Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа анасыҧ шаанаго

Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа анасыҧ шаанаго

Ахы 13

Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа анасыҧ шаанаго

1. Иегова имҩа ҳанызар, анасыҧ ҳауеит ҳәа ҳҳәарц зҳалшозеи?

 ИЕГОВА — «насыҧ змоу Нцәоуп», иаргьы уара аҧсҭазаара уеигәырҕьаларц иҭахыуп (1 Тимофеи иахь 1:11, АҾ). Иара имҩа уананыла, абзиара уақәшәоит, иагьумазаауеит иҵаулоу, нҵәара зқәым аӡиас иаҩызоу агәҭынчра дуӡӡа. Анцәа имҩа уанызар, уажәы-уажәы иугәаҳәалоит еиқәымтәаӡо „амшын цәқәырҧақәа“ иреиҧшу ахымҩаҧгашьа иашақәа раарҧшра. Ари насыҧ иашаҵәҟьала угәы арҭәуеит (Исаиа 48:17, 18).

2. Ақьырсианцәа насыҧ рымазарц зрылшозеи, урҭ зны-зынла иҽеимкәа ишрызныҟәогьы?

2 Џьоукы уи иақәшаҳаҭымхар рылшоит: зны-зынла ауаа аус бзиақәа рзгьы агәаҟра ианақәшәо ҟалалоит. Уи иашоуп, абри аҩыза рыхьлон Иисус иапостолцәагьы. Урҭ ишрышьҭашәарыцозгьы, зегь акоуп, игәырҕьаҵәа «Иисус Христос изкны агәырҕьажәа рыларҳәон» (Аусқәа 5:40—42). Абри ҳара иаҳнарҵо рацәоуп. Акыс, Анцәа игәаҧхо ҳаҧсҭазаашьа ҳақәнаргәыҕуам, ауаа еснагь ибзианы иҳазныҟәалоит ҳәа. Апостол Павел иҩуан: «Иисус Христос гәык-ҧсыкала изыҟаны инхаларц зҭахыу зегьы ҧхарҵалоит» (2 Тимофеи иахь 3:12). Избанзар Аҩсҭаа идунеии иареи Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа ныҟәызго ирҿагылоит (Иоанн 15:18, 19; 1 Пиотр 5:8). Аха анасыҧ иашаҵәҟьа аҟалараҿы адәныҟатәи аҭагылазаашьақәа ракәым аус злоу. Уи, еиҳараӡак, иашала ҳхы мҩаҧаҳгоит, Анцәагьы уи ҳамаирҽхәоит ҳәа иҳамоу агәрагара иацииуеит (Маҭфеи 5:10—12; Иаков 1:2, 3; 1 Пиотр 4:13, 14).

3. Иегова иеихырхәара ауаҩы иҧсҭазаара ианырырц шҧахәҭоу?

3 Иҟоуп ауаа, абас еиҧш ихәыцуа: Анцәа ҳаигәаҧхарц азы, иазхоит иналаршә-ааларшәны гәыкала ҳшизыҟоу ааҳарҧшлар, абжьааҧны Анцәа даҳгәалаҳмыршәаргьы ауеит. Аха Анцәа Иегова иашала иеихырхәара даҽакала иҟоуп. Уи ауаҩы ихымҩаҧгашьа ианыруеит ихы идыруанаҵы, есымша, есышықәса. Убри аҟнытә ари аҩыза ахырхәара, иара убас, «амҩа» ҳәа иашьҭоуп (Аусқәа 19:9; Исаиа 30:21). Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа ахаҭаҵәҟьоуп, Анцәа Иажәа ишҳанаҳәо еиҧш, ацәажәареи аусуреи уалс иҳадызҵо.

4. Хәарҭарас иалоузеи аҽыҧсахрақәа рыҟаҵара, Анцәа имҩақәа урықәшәо унхаларц азы?

4 Ҿыц Абиблиа аҭҵаара иалаго, Иегова урҭ рҟынтә иахәҭоу аҽыҧсахрақәа дшырзыҧшу Анырбалак, рхы иазҵаарц рылшоит: ииашаҵәҟьаны Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа аныҟәгара иаҧсоума? Ҳәарада, иаҧсоуп. Избан? Избанзар «Анцәа дыбзиабароуп», имҩақәагьы ҳара ҳзы ихәарҭоуп (1 Иоанн 4:8). Иара убас, Анцәа дҟәышуп, уи иаҳзеиҕьу идыруеит. Иегова — зегьзымчу Анцәа ҳәа дызлаҧхьаӡоу ала, Уи амч ҳаиҭарц илшоит, ҳара ҳҽаҳаҧсахыртә, ашьцылара бааҧсқәа нҳажьыртә еиҧш (Филиппаа рахь 4:13). Уааи, ҳарзааҭгылап Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа иадҳәалоу принципқәак, нас ҳахәаҧшып, урҭ рхархәара анасыҧ шаҳзаанаго.

