Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа изкыу адырра адгьыл ианахаҵәо

Анцәа изкыу адырра адгьыл ианахаҵәо

Ахы 19

Анцәа изкыу адырра адгьыл ианахаҵәо

1, 2. «Ишҧаҧхасҭахеи» Иегова ирҿиамҭа?

 УХАҾЫ даага абыржәы асахьа ссир ҭыхны иаалгаз асахьаҭыхҩы. Ари асахьа хьӡы алигартә еиҧш, зегь рыла иқәҿиеит,— ашедевр ахаҭаҵәҟьа! Аха уахык уи дшьыцызгоз иаҕа аба ҧхасҭеитәуеит. Еилкаауп, ари асахьаҭыхҩы шаҟа игәы инархьуа. Шаҟа иҭахызеи уи, абри ауаҩ гәымбыл абахҭа дҭашәар! Иара убасгьы, ухаҿы иааугарц улшоит, уи шаҟа игәазыҳәо ирҿиамҭа уаанӡатәи аҧшӡара аиҭашьақәыргылара.

2 Абри асахьаҭыхҩы иеиҧш, Иегова ирҿиеит ашедевр ахаҭаҵәҟьа — уи ишеит Адгьыл, иагьынирхеит уаҟа ауаа. Ахаҵеи аҧҳәыси аниша ашьҭахь, уи Адгьылаҿы инеигӡаз иус абас аихшьала аиҭеит: «Ибзиоуп шьарда» (Аҟазаара 1:31). Адами Евеи Анцәа ихшаара ракәын, иаргьы урҭ бзиа ибон. Дара рзы уи ирмазеихьан насыҧ змаз аҧеиҧш лаша. Аҩсҭаа урҭ абунтҟаҵарахьы ииаигазаргьы, зегьы акоуп, Анцәа ирҿиамҭа ссир узмырҽеиртә иҧхасҭамхеит (Аҟазаара 3:23, 24; 6:11, 12).

3. Изакәузеи «аҧсҭазаара иашаҵәҟьа»?

3 Анцәа ари аус ирҽеирц игәиҭоуп. Уи даара иҭахыуп, аханатә аахыс игәы ишҭеикыз еиҧш, ҳанхаларц. Икьаҿу, иҭынчым ҳара ҳаҧсҭазаара Иегова зыӡбахә имоу «аҧсҭазаара иашаҵәҟьа» излеиҧшу ҳәа егьыҟам. Анцәа иҳаиҭарц ииҭахыу «аҧсҭазаара иашаҵәҟьа» — ари аҭагылазаашьа заманақәа ахьыҟоу «наӡаӡатәи ҧсҭазаароуп» (1 Тимофеи иахь 6:12, 19, ИА).

4, 5. а) Изыбзоурахозеи Џьанаҭ аҟны анхаразы иҳамоу агәыҕра аҟалара? б) Избан ҳара ҧхьаҟатәи аҧеиҧш азы агәыҕра ҳазхәыцларц зҳахәҭоу?

4 Анцәа изкыу адыррақәа Иегова иҿаҧхьа иуду аҭакҧхықәра иадҳәалоуп (Иаков 4:17). Аха уазхәыц, закәытә зылҧхарақәоу иааурыхуа, арҭ адыррақәа ухы ианаурхәо, наӡаӡатәи аҧсҭазаарагьы уанашьҭоу. Анцәа Иегова Иажәа, Абиблиа, аҟны дук хара имгакәа аџьанаҭ дгьылаҿы ишьақәгылаша аҧсҭазаара џьашьахәы атәы далацәажәеит. Ҳара, Анцәа Иегова ижәлар иреиуоу, ҳәара аҭахыума, уи иҳаиҭо аҳамҭа азы акәым имаҵ заауа. Ҳара Анцәа имаҵ аауеит, уи бзиа дахьаҳбо аҟнытә (Марк 12:29, 30). Уи адагьы, ҳара Иегова иҟны наӡаӡатәи аҧсҭазаара ҳҽаҧсаҳтәырц ҳалшом. Наӡаӡатәи аҧсҭазаара — ари Анцәа иҳамҭоуп (Римаа рахь 6:23). Ари аҧсҭазаара азхәыцра бзиоуп, избанзар Џьанаҭ ақәгәыҕра иаҳгәаланаршәоит, Анцәа Иегова «иҧшаара иашьҭоу ацкы шриҭо» бзиабарала (Ауриацәа рахь 11:6). Ҳахшыҩи ҳагәқәеи рҟны иҵәахыу агәыҕра ари Аҩсҭаа идунеи иацу арыцҳарақәа рыхгара ҳалшартә иҳацхраауеит (Иеремиа 23:20).

