Дызусҭада Иисус Христос?
3-тәи аурок
Дызусҭада Иисус Христос?
Избан Иисус «аԥхьа ииз» Анцәа Иԥа ҳәа зихьӡҵахаз? (1)
Избан уи «Ажәа» ҳәа зихьӡҵахаз? (1)
Избан Иисус уаҩык иеиԥш адгьылахь дзааиз? (2—4)
Избан уи аџьашьахәқәа зирҿиауаз? (5)
Иҟаиҵашеи Иисус дук хара имгакәа? (6)
1. Иисус адгьылахь дааиаанӡа, ажәҩанаҿы дынхон, ддоуҳатә хаҭаран. Иисус — раԥхьаӡатәи Анцәа ишамҭа иоуп, убри азы уи «аԥхьа ииз» Анцәа Иԥа ҳәа ихьӡҵахеит (Колоссаа рахь 1:15; Аартра 3:14). Иисус — Анцәа ихала иишаз Иԥазаҵә иоуп. Иисус дуаҩхаанӡа, Иегова уи «цхырааҩ ҟазак» иаҳасабала ихы даирхәеит дгьыли-жәҩани рҟны егьырҭ ршараҿы (Ажәамаанақәа 8:22—31, «Иахьатәи аиҭага»; Колоссаа рахь 1:16, 17). Анцәа уи ихы даирхәеит Ихатәы хаҭарнак хадак иаҳасабалагьы. Убри азоуп Иисус «Ажәа» ҳәа зихьӡҵахаз (Иоанн 1:1—3; Аартра 19:13).
2. Анцәа Иԥа адгьылахь дааишьҭит, иԥсҭазаара Мариа лымгәарҭахьы ииаганы. Убри аҟнытә Иисус ауаҩытәыҩсатә аб димамызт. Убри азоуп иара иахь измиасыз агәнаҳаи анамӡареи. Анцәа Иисус адгьылахь дааишьҭит, уи: 1) Анцәа изку аиаша ауаа идирҵарц (Иоанн 18:37), 2) ихьчарц ицқьара шынаӡоу, аҿырԥшы бзиа ҳара иҳазныжьны (1 Пиотр 2:21), 3) ауаатәыҩса агәнаҳаи аԥсреи рҟнытә рҿыхра иԥсҭазаара ақәиҵарц. Избан абри аҩыза заҭаххаз? (Маҭфеи 20:28).
3. Анцәа иҳәатәы хамҵакәаны, раԥхьатәи ауаҩы Адам Абиблиаҿы «агәнаҳа» захьӡу ҟаиҵеит. Убри аҟнытә Анцәа Адам аԥсра иқәиӡбеит (Аҟазаара 3:17—19). Уи аринахыс Анцәа иԥҟарақәа дрықәшәомызт, убри азы иуаҩынаӡара ицәыӡит. Хәыҷы-хәыҷ Адам иажәра наихьӡан дыԥсит. Уи ихәыҷқәа зегьы ириҭеит агәнаҳа. Убри азоуп ҳаргьы ҳзажәуа, ҳзычмазаҩхауа, ҳзыԥсуа. Ишԥалшарыз ауаатәыҩса реиқәырхара? (Римаа рахь 3:23; 5:12).
4. Иисус дуаҩынаӡан, Адам иеиԥш. Аха Адам дызлаиеиԥшымыз, Иисус еснагь, реиҳа иӷәӷәоу аԥышәараангьы, Анцәа иҳәатәы хеиҵон. Убри аҟнытә уи илшон Адам игәнаҳа ахә ахшәаара, иуаҩытәыҩсатә ԥсҭазаара наӡа нақәҵаны. Ари Абиблиаҿы «аҿыхра» ҳәа аӡбахә арбоуп. Абасала Адам ихшаара ирықәыӡбаз аԥсра аҟнытә рхы иақәиҭхартә алшара рызцәырҵит. Иисус дхазҵо зегьы рыгәнаҳақәа ранажьызарц алшоит, иара убасгьы арҭ ауаа ирымоуп наӡаӡатәи аԥсҭазаара шраҭәашьахо ала агәыӷра (1 Тимофеи иахь 2:5, 6; Иоанн 3:16; Римаа иахь 5:18, 19).
5. Адгьылаҿы дынхонаҵы, Иисус ихәышәтәуан ачымазаҩцәа, акрырҿеиҵон амлашьцәа, иеиқәикуан аԥшатлакә. Уи аԥсцәагьы рыԥсы ҭеиҵон. Избан уи аџьашьахәқәа зирҿиауаз? 1) Уи игәаҟуаз ауаа рыцҳаишьон, насгьы иҭахын урҭ дрыцхраарц. 2) Иџьашьахәқәа ишьақәдырӷәӷәон, иара Анцәа Иԥа шиакәыз. 3) Урҭ иаадырԥшит, уи адгьыл данахагыло аамҭазы иҳәатәы хазҵо ауаатәыҩса рзы иҟаиҵараны иҟоу (Маҭфеи 14:14; Маркоз 2:10—12; Иоанн 5:28, 29).
6. Иисус дыԥсит, Анцәа доуҳатә хаҭаракны иԥсы ҭеиҵеит, нас уи ажәҩанахь дхынҳәит (1 Пиотр 3:18). Акыраамҭа анҵы, Анцәа уи Ԥсҳас далихит. Иаарласны Иисус адгьыл ианихуеит ацәгьареи агәаҟрақәеи зегьы (Ԥсалом 36:9—11; Ажәамаанақәа 2:21, 22).
[Асахьақәа, адаҟьа 7]
Иисус имаҵура иаҵанакуаз рацәан: уи дырҵаҩын, ирҿиауан аџьашьахәқәа, иҳақәиҵеит иԥсҭазаара.