АЛАМЫСЦҚЬАРА АНАСЫҦ ААНАГОИТ

5. Амцҳәареи аҕьычреи рҵыхәала Абиблиаҿы иаҳәозеи?

5 Иегова — «аиаша Данцәоуп» (Ҧсалом 30:6). Уара уи уиҿыҧшларц, насгьы аиашара злоу ауаа урхыҧхьаӡалазарц уҭахызар акәхап. Аламысцқьара иаанагоит ахпатуқәҵареи агәҭынчреи. Аха абри гунаҳара злоу адунеи аҟны абысҟак аламысдара ахьрылаҵәоу аҟнытә, ақьырсианцәа еснагь иргәаларшәалатәуп: «Аӡәи-аӡәи аиаша еибышәҳәала... Иҕьычуаз, уажәы нахыс уаҳа умҕьычын, уи аасҭа умахәҿала акрула, иухашәало аҟнытә изгыу изушарацы» (Ефесаа рахь 4:25, 28). Ақьырсианцәа ламыс-цқьала инарыгӡоит есыҽнытәи русура. Насгьы дара мҵаакәа, аусурҭа аиҳабы иитәу изакәызаалак маҭәак иалакьысуам. Аусура, ашкол, аҩны уҳәа рҟны аума, иахьакәзаалакгьы, Иегова иеихырхәо «зегьы рҿы... ихы цқьаны имҩаҧигозароуп» (Ауриацәа рахь 13:18). Аха амцҳәареи аҕьычреи ирылагаз, Анцәа дигәаҧхап ҳәа дзақәгәыҕуам (Ҩынтәзакәан 5:19; Аартра 21:8).

6. Ауаҩы Анцәа игәаҧхо аламысцқьара анааирҧшуа, уи Иегова ихьӡ шҧаҳаранакуеи?

6 Аламысцқьара азылҧхарақәа рацәаны иаанагоит. Африка инхо аҧҳәысеиба ҕар Селина Анцәа Иегова бзиа дылбоит, иара убас, уи ипринцип иашақәагьы. Ҽнак-зны лара чамадан хәҷык лҧыхьашәеит, уаҟа иҭан аҵәахырҭатә шәҟәуи аҧара рацәеи. Ателефон-еилкаагала урҭ зтәыз аҧшәма длыҧшааит — уи идырҳәыз амагазин аиҳабы иакәын. Ахаҵа иблақәа ирбоз изхамҵеит, Селина, згәабзиара уашәшәырыз аҧҳәыс, лхала иара иҟны днеины зегьы еибга-еизҩыда ианизлырхынҳәы. «Абри аҩыза аламысцқьара ахәшьара аҭатәуп»,— иҳәан, ҟәрышьқәак лнапаҿы илиҭеит. Аха зегь реиҳа хадара злоу, уи ахаҵа Селина лдин даара ирҽхәаны далацәажәеит. Ааи, ақьиара абиблиатә ҵара арҧшӡоит, Анцәа Иегова ихьӡ ӡырнагоит, иара убас, зыламыс цқьоу ахырхәаҩцәагьы анасыҧ рзаанагоит (Тит иахь 2:10; 1 Пиотр 2:12).

АГӘЫҬБААРА АНАСЫҦ ААНАГОИТ

7. Алашыҩкратә хәмаррақәа цәгьарас ирылоузеи?

7 Агәыҭбаа насыҧ имоуп, аха «аҧсымҭәқәеи», мамзаргьы аҳарамцәеи, «Анцәа Иаҳрахь неишьа рымаӡам» (1 Коринфаа рахь 6:10). Ирылаҵәахьоу аҳарамра аарҧшра иатәуп, алашыҩкратә хәмаррақәа рахь уаҩы ианихауа. Уаҟа ауаа егьырҭ раҵахара ақьар алыргарц иашьҭоуп. Иегова идикылом «аҧара зыҧсы азыцәгьоу» ауаа (1 Тимофеи иахь 3:8). Алашыҩкратә хәмаррақәа рзы закәанла азин ахьыҟоу ауаҩы игәы имырҿыҕьырц дыхәмаруазаргьы, уи аҧсҭазаарақәа маҷымкәа иҭазырхо абри ахәмарра дачычар, дагьадгыло далагар илшоит. Алашыҩкратә хәмаррақәа лассы-лассы ихәмаруа иҭаацәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа рзаанагоит. Урҭ зда ихәарҭам афатәқәеи амаҭәақәеи злаархәаша аҧарақәа рымамкәа иаақәхар рылшоит (1 Тимофеи иахь 6:10).

8. Агәыҭбаара аганахьала закәытә ҿырҧшы џьашьахәузеи Иисус иаҳзынижьыз, нас ҳаргьы агәыҭбаара ааҳарҧшларц шҧаҳалшои?

