Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа иаша — дарбан уи?

Анцәа иаша — дарбан уи?

Ахы 3

Анцәа иаша — дарбан уи?

1. Избан аӡәырҩы Абиблиа злаатуа ажәақәа изрықәшаҳаҭу?

 АҴХ кеикеиуа ианыҟоу аамҭазы ажәҩан уанаҵаҧшуа, удмыршанхаӡои ҵҩа змам аеҵәақәа? Ишҧеилукаауеи урҭ рыҟазаара зызҳәоу? Ашәҭ шьыҵәрақәеи, игәыҟаҵагаха иҷырҷыруа аҵарақәеи, аокеанқәа ихәӡааҵәиуа ирҭоу аҧсыӡ дуқәеи рзы угәы иаанагозеи? Ари аиқәыҧхьаӡара ҵыхәаҧҵәара ақәым. Абарҭ зегь рыҟалара машәырӡам. Уамашәа ибатәӡам, аӡәырҩы иахьрықәшаҳаҭу Абиблиа злаатуа раҧхьатәи ажәақәа: «Аханатә Анцәа ишеит дгьыли-жәҩани» (Аҟазаара 1:1).

2. Иаҳәозеи Абиблиа Анцәа изкны, насгьы уи иҳаднаҵои?

2 Иахьа ауаа Анцәа изы ирымоу агәаанагарақәа хараӡа еиҿагылоит. Џьоукы Анцәа — ихаҿыдоу мчуп ҳәа ргәы иаанагоит. Миллионҩыла иҧсхьоу рабдуцәа иреихырхәоит, Анцәа иҟынӡа ҳагьзынаӡом ҳәа рыҧхьаӡоит. Аха уеизгьы, Абиблиа иаанарҧшуеит, Анцәа — иреалтәу шхаҭароу, насгьы иара ҳауа дарбанзаалак дышизҿлымҳау. Убри аҟнытә Абиблиа Анцәа иҧшаара ҳгәазыҟанаҵоит, ‘Уи ҳауа дарбанзаалак дшицәыхарам’ ҳаилыркаауа (Аусқәа 17:27).

3. Анцәа исахьа аҟаҵара залымшозеи?

3 Дзеиҧшроузеи Анцәа? Идунагӡаз ицәырҵра атәы еиҭазҳәоз Анцәа имаҵуҩцәақәак рымацара ракәын. Анцәа урҭ ақәтәарҭаҿы итәоу аӡәы иакәны иҽдирбон, апатуқәҵара ду узцәырзгаша лашаракгьы иара иҟынтә икаҷҷон. Аха абарҭ алаламбатәқәа збоз ауаа знызаҵәыкгьы Анцәа ихаҿы зеиҧшраз иахымцәажәеит (Даниил 7:9, 10; Аартра 4:2, 3). Урҭ убас рзыҟамҵеит, избанзар «Анцәа ддоуҳауп», иара ауаа рцәеижь аҩыза имаӡам (Иоанн 4:24, АЕ). «Анцәа ахаан аӡәгьы димбацт» аҟнытә, Ҳазшаз ҳцәеижь аҩыза иманы ухаҿы дузаагаӡом (Иоанн 1:18; Ақәҵымҭа 33:20). Аха Абиблиа Анцәа изкны иҳанаҳәо даара ирацәоуп.

АНЦӘА ИАША АХЬӠ ИМОУП

4. Аҵакырацәара змоу иарбан титулқәоу Абиблиа Анцәа ихьӡ злаҳанаҳәо?

4 Абиблиа аҟны Анцәа Иаша даарҧшуп «Зегьзымчу Анцәа», «Зегьирхакыу», «Ҳазшаз», «Арҵаҩ Ду», «Иаҳхылаҧшхәу», «Ашәышықәсақәа Раҳ» уҳәа реиҧш иҟоу аилкаарақәа рыла (Аҟазаара 17:1; Ҧсалом 49:14; Аекклесиаст 12:1; Исаиа 30:20, АҾ; Аусқәа 4:24; 1 Тимофеи иахь 1:17). Абарҭ Анцәа ититулқәа ҳрызхәыцлар, уи еиҳа ибзианы деилаҳкаарц ҳалшоит.

