Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Абарҭ амшқәа — ҵыхәтәантәиқәоуп!

Абарҭ амшқәа — ҵыхәтәантәиқәоуп!

Ахы 11

Абарҭ амшқәа — ҵыхәтәантәиқәоуп!

1. Избан аӡәырҩы гачамкны изаанхо, адунеи аҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа ангәарҭалак, аха адунеи ахҭысқәа ртәы ииашаны иабеилаҳкаауа?

 ИЗЛАҞАЛАЗЕИ, ҳдунеи абри аҩыза аҭагылазаашьа аҟынӡа инеиртә еиҧш? Иаҳҧзыҧшузеи ҳаҧхьаҟа? Ухы иауҭахьоума абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа? Аӡәырҩы адунеи иахьатәи аҭагылазаашьа зеиҧшроу анырбалак, игачамкны иаақәхоит. Иаҳзаанагарызеи ҧхьаҟатәи аамҭа,— мшәан, иааҳакәыршаны аибашьрақәеи, ачымазарақәеи, ацәгьаурақәеи рымацара роуп иҟаӡоугьы. Рацәак ҳдыргәыҕуам аҳәынҭқаррақәа рхадацәа. Аха уеизгьы, Анцәа Иажәа аҟны иҳаилиркаауеит, абарҭ аамҭа хьанҭақәа ҵакы хаҭас ирымоу. Узықәгәыҕша хыҵхырҭак аҳасабала, Абиблиа закәытә аамҭоу ҳазҭагылоу ҳбартә еиҧш, иҳацхраауеит. Уи иаҳнарбоит, ари адунеи асистема «аҵыхәтәантәи амшқәа» ҳшырхаану (2 Тимофеи иахь 3:1).

2. Иарбан зҵаароу Иисус иҵаҩцәа ирҭаз, насгьы уи аҭак шҧаҟаиҵеи?

2 Ҿырҧштәыс иаагап, Иисус иҵаҩцәа ишьҭырхыз азҵаарақәа рҭакс ииҳәаз. Иисус иҧсра хымш шагыз урҭ иазҵааит: «Уара уаарагьы аамҭа аиасрагьы ирдыргоузеи?» (Маҭфеи 24:3). Аҭакс Иисус инҭкааҵәҟьаны ахҭысқәеи аҭагылазаашьақәеи дрылацәажәеит. Урҭ еилыкка иудырбон, Нцәа дызмам ари адунеи асистема аҵыхәтәантәи амшқәа шааиз.

3. Иисус напхгара иуа даналага инаркны адгьылаҿы аҭагылазаашьақәа зеицәахазеи?

3 Абри аҧхьа ицо ахы аҟны ишаарҧшу еиҧш, абиблиатә хронологиа инақәыршәаны, Анцәа Иаҳра уажәшьҭа напхгара аҟаҵара иалагахьеит. Аха уи ҟалашьа амоума? Иааҳакәыршаны зегьы аицәахара мацара иаҿуп акәымзар, иеиҕьхаӡомеи. Убри ахаҭа акәҵәҟьоуп шаҳаҭра зуа, Анцәа Иаҳра уажәшьҭа напхгара шыҟанаҵо. Уи аҩыза ҟалашьас иамоузеи? Ҧсалом 109:2 аҟнытә еилаҳкаауеит, Иисус ҧыҭраамҭак «иаҕацәа рыбжьара» аҳра иуларц шихәҭаз. Ииашаҵәҟьаны, уи жәҩантәи Аҳак иаҳасабала раҧхьаӡа иргыланы иҟаиҵаз убриоуп: Аҩсҭааи идемонцәахаз уи имаалықьцәеи адгьыл аҳәаақәа рахь илбааишьҭит (Аартра 12:9). Иҟалазеи анаҩс? Аартра 12:12 аҟны заа иҳәаз ауп иҟалаз: «Гәырҩа шәымоуп, адгьыли амшыни ирықәынхо, избанзар дышәзылбааит аџьныш ҕәҕәала иҧсахы еибакны, изыҧҵәоу аамҭа шкьаҿхаз дырны!» Ҳара уажәы убри зынӡа икьаҿхаз аамҭа ҳахаануп.

4. Иарбақәан аҵыхәтәантәи амшқәа рҷыдарақәак, насгьы урҭ аҷыдарақәа иаҳдырбозеи? (Уахәаҧш арамкаҿы иану аинформациа).