8 Бзиабарала иҭәу агәыҭбаара иабзоураны, ақьырсианцәа агәырҕьара роуеит, егьырҭ ианрыцхраауа, ҷыдала ацхыраара иазгәаҟуа динла ирашьцәоуи ираҳәшьцәоуи (Иаков 2:15, 16). Иисус адгьылахь дааиаанӡа, Анцәа ауаа рахь иааирҧшуаз агәыҭбаара ибон (Аусқәа 14:16, 17). Иисус ихаҭа иаамҭеи ибаҩхатәреи дырмеигӡеит, уимоу ауаатәыҩса иҧсҭазаарагьы рықәиҵеит. Убри азоуп уи абысҟак агәрагара иманы изиҳәазгьы: «Еиҳа инасыҧуп аҭара, адкылара аасҭа» (Аусқәа 20:35). Иисус, иара убас, иҕарыз аҧҳәысеиба даара бзиа длыхцәажәеит, уи гәаартыла ахазынаҭра ҩ-бҩак ицоз аҧара ахьҭалҧсаз азы, избанда лара «хныҟәгагас илымаз зегьы» дырмеигӡеит (Марк 12:41—44). Ажәытәтәи израилааи актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәеи гәыҭбааралеи гәырҕьаралеи аизареи Аҳра ауси ацхыраара шрыҭатәу азы иҿырҧшыгоуп (1 Ашықәсынҵа 29:9; 2 Коринфаа рахь 9:11—14). Иахьатәи ақьырсианцәа гәырҕьаҵәа Анцәа ддырҽхәоит, рматериалтә ҳамҭақәа рымацарала акәымкәа, уи имаҵ ауразы рыҧсҭазаарагьы изыркуеит (Римаа рахь 12:1; Ауриацәа рахь 13:15). Дара раамҭеи, рымчқәеи, еиуеиҧшым рхархәагақәеи, рҧарақәагьы уахь иналаҵаны, ахырхәара иашеи Аҳра иазкыу ажәабжь бзиа аларҵәара адунеизегьтәи ауси ацхыраара рыҭара иадырҵоит. Убри азы Иегова урҭ дырзылҧхоит (Ажәамаанақәа 3:9, 10).

ИҴЕГЬ АНАСЫҦ ҲАЗҬО

9. Цәгьарас иаҵоузеи арыжәтә џьбарақәа цәгьашақә рхархәара?

9 Ақьырсианцәа насыҧ рымазаарц азы, урҭ «хшыҩла иныҟәалароуп» (Ажәамаанақәа 5:1, 2). Убри азы дара Анцәа Иажәа иаҧхьалароуп, насгьы иазхәыцлароуп, хәарҭара злоу абиблиатә литература рхы иархәаны. Аха зҽызцәыхьчатәу акы ыҟоуп. Иаҳҳәап, ауаҩы мыцхәы арыжәтә ижәуазар, усҟан ихдырра ицәыӡыр алшоит. Аӡәырҩы абас рҭагылазаашьа аныҟоу, рхы пату рзақәҵом, ақәымчра аадырҧшуеит, аӡәы иҧсра анырхарахогьы ҟалалоит. Еилкаауп, Абиблиа аҩыжәцәа Анцәа Иаҳрахь неишьа рымам ҳәа заҳәо! (1 Коринфаа рахь 6:10). Аиаша қьырсианцәа «зыхшыҩ ҵару» ракәны инхарц азы, амцхә аҩыжәра рҽацәырхьчоит, насгьы ари урҭ рыбжьара аҳра зуа анасыҧ аҟалара иацхраауеит (Тит иахь 2:2—6).

10. а) Ақьырсианцәа аҭаҭын изамахозеи? б) Хәарҭас иалҳгозеи, ицқьам ашьцыларақәа рҵыхәа ҧаҳҵәар?

10 Анасыҧ аҟалара иацхраауеит ацәеижь ацқьарагьы. Аха уи ус шакәугьы, аӡәырҩы иҽеим ашьцыларақәа ирчычоит. Ҿырҧштәыс иаагап аҭаҭын. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аорганизациа иаанацҳауеит, аҭаҭын ахара «есышықәса х-миллионҩык рыҧсҭазаара ишалнахуа». Абри ашьцылара акажьра, иҟалап, иуадаҩхаргьы, уи ахаршҭра ахьыуадаҩу иахырҟьаны. Аха уеизгьы, уаанӡа аҭаҭын иахоз аӡәырҩы игәарҭоит, ргәабзиара шеиҕьхаз, рҭаацәа рзгьы аҧара еиҳа ишырхашәалоз. Ааи, аҭаҭыни ма уаҩы иҧырхагоу ашьцыларақәеи уаныриааи нахыс, уцәеижь еиҳа ицқьахоит, уламыс урҭынчуеит, анасыҧ иашаҵәҟьагьы азурҳауеит (2 Коринфаа рахь 7:1).