5 Уааи, уажәы ҳахшыҩ азаҳашьҭып ҳаҧхьаҟа иаҳзыҧшу адгьыл Џьанаҭаҿы наӡаӡатәи аҧсҭазаара азы Абиблиа иҳанаҭо агәыҕра. Изеиҧшрахарызеи ари аҧсҭазаара, Анцәа изкыу адырра адгьыл ианахаҵәалак?

АРМАГЕДДОН АШЬҬАХЬ — АДГЬЫЛ ЏЬАНАҬ

6. Изакәузеи Армагеддон, насгьы уи ауаа рзы иаанагозеи?

6 Ҧыхьа ишаабаз еиҧш, Анцәа дук хара имгакәа ари адунеи асистема цәгьа ықәихуеит. Адунеи Абиблиаҿы Армагеддон ҳәа изышьҭоу ахҭыс еиҳа-еиҳа иазааигәахоит. Ари ажәа џьоукы иҕыҕеибакуа аганқәа аиадертә хлымӡаах рхылҿиаап ҳәа ахәыцра рызцәырнагоит, аха ари зынӡа ииашам гәаанагароуп Армагеддон аганахьала. Аартра 16:14—16 аҟны ишаҳәо еиҧш, Армагеддон — ари «Зегьзкыу Анцәа имш ду аан имҩаҧиго аибашьроуп». Ари аибашьра иалахәхоит «адгьыл аҳцәа», мамзаргьы ажәларқәа зегьы. Аҳас иқәыргылоу Анцәа Иегова Иҧа иаарласны аибашьра далагоит. Заа иӡбуп уи аҵыхәтәагьы. Анцәа Иаҳра аҕацәа зегьы, иара убас, Аҩсҭаа исистема иахәҭакыу зегь нырҵәахоит. Зыҧсы ҭаны иаанхо хамеигӡарада Иегова гәыкала изыҟоу заҵәык роуп (Аартра 7:9, 14; 19:11—21).

7. Иабаҟалои Аҩсҭаа идемонцәеи иареи Христос зқьышықәса аҳра аниуло аамҭазы, насгьы ари ауаатәыҩса изларзеиҕьхарызеи?

7 Ухаҿы иаага, уара абри ахҭыс дуӡӡа уацәынхазшәа. Изеиҧшрахарызеи адунеи ҿыц аҟны Анцәа ҳзықәиргәыҕыз аҧсҭазаара? (2 Пиотр 3:13). Уи аганахьала ҳара акгьы ззымдыруа ҳреиуамзароуп, избанзар Абиблиа ахаҭа иҳанаҳәоит абри аамҭа атәы, уи ажәабжьгьы џьашьахәыс иукратәы иҟоуп. Излеилаҳкаауа ала, Иисус Христос зқьышықәса напхгара аниуло аамҭазы Аҩсҭаа идемонцәеи иареи иарбанзаалак амчра рымхзаауеит, акгьы ахьрылымшо ҵҩа змам атышагьы иҭакызаауеит. Уаҳа иҟалом ицәыҵагыланы аилаҩынтра зырҿио, Анцәа игәамҧхо акы ҳзырҟаҵарцгьы иашьҭоу ауаа хәымгақәа. Закәытә хақәиҭроузеи ари! (Аартра 20:1—3).

8, 9. Адунеи ҿыц аҟны алахьеиқәреи, ачымазарақәеи, ажәреи ирыхьраны иҟоузеи?

8 Ауаа доусы ианраамҭоу рчымазарақәа зегьы наҟ хара ирҟәыгазаауеит (Исаиа 33:24). Ицыркьуа агылареи аныҟәареи, аҩреи акәашареи рылшартә иҟалоит. Акыршықәса аҿымҭра адунеи аҟны ианырхырга ашьҭахь, идагәоу ауаа ираҳашт иџьоушьаша абжьқәа рсимфониа. Ҳаҭырқәҵарала алашәцәа рхазы иаадыртышт ашәыгақәеи аформақәеи рыла ибеиоу адунеи (Исаиа 35:5, 6). Аҵыхәтәангьы, урҭ рыбла иабашт ирзааигәоу ауаа рхаҿқәа! Азныказы, иҟалап, урҭ рылаҧш алеи-ҧсыи рыбжьара агәырҕьара алаҕырӡқәа идырхәашьыр.

9 Уазхәыци! Уаҳа иаҭаххарым абласаркьақәа, алабашьақәа, ахәшәқәа, ахаҧыц ахьырхәшәтәуа ауаҭахқәа, инеидкыланы иуҳәозар, ахәшәтәырҭақәа зегьы! Уаҳа ахаан аҧсихикатә еилашәарақәеи адепрессиеи ауаа агәырҕьара иалхәдаартәрым. Ахәыҷра изакәызаалак ачымазарақәа идырлашьцарым. Аилаҳара зцу ажәра шьҭахьҟа игьежьуеит (Иов 33:25). Ҳара ҳгәабзиара еиҳа еиҕьны, еиҳа ҳаҕәҕәаны ҳҟалоит. Иҧсыршьагоу аҵх аниаслак ашьҭахь, есышьыжь ҳҿыхалоит, амч ҿыцқәа ҳаманы, ҳаҧхьа ишьҭоу амш ҳаҧыларц ҳгәазыҳәо, еилашуа аҧсҭазаара ҳналагыланы, ҳгәы иаахәо аусгьы напаҳаркырц.