5. Ихьӡузеи Анцәа, шаҟантәгьы ихьӡ Ауриа Ҩырақәа рҟны иаҳҧылозеи?

5 Аха Анцәа ихатәы хьӡы имоуп, Ауриа Ҩырақәа рҟны мацара уи ҳҧылоит 7000-нтә раҟара,— иара ититулқәа раасҭа, еиҳа лассы-лассы аӡбахә цәыргоуп. 1 900 шықәсаҟа раҧхьаҟа ауриацәа рымцхаҵарала Анцәа ихьӡ аҳәара иаҟәыҵит. Абиблиа злаҩыз ауриа бызшәаҿы абжьыҟа нбанқәа ыҟамызт. Убри аҟнытә ииашаны ашьақәыргылара залшом, Моисеи, Давид уҳәа егьырҭ ажәытәуаа Анцәа ихьӡ шьақәзыргыло ацыбжьыҟа нбанқәа ҧшьба (יהוה) ҿырҳәала ишырҳәоз. Ҵарауаацәақәак ргәаанагарала, Анцәа ихьӡ рҳәон «Иахве» ҳәа, аха даргьы уи агәра ргацәом. Аурыс ҳәашьа «Иегова» акыраамҭа ахархәара аман, уи аеквивалентқәагьы абызшәақәа акыр рҿы еицрыдыркылахьеит. (Уахәаҧш Ақәҵымҭа 6:3, асноскаҿы.)

АНЦӘА ИХЬӠ АХАРХӘАРА ЗАХӘҬОУ

6. Иегова изкны Ҧсалом 82:19 аҟны иаҳәозеи, ҳаргьы ихьӡ ҳҳәаларц зҳахәҭоузеи?

6 Иегова — ари Анцәа егьырҭ анцәахәқәа зегьы дрылазмырҩашьо, здаҟам хьӡуп. Убри азоуп уи убысҟак лассы-лассы Абиблиаҿы, ҷыдала ауриа текстаҿы, изаҳҧыло. Аиҭагаҩцәа аӡәырҩы русумҭақәа рҿы Анцәа ихьӡ реиҩрыжьуеит, аха Ҧсалом 82:19 аҟны, Г. П. Павски ишеиҭеигаз ала, еилкааҵәҟьаны иаҳәоит: «Уара, Иегова захьӡу, Уаӡәыкуп иҳаракны адгьыл зегьы иахагылоу». Убри аҟнытә, Анцәа иӡбахә ҳаналацәажәо, иахәҭоуп ихьӡ аҳәара.

7. Анцәа Иегова изкны ихьӡ аҵакы аҟнытә еилаҳкаауазеи?

7 Ахьӡ Иегова — ари ауриа ҟаҵарба иаформоуп, иаанагоит «аҟалара». Убри аҟнытә Анцәа ихьӡ «Уи ибзоуроуп аҟалара» ҳәа аанагоит. Абасала Иегова иҳаилиркаауеит, иара — агәҭакы дуӡӡақәа Дышрынцәоу. Уи урҭ еснагь инеигӡоит. Ауаа ргәы иҭаркыз рықәҿиап ҳәа инагӡаны ахаан агәра зларзымго ала, Анцәа иаша заҵәык иоуп зинла ари ахьӡ аныҟәгара иаҧсоу (Иаков 4:13, 14). Иегова заҵәык иҳәар илшоит: «Убасҵәҟьоуп Сҿы иҭыҵыз Сажәагьы,— уи... ззынасышьҭыз аус нанагӡоит» (Исаиа 55:11).

8. Иарбан гәҭакыу Иегова Моисеи ила ирылеиҳәаз?