АНАСЫҦ АҬААЦӘАРА АҦҴАРАҾЫ

11. Иҟаҵатәузеи, аҭаацәаратә насыҧ закәанзарц, иҕәҕәазарц, ицқьазарц азы?

11 Иеицынхо хаҵеи-ҧҳәыси аҭаацәара ишалалаз ала официалла аграждантә мчрақәа ашәҟәы иҭарыҩразы иеиҷаҳароуп (Марк 12:17). Иара убас, дара рҭаацәаратә насыҧ ҭакҧхықәрала иазнеиуазароуп. Аиашазы, зны-зынла хаҵеи-ҧҳәыси еиҿыҵны хазы-хазы инхар анаҭаххогьы ҟалалоит, аҭаацәа рныҟәгара мап ацәкра, даара гәымбылџьбарала ауаҩы изныҟәара, мамзаргьы адоуҳатә гәабзиара ашәарҭа хаҭа иҭагылома уҳәаратәы аҟынӡа аус неиуазар (1 Тимофеи иахь 5:8; Галатаа рахь 5:19—21). Аха апостол Павел 1 Коринфаа рахь 7:10—17 аҟны хаҵеи-ҧҳәыси шеицу иаанхарц ргәазыҟаиҵоит. Насгьы, ҳәара аҭахыума, дара анасыҧ иаша рымазарц азы, ирыбжьоу агәреибагара рыхьчалароуп. Павел иҩуан: «Ицқьазааит зегьы шәҭаацәаратә насыҧ, иара убас шәиарҭагьы; ацәыбзацәеи акалҭшьҭаныҟәаҩцәеи Анцәа дрықәыӡбоит» (Ауриацәа рахь 13:4). Ажәа «аиарҭа» иаанаго закәанла аҭаацәара иеицалоу хаҵеи-ҧҳәыси цәеижьла реизааигәахароуп. Егьырҭ изакәызаалак цәеижьла аизааигәахарақәа, иаҳҳәап, ҩыџьа ма инареиҳаны аҳәсақәа аҭаацәара рыцалазаара «ацқьара» иатәуп ҳәа иҧхьаӡатәым. Уи адагьы, Абиблиа аҭаацәара аҧуҵаанӡа цәеижьла аизааигәарақәеи агомосексуализми ирықәыӡбоит (Римаа рахь 1:26, 27; 1 Коринфаа рахь 6:18).

12. Закәытә рыцҳарақәоузеи ацәыбзара иахылҿиаауа?

12 Ацәыбзара минуҭқәак цәеижьла агәахәара унаҭар алшоит, аха уи анасыҧ иашаҵәҟьа узаанагом. Уи Анцәа игәынамӡара аанагоит, анаҩсгьы ауаҩы иламыс даргәаҟыр алшоит (1 Фессалоникаа рахь 4:3—5). Аҭаацәара анҭыҵ цәеижьла аизааигәара гәырҩа цәгьаны иахылҿиаар алшоит СПИД, иара убас егьырҭ ацәыбзара иахҟьо ачымазарақәагьы. «Иҟоу агәаанагарала, есышықәса адунеи зегь аҟны 250 миллионҩык инареиҳаны агонореиа рыхьуеит, 50 миллионҩык инарзынаҧшуа — асифилис»,— аҳәоит медицинатә дырраҭарак аҟны. Иара убас, угәы иаҭахым ацәатәымрақәа рпроблема цәырҵуеит. Аира ахылаҧшразы жәларбжьратәи афедерациа излаанацҳауа ала, адунеиаҿы есышықәса рцәартәымкәа иҟалоит 15 миллионҩык инареиҳаны аҭыҧҳацәа, зықәра 15 инаркны 19 шықәса рҟынӡа инаӡо. Урҭ рахьтә хыџьара ишаны хәҭак рҽыҧдыргоит. Имҩаҧгаз аҭҵаара излаҳнарбо ала, Африка иҟоу атәылақәа руак аҟны зыҧсҭазаара иалҵуа ихбыџу аӡҕабцәа рахьтә 72 процент аҽҧыргара иахҟьо ауадаҩрақәа ирхыҧсаауеит. Ацәыбзара иаҽу зегьы чмазаҩцәахом ма рцәартәымкәа иҟалом, аха урҭ ҩнуҵҟалатәи агәырҩа изацәцарым. Аӡәырҩы ахпатуқәҵара рцәыӡуеит, рхы рцәымҕхоит.

13. Иарбан проблемақәоу иҵегь иарҿио акалҭшьҭаныҟәара, насгьы ирҧеиҧшузеи ицәыбзақәаны, икалҭшьҭаныҟәаҩцәаны иаанхауа?

