Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ауаа Анцәа игәаԥхара анагӡара ишрыцхраатәу

Ауаа Анцәа игәаԥхара анагӡара ишрыцхраатәу

15-тәи аурок

Ауаа Анцәа игәаԥхара анагӡара ишрыцхраатәу

Ауаа израҳәатәузеи, уара бзиарас еилукааз атәы? (1)

Изыцеиҩшатәыда ажәабжь бзиа? (2)

Ауаа ирныԥшырц шԥалшо уара ухымҩаԥгашьа? (2)

Аизара ҳҽадкыланы ажәабжьҳәара ҳанбалагара? (3)

1. Иахьазы уара Абиблиа аҟынтә еилукааит имаҷымкәаны абзиарақәа. Абарҭ адыррақәа ақьырсиантә хаҿра аарԥшрахьы иуԥхьозароуп (Ефесаа рахь 4:22—24). Абиблиатә дыррақәа рырҳара акраҵанакуеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаара аиуразы (Иоанн 17:3). Аха егьырҭ ауаагьы ажәабжь бзиа раҳарц рҭахуп, рхеиқәырхаразы. Аиаша қьырсианцәа зегьы даҽа џьоукгьы ирзышаҳаҭуазароуп. Уи Анцәа ирыдиҵеит (Римаа рахь 10:10; 1 Коринфаа рахь 9:16; 1 Тимофеи иахь 4:16).

2. Еилукааз абзиарақәа зегьы иузааигәоу рыцеиҩшара уалагар улшоит. Урҭқәа ртәы рзеиҭаҳәа уҭаацәа, уҩызцәа, ашкол иуцҭоу, аус уцызуа. Аразреи акрычҳареи ааурԥшыроуп усҟан (2 Тимофеи иахь 2:24, 25). Иудыруаз, ауаа еиҳараӡак ауаҩы ииҳәо азыӡырҩра аасҭа, ихымҩаԥгашьа шакәу изхәаԥшуа. Убри аҟнытә ухымҩаԥгашьа бзиа иабзоураны, ауаа ирзеиҭоуҳәо ажәабжь иаднаԥхьалар алшоит (Маҭфеи 5:16; 1 Пиотр 3:1, 2, 16).

3. Иҟалап, аамҭала Иегова Ишаҳаҭцәа реизара уҽадкыланы уахьынхо араион аҿы ажәабжьҳәара азин уоургьы. Ари крызҵазкуа етапуп ақьырсиан мҩа аҟны (Маҭфеи 24:14). Шаҟа игәырӷьароузеи, аӡәы Иегова димаҵуҩханы дҟаларатәы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иоуратәы ицхраара ануқәманшәалахо! (1 Фессалоникаа рахь 2:19, 20).