Анцәа ижәлар рыгәҭа уҽыҧхьак
Ахы 17
Анцәа ижәлар рыгәҭа уҽыҧхьак
1, 2. Ауаатәыҩса рҭагылазаашьа афырҭын зхызгаз ауаа рҭагылазаашьа изеиҧшузеи?
УХАҾЫ иаага, уахьынхо аҭыҧ аҟны ихырҵәагоу афырҭын ықәсызшәа. Уҩны ҟәыбаса илеилаҳаит, уаргьы иумаз зегьы уцәыӡит. Ачеи аӡырши урхаанхар акәхеит. Хацәгашьак умамкәа, уҭагылазаашьа цәгьоуп ҳәа угәы иаанагарын. Ус иаалырҟьаны арыцҳара иақәшәаз рзы ацхыраара аарышьҭуеит. Иааргоит даара ирацәаны афатәи амаҭәақәеи. Иуздыргылоит иҿыцу аҩны. Абри аҩыза ацхыраара узҭаз ҵыхәаҧҵәарада иҭабуп ҳәа роуҳәалоит, хымҧада.
2 Иахьагьы убри аҩыза уаҩы ибарҭоуп. Адами Евеи иаадырҧшыз аҿагылара, убри афырҭын еиҧш, аҧхасҭа ахылҿиааит ауаатәыҩса зегьы рзы. Иӡит џьанаҭ — ауаа рынхарҭа. Убри аахыс ауаатәыҩса реиҳабырақәа рымч ақәхом ауаа аибашьрақәеи, ацәгьауреи, аиашамреи рацәыхьчара. Имцу адинхаҵара ауаа иухаҳауа адоуҳатә чыс иалхәдаанатәуеит, амлашьрагьы иҭанаргылоит. Аха Анцәа Иегова доуҳала иҟоу афатәи, амаҭәеи, ахыҵакырҭеи ҳаиҭоит. Абри ҟаҵашьас иеиҭозеи уи?
«АТӘЫ ИГӘРАГОУ, ХШЫҨГЬЫ ЗМОУ»
3. Иегова ауаа адоуҳатә чыс шҧариҭои, насгьы иарбан ҿырҧштәқәоу уи злаабо?
3 Аҧсабара мчқәа ирхырҟьаны арыцҳара иақәшәаз рзы ацхыраара аарышьҭуеит хықәкыла, организациак ала, убас Иегова ижәлар ирзынаишьҭуа адоуҳатә чысгьы еиҿкаарала ироуеит. Ҿырҧштәыс иаагозар, израилаа зқьи хәышә шықәса инарзынаҧшуа «Иҳақәиҭу иеизара» ҳәа иҧхьаӡан. Иегова урҭ рыҩнуҵҟа иалихит ажәлар Азакәан дзырҵалашаз ауаа (1 Ашықәсынҵа 28:8; 2 Ашықәсынҵа 17:7—9). Ҳара ҳера актәи ашәышықәсазы Иегова иаҧиҵеит ақьырсианцәа рорганизациа. Еиҽкаан аизарақәа, апостолцәеи ахацәа еиҳабацәеи рыла ишьақәгылаз аилазаара аҟынтә напхгара зауаз (Аусқәа 15:22—31). Ҳаамҭазы Иегова убасеиҧш ижәлар напхгара риҭоит организациатә шьақәгылашьала. Иабантәаадыруеи ҳара абри?
4. Ҳаамҭазы «атәы игәрагоу, хшыҩгьы змоу» ҳәа иҧхьаӡоу дарбан, адоуҳатә чысгьы Анцәа иҟынтә ишҧаҳауа?