13 Акалҭшьҭаныҟәара уаҩы ианаужьырц шалшогьы, изхарам, Абиблиа азин злаинаҭо ала, аилыҵразы ашәҟәы алеиҵарц илшоит (Маҭфеи 5:32; иаҿырҧш Осиа 3:1—5). Абри аиҧш иҟоу апатудара иахҟьаны аҭаацәара еилаҳауазар, акгьы зхарам аҭаацәараҿы иумҩалоуи ухәыҷқәеи ргәаҿы имҕьаӡо ахәрақәа анхалар алшоит. Аҭаацәарақәа иреиҷаҳаны, Анцәа Иажәа иаҳнарбоит, иахьымхәауа ацәыбзацәеи акалҭшьҭаныҟәаҩцәеи алахьыцәгьа шрыҭахо. Уи адагьы, Абиблиа еилыкка иаанарҧшуеит, асекс аганахьала зхы пату ззақәымҵо ауаа «Анцәа Иаҳрахь неишьа шрымам» (Галатаа рахь 5:19, 21).

«АДУНЕИ ИАХӘҬАКЫМ»

14. а) Аныха амҵаныҳәара иарбан формақәоу Анцәа ицәшәо ауаҩы иҽызцәихьчо? б) Закәытә напхгароузеи Иоанни 17:14 Исаиеи 2:4 рышәҟәқәа рҟны иҳауа?

14 Иегова игәыҟаҵареи Аҳра азылҧхарақәа зхы иазырхәараци зҭахыу изакәызаалак аныха амҵаныҳәара иатәуи зегьы рҽырцәырхьчоит. Абиблиа иаҳнарбоит, асахьақәа (Христоси, мамзаргьы уи иан Мариеи рсахьақәагьы уахь инарылаҵаны) рыҟаҵареи, насгьы урҭ рымҵахырхәареи шиашам (Ақәҵымҭа 20:4, 5; 1 Иоанн 5:21). Убри аҟнытә аиаша қьырсианцәа аныхақәеи, аџьарқәеи, ахаҳәчаҧақәеи ирымҵаныҳәом. Урҭ убасеиҧш рхацәыргоит аныха амҵаныҳәара ицәыргам аформақәагьы — абираҟқәа рымҵахырхәареи жәларык рыхьӡ ӡырзго ашәақәа рынагӡареи. Урҭ мчыла убас ддырҟаҵарц ианалаго, иргәаладыршәоит Иисус Аҩсҭаа иеиҳәаз ажәақәа: «Иуқәиҭу у-Нцәа уиеихырхәала, убри аӡәкгьы имаҵ ула» (Маҭфеи 4:8—10). Иисус иҳәеит, ишьҭанеицәа «адунеи ишахәҭакым» (Иоанн 17:14, АҾ). Ари иаанаго убриоуп: урҭ аполитика аусқәа рыҽрыларгалом, аҭынчнхара рымоуп, Исаиа ишәҟәы 2:4 аҟынтә иаагоу ажәақәа иахьрықәныҟәо азы. Уаҟа иаҳәоит: «Иара [Анцәа Иегова] ажәларқәа дрықәыӡбашт, иаҿаҧиҽышт абиҧарақәа акыр; урҭ раҳәақәагьы ирылаӡдрыжәышт ақәаҭанақәа, раҧсақәагьы — амаганақәа; жәлари-жәлари ҳәаҭыхла еиҿагыларым, аибашьышьагьы уаҳа ирҵаларым».

15. Изахьӡузеи Вавилон ду, насгьы иҟарҵозеи, уи иалҵырц зҭахны, ҿыц Абиблиа аҭҵаара иалагаз аӡәырҩы?

15 «Адунеи иахәҭакымкәа» аҟазаара, иара убасгьы, иаанаго «Вавилон дуи» (амц-динхаҵара адунеитә мчреи) уареи уаанӡа ишәыбжьаз аимадарақәа зегьы рҵыхәа аҧҵәароуп. Ицқьамыз ахырхәара ажәытәтәи Вавилон аҟынтә ирылаҵәон, адгьыл зегьы иқәынхо ауаа уҭазырхо уи адоуҳатә мчра анапаҵаҟа иҟалаанӡа. «Вавилон ду» ахь иаҵанакуеит зҵарақәеи зусқәеи Анцәа изкыу адыррақәа ҕәҕәала ирҿагыло адинқәа зегьы (Аартра 17:1, 5, 15). Иегова имаҵуҩцәа иашақәа рахьтә аӡәымзар-аӡәгьы адинқәа русеицурақәа ихы рылеиҵом, ахырхәараҿы еиуеиҧшым адинқәа иҽрыдкыланы, мамзаргьы Вавилон ду иахәҭакыу иарбанзаалак акы даҩызаханы (Ахыҧхьаӡарақәа 25:1—9; 2 Коринфаа рахь 6:14). Абри иахырҟьаны, Абиблиа аҭҵаара напазыркуа рахьтә аӡәырҩы изхыҧхьаӡалоу адинхаҵаратә организациа ишалҵуа ала арзаҳал рыҩуеит. Ари дара абасеиҧш ажәа рызҭахьоу Анцәа иаша изааигәанатәуеит: «Урҭ шәрылҵны, хазы шәнагыл, иҳәоит Ишәықәиҭу, шәагьалымкьысын иҟьашьу, нас Сара шәсыдыскылоит» (2 Коринфаа рахь 6:17; Аартра 18:4, 5). Иуҭахӡами уара гәык-ҧсыкала, жәҩан иҟоу ҳ-Аб уидикыларц?