8 Ауриа жәлар рпатриархцәа Авраам, Исаак, Иаков ‘Иегова ихьӡ рҳәон’ (АҾ), аха дара инагӡаҵәҟьаны ирзеилкаауамызт уи аҵакы (Аҟазаара 21:33; 26:25; 32:9; Ақәҵымҭа 6:3). Иегова урҭ рхылҵ, израилаа, Мсыр изҭаз ахәура иҭигарц игәы ишҭеикыз анрылеиҳәа, нас «ахши ацхеи ахьеилаҭәо адгьылгьы» ҳамҭас ирзынижьырц ианақәиргәыҕ, уи агәрагара рцәыуадаҩзар акәхарын (Ақәҵымҭа 3:17). Аха иагьа ус акәзаргьы, Анцәа ҧсра-ӡра зқәым ихьӡ аҵакы аирбеит, аҧааимбар Моисеи ианидиҵоз: «Абас сызраҳәа Израил иҧацәа: Ишәықәиҭу [«Иегова», АМИ], шәабацәа р-Нцәа, Авраам и-Нцәа, Исаак и-Нцәа, Иаков и-Нцәа, шәара шәахь сааишьҭит. Абриоуп Сара хьӡыс исымоу наӡаӡа, абиҧарақәа инеимда-ааимдо сызларгәаладыршәо» (Ақәҵымҭа 3:15).

9. Афараон Иегова дышҧеизыҟаз?

9 Моисеи афараон, мсыртәи аҳ, диҳәеит, уи израилаа Иегова иеихырхәаразы ацәҳәырахь иоуижьырц. Аха афараон, зхаҭа нцәас ирыҧхьаӡоз, мсыраа рынцәахәқәа иагьрымҵахырхәоз, абас иаҭеикит: «Дызусҭада Иҳақәиҭу [«Иегова», АМИ], иара иҳәатәы хаҵаны Израил аусыжьратәы? Иҳақәиҭугьы [«Иеговагьы», АМИ] дсыздыруам, Израилгьы аусыжьуам» (Ақәҵымҭа 5:1, 2).

10. Ирҿиазеи Иегова ажәытәӡатәи Мсыр адгьылаҿы, израилаа рганахьала игәҭакы неигӡарц азы?

10 Убасҟан Иегова ихьӡ аҵакы ишаҳәо еиҧш, шьаҿа-шьаҿала игәҭакы анагӡара далагеит. Уи ажәытәтәи мсыраа жәа-рыцҳарак иҭаиргылеит. Аҵыхәтәантәи арыцҳараан иҭахеит мсыраа раҧхьахшаақәа зегьы, иҧагьаз афараон иҧагьы уахь днарылаҵаны. Убасҟан мсыраа израилаа ирыҳәо-ирашьапкуа иалагеит, урҭ рыдгьыл аанрыжьырц. Аха мсыраа иреиуаз џьоукы Иегова иааирҧшыз амч ду убысҟак ргәаҟынӡа инеит, иаалаган израилаа рыҽрыдкыланы Мсыр ааныжьны иқәҵит (Ақәҵымҭа 12:35—38).

11. Закәытә џьашьахәузеи Иегова Амшын Ҟаҧшь амҧан иҟаиҵаз, нас уиалагьы иаҕацәа зыгәра рымгар ҟамлазеи?

11 Зҧан цәгьаз афараон аибашьыгатә ҽыуардынқәа шәкыла еиқәных иҟаз ир еидкыланы, тәыс имаз ауаа аҧҟацаҳәа дрышьҭалеит, урҭ рырхынҳәра дақәгәыҕны. Мсыраа урҭ ирыхьӡарц егьрыгымкәа, Анцәа џьашьахәыла Амшын Ҟаҧшь еиҩишеит, израилаагьы уи амшын аҵала ацара рылшеит. Ирышьҭашәарыцоз иҟалаз абжьаларҭахьы иеихеит, аха Иегова «аҽыуардынқәа рыгьажьқәа рыҵихит, даргьы џьабаала урҭ рырҳәазара рықәшәеит». Убасҟан мсыртәи аибашьцәа арҵәаа ааҭдыргеит: «Ҳарцәыбналап Израилаа, избанзар Анцәа дара дрыдгыланы Мсыраа дҳабашьуеит». Аха уажәшьҭа иҟарҵалак зегь башан. Ҭӡамцшәа игылаз аӡыцәқәырҧа дуӡӡақәа жәыланы рҿаархан, «афараон ируаа рыҽцәеи рҽыуардынқәеи зегьы шынеибакәыз» иӡаадырҟәрылеит (Ақәҵымҭа 14:22—25, 28). Иегова убасҟан ихьӡ ӡыригеит, ари ахҭыс иахьа уажәраанӡагьы хашҭшьа ақәым (Иисус Навин 2:9—11).