10. Иарбан усуроу Армагеддон иацәынхо рхы зладырхәуа?

10 Армагеддон иацәынхо аинтерес зҵоу аусутә рацәаны ироуеит. Урҭ адгьыл џьанаҭны иҟарҵоит. Иҟьашьу ажәытә система ацәынхақәа зегьы наҟ иқәгахоит. Абнаршәырақәеи ажәырҭрақәеи рҭыҧ аҟны ишәҭышт абаҳчақәа, иаацәырҵышт апаркқәа. Зегьы иссиру, икәаҧӡа иҟоу аҩнқәа рымазаауеит (Исаиа 65:21). Хәыҷы-хәыҷла адгьыл џьанаҭхоит, абасалагьы, апланета зегьы Ҳазшаз Едемтәи абаҳчаҿы ишьақәиргылахьаз аҧшӡара азы имоу аилкаара иақәшәо иҟалоит. Шаҟа игәазырҳагахарызеи абри аиҭашьақәыргыларатә усура аҽалархәра!

11. Ауаа рыкәша-мыкәша иҟоу аҧсабара ишҧазныҟәало, аҧстәқәеи дареи реизыҟазаашьақәагьы зеиҧшрахарызеи?

11 Анцәа инапхгарала абарҭ зегь убас имҩаҧысуеит, иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара ҧхасҭак маиуратә еиҧш. Ауааи аҧстәқәеи ҭынч еицынхалоит. Дара ҟәышрала адгьыл напхгара арҭалоит, насгьы рыцҳашьарада аҧстәқәа рышьра ацынхәрас, бзиабарала урҭ ирхылаҧшлоит. Уазхәыц: ақәыџьмақәеи асысқәеи, алымқәеи аҳәысқәеи акреицырфалоит — усҟан аҩнатә ҧстәқәа изаҟаразаалак ашәарҭара роуам. Ахәыҷқәагьы агыгшәыгқәа ирыцәшәаларым, рыцҳашьарак злам, ауаа гәыџьбарақәа уаҳа ахаан адунеи ҿыц аҭынчра еиларгарым (Исаиа 11:6—8). Шаҟа иҭынчрахои усҟан аҧсҭазаара!

АУААЖӘЛАР РЕИЛАЗААРА АҨНУҴҞА АҼЫҦСАХРАҚӘА

12. Иахьа ишҧанагӡахо Исаиа 11:9 аҟны иану ажәақәа, нас абарҭ ажәақәагьы Џьанаҭаҿы ишҧанагӡахо?

12 Исаиа ишәҟәы 11:9 аҟны иаҳәоит, адгьылаҿы изаҟаразаалак цәгьарак ҭыҧ аманы изыҟамло. Уаҟа иаҳәоит: «Адгьыл Иҳақәиҭу [«Иегова», АҾ] изкыу адыррала иҭәызаауеит, аӡқәа амшын шдырҭәуа еиҧш». Арҭ ажәақәа зызкыу ауаа рымацара роуп, избанзар аинстинкт напхгара зызнауа аҧстәқәа «Иегова изкыу адырра» арҳареи уи инақәыршәаны аҽыҧсахреи рылшом. Уи иеиҧшымкәа, Ҳазшаз изкыу адырра ауаа аҧсахуеит. Анцәа изкыу адырра уҧсҭазаараҿы ухы ианаурхәа ашьҭахь, уаргьы маҷк уҽуҧсахзар акәхап. Убас ҟарҵоит миллионҩыла. Абасала, аҧааимбаражәа уажәшьҭа Иегова имаҵ зуа рҟны анагӡахара иалагахьеит. Аха уаҟа, иара убас, хшыҩзышьҭра азууп ауаа адунеи ахьынӡанаӡааӡо ихәымгоу агәазыҳәарақәеи ақәымчра азгагареи рхы анацәыргаша, наӡаӡагьы аҭынчра бзиа избо ракәны ианыҟалаша аамҭа.

13. Закәытә рҵаратә программоузеи адгьылаҿы имҩаҧгахо?

13 Шаҟа иџьашьахәузеи, Анцәа изкыу адырра адгьыл зегьы ианахаҵәалак! Усҟан Аҳ Иисус Христоси уи 144 000-ҩык аҳра ицызуеи рнапхгарала имҩаҧгахоит