Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Изакәузеи Анцәа Иԥсҳара?

Изакәузеи Анцәа Иԥсҳара?

6-тәи аурок

Изакәузеи Анцәа Иԥсҳара?

Иабаҟоу Анцәа Иԥсҳара? (1)

Дарбан уи Аԥсҳа? (2)

Уаҳа аӡәыр Аԥсҳа напхгара ицҟаиҵома? Ааи анакәха, шаҟаҩы ыҟада урҭ? (3)

Иаҳзырбои, аҵыхәтәантәи амшқәа ҳшырхаану? (4)

Иҟанаҵарызеи Анцәа Иԥсҳара ауаатәыҩса рзы наҟ-наҟ? (5—7)

1. Иисус адгьылаҿы даныҟаз, уи ишьҭрақәлаҩцәа Анцәа Иԥсҳара ааиразы иныҳәаларц дирҵон. Аԥсҳара — Аԥсҳа дызхагылоу еиҳабыроуп. Анцәа Иԥсҳара — ари иҷыдоу еиҳабыроуп. Уи шьақәыргылоуп ажәҩанаҿы, адгьылгьы напхгара азнаулоит. Аԥсҳара иарԥшьоит Анцәа ихьӡ. Уи иалнаршоит, Анцәа игәаԥхара ажәҩанаҿы мацара акәымкәа, адгьылаҿгьы инагӡахаларц (Маҭфеи 6:9, 10).

2. Анцәа ҳақәиргәыӷит, Иԥсҳара Аԥсҳа Иисус шиакәхо (Лука 1:30—33). Иисус адгьылаҿы даныҟаз, агәра диргеит, уи иразу, ииашоу, инаӡоу Ҳәынҭқарны дшыҟало ала. Ажәҩанахь дшыхынҳәыз еиԥш, Иисус иаразнак Анцәа Иԥсҳара Аԥсҳа иқәтәарҭа дықәымтәаӡеит (Ауриацәа рахь 10:12, 13). Иегова Иисус дызқәиргәыӷыз амчра ииҭеит 1914 шықәсазы. Абри аамҭа инаркноуп Иисус, Иегова иалихыз, жәҩантәи Аԥсҳа аниакәха (Даниил 7:13, 14).

3. Уи адагьы, Иегова иалихит гәыкала изыҟоу ахацәеи аҳәсеи џьоукы, урҭ адгьыл ахьынтә ажәҩанахь ииасырц. Урҭ ԥсҳацәахоит, иӡбаҩцәахоит, иԥшьауаахоит, насгьы Иисус ицны ауаатәыҩса напхгара рырҭалоит (Лука 22:28—30; Аартра 5:9, 10). Иисус амчра ицеиҩызшо, Иԥсҳара иалахәхо, «агәарҭа маҷ» ҳәа рыхьӡиҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡара — 144 000-ҩык (Лука 12:32; Аартра 14:1—3).

4. Иисус Ԥсҳас даныҟала, Аҩсҭаа имаалықьцәа бааԥсқәеи иареи ажәҩан иалцаны, адгьыл аҳәаақәа рахь иԥхеиҵеит. Убри азоуп 1914 шықәса раахыс адгьылаҿы аҭагылазаашьа даараӡа изыуадаҩхаз (Аартра 12:9, 12). Аибашьрақәа, амлакра, ачымазарақәа, азакәандара аизҳара — абарҭ зегьы Иисус напхгара шииуа, насгьы иахьатәи адунеи аҵыхәтәантәи амшқәа ишырҭагылоу ҳзырбо «адырга» иахәҭақәоуп (Маҭфеи 24:3, 7, 8, 12; Лука 21:10, 11; 2 Тимофеи иахь 3:1—5).

5. Иаарласны Иисус ауаа рықәыӡбара далагоит, ахьча ауасақәеи аџьмақәеи шеилирго еиԥш, еихшауа. «Ауасақәа» — арҭ, гәыкала инапаҵаҟа иҟоу ракәны зхы аазырԥшуа роуп. Урҭ ироуеит наӡаӡатәи аԥсҭазаара адгьылаҿы. «Аџьмақәа» — арҭ, Анцәа Иԥсҳара мап ацәызкуа роуп (Маҭфеи 25:31—34, 46). Дук хара имгакәа Иисус иқәихуеит аџьмақәа иреиԥшу зегьы (2 Фессалоникаа рахь 1:6—9). Уара Иисус «иуасақәа» урхыԥхьаӡалахарц уҭахызар, Аԥсҳара иазкыу ажәабжь уазыӡырҩларц, иеилукааз инақәыршәаны ухы мҩаԥугаларц ухәҭоуп (Маҭфеи 24:14).

6. Иахьа адгьыл шоуп атәылақәа жәпакы ртерриториақәа рыла. Тәыла-цыԥхьаӡа ахатәы еиҳабыра амоуп. Ажәларқәа лассы-лассы еиҿагыланы еибашьуеит. Аха ауаҩытәыҩсатә еиҳабырақәа зегьы рхаҭыԥан иааиуеит Анцәа Иԥсҳара. Уи адгьыл зегьы напхгара азҭало еиҳабыра заҵәыкоуп (Даниил 2:44). Уи ианаамҭахо иҟалом аибашьрақәа, ацәгьоура, амчымхара. Ауаа зегьы аҭынчреи аидгылареи рымазаауеит (Михеи 4:3, 4).

7. Иисус Зқьышықәсатәи Инапхгараан игәрагоу ауаа рынаӡарахь инеиуеит, адгьылгьы џьанаҭхоит. Абри азқьышықәса анҵәамҭазы Иисус инеигӡоит Анцәа дыззиҳәаз зегьы. Анаҩс уи Аԥсҳара шьҭахьтәы Иаб инаииҭоит (1 Коринфаа рахь 15:24). Изырзеиҭоумҳәарызеи уҩызцәеи угәыцхәцәеи, Анцәа Иԥсҳара инанагӡо атәы?

[Асахьа, адаҟьа 13]

Иисус инапхгара аҵаҟа ҭыԥ роуӡом ацәымӷреи аилибамкаареи.