12, 13. а) Ҵакыс иамоузеи Анцәа ихьӡ иахьа ҳара ҳзы? б) Иарбан ауаа, хымҧада, ирҵаша, насгьы избан?

12 Иӡыргахаз Анцәа ихьӡ ҳара ҳзы акраҵанакуеит иахьа. Иара ихьӡ, Иегова,— уи игәҭакқәа зегьы рынагӡахара иазҳәоуп. Арахь иаҵанакуеит адгьыл џьанаҭны аҟаҵара азы аҧхьатәи игәҭакгьы (Аҟазаара 1:28; 2:8). Убри азы Анцәа Иаҳра иахьатәи аҕацәа зегьы нирҵәоит, ишиҳәахьаз еиҧш: «Иагьырдырып, Сара — Ирықәиҭу [«Иегова», АМИ] шсакәу» (Иезекииль 38:23). Убасҟан изықәиргәыҕыз иажәа неигӡоит, иеихырхәогьы ҳамҭас ириҭоит ииашоу адунеи ҿыц (2 Пиотр 3:13).

13 Анцәа зыҽидызкыларц зҭахыу ахаҵара аарҧшны, ихьӡ аҳәашьа рҵалароуп. Абиблиа ҳақәнаргәыҕуеит: «Дарбанзаалак, Иҳақәиҭу [«Иегова», АҾ] ихьӡ зҳәаз, деиқәхоит» (Римаа рахь 10:13). Ааи, Иегова ихьӡ иҵаулоу аҵакы амоуп. Иегова уара Унцәеи Уеиқәырхаҩи иаҳасабала ихьӡ ҳәаны даауҧхьалар, ҳәаа змам анасыҧ уаҭәашьахоит.

АНЦӘА ИАША ИҞАЗШЬАҚӘА

14. Иарбан Анцәа иҟазшьа хадақәоу Абиблиа ҳзызхьанарҧшуа?

14 Мсыр аҟынтә Израил ахақәиҭтәра иазкыу аҳәамҭа ҳанахәаҧшуа, иҳамбарц залшом, Анцәа ишааирҧшыз уамашәа иеицааиуа иҟазшьа аҷыдарақәа ҧшьба. Уи афараон дышизныҟәаз иаҳнарбоит апатуқәҵара ду узцәырзго имч (Ақәҵымҭа 9:16). Абри иуадаҩыз аҭагылазаашьа ибзиаӡаны аӡбра шаҳаҭра азнауеит ҳәаа змам иҟәышра (Римаа рахь 11:33). Уи аиашара ааирҧшит, ижәлар ҧан змамыз раҕацәеи рыргәаҟыҩцәеи ахьырхәны (Ҩынтәзакәан 32:4). Анцәа иҟазшьақәа зегьы инарылукааша акоуп — абзиабара. Иегова абзиабара нагӡа ааирҧшит, Авраам ихылҵ рзы ииҳәахьаз ахьынеигӡаз (Ҩынтәзакәан 7:8). Уи адагьы, иара абзиабара ааирҧшит, мсыраа иреиуаз џьоукы рымц-нцәахәқәа мап рыцәкны, дара ирзеиҕьу азы иаӡәкыу Анцәа иаша изхьаҧшыртә азин ахьриҭаз.

