҳаниҳәауа даҳзыӡырҩуеит! Еиԥҟьарада Анцәа уиҳәома уара? (Ԥсалом 64:3; 1 Фессалоникаа рахь 5:17).

2. Аныҳәара — амҵахырхәара иахәҭакуп. Убри аҟнытә ҳзыҳәалаша Иегова заҵәык иоуп. Иисус адгьылаҿы даныҟаз, еснагь Иаб диҳәауан, уаҳа даҽаӡәы иакәымкәа. Ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп (Маҭфеи 4:10; 6:9). Аха ҳара Анцәа ҳиҳәалозароуп Иисус ихьӡала. Убри ала иааҳарԥшуеит, Иисус иааникыло аҭыԥ пату шақәаҳҵауа, насгьы уи иԥсы ҳақәҵаны ҳашҿихыз шхаҳҵауа (Иоанн 14:6; 1 Иоанн 2:1, 2).

3. Анцәа ҳаниҳәауа, гәыкала ҳиацәажәозароуп. Ҳныҳәарақәа ҿырҳәала иҵаны, мамзаргьы аныҳәарашәҟәы аҟынтә ҳаԥхьаны иҳамҳәозароуп (Маҭфеи 6:7, 8). Аныҳәара ауеит иарбанзаалак ипатуу аҭагылазаашьала, ианакузаалакгьы, иахьыкәзаалакгьы. Анцәа гәаныла, ҳгәаҿы ҳаниҳәогьы иаҳауеит (1 Аԥсҳарақәа 1:12, 13). Ухазы уаниҳәо, иеиӷьуп иԥхьакырҭоу ҭыԥк аԥшаара (Маркоз 1:35).

4. Анцәа ҳаззиҳәарц иҳалшои? Иара иҩызара иадҳәалоу зегьы рзы (Филиппаа рахь 4:6, 7). Иҿырԥшыгоу аныҳәара аҟнытә иубарҭоуп, Иегова ихьӡи Игәҭаки рзы ҳашиҳәалаша. Иара убасгьы ҳиҳәарц ҳалшоит зда ҳхәарҭам аматериалтә цхыраареи, ҳагәнаҳақәа ранажьреи, аԥышәарақәа раан аҽынкыларазы ацхыраареи рзы (Маҭфеи 6:9—11). Аныҳәарақәа ақьарбзиабара рыҵамзароуп. Ҳара Анцәа игәы иақәшәо азы ҳиҳәозароуп (1 Иоанн 5:14).

5. Уныҳәар ҟалоит еснагь, Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳәареи ирҽхәареи угәы аназыҳәо (1 Ашықәсынҵа 29:10—13). Аныҳәара аҭахуп апроблемақәа анузцәырҵуеи ухаҵара́ анԥышәахои раан (Ԥсалом 54:23; 119:1). Анцәа иҳәара иашоуп, акрыфара нап анауркуа (Маҭфеи 14:19). Иегова ҳгәазыҟаиҵоит, «ианакузаалакгьы» ҳиҳәаларц (Ефесаа 6:18).

6. Еиҳараӡак уанныҳәаша, гәнаҳа ӷәӷәак анумхаҟаҵа аан ауп. Усҟан Иегова уара урыцҳаишьараци, угха уанаижьраци рзы уиашьапкуазароуп. Угәнаҳарақәа мӡакәа, иара иҿаԥхьа ицәыругар, насгьы уи аҩыза еиҭаҟоумҵарц, излаулшо ала, уазықуԥалар ауп, Анцәа уара уахь агәшаҭара анааирԥшуа (Ԥсалом 85:5; Ажәамаанақәа 28:13).

7. Иегова ауаа қьиақәа рныҳәарақәа рымацара роуп дыззыӡырҩуа. Анцәа уаниҳәо дузыӡырҩырц азы, иулшо зегь ҟауҵалароуп, уи изакәанқәа урықәныҟәаларазы (Ажәамаанақәа 15:29; 28:9). Анцәа уаниҳәауа, ахынраалара улазароуп (Лука 18:9—14). Насгьы уара Анцәа узхаиҳәо аус адуулозароуп. Абасала, ишьақәырӷәӷәоит ахаҵара шумоу, иҵабыргыҵәҟьангьы угәы иҭоу шуҳәауа. Убысҟан ауп Иегова уззиҳәаз аҭак аныҟаиҵо (Ауриацәа рахь 11:6).