4 Иисус иҳәеит, иара аҳратә мчра иманы даныҟало аамҭазы дшаацәырҵуа ишьҭанеицәа «ианаамҭоу афатә» рызҭалаша «атәы игәрагоу, хшыҩгьы змоу» (Маҭфеи 24:45—47). Абри «атәы» иакәны иҟалада, 1914 шықәсазы Иисус ажәҩанаҿы Аҳ иҭыҧ аниоу аамҭазы? Ақьырсиантә дунеи иатәу адоуҳаныҟәгаҩцәа ракәмызт, ҳәарада. Актәи адунеитә еибашьраан адоуҳаныҟәгаҩцәа реиҳараҩык еиуеиҧшымыз атәылақәа реиҳабырақәа ирыдгылоз апропагандала рыуаажәлар «акрырҿарҵон». Хәарҭара злаз, насгьы ианаамҭаҵәҟьаз адоуҳатә чыс ауаа ишаны ирызҭоз Анцәа иҧшьоу идоуҳа зауз гәыҧҩык ақьырсианцәа иашақәа ракәын. Урҭ Иисус «агәарҭа маҷ» ҳәа зыхьӡиҵаз ирхыҧхьаӡалоуп (Лука 12:32). Абарҭ иҧшьаз ақьырсианцәа ирыладырҵәоз ажәабжь ауаатәыҩса реиҳабырақәа ракәмызт изызкыз, аха Анцәа Иаҳра акәын. Убри аҟнытә ҳамҭакы ашьҭахь, аиаша динхаҵараҿы иҧшьаз «атәы» инаивагылеит ақьиара злаз миллионҩыла «егьырҭ ауасақәа» (Иоанн 10:16). Анцәа, «атәы игәрагоу» Инапхгаратә совети иареи ихы иархәаны, еиҿкаау ижәлар идирбоит, адоуҳатә чыси, амаҭәеи, ахыҵакырҭеи згәы азыҳәауа зегьы ишаны ишрыҭалатәу.
«ИАНААМҬОУ АФАТӘ»
5. Ишҧаҟоу иахьа адунеи адоуҳатә ҭагылазаашьа, Иеговагьы иҟаиҵозеи?
5 Иисус иҳәеит: «Чала мацара акәым ауаҩы дызлабзахо, иарбанзаалак Анцәа иҿы иҭыҵуа ажәалоуп» (Маҭфеи 4:4). Аха рыцҳарас иҟалаз, ауаа рыбжеиҳараҩык Анцәа ииҳәо зынӡа хьаас ирымаӡам. Иегова иҧааимбар Амос заа ишиҳәахьаз еиҧш, «ачазы амлашьреи, аӡышареи рымацара ракәымкәа, аха Иҳақәиҭу иажәақәа раҳара азгәышьра» аамҭа ҳахаанхеит (Амос 8:11). Доуҳала амлакра ыҟоуп даара анцәахаҵара злоу ауаа рыҩнуҵҟагьы. Аха уеизгьы, Иегова «иҭахыуп, ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша аилкаарагьы роурц» (1 Тимофеи иахь 2:3, 4). Убри азоуп Уи ибарақьаҭха адоуҳатә чыс зҳаиҭо. Аха уи абаҳаҧшаари?
6. Иегова ажәытәан иуаажәлар доуҳатә чысла ишҧеиқәиршәоз?
6 Иегова еснагь, иеидкылам ауаа ракәымкәа, ижәлар зегьы доуҳатә фатәыла еиқәиршәон (Исаиа 65:13). Израилтәи аҧшьауаа ҳәсеи-хацәеи, хәыҷи-дуи — жәлары зегьы еизыргон, урҭ Анцәа Изакәан ддырҵаларацы (Ҩынтәзакәан 31:9, 12). Дарбанзаалак дымҩақәырҵарц, игәгьы дырҕәҕәарц азы, актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа, усҟантәи аамҭазы анапхгаратә совет анапаҵаҟа иҟаз, иеиҿыркаауан аизарақәа, аиҧыларақәагьы еицымҩаҧаргон (Римаа рахь 16:4; Филимон иахь 1, 2). Иегова Ишаҳаҭцәа урҭ рҿырҧшы иқәныҟәоит. Уара гәаартыла уаарыҧхьоит, аизара аиҧыларақәа урҭааларц.
7. Иааиҧмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еиҧыларақәа рахь аныҟәара адырреи ахаҵареи ишҧарыдҳәалоу?