15, 16. Анцәа абзиабара шҧааирҧшуеи?

15 Абиблиа уанаҧхьо, игәоуҭоит, абзиабара — ари Анцәа еиуеиҧшымкәа иааирҧшуа иҟазшьа хада шакәу. Ҿырҧштәыс иаагозар, абзиабара аҟнытә ауп уи Ҳазшаз иакәны дзыҟалаз, адоуҳатә шамҭақәа аҧсҭазаара иацу агәырҕьара зрыцеиҩишаз. Шәмиллионла амаалықьцәа Анцәа бзиа дырбоит, ихьӡгьы ӡырыргоит (Иов 38:4, 7; Даниил 7:10). Иара убас, Анцәа абзиабара ааирҧшит, Адгьыл ахьишаз, уи насыҧ зҵоу ауаа рыҧсҭазааразы иахьирмазеиз (Аҟазаара 1:1, 26—28; Ҧсалом 113:24).

16 Иузеиқәыҧхьаӡашам Анцәа бзиабарала иҳаиҭо абзиарақәа зегьы. Раҧхьа иргыланы, Анцәа убас бзиабарала, убас џьашьахәыла ҳаишеит, аҧсҭазаара ҳалачалартә еиҧш (Ҧсалом 138:14). Уи абзиабара ааирҧшуеит, «ажәҩан аҟынтә ақәа ҳзылашьҭуа, аҽаҩраамҭақәеи афатәи ҳагмыжьуа, ҳагәқәагьы ргәырҕьауа» (Аусқәа 14:17). Анцәа «иазиҳәеит имра гылараны ацәгьа изгьы, аҳалал изгьы, ақәагьы рзааишьҭуеит иқьиоугьы иқьиамгьы» (Маҭфеи 5:45). Ҳазшаз бзиабарала иҳаиҭоит адыррақәа, дагьҳацхраауеит иара ҳгәырҕьаҵәа ҳиеихырхәаларц. Ииашаҵәҟьаны, «Анцәа дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:8). Аха иҟоуп уи ихаҭара егьырҭ аганқәагьы маҷымкәа.

«ИРАЗУ, ИГӘШАҬОУ»

17. Еилаҳкаауазеи Анцәа изкны Ақәҵымҭа 34:6, 7 аҟнытә?

17 Израилаа Амшын Ҟаҧшь ааиҩҵәаны ианца ашьҭахьгьы, урҭ ҧасеиҧш уажәгьы Анцәа иҵегь еиҕьны дырдырларц рыхәҭан. Моисеи ихаҿы иааигон ари, Анцәа дагьиҳәон абас: «Угәаҧхара ҳалал саҧсахазар, суҳәоит: исзаарт Умҩа, сара Уара уздырырц, Угәаҧхара ҳалал саҧсахарц азы» (Ақәҵымҭа 33:13). Моисеи Анцәа иҵегь еиҕьны дидырит, уи иажәақәа данырзыӡырҩы: «Иегова, Ишәықәиҭу, иразу, игәшаҭоу Нцәоуп, Уи дыкрычҳаҩуп, бзиабаралагьы дҭәуп, Уи игәра угар ҟалоит. Ишәықәиҭу ибзиабара дирбоит зықьҩыла. Уи ауаа рыгәнаҳарақәа ранаижьуеит, аха ихеиршҭуам ахара зду рахьырхәра» (Ақәҵымҭа 34:6, 7, ИА). Анцәа ибзиабареи ииашареи еибакапануеит; Уи идырны агәнаҳа иаҵало иҽеим рхымҩаҧгашьа иахылҿиаауа иацәихьчом.

18. Иабааҧшуеи Иегова игәшаҭара?