4 Убри аҟнытә уамашәа ибатәӡам, Иисус иаареи адунеи асистема аиасреи ирдыргоу азы ианиазҵаа, иҟаиҵаз аҭак акыр ацәа уалнахратәы иахьыҟаз. Адырга иахәҭакыу еиуеиҧшым ахҭысқәа аагоуп 102-тәи адаҟьаҿы иану арамкаҿы. Ишубо еиҧш, ақьырсианцәа-апостолцәа Павел, Пиотр, Иоанн аҵыхәтәантәи амшқәа иҵегь инарҭбааны ирыхцәажәеит. Ааи, аҵыхәтәантәи амшқәа рдырга еиҳараӡак ирыцҳахәу аҭагылазаашьақәа ртәоуп иҳанаҳәо. Аха абарҭ аҧааимбаражәақәа рынагӡахара ауаа ари асистема цәгьа аҵыхәтәа шааигәахо агәра днаргароуп. Уааи, цқьа еилаҳкаап аҵыхәтәантәи амшқәа ихадоу рҷыдарақәак.

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА РҶЫДАРАҚӘА

5, 6. Ишҧанагӡахои аибашьрақәеи амлакреи ирызкыу аҧааимбаражәақәа?

5 «Иеиҿагылашт жәлари-жәлари, аҧсҳареи аҧсҳареи [«аҳреи аҳреи», ИА]» (Маҭфеи 24:7; Аартра 6:4). Ашәҟәыҩҩы Ернест Хемингуеи Актәи адунеитә еибашьра «адгьылаҿы зегь раасҭа уама иалашыз, ишьаарҵәыраз, нкылашьак змамыз анибарҵәара» ҳәа ахьӡитәит. «Аиҭакра дуқәа ианраамҭазтәи адунеи — 1914—1919» («The World in the Crucible — 1914—1919») ҳәа хыс измоу ашәҟәы ишаҳәо еиҧш, «ари уаҩы иимбац амҽхак змаз, ауаатәыҩса рҭоурых аҿы раҧхьаӡатәи азеиҧш еибашьран. Уи амҩаҧысшьеи, аибарххареи, амҽхаки рыла иеицырдыруеи ухаҿы иааугашеи аибашьрақәа зегьи инархыҳәҳәеит». Уи инашьҭагылеит Аҩбатәи адунеитә еибашьра, Актәи аасҭа еиҳа иеилаҧыххаагаз. «Аҩажәатәи ашәышықәсазы,— иҳәоит аҭоурых апрофессор Хиу Томас,— аҳра руеит автомат, атанк, абомбаршәга Б-52, аиадертә бомба, аҵыхәтәаны, аракетатә хқәа. Ари ашәышықәса егьырҭ изакәызаалак ашәышықәсақәа изларылукаауа еиҳа ишьаарҵәыраз, еиҳа иеилаҧыххаагаз аибашьрақәа рылоуп». Ааи, имаҷымкәа абџьаршьҭаҵара иалацәажәахьеит, еилгахьеит «Аибашьра Хьшәашәа». Аха уеизгьы, ҳасабырбак ишаҳәо еиҧш, зхыҧхьаӡара дырмаҷхьоу аиадертә бџьархқәа рнаҩс иаанхоит 10 000 инадыркны 20 000 рҟынӡа. Урҭ амчхара ирымоу Аҩбатәи адунеитә еибашьраан иҭырҟьаз раасҭа 900-нтә иреиҳауп.