ЕСЫШЫҚӘСАТӘИ АНЫҲӘАҚӘА ИШРЫЗНЕИЛАТӘУ

16. Избан аиаша қьырсианцәа Қьырса ныҳәа зазгәарымҭо?

16 Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаара бжеиҳан ауадаҩ уалазҵо адунеи иатәу аныҳәақәа рҟынтә ахақәиҭра ҳнаҭоит. Иаҳҳәап, Абиблиа Иисус иирамш атәы цқьа еилкааны иҳанаҳәом. «Сара сгәы иаанагон, Иисус декабр 25 рзы диит ҳәа!» — ҿаарҭыр ауеит џьоукы. Ари ҟалашьа амаӡам, избанзар уи дыҧсит 33 шықәса ҳ. ҳ. ааҧынразы, ҩажәи жәаха шықәсеи бжаки анихыҵуаз. Уи адагьы, уи даниуаз аламҭалазы «иҟан убри атәылан ахьчацәа адәаҿы иҧхьауаз, зырахә рзы уахынла аҷаҧшьацәа змаз» (Лука 2:8). Израил декабр анҵәамҭа ианыхьшәашәароу, ақәа анауа иашықәсаамҭаны иҧхьаӡоуп. Усҟан уахынла ауасақәа ауасагәарахь икҿарцалоит, аӡын аҷыхь иацәынхарц азы. Ииашаҵәҟьаны, декабр 25 рзы римаа Амра анцәахәы иныҳәамш азгәарҭон. Ашәышықәсақәа нҭакәкәа ицеит, Иисус адгьылаҿы данынхоз аахыс, ихьаҵыз ақьырсианцәагьы ари амш Христос иирамш акәны ирыдыркылеит. Ажәакала, аиаша қьырсианцәа Қьырсеи амцхаҵарақәа шьаҭас измоу егьырҭ аныҳәақәеи азгәарҭом. Дара гәык-ҧсыкала иззыҟоу Иегова заҵәык иоуп азы, урҭ убасеиҧш иазгәарҭом ауаа ма ажәларқәа нцәазтәуа аныҳәақәа.

17. Избан Анцәа ицәшәо ауаа аирамшқәа шазгәарымҭогьы, рыхшаара, уеизгьы, насыҧ зрымоу?

17 Абиблиа ахаҭа аҟны аирамшқәа аназгәарҭоз атәы зҳәо ҩ-хҭыс заҵәык роуп иаҳҧыло, урҭ аҩбагьы рҟны агәырҕьара иалахәыз Анцәа имаҵ зымуаз ракәын (Аҟазаара 40:20—22; Маҭфеи 14:6—11). Аҧшьаҩыра иуаҩынаӡаз Иисус Христос даниз амш атәы злаҳанамҳәо ала, иаҧсоума инаӡам ауаа рирамшқәа хшыҩзышьҭра ду раҳҭалар? (Аекклесиаст 7:1). Ҳәара аҭахыума, Анцәа ицәшәо ани аби иҷыдоу хҭыск иазыҧшым, рыхшаара рахь абзиабара аадырҧшырц азы. Жәаха шықәса зхыҵуа қьырсиан-ӡҕабк абас лҳәеит: «Ҳҭаацәараҿы есымша гәырҕьароуп... сара сани саби даара сырзааигәоуп, егьырҭ сҩызцәагьы еиуеиҧшым аныҳәақәа зазгәабымҭозеи ҳәа иансазҵаауа, сара сзы есыҽны ныҳәоуп ҳәа расҳәоит». Абар, жәибжь шықәса зхыҵуа даҽа қьырсианк ииҳәаз: «Ҳара ҳаҩнаҭа аҟны ашықәс зегьы аҳамҭақәа еибырҭоит». Угәы уҽанымкәа иуоуа аҳамҭақәа еиҳа анасыҧ узааргоит.

18. Иарбан ныҳәоу Иисус ишьҭанеицәа есышықәса иазгәарҭаларц ирыдиҵаз, насгьы иаҳгәаланаршәозеи ари аныҳәа?

