Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Дызусҭада Аџьныш?

Дызусҭада Аџьныш?

4-тәи аурок

Дызусҭада Аџьныш?

Дабантәаанагеи Аҩсҭаа Аџьныш? (1, 2)

Аҩсҭаа ауаа шԥеижьауа? (3—7)

Избан ҳара Аџьныш ҳаиҿагыларц зҳахәҭоу? (7)

1. Ажәа «аџьныш» иаанаго гәаӷшақә иҟам-ианым даҽаӡәы ихызҳәаауа ауп. «Аҩсҭаа» иаанагоит «аӷа» ма «аҿагылаҩ». Абарҭ ахьӡқәа ныҟәигоит Анцәа иаӷа хада. Аханатә уи ажәҩанаҿы Анцәа ицынхоз маалықь-наӡан. Аха ашьҭахь уи ихы дубеиа ибо далагеит, иагьиҭаххеит зинла Анцәа иитәу амҵахырхәара (Маҭфеи 4:8—10).

2. Ари амаалықь, Аҩсҭаа, амаҭ ала Ева длацәажәон. Амц налаҳәаны, уи Анцәа иҳәатәы халымҵаратәы агәаԥхара лиҭеит. Абас Аҩсҭаа аӷашақә критика азиуит Анцәа «имазара» ма Зегьзымчу иҭыԥ ҳәа изышьҭоу. Аҩсҭаа иқәиргылеит азҵаара: ииашаны напхгара иуама Анцәа, насгьы уи инапаҵаҟа иҟоу зегьы рҭахрақәа ихаҿы иааигома? Аҩсҭаа убасеиԥш иааирԥшит агәыҩбара: илшарыма, аӡәы заҵәык идамхаргьы, хамеигӡарала Анцәа идгылара? Абас ихы мҩаԥганы, Аҩсҭаа Анцәа диаӷахеит. Убри азоуп уи Аҩсҭаа Аџьныш ҳәа ахьӡ зихылаз (Аҟазаара 3:1—5; Иов 1:8—11; Аартра 12:9).

3. Аҩсҭаа, ауаа иара имҵахырхәаларц азы, урҭ ржьара иҽазишәоит (2 Коринфаа рахь 11:3, 14). Ауаа ржьаразы изнеишьақәа ируакуп амцдинхаҵара. Анцәа изкны амц дзырҵо адин Аҩсҭаа игәҭакқәа рымаҵ азнауеит (Иоанн 8:44). Амцдинхаҵарақәа рыдгылаҩцәа гәык-ԥсыкала ргәы иаанагозар акәхап, Анцәа иашаҵәҟьа имаҵ аауеит ҳәа. Аха, иҵабыргны, урҭ зымаҵ руа Аҩсҭаа иоуп. Уи «ари адунеи данцәоуп» (2 Коринфаа рахь 4:4).

4. Ауаа инапаҿы раагаразы Аҩсҭаа анаҩстәи знеишьас имоу аспиритизм ауп. Ауаа, адоуҳатә мчқәа рхылаԥшларц, егьырҭ ацәгьара рзыруларц, ԥхьаҟатәи рԥеиԥш рарҳәаларц, аџьашьахәқәа дырҿиаларц, ирыԥхьоит. Абарҭ аусқәа зегьы иҽрываикуеит амч еиқәаҵәа — Аҩсҭаа. Анцәа игәыҟаҵаразы ҳара ишакәхалакгьы аспиритизм ҳадҳәаламзароуп (Ҩынтәзакәан 18:10—12; Аусқәа 19:18, 19).

5. Уи адагьы, Аҩсҭаа ауаа ижьоит, ргәаҿы ҳәаа змам амилаҭтә хышьҭыхра рҿыхауа, насгьы аполитикатә организациақәа рымҵахырхәара ргәарԥхауа. Ауаа зны-зынла рыжәлар ма рцәаԥштәы егьырҭ иреиӷьуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Аха уи иашаӡам (Аусқәа 10:34, 35). Иҟоуп убасеиԥш агәаанагара, ауаатәыҩса зҭагылоу ауадаҩрақәа аԥырзхуа аполитикатә организациақәа ракәушәа. Убри агәра зго ауаа мап ацәыркуеит Анцәа Иԥсҳара. Аха ауаатәыҩса рыпроблемақәа зыӡбо Анцәа Иԥсҳара заҵәык ауп (Даниил 2:44).

6. Аҩсҭаа ауаа злеижьаша даҽа знеишьак имоуп, — игунаҳау ргуаҳәарақуа рыла рхыхра. Иегова иаҳцәаҩоу аҟазшьа бааԥсқәа ҳҽырцәаҳахьчаларц ҳабжьеигоит, избанзар идыруеит, урҭ ацәгьара шаадрыхуа (Галатаа 6:7, 8). Агәнаҳа аҟаҵара иашьцылахьоу рахьтә џьоукы, иҟалап, ирҭахызар уаргьы уҽрыдукыларц, дара реиԥшҵәҟьа ухы мҩаԥугаларц азы. Аха иудыруаз, ииашаҵәҟьаны убас уҟаларц згәаҳәо Аҩсҭаа шиакәу (1 Коринфаа рахь 6:9, 10; 15:33).

7. Иегова ҳаиҟәигаразы, Аҩсҭаа ихы иаирхәарц илшоит аԥхаҵарақуеи аҿагыларақуеи. Угәакьацәа рахьынтә аӡәы ӷәӷәала дузгуаар ауеит, Абиблиа ахьуҵо азы. Егьырҭ, иҟалап, ччарҭахәыс уркыргьы. Аха изыбзоурада уара уԥсҭазаара? Аҩсҭаа иҭахуп уршәара, Иегова иеилкаара уаҟәыҵразы. Аҩсҭаа аԥыжәара игарц илумыршан! (Маҭфеи 10:34—39; 1 Пиотр 5:8, 9). Аџьныш уаниҿагыла, Иегова дургәырӷьоит, иагьааурԥшуеит Иара инапхгара ушадгылоу (Ажәамаанақәа 27:11).

[Асахьақәа, адаҟьа 9]

Ауаа зырҟьалауа амцдинхаҵареи, аспиритизми, анационализми роуп.

[Асахьа, адаҟьа 9]

Уиҿагыла Аҩсҭаа, Иегова идырра иацҵауа.