6 «Иагьыҟалақәашт амлашьреи... » (Маҭфеи 24:7; Аартра 6:5, 6, 8). 1914 шықәса инаркны ианамуӡахгьы 20-нтә амлакра дуӡӡа ҟалахьеит. Уи Бангладеш, Бурунди, Бырзентәыла, Индиа, Камбоџьа, Китаи, Нигериа, Урыстәыла, Руанда, Сомали, Судан, Ефиопиа уҳәа реиҧш иҟоу атәылақәа ирхасит. Аха амлакра еснагь афатә азымхара иахҟьом. «Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟала адунеи зегь аҟны афатә ҵәахтәқәа еиҳа иазҳауан, ауааҧсыра раасҭа»,— абри еиҧш алкаа ҟарҵеит гәыҧҩык аҵарауаа-агрономцәеи аекономистцәеи. «Аха ианеиҵоу 800 миллионҩык даара иҕарны изланхо ала, иагьа инамцхәны афатә ыҟазаргьы, урҭ зда ихәарҭам, азхарамфара иацәызхьчаша рзаахәом». Егьырахь ари аус иалаҟьашьу аполитикоуп. Торонтатәи ауниверситет аҟны аус зуа ад-р Абделгалил Елмекки ҿырҧштәыс иааигоит ҩ-тәылак. Урҭ хыҧхьаӡара рацәала еиужьны афатә-ажәтә аҳәаанырцә идәықәырҵон, абарҭ атәылақәа ирықәынхоз ауаа зықьҩыла амлашьра ианаҿыз аамҭазы. Излаабо ала, аиҳабырақәа даара гәҭыхас ирымаз реибашьцәа зланыҟәыргаша аҳәаанырцәтәи аҧара аиура акәын, рыуаажәлар акрырҿаҵара аасҭа. Иарбан лкаау дзызнеиуа ад-р Елмекки? Еиҳараӡак амлакра «зыбзоуроу афатә-ажәтә аизшареи аиҳабырақәа имҩаҧырго аполитикеи роуп».

7. Иҳарҳәозеи иахьатәи афактқәа ачымазара ҿкқәа ирызкны?

7 «Иҿкыу ачымазарақәа» (Лука 21:11, АҾ; Аартра 6:8). 1918—1919 шықәсқәа рзы «испанка» ҳәа изышьҭаз ачымазара ҿкы иагеит 21 миллионҩык инреиҳаны рыҧсҭазаарақәа. «Ауаатәыҩса рҭоурых зегь аҩнуҵҟала ахаан уажәы аҧхьа адунеи иқәнамгалацызт абас ирласны абысҟаҩык ықәызххьаз ауаҩшьҩы»,— иҩуеит А. А. Хоулинг ишәҟәы «Ачымазара Бааҧсы» («The Great Epidemic») аҟны. Аҿкы чымазарақәа иахьагьы рыҽдырбааҧсуеит. Есышықәса акьыба иахҟьаны иҧсуеит хә-миллионҩык ауааҧсыра, аца-қьамсатә чымазарақәа ирхыҧсаауеит х-миллионҩык инареиҳаны асабицәеи ахәыҷқәеи, ачахотка иахҟьаны х-миллионҩык рыҧсҭазаара иалҵуеит. Аҧсыҧ лага-ҩагаратә мҩақәа ринфекциа, хадаратәла арыҧҳатә чымазара, есышықәса иагоит хәышықәса рҟынӡа зхыҵуа 3,5 миллионҩык ахәыҷқәа. Насгьы 2,5 рҟынӡа инаӡо иааџьоушьаша ауаа рхыҧхьаӡара — адгьыл иқәынхо ауааҧсыра рыбжаҩык — аӡы аҟьашьреи ма азымхареи, иара убас иҽеим асанитартә ҭагылазаашьақәеи ирыхҟьо ачымазарақәа идыргәаҟуеит. СПИД еиҭахгьы иаҳгәаланаршәоит, ауаҩы амедицина аҿы крызҵазкуа аихьӡарақәа шимоугьы, аҿкы чымазарақәа рҵыхәа аҧҵәара имч шақәымхо.

8. Излаабои, ауаа «аҧара рыҧсы азыцәгьаны» ишыҟоу?

8 «Ауаа ҟалоит... аҧара рыҧсы азыцәгьаны» (2 Тимофеи иахь 3:2). Еиуеҧшым атәылақәа рҟны уаҩы ибарҭоуп, ауаа нкылашьак рымамкәа иеиханы амалрҳара ҽышәала ишашьҭоу. Лассы-лассы «ақәҿиара» рымоуп ҳәа зларҧхьаӡо рулафахәы заҟароу алоуп, «аихьӡара» — мазаралоуп. «Аматериалтә бзабаа мыцхәы аиҷаҳара америкатә уаажәларра ныҟәызго амчқәа ируакны иаанхоит... насгьы уи егьырҭ иреиҳаӡоу аҭирҭатә џьармыкьақәа рҽы хадара злоу мчны иаақәгылоит»,— абас еиҧш аҳәамҭа ҟалҵеит арекламатә агентрақәа руак авице-президент. Абри аҩыза уҧымлаӡои уахьынхо аҭыҧ аҿгьы?

9. Иаҳҳәарц иҳалшозеи заанаҵы иҳәаз ахәыҷқәа рымӡырҩра аганахьала?

9 «Рани раби ирзымӡырҩуа» (2 Тимофеи иахь 3:2). Иахьа анацәеи абацәеи, арҵаҩцәеи, иара убас егьырҭ ауааи рхатә ҧышәа агәра днаргоит, ахәыҷқәа аӡәырҩы аҳаҭырқәҵареи аӡырҩреи шрылам. Еиҳараӡак аус злоу дара аҭаацәа рхаҭа иҽеим рхымҩаҧгашьа ахәыҷқәа ишрыдыркылои, мамзаргьы урҭ ирҿыҧшларц рҽахьазыршәои роуп. Есааира ирацәахоит ахаҵара зцәыӡуа, насгьы ашколқәа рҟны иҟоу аиҿкаареи, азакәани, адинхаҵареи, зангьы забгьы ирҿагыло ахәыҷқәа. Аҧышәа змоу абжьаратәи ашкол рҵаҩык иҳәоит: «Зынӡа имаҷуп урҭ пату зқәырҵо». Аха, насыҧны, Анцәа ицәшәо ахәыҷқәа аӡәырҩы иҿырҧшыганы рхы мҩаҧаргоит.

10, 11. Ауаа шыбааҧсқәоу, аӡәи-аӡәи ҧсабарала аизааигәара шрыбжьам аазырҧшуа ршаҳаҭгақәас иҟоузеи?

10 «Игәымбылџьбараны» (2 Тимофеи иахь 3:3). «Агәымбылџьбара» ҳәа иеиҭагоу абырзен ажәа иаанагоит «инапыршьцылам, ибнатәу, уаҩытәыҩсатә гәрыцҳашьарак, хьаагарак злам». Шаҟа ирнаалозеи ари, иахьа ауаа амчымхара иақәзыршәо аӡәырҩы! «Аҧсҭазаараҿы убысҟак ирацәоуп агәыҭҟьара, ашьеи ахлымӡаахи, аџыр иаҩызоу агәы узҭазароуп, есыҽны ажәабжь ҿыцқәа еилукааларц азы»,— абас аҳәон редакциатә статиак аҟны. Иара убасгьы, ҭыҧк иахылаҧшуа полицаик излазгәеиҭаз ала, изызҳауа аҿар рахьтә аӡәырҩы рхымҩаҧгашьа иахылҿиаауа атәы иазхәыцларц рҭахым. Уи иҳәеит: «Убри аҩыза цәаныррак уоуеит, урҭ абас рхы иазырҳәошәа: „Уаҵәы иҟалаша сыздыруам. Сара стәы иахьа исоуааит“».

11 «Аиҩызара бзиа ирымбо» (2 Тимофеи иахь 3:2). Абас еиҭагоуп абырзен ажәа, «агәаҵәажәпа, ауаҩра злам» ҳәа ҵакыс измоу, иагьаанарҧшуеит «иҧсабаратәу, еигәыцхәу ацәаныррақәа рзымхара» («Ауасиаҭ Ҿыц атеологиа иазкыу жәларбжьаратәи ажәар ҿыц» [«The New International Dictionary of New Testament Theology»]). Ааи, аидҳәалазаара еиҳараӡак иахьыҟам иара иахьаҭыҧҵәҟьоу ауп,— аҭаацәрақәа рҟны. Уаҩы игәы инархьуеит, аҭаацәара иуцалоуи, ахәыҷқәеи, зықәрахь инеихьоу ани-аби бааҧсыла рызныҟәара алацәажәара иаҧу ҵаск еиҧш иахьыҟалаз. Абар ҭҵааратә гәыҧк агәаанагара: «Ауаа рыҩнуҵҟа ақәымчра — ааха ма агәҭасра, аҳәызбаҭыхра ма аиҿахысра уҳәа — еиҳа лассы-лассы аҭыҧ рымоуп аҭаацәара аҩнуҵҟа, ҳауаажәлар иахьырҭыҧзаалак даҽаџьара аасҭа».

12. Ауаа Анцәа бзиа дызбо иҧшра мацароуп ирымоу ҳәа ҳҳәарц зҳалшозеи?

12 «Анцәа бзиа дызбо иҧшра рыҭаны, арахь имч мап ацәызкуа» (2 Тимофеи иахь 3:5). Абиблиа ауаа рыҧсҭазаара абзиара аганахьала иаҧсахыртә амч амоуп (Ефесаа рахь 4:22—24). Аха аӡәырҩы иахьа адин хаҿыҵәахыгас ауп рхы ишадырхәо. Урҭ уи рҽавакны ииашам, Анцәа игәамҧхо аусқәа ирҿыуп. Адинхаҵара анапхгаҩцәа лассы-лассы амцҳәареи, аҕьычреи, апатудареи дырқьиоит. Адинхаҵарақәа акыр абзиабара азы иажәабжьҳәауеит, аха арахь аибашьрақәа ирыдгылоит. «Зегьирхакыу Ҳазшаз ихьӡала,— азгәанаҭоит ажурнал «Индиа ҭудеи» аредакциатә статиак аҟны,— ауаа динла ирашьцәоугьы зегь раасҭа ицәыршәагоу абааҧсрақәа рзыруеит». Аиашазы, ҳаамҭазы зегь реиҳа ишьаарҵәыраз ҩ-еиҿыхарак — Актәии Аҩбатәии адунеитә еибашьрақәа — ақьырсиантә дунеи агәҭаҵәҟьоуп амца ахьыркыз.

13. Ауаа адгьыл аҭархара ишаҿу аазырҧшуа ршаҳаҭгақәас иҟоузеи?

13 «Адгьыл ҧхасҭазтәуа» (Аартра 11:18). Адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтә 1 600-ҩык инареиҳаны аҵарауаа, 104-ҩык Нобель ипремиа занашьоугьы уахь инарылаҵаны, «Згәы ҭынчым аҵарауаа реидгыла» иҭнажьыз угәыуҽанызҵо ашәҟәы рнапы аҵарҩит; уаҟа иаҳәон: «Ауаҩи аҧсабареи, абар-абар, иааидысларц егьрыгым. [...] Даҽа жәашықәсақәак роуп инхаз, нас иааҳхалаз ашәарҭа ҳхаҳцартә алшара иҳамоу ҳаҩҳажьыр алшоит». Адырраҭара аҟны излаҳәоз ала, аҧсҭазааразы ишәарҭоу ауаа рхымҩаҧгашьақәа «убысҟак адунеи рыҧсахыр ауеит, зегьы иаадыруа ала аҧсҭазаара аныҟәгашьа ҳмаӡартә еиҧш». Аҳауа аҧхасҭатәра, аӡы аҟьашьра, абнақәа рыхшьаара, адгьыл аҧсадахара, иара убас, хкы-хкыла имаҷымкәа аҧстәқәеи аҵиаақәеи риаӡаара — абарҭ зегьы иаарласны аӡбра зҭахыу проблемақәаны иаарҧшын. «Абри иуадаҩу аҧсҭаазара аӡеибафара ҳҽалаҳгалар,— аанацҳауан «Згәы ҭынчым аҵарауаа реидгыла»,— уи иахылҿиаауа зехьынџьара рыҽцәырыргашт, убри инаҷыданы здинамика макьана цқьа иаҳзеилымкаауа абиологиатә системақәа реиқәымшәарахьгьы икылнагашт».

14. Излашьақәурҕәҕәозеи, Маҭфеи 24:14 аҟны иану атекст иаҳәо ҳаамҭазы ишынагӡахо?

14 «Ари Аҳра иазкыу агәырҕьажәа рылаҳәахоит ауаа зқәынхо адгьыл зегь аҟны» (Маҭфеи 24:14, АҾ). Иисус заа иҳәахьан, Аҳра иазкыу ажәабжь бзиа адгьыл ахьынӡанаӡааӡо ишрылаҳәахо, ажәларқәа зегьы ирзышаҳаҭхарц азы. Анцәа имчи илҧхеи ирыбзоураны, Иегова Ишаҳаҭцәа миллиардла асааҭқәа абри ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи рус иазыркуеит (Маҭфеи 28:19, 20). Ааи, Иегова Ишаҳаҭцәа рхаҿы иааргоит, ашьакаҭәара азы ахара дара ишрыдло, ажәабжь бзиа ажәлар ирыларымҳәар (Иезекииль 3:18, 19). Даргьы насыҧ рымоуп, есышықәса зықьҩыла, аџьшьара аарҧшны, Аҳра иазкыу ажәабжь рыбжьы ахьақәдырго, насгьы урҭ аиаша қьырсианцәа — Иегова Ишаҳаҭцәа — рган ахьааныркыло. Иегова имаҵуреи, нас убриалагьы Анцәа изкыу адыррақәа ауаа рызнагареи — хәы змаӡам ҧыжәароуп. Абри ажәабжь бзиа ауаа зқәынхо адгьыл зегь аҟны ианрылаҳәахалак ашьҭахь, иаауеит ари система цәгьа аҵыхәтәа.

АФАКТҚӘА ЕИЛКААНЫ, АУСАХЬ УЕИХА

15. Иахьатәи асистема цәгьа аҵыхәтәа шҧаҟалои?

15 Аха ари асистема аҵыхәтәа шҧаҟалои? Абиблиаҿы заа иҳәоуп «арыцҳара дуқәа» рыӡбахә. Урҭ алагоит ари адунеи аполитикатә мчқәа «Вавилон ду» (амц-динхаҵара адунеитә мчра) ианақәло инаркны (Маҭфеи 24:21, ИА; Аартра 17:5, 16). Иисус излеиҳәаз ала, абри аамҭазы «амра лашьцашт, амзагьы алашара ахылнажьшам, аиаҵәақәагьы ажәҩан ахьтә икаҧсашт, жәҩантә амчқәагьы ҵысышт» (Маҭфеи 24:29). Ари ишиашоу ухаҿы иааугаша жәҩантәи ацәырҵрақәа ракәхар ауеит. Ишыҟазаалакгьы, адинхаҵаратә дунеи аҟны еилаарцыруа икыду аиаҵәақәа ирыдукылаша ауаа ҿаҧырҽуеит, иагьықәырхуеит. Анаҩс «Магог адгьылаҿы инхо Гог» ҳәа изышьҭоу Аҩсҭаа зыпату лаҟәу ауаа ихы иаирхәоит, Иегова ижәлар шынеибакыу дрықәларц азы. Аха Аҩсҭаа қәҿиара иоуӡом, избанзар Анцәа ижәлар цхыраара дрызнеуеит (Иезекииль 38:1, 2, 14—23). «Арыцҳара дуқәа» хацыркхоит Армагеддон аан — «Иаҳхылаҧшхәу Анцәа имш ду аҽны имҩаҧиго аибашьраҿы». Ари аибашьра Аҩсҭаа адгьылаҿы имоу иорганизациа ашьҭамҭа ыҟамкәа иқәнахуеит, зыҧсы еиқәхаз ауаатәыҩсагьы ҵыхәаҧҵәара змам азылҧхарақәа ирылачалартә алшара рнаҭоит (Аартра 7:9, 14; 11:15; 16:14, 16; 21:3, 4).

16. Излаадыруазеи, заанаҵы иҳәаз аҵыхәтәантәи амшқәа рдыргақәа ҳаамҭахь ишаҵанакуа?

16 Аҵыхәтәантәи амшқәа аазырҧшуа аҧааимбаражәақәа рҷыдарақәак аҭоурых егьырҭ аамҭақәа ирыдукылартә иҟоушәа угәы иабар алшоит. Аха заа иҳәахьаз адыргақәа зегь неизакны ҳазхаану амшқәа ҳрызхьадырҧшуеит. Ҿырҧштәык аҳасабала: ауаҩы инацәаҭыҧ ианубаало ацәаҳәақәа ишьақәдыргылоит дызусҭазаалак аҽаӡәы иитәхарц злымшо асахьа. Убасоуп араҟагьы, аҵыхәтәантәи амшқәа акы ирылазмырҩашьо аҷыдарақәа, мамзаргьы ахҭысқәа аазырҧшуа рхатәы сахьа рымоуп. Урҭ ишьақәдыргылоит «анацәаҭыҧ» (ус азаҳҳәозар), иарбанзаалак даҽа аамҭак иузадымкыло. Жәҩантәи Анцәа Иаҳра уажәшьҭа напхгара шыҟанаҵо азы Абиблиа иаҳнарбо хырҩа аҭаны, абарҭ ахҭысқәа ҳарзааҭгылар, усҟан афактқәа инагӡаҵәҟьаны агәра ҳдыргоит: ииашаҵәҟьаны ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа ҳархаануп. Убри инеиҳангьы, ҳала иабо абиблиатә ршаҳаҭгақәа иҳарҳәоит, дук хара имгакәа ишҭахо иахьатәи асистема цәгьа.

17. Ҳгәы ззыҟанаҵарц ахәҭоузеи, аҵыхәтәантәи амшқәа ҳшырхаану адырра?

17 Аҵыхәтәантәи амшқәа ҳахьырхаану азы угәы иаанагарызеи уара? Уазхәыци: аҧхасҭа зуа аҧшатлакә ааигәахозар, ҳамҧшыкәа ахьышәҭҳәа ҳгәаҳҽанаҳҵоит. Убасоуп араҟагьы: иахьатәи асистема аганахьала Абиблиа заанаҵы иаҳәо аусахь ҳаихаратәы агәацҧыҳәара ҳнаҭозароуп (Маҭфеи 16:1—3). Ҳара еилыкка иаҳбарҭоуп, иахьа иҟоу адунеитә система аҵыхәтәантәи амшқәа ҳшырхаану. Абри Анцәа илҧхарақәа риуразы зда ҳхәарҭам аҽыҧсахрақәа излауала рымҩаҧгара ҳгәазыҟанаҵозароуп (2 Пиотр 3:3, 10—12). Аиқәырхара аазго аӡәы иаҳасабала ихы дахцәажәо, Иисус игәы ақәкны ааҧхьара ҳзыҟаиҵоит: «Шәхы шәашьклаҧшла, шәыгәқәа шәмырхьанҭан крыфацәарала, ма крыжәцәарала, ма анхара ҷаҳарақәа рыла, убри амш шәгәышәҽанӡамкәа ишәмыхьӡарц азы: избан акәзар, уи акаҭа еиҧш ирхаҧоит адгьыл аҿы иқәынхақәо зегьы. Убас шәҷаҧшьала иарбан аамҭазаалакгьы азы, шәагьныҳәала ахы ацәнырхара шәаҭәахаразы, абарҭ (арыцҳарақәа) иҟалақәаша рҟынтә Ауаҩытәыҩс Ҧа шәимҵагыларц азы» (Лука 21:34—36).

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Иарбан дунеитә хҭысқәоу, Абиблиа заанаҵы ишаҳәо еиҧш, иҟалараны иҟоу Христос иаҳра алагамҭазы?

Иарбақәан аҵыхәтәантәи амшқәа рҷыдарақәак?

Ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа ҳшырхаану агәра ахьуго зыбзоуроузеи?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Арамка/Асахьа, адаҟьа 102]

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА РҶЫДАРАҚӘАК

• Уаҩы иимбац аибашьрақәа (Маҭфеи 24:7; Аартра 6:4).

• Амлакра (Маҭфеи 24:7; Аартра 6:5, 6, 8).

• Ачымазара ҿкқәа (Лука 21:11; Аартра 6:8).

• Азакәандара аизҳара (Маҭфеи 24:12).

• Адгьыл ақәхра (Аартра 11:18).

• Адгьылҵысрақәа (Маҭфеи 24:7).

• Уаҩы дызмыхәо аамҭа цәгьақәа (2 Тимофеи иахь 3:1).

• Мыцхәы аҧара абзиабара (2 Тимофеи иахь 3:2).

• Ани аби рзымӡырҩра (2 Тимофеи иахь 3:2).

• Иҧсабаратәу аизааигәара азымхара (2 Тимофеи иахь 3:2).

• Қьафла аҟазаара абзиабара Анцәа иахь абзиабара аасҭа иҕәҕәоуп (2 Тимофеи иахь 3:4).

• Аҽынкылара азымхара (2 Тимофеи иахь 3:3).

• Ақьиарахь абзиабара амамзаара (2 Тимофеи иахь 3:3).

• Иааигәахо ашәарҭара хьаас амкра (Маҭфеи 24:39).

• Ахыччаҩцәа ирыдыркылом аҵыхәтәантәи амшқәа зырҵабыргуа афактқәа (2 Пиотр 3:3, 4).

• Анцәа Иаҳра азы адунеизегьтәи ажәабжьҳәара (Маҭфеи 24:14).

[Адаҟьа 101 зегь хазырҭәаауа асахьа]