18 Моисеи ишидырыз ала, Иегова агәшаҭара ааирҧшуеит. Агәшаҭара злоу ауаҩы игәаҟуа ихьаа ицеиҩишоит, иеидара хьамҭа ирманшәаларц дашьҭоуп. Анцәагьы убасҵәҟьа ауаатәыҩса рахь агәрыцҳашьара ааирҧшит, арыцҳарақәеи, ажәреи, аҧсреи аҵыхәтәаны иаҧырхзарц дахьеиҷаҳаз (Аартра 21:3—5). Анцәа имҵахырхәаҩцәа гәаҟлар ауеит, ари адунеи аҟны аҳра зуа аҭагылазаашьақәа, мамзаргьы агәаҽанымзаара аҵыхәала арыцҳара иахьақәшәаз ирхырҟьаны. Аха урҭ хынрааларыла Иегова ацхыраара риҭарц иҳәозар, ргәы ирҕәҕәашт, дагьрыцхраашт. Избан? Избанзар уи рыцҳашьарала дырхылаҧшуеит иеихырхәо (Ҧсалом 85:15; 1 Пиотр 5:6, 7).

19. Анцәа агәыразра илоуп ҳәа ҳҳәарц зҳалшои?

19 Амчра знапаҿы иҟоу аӡәырҩы цәгьашақә егьырҭ ирызныҟәоит. Иегова убарҭ дызлареиҧшым убриоуп: уи иҧагьам имаҵуҩцәа рахь иааирҧшуеит ҳәаа змам агәыразра! Уи Адунеи зегь аҟны иреиҳаӡоу амчра шимоугьы, ауаа рызныҟәараҿы иааирҧшуеит иџьоушьаша агәшаҭара (Ҧсалом 8:4, 5; Лука 6:35). Иегова, иара убас, лымкаала џьоукы рахь агәыразра ааирҧшуеит, иара илҧха роурц ианиҳәо аҭак рыҭауа (Ақәҵымҭа 22:26, 27; Лука 18:13, 14). Ҳәара аҭахыума, Анцәа иуалым аразреи агәшаҭареи раарҧшра (Ақәҵымҭа 33:19). Убри аҟнытә ҳара Анцәа игәшаҭареи игәыразреи даара пату рықәаҳҵалароуп (Ҧсалом 144:1, 8).

ДЫКРЫЧҲАҨУП, АУАА ЕИЛИХУАМ, ДИАШОУП

20. Иабантәаабои, Иегова акрычҳара шилоу, ауаагьы шеилимхуа?

20 Иегова дыкрычҳаҩуп. Аха уеизгьы, зҧан цәгьаз афараон ируааи иареи Амшын Ҟаҧшь аҿы ишынирҵәаз атәы зҳәо ахҭыс излаҳнарбо ала, уи инапқәа еиқәҵаны дтәам. Иегова, иара убасгьы, ауаа еилихуам. Убри аҟнытә Анцәа ижәлар, Израил, еснагьтәи рыгәнаҳарақәа ирхырҟьаны аҵыхәтәаны игәаҧхара ҳалал рцәыӡит. Уажәшьҭа Анцәа ажәларқәа зегь рахьынтә еидикылоит иашала зхы аазырҧшуа ахырхәаҩцәа (Аусқәа 10:34, 35).

21. а) Аартрашәҟәы 15:2—4 аҟны Анцәа иӡбахәала еилаҳкаауеи? б) Иҳацхраауа арбан Анцәа инормақәа ишҳарҳәо еиҧш ҳанхаларц?

21 Абиблиа шәҟәы Аартра аҟны инаҵшьны иазгәаҭоуп, Анцәа «иӡбра» иашақәа даара аҵакы ду шрымоу аилкаара. Уи излаҳәо ала, жәҩан иҟоу ашамҭақәа ашәа рҳәоит абас: «Иҳаракыуп, иагьџьашьахәуп Уусқәа, Иҳақәиҭу Анцәа Зегьзкыу! Ииашоуп, иқьиоуп Умҩақәа, иҧшьоу Раҳ! Иуцәымшәарыда, Иҳақәиҭу, Ухьӡгьы ӡырзымгарыда? избанда Уара Аӡәы заҵәык уҧшьоуп. Ажәларқәа зегьы ааины Уара уҿаҧхьа ихырхәалоит, избанда ираамҭахеит Уӡбрақәа» (Аартра 15:2—4). Иегова инормақәа ишҳаҵарҳәо ала ҳанхозар, убриала Анцәа ииҭахыу ашәара ааҳарҧшуеит, иахәҭоу аҳаҭыргьы иқәаҳҵоит. Ус аҟаҵара мариоуп, Анцәа иҟәышреи ибзиабареи ҳхаҳмыршҭуазар. Иҧҟарақәа зегьы ҳара ҳзы ихәарҭоуп (Исаиа 48:17, 18).

«ИҲАҚӘИҬУ, Ҳ-АНЦӘА, ИҲАҚӘИҬУ ДАӠӘЫКУП»

22. Избан Абиблиа иазҿлымҳау ауаа Х-хаҿшара изамеихырхәо?

22 Ажәытәтәи мсыраа зымҵахырхәоз анцәахәқәа рацәан, аха Иегова — «ахыбаара злоу Нцәоуп» (Ақәҵымҭа 20:5). Моисеи ауриацәа иргәалаиршәеит: «Иҳақәиҭу, ҳара ҳ-Анцәа, Иҳақәиҭу даӡәыкуп» (Ҩынтәзакәан 6:4). Иисус Христос еиҭеиҳәеит арҭ ажәақәа (Марк 12:28, 29). Убри аҟынтә Абиблиа Анцәа Иажәоуп ҳәа зыҧхьаӡо ауаа Х-хаҿшара (даҽакала иуҳәозар, х-хаҿык змоу анцәа) иеихырхәом. Иазгәаҭатәуп, ажәа «Х-хаҿшара» Абиблиа аҟны зынӡак аӡбахәгьы шарбам. Анцәа Иаша Иисус Христос дилаҩашьом, уи хазы иҟоу хаҭароуп (Иоанн 14:28; 1 Коринфаа рахь 15:28). Анцәа идоуҳа цқьа хаҭарак еиҧш иҧхьаӡатәым. Ари аус зуа Иегова имчоуп, уи Зегьзымчу игәҭакқәа рынагӡараҿы ихы иаирхәоит (Аҟазаара 1:2; Аусқәа 2:1—4, 32, 33; 2 Пиотр 1:20, 21).

23. а) Изыбзоуроузеи Анцәа иахь убзиабара аизҳара? б) Ииҳәазеи Иисус Анцәа бзиа дышбатәу азы, насгьы Христос изкны еилаҳкаарц иҳахәҭоузеи?

23 Иегова дзакәытә Нцәа ссиру уанахәаҧш ашьҭахь, уи имҵахырхәара иаҧсоуп ҳәа алкаа ҟаумҵаӡеи уара? Иара Иажәа, Абиблиа, уҵала-цыҧхьаӡа, уи иҵегь еиҕьны уиабадыруеит, иагьеилукаауеит наӡаӡатәи убзабааи унасыҧи ирзеиҕьхаша ҭахрақәас имоу (Маҭфеи 5:3, 6). Уи адагьы, еизҳалоит Анцәа иахь убзиабара. Иисус иҳәеит: «Бзиа дба Иуқәиҭу у-Нцәа угәынаӡала, уҧсынаӡала, удырранаӡала, умчнаӡала» (Марк 12:30). Гәыҩбара ыҟам, Иисус Анцәа иахь абри аҩыза абзиабара шимаз ала. Аха Иисус Христос иӡбахәала Абиблиа аҟны иаҳәозеи? Уи ҭыҧс иааникылозеи Иегова игәҭакқәа рҿы?

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Ихьӡузеи Анцәа, шаҟантәгьы ихьӡ Ауриа Ҩырақәа рҟны иаҳҧылозеи?

Избан изахәҭоу Анцәа ихьӡ ахархәара?

Анцәа Иегова иҟазшьақәа рахьынтә уара зегь реиҳа иугәаҧхозеи?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьа, адаҟьа 29]

Уара ибзианы дудыруама иҟоу зегьы Зшаз?