18 Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа ныҟәызго рзы есышықәса иазгәаҭалатәу мшык ыҟоуп. Ари Иҳақәиҭу Ихәылҧаз ауп, иара убас, Христос иҧсра агәаларшәара Ахәылҧаз ҳәа изышьҭоу. Иисус ари аныҳәа анаҧиҵоз, ишьҭанеицәа ирыдиҵеит: «Абри ҟашәҵала Сара сгәаларшәагас» (Лука 22:19, 20; 1 Коринфаа рахь 11:23—25). Иисус абри Ахәылҧаз анышьақәиргылоз, 33 шықәса ҳ. ҳ. нисан 14 ауха, ихы иаирхәеит иҵаам ачеи аҩы ҟаҧшьи. Урҭ символтә ҵакыс ирымаз гәнаҳара зламыз иуаҩытәыҩсатә цәеижьи инаӡаз ишьа цқьеи ракәын (Маҭфеи 26:26—29). Арҭ асимволқәа здызкыло Анцәа идоуҳа цқьала иҧшьоу ақьырсианцәа роуп. Дара аиқәшаҳаҭра ҿыци Аҳразы аиқәшаҳаҭреи ирылахәуп аҟнытә, урҭ жәҩантәи аҧсҭазаара азы агәыҕра рымоуп (Лука 12:32; 22:20, 28—30; Римаа рахь 8:16, 17; Аартра 14:1—5). Аха уи ус шакәугьы, ажәытә уриатә календар ала нисан 14 иақәшәо ахәылҧаз хәарҭара рзаанагоит уи ахь инеиз зегьы. Абри амш иаҳгәаланаршәоит Анцәа Иеговеи ҳҿызхырц иҧсыз Иисус Христоси рыбзиабара. Уи Анцәа игәы иақәшәо ауаа наӡаӡа инхалартә алшара рнаҭоит (Маҭфеи 20:28; Иоанн 3:16).

АУСУРЕИ ААМҬА АХГАРЕИ

19. Иарбан уадаҩрақәоу ақьырсианцәа зынио, урҭ рҿаҵахәы андырҳауа?

19 Аиаша қьырсианцәа ируалуп ламыс-цқьала акруреи ахныҟәгареи. Ари аҭаацәа ирхагылоу агәахәара ду изаанагоит (1 Фессалоникаа рахь 4:11, 12). Ҳәара аҭахыума, ақьырсиан иусура Абиблиа иаҳәо иаҿагылозар, усҟан уи насыҧ иоурц залшом. Аха зны-зынла ақьырсиан абиблиатә нормақәа ирықәшәо аусурҭа аҧшаара аницәыуадаҩугьы ҟалалоит. Иаҳҳәап, џьоукы русура аахәаҩцәа ржьаларц рыднаҵоит. Даҽа ганкахьала, аусурҭа аиҳабацәа аӡәырҩы узықәгәыҕша аусуҩы дырцәыӡыр ҳәа ишәаны, иқьиоу аусуҩы идкылара иақәшаҳаҭхоит, уи иламыс ҳаҭыр ақәҵаны. Ишыҟазаалакгьы, уара агәра ганы уҟазарц улшоит, уламыс ахьыцқьахаша аусурҭа аҧшаара иадуҵо умч-улшара Анцәа дшазылҧхо ала (2 Коринфаа рахь 4:2).

20. Избан ҳара ҳлаҧшуазарц захәҭоу, агәырҿыхагақәа рыӡбахә ҳаналацәажәо?

20 Анцәа имаҵуҩцәа насыҧ рымазарц злеиҭахыу ала, ҳара аусура уадаҩи амч ҿыцқәа узҭо аҧсшьареи агәырҿыхарақәеи еилаҳагӡалароуп (Марк 6:31; Аекклесиаст 3:12, 13). Аҩсҭаа идунеи иҳаднагало Анцәа игәамҧхо агәырҿыхагақәа роуп. Аха Иегова игәыҟаҵаразы, ашәҟәқәа, арадиодырраҭарақәа, амузыка, иара убас, аконцертқәа, акиносахьақәа, апиесақәа, ателедырраҭарақәа, авидеофильмқәа рганахьала ҳлаҧшуазароуп. Уаанӡа иалхны иҳамаз агәырҿыхагақәа Ҩынтәзакәан 18:10—12, Ҧсалом 10:5, Ефесаа рахь 5:3—5 уҳәа реиҧш иҟоу атекстқәа ирну агәаҽанҵарақәа ирҿагылозар, Иегова игәы ҟаҳҵоит, ҳаргьы насыҧ ҳауеит, ҳҽаҳаҧсахыр.

АҦСҬАЗААРЕИ АШЬЕИ РЕИҶАҲАРА

21. Аҧсҭазаара пату ақәҵара аиҵаҟьареи, иара убас, ашьцыларақәеи ахымҩаҧгашьеи ҳшырзыҟоу шҧарныруеи?

21 Анасыҧ иашаҵәҟьа ҳалагәырҕьаларц азы, Иегова иеиҧш, ҳаргьы ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара иҧшьоу акы еиҧш ҳахәаҧшуазароуп. Уи Иажәа азин ҳанаҭом ауаҩы ишьра (Маҭфеи 19:16—18). Аиашазы, Израил иаиуз Азакәан излаанарҧшуа ала, Анцәа иҿаҧхьа имиц ахәыҷы иҧсҭазаарагьы хәы амаӡам, убри аҟнытә уи анырҵәара азин ыҟам (Ақәҵымҭа 21:22, 23). Убри азы иҳахәҭаӡам, аҧсҭазаара ҵакы змам акы еиҧш иҧхьаӡаны, аҭаҭыни, анаркотикқәеи, арыжәтәи рыла ҳцәеижь бжьаҳхларц, мамзаргьы рқьиашьа змам агәыҕьра ааҳарҧшларц. Убасеиҧш иҳахәҭаӡам ҳаҧсҭазааразы ишәарҭоу аусқәа ҳаҽрылаҳгаларц, мамзаргьы ашәарҭара гәҩарас иҟаҳамҵаларц, избанзар уи иахҟьаны ашьакаҭәара азы ахара ҳадлар ауеит (Ҩынтәзакәан 22:8).

22. а) Излааҧшуазеи ашьеи уи ахархәареи рзы Анцәа игәаҧхо агәаанагара? б) Ииашаҵәҟьаны ҳаҧсы еиқәзырхо ашьа зтәыда?

22 Иегова Нои иҭаҳцәеи иареи иреиҳәеит, ашьа символтә ҵакыс иамоу аҧсы, мамзаргьы аҧсҭазаара шакәу. Убри аҟнытә Анцәа ауаа азин римҭеит ашьа зтәызаалакгьы ахәы иалаҵаны афара (Аҟазаара 9:3, 4). Урҭ ҳахьырхылҵыз азы, ари азакәан ҳара ҳазгьы ихымҧадатәиуп. Иегова израилаа ирыдиҵеит, ашьа адгьылахь ирышьҭларц, насгьы уи дара иахьырҭахыу рхы иадмырхәаларц (Ҩынтәзакәан 12:15, 16). Ашьа иазкыу Анцәа изакәан ҩаҧхьа еиҭаҳәан, актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа «ашьа... рҽацәныркыларц» анрылаҳәаз (Аусқәа 15:28, 29). Аҧсҭазаара ацқьара ҳаҭыр ахьақәырҵо аҟнытә, Анцәа ицәшәо ауаа ашьалаҵара мап ацәыркуеит, егьырҭ уи шәыҧсы еиқәнархоит ҳәа рарҳәозаргьы. Иегова Ишаҳаҭцәа ирыдыркылартә иҟоу ахәшәтәышьақәа акыр даара ишхәарҭоу ааҧшуеит, ауаҩы иҧсҭазаарагьы ашьалаҵараан ицәырҵуа ашәарҭа аҩыза иҭадыргылом. Ақьырсианцәа ирдыруеит, ииашаҵәҟьаны, рыҧсы еиқәзырхо Иисус икеиҭәаз ашьа мацара шакәу. Убри атәы хазҵо рыгәнаҳарақәа ранажьхоит, наӡаӡа анхара азгьы агәыҕра роуеит (Ефесаа рахь 1:7).

23. Иарбан ҳамҭақәоу Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа иаҳзаанаго?

23 Зегь рыла ишаабо еиҧш, Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа амч-алшара маҷымкәа иаҭахыуп. Абри аҩыза уҧсҭазаашьа иахыччар алшоит уҭынхацәеи удырцәеи (Маҭфеи 10:32—39; 1 Пиотр 4:4). Аха аҳамҭақәа изакәызаалак аҧышәарақәа раасҭа, акыр иеиҳауп. Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа аламыс цқьа унаҭоит, насгьы хырҳагас иузыҟалоит егьырҭ Иегова иеихырхәауа рыҿцаара (Маҭфеи 19:27, 29). Иара убасгьы, ухаҿы иаага наӡаӡатәи аҧсҭазаара ииашоу Анцәа идунеи ҿыц аҟны (Исаиа 65:17, 18). Насгьы шаҟа игәзырҳагоузеи Абиблиа иану абжьгарақәа рхархәара, уиалагьы Иегова иргәырҕьара! (Ажәамаанақәа 27:11). Уамашәа ибатәым, Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа анасыҧ ахьаанаго! (Ҧсалом 127:1, 2).

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа анасыҧ аанагартә мзызқәас иамоузеи?

Закәытә ҽыҧсахрақәоузеи Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа иаҭаххарц иалшо?

Избан уара Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа аныҟәгара зуҭахыу?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьа, адаҟьақәа 124, 125]

Адоуҳатә усқәеи аҧсшьареи реилагӡара Анцәа игәаҧхо аҧсҭазаашьа ныҟәызго рынасыҧ иацхраауеит.