7 Ҳәара аҭахыума, хаҭала Абиблиа ахьуҵоз иабзоураны, иеилукааз рацәоуп. Ари аус аҟны аӡәы дуцхраауазар акәхарын (Аусқәа 8:30—35). Аха уара ухаҵара аҵиаа иадукылар алшоит. Аҵиаа ишахәҭоу еиҧш уамеиҷаҳалар, аканӡара иалагоит, аҵыхәтәангьы иҧсуеит. Убри аҟнытә уара ишахәҭоу еиҧш доуҳала учалароуп (1 Тимофеи иахь 4:6). Ақьырсиантә еиҧыларақәа рҟны акраамҭатәи аҵара апрограмма уоуеит. Уи доуҳала учалартә, насгьы Анцәа изкыу удыррақәа шеизҳауа еиҧш, ухаҵара еизҳазыҕьалартә иуцхраауеит (Колоссаа рахь 1:9, 10).
8. Ҳара Иегова Ишаҳаҭцәа реизара аиҧыларақәа рахь ҳныҟәаларц зҳахәҭоузеи?
8 Аизара аиҧыларақәа даара крызҵазкуа даҽа хықәкык рымоуп. Павел иҩуан: «Ҳаизҿлымҳазаап аӡәи-аӡәи, абзиабареи аус бзиақәеи ҳгәырзыҟаҵо; иаанҳмыжьлап ҳаизара» (Ауриацәа рахь 10:24, 25). «Агәазыҟаҵара» ҳәа абырзен бызшәахьтә иеиҭагоу ажәа, иара убас, ҵакыс иамазар ауеит «арҵарра». Абиблиатә жәамаана иаҳәоит: «Аҭыџь ҭыџьла идырҵаруеит, ауаҩгьы иҩыза илаҧш ирҵаруеит» (Ажәамаанақәа 27:17). Ҳауа дарбанзаалак еснагь «иҽирҵаруазароуп». Ари адунеи ааҟәымҵӡакәа ианҳақәыҕәҕәо, ҳхаҵара «арцагәыр» алшоит. Ақьырсиантә еиҧыларақәа рҟны акәзар, уаҟа ҳлахҿыхӡа ҳааҟалоит (Римаа рахь 1:11, 12). Аизара иалахәу апостол Павел ‘аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, доуҳалагьы шәеибарҕәҕәала’ ҳәа иҟаиҵаз ааҧхьара иқәныҟәоит, избанзар ари ҳхаҵара «арҵаруеит» (1 Фессалоникаа рахь 5:11, ИА). Иааиҧмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еизара аиҧыларақәа рахь ҳанныҟәо, уи иаҳәоит, ҳара Анцәа бзиа дшаҳбо, насгьы ихьӡ ҳараҳклартә еиҧш, алшара ҳнаҭоит (Ҧсалом 34:18).
«БЗИАБАРАЛА ШӘҼЕИБЫШӘҬА»
9. Иарбан ҿырҧшу Иегова абзиабара аганахьала иҳаиҭаз?
9 Павел иҩуан: «Бзиабарала шәҽеибышәҭа, избанзар уи анаӡара иахәҭакыуп» (Колоссаа рахь 3:14, АҾ). Иегова ҳрыцҳашьаны абри аҩыза амаҭәала ҳаилеиҳәоит. Ишҧаҟаиҵои уи? Ақьырсианцәа иаадырҧшуеит абзиабара, избанзар абзиабара — ари Иегова ҳамҭас иҳаиҭахьоу иҧшьоу идоуҳа алҵшәақәа ируакыуп (Галатаа рахь 5:22, 23). Иегова Ихаҭа иреиҳаӡоу абзиабара ааирҧшит, ихшаазаҵәыз Иҧагьы дааишьҭит, ҳара наӡаӡатәи аҧсҭазаара ҳауратәы ҳҟаларц азы (Иоанн 3:16). Абри аиҧш иҟоу абзиабара аарҧшны, Анцәа зегь раасҭа еиҕьу аҿырҧшы ҳзынижьит. «Абас Анцәа бзиа ҳаибазар, ҳаргьы аӡәи-аӡәи бзиа ҳаибабалароуп»,— иҩуан апостол Иоанн (1 Иоанн 4:11).
10. Излаҳахәарҭоузеи «аешьара» аҿцаара?
10 Аҳра Азал аҟны имҩаҧысуа аиҧыларақәа рахь уанныҟәо, уара абзиабара ааурҧшыртә алшара замана уоуеит. Уаҟа урыниоит зынӡа еиуеиҧшым ауаа. Урҭ рахьтә аӡәырҩы, жәаҳәарада, иаразнак урнаалоит. Ҳәара аҭахыума, Иегова имаҵуҩцәа рыҩнуҵҟагьы еиуеиҧшым ауаа уҧылоит. Иҟалап, уара уаанӡа ҟазшьалеи интереслеи иуеиҧшымыз ухы рцәыҧхьаукуазҭгьы. Аха ақьырсианцәа «аешьара бзиа ирбалароуп» (1 Пиотр 2:17). Убри аҟынтә хықәкыс ишьҭых Аҳра Азал иаҭаауа зегьы рабадырра,— уара иуқәлацәамгьы, насгьы ҟазшьалеи, цәаҧштәылеи, ҵаралеи иуеиҧшымгьы. Урҭ рахьтә дызусҭазаалак иссиру ҟазшьақәак идумбаларц залшом, хымҧада.
11. Избан уара узы ҧырхагас изыҟамлаша, Иегова иуаажәлар зынӡа еиуеиҧшым ауаа рыла иахьышьақәгылоу?
11 Аизара зынӡа еиуеиҧшым ауаа рыла ишьақәгылоуп, аха уи уара ҧырхагас иузыҟамлароуп. Ухаҿы иаага, иаҳҳәап, абри аҩыза: уара амашьына уақәтәаны амашьынақәа ахьеилысуа рыжәпара уалсны уцоит. Амашьынақәагьы зегьы рыласшьа еиҧшым, зегьы рҭагылазаашьа бзиам. Иҟоуп урҭ рахьтә, акыр километра иахысхьоу, егьырҭ, уара утәы еиҧш, уажәоуп рҿанынарха. Аха абарҭ аиҧшымзаарақәа ҳармыхәаҧшуазар, дара зегьы мҩак ианыланы ицоит. Ари аизара иалахәу ауаа рҭагылазаашьа акыр иеиҧшуп. Ҳазынтәыкгьы ҳнеибеиҧшны аамҭакала ақьырсиантә ҟазшьақәа ааҳхәом. Убри инеиҳангьы, ҳара зегьы гәабзиаралеи цәанырралеи ҳаиҧшым. Џьоукы Иегова иеихырхәоит акыр шықәса инеиҧынкыланы, егьырҭ уажәааигәоуп урҭ рҽанрыдыркылаз. Уи хьаас имкыкәа, ҳазынтәыкгьы наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь ҳкылызго мҩак ҳаицануп, «ҳагьеидҳәалоуп... доуҳакалеи хәыцшьакалеи» (1 Коринфаа рахь 1:10). Убри аҟнытә аизара злашьақәгылоу ауаа, рыҧсыҽрақәа ракәымкәа, рҟазшьа бзиақәа урыцклаҧшла. Уи уара еиҳагьы уаргәырҕьоит, арҭ ауаа Анцәа дшырзыразу анубалак. Угәазымҳәаӡои урҭ рыгәҭа аҟазаара? (1 Коринфаа рахь 14:25).
12, 13. а) Иҟауҵарц иухәҭоузеи, аизараҿы аӡәы угәы нирхазар? б) Избан ацәгьара угәы иҭоуҵәахыр заҧсам?
12 Инаӡоу уаҩы дыҟаӡам, зны-зынлагьы аӡәы ма ажәала, ма хымҩаҧгашьала уиргәаар алшоит (Римаа рахь 3:23). Аҵаҩы Иаков абри ихаҿы иааигон, убри азы иагьиҩуан: «Ҳазынтәыкгьы ирацәаны агәнаҳа ҟаҳҵоит. Ажәа аҟны агәнаҳа зымҳәо инаӡоу ауаҩы иоуп» (Иаков 3:2). Ишҧаудукылои, аӡәы угәы нирхар? Абиблиатә жәамаана иаҳәоит: «Аҟәыҕароуп ауаҩы акрычҳара илазааӡо. Иџьашьахәуп, ауаҩ ҟәыш игәы иамыхәаша ҟазҵо ауаа ианранаижьуа» (Ажәамаанақәа 19:11, ИА). Аҟәыҕара — ари ауаҩы иажәақәеи ихымҩаҧгашьақәеи ирыҵаҵәахыу аарҧшреи, насгьы урҭ реилкаареи роуп иаанаго. Ҳаиҳараҩык, иҽеим ҳхымҩаҧгашьа ҳанақәыӡбо, усҟан имаҷны акәзаргьы, ҳхы ианаҳажьуеит. Абри аҩыза аҟәыҕара зааҳмырҧшрызеи, егьырҭ ауаа реилкаареи рыгхақәа ранажьреи рзы? (Маҭфеи 7:1—5; Колоссаа рахь 3:13).
13 Ахаан иаҳхаҳмыршҭлароуп, Иегова ҳагәнаҳарақәа ҳанаижьларц ҳҭахызар, ҳаргьы убас егьырҭ ауаа ишранаҳажьлаша (Маҭфеи 6:9, 12, 14, 15). Иашала ҳанхозар, ҳара егьырҭ рахь абзиабара ааҳарҧшлароуп (1 Иоанн 1:6, 7; 3:14—16; 4:20, 21). Убри аҟнытә, аӡәи уареи аимак-аиҿак аншәыбжьало, ахаан ацәгьара угәаҿы еизумгалан. Бзиабарала згәы ҭәыу ауаҩы апроблема аӡбра дашьҭалоит, иҽагьадирхалом саҭамыз ҳәа аҳәара, уи аӡәы игәы нирхазар (Маҭфеи 5:23, 24; 18:15—17).
14. Иарбан ҟазшьақәоу ҳҽызлеибаҳҭаша?
14 Иаҳшәу адоуҳатә маҭәа иахыҧхьаӡалазароуп абзиабара иадҳәалоу егьырҭ аҟазшьақәагьы. Павел иҩуан: «Шәҽеибышәҭа... гәшаҭарала, ҳалалрала, хӡырымгарала, ҭынчрала, крычҳарала». Абарҭ аҟазшьақәа, абзиабара инаваргыланы, Анцәа игәы ҟазҵо ауаҩы ицәаҩоуп (Колоссаа рахь 3:10, 12). Умчқәа еидкыланы аусура уалагарыма, «иҿыцу» ауаҩы имаҭәала уҽеилауҳәарц азы? Аишьцәа рахь абзиабара маҭәас ианушәуҵалак, уара уҟны иааҧшуеит Христос ишьҭанеицәа урылазмырҩашьо адырга. Иисус иҳәеит абас: «Бзиа еибабара шәыҩнуҵҟа ишәымазар, убри ала зегьы шәырдыршт, Сара сҵаҩцәа шшәакәу» (Иоанн 13:35).
АҼЫҦХЬАКЫРҬА
15. Аизара аҽыҧхьакырҭа иаҿҳарҧшырц зҳалшозеи?
15 Убри инаҷыданы, аизара уаҩы дшәаратәы дахьыҟамло хыҵакырҭас, ҽыҧхьакырҭас иҧхьаӡоуп. Аизараҿы уара иуҧшаауеит Анцәа игәаҧхара инақәыршәаны зхы мҩаҧазгаларц иашьҭоу, гәык-ҧсыкала иҟоу ауаа. Урҭ рахьтә аӡәырҩы иҽеим ахымҩаҧгашьеи ашьцыларақәеи рхырцәыргеит. Иҟалап, уаргьы урҭ риааира узыҧшызаргьы (Тит иахь 3:3). Абарҭ ауаа уцхраарц рылшоит, избанзар иҳаҳәоуп, «аӡәи-аӡәы шәеидара хьанҭақәа еимыжәдала» ҳәа (Галатаа рахь 6:2). Ҳәарас иаҭахыузеи, наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго амҩа уара узы аӡәгьы даныланы дцаларым (Галатаа рахь 6:5; Филиппаа рахь 2:12). Аха Иегова иҳазирхиеит ақьырсианцәа реизара — иссиру ашьақәгылара, еснагь ацхыраара уаҩы иҧшаарц ахьилшо. Упроблемақәа иагьа иуадаҩзаргьы, уара иумоуп агәышьҭыхра иахыҵхырҭоу — аизара. Уаҟа аҳра ауеит абзиабара, уи ауп арыцҳарақәеи амамзаарақәеи раан ацхыраара узҭо. (Иаҿырҧш Лука 10:29—37; Аусқәа 20:35.)
16. Иарбан цхыраароу иҳарҭо аизара аиҳабацәа?
16 Ацхырааразы иузнеиуа рыгәҭа иҟазаауеит аизара аиҳабацәа, мамзаргьы «уаалатәи аҳамҭақәа», ахылаҧшцәа, згәы иаахәаны, зҽадцаланы «агәарҭа» иахылаҧшуа (Ефесаа рахь 4:8, 11, 12, АҾ; Аусқәа 20:28; 1 Пиотр 5:2, 3). Урҭ ирызкны аҧааимбар Исаиа иҩуан: «Урҭ рахьтә дарбанзаалак аҧша уацәызыхьчаша, амш бааҧсы иахыҵакырҭоу, адәеиужь аҟны аӡыҵҵырҭа, ишабо адгьылаҿы иҳаракыу абахә шәшьырара азызуа реиҧш дҟалоит» (Исаиа 32:2).
17. а) Иарбан цхыраароу иҟаиҵарц ииҭахыз Иисус раҧхьа иргыланы? б) Анцәа ижәлар ириҭарц изықәиргәыҕзеи?
17 Рыцҳарас иҟалаз, Иисус адгьылаҿы даныҟаз, адинхаҵаратә ҧызацәа абри аҩыза абзиабара зҵаз ахылаҧшра иазҿлымҳамызт. Иисус ажәлар рҭагылазаашьа гәҭыхас иман, иаргьы иҭахгәышьан ауаа дрыцхраарц — зегь раҧхьа иргыланы доуҳала. Иисус ауаа рыцҳаишьон, «иааҧсаны, ауасақәа хьча дызмам реиҧш, иеимпны иахьыҟаз азы» (Маҭфеи 9:36). Шаҟа икылкааны абарҭ ажәақәа иаадырҧшуазеи иахьатәи ҳаамҭазгьы еиуеиҧшым апроблемақәа идыргәаҟуа, адоуҳатә цхыраара роурц иназдыҧшыло аӡәы дызмам ауаа иҵәыуахәу рҭагылазаашьа! Аха Иегова иуаажәлар ирымоуп абри аҩыза ацхыраара, избанзар Анцәа иақәиргәыҕит: «Урҭ ирхасыргылоит ахьчацәа, еснагь ирхылаҧшло, даргьы уажәшьҭа акы иацәшәалом, рыгәгьы ҭҟьалом, ахаангьы иӡуам» (Иеремиа 23:4).
18. Аиҳабацәа рацәажәара изаҧсоузеи, доуҳала ацхыраара анаҭахыу?
18 Урабадыр аизара аиҳабацәа. Абарҭ ауаа Анцәа изкыу адыррақәа аҧсҭазаараҿы ахархәара шаҭахыу аганахьала аҧышәа маҷымкәа ирымоуп, избанзар урҭ рахьтә дарбанзаалак ахылаҧшцәа рзы иҟоу абиблиатә ҭахрақәа дрықәшәоит (1 Тимофеи иахь 3:1—7; Титу 1:5—9). Анцәа иҭахрақәа ирҿагыло ашьцыларақәеи аҟазшьақәеи ухы рцәугарц азы, адоуҳатә цхыраара уҭахызар, аиҳабацәа рацәажәара уацәыҧхамшьалан. Уара иубараны уҟоуп, аиҳабацәа Павел иабжьгара ишықәныҟәо: «Згәы маҷу ргәы шәырҭынчла, ихьысҳау шәрыцхраала, акрычҳара аашәырҧшла зегьы рҟны» (1 Фессалоникаа рахь 2:7, 8; 5:14).
ИЕГОВА ИЖӘЛАР РЫҨНУҴҞА ИРЫМОУ АШӘАРҬАДАРА УАЛАГӘЫРҔЬАЛА
19. Закәытә зылҧхарақәозеи Иегова ҳамҭас ириҭо уи иорганизациаҿы аҽыҧхьакырҭа аҧшаара иашьҭоу?
19 Инаӡам аҧсҭазаашьа шҳамоугьы, Иегова ҳамҭас иҳаиҭоит адоуҳатә фатәи, ашәҵатәи, ахыҵакырҭеи. Ҳәара аҭахыума, џьанаҭ ахаҭаҵәҟьа азылҧхарақәа риуразы, Анцәа ҳзықәиргәыҕыз адунеи ҿыц ҳазыҧшызароуп. Аха Иегова иорганизациа иатәу иара уажәгьы адоуҳатә џьанаҭ аҿы иҟоу ашәарҭадара иалагәырҕьоит. Иезекииль дҧааимбаражәаҳәон абарҭ реиҧш иҟоу ауаа рзы: «Урҭ ашәарҭадара ахьыҟоу инхалоит, иагьицәшәалом аӡәгьы» (Иезекииль 34:28; Ҧсалом 4:9).
20. Иегова иеихырхәаразы иааҟауҵо зегьы шҧауҧигало?
20 Шаҟа иџьаҳшьозеи Иегова, Уи Иажәеи иорганизациеи рыла бзиабарала абысҟак адоуҳатә ҳамҭақәа ахьҳаиҭо азы! Уҽрыдкыл Анцәа иуаажәлар. Уҩызцәеи ууацәеи уи азы ргәы иаанаго ацәшәара уннакыларц алумыршан, Иегова иҵегь иеиҕьны деилукаарц уахьашьҭоу. Уара иуқәыӡбалар ауеит, Иегова Ишаҳаҭцәа уахьрыҿцаауеи Аҳра Азал аҟны имҩаҧысуа аизара аиҧыларақәа рахь уахьныҟәои рзы. Аха Анцәа иеихырхәаразы иааҟауҵо зегьы инамцхәынгьы иуҧигалоит (Малахиа 3:10). Уи адагьы, Иисус иҳәеит: «Аӡәгьы дыҟам ма зыҩны, ма зашьцәа, ма заҳәшьцәа, ма заб, ма зан, ма зыҧҳәыс, ма зыхшаара, ма зыдгьыл Аевангелиеи Сареи ҳзы инзыжьыз, уажәы ари аамҭа шьҭазаҩразы аҩнқәагьы, аешьцәагьы, аеҳәшьцәагьы, абацәагьы, анацәагьы, ахшаарагьы, адгьылгьы, аамҭа иаауа азгьы наӡаӡа аҧсҭазаара шәынтә иеиҳаны измоуша» (Марк 10:29, 30). Ааи, инужьуазаалакгьы, иучҳауазаалакгьы, Анцәа ижәлар рыҩнуҵҟа иуҧшаауеит иџьоушьаша аешьареи адоуҳатә ҽыҧхьакырҭеи.
ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА
Дызусҭада «атәы игәрагоу, хшыҩгьы змоу»?
Иарбан шьақәгылароу Иегова ихы иаирхәо, доуҳала ҳирчаларц азы?
Ақьырсианцәа реизара иатәу шҧаҳацхраауеи?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Адаҟьа зегь хазырҭәаауа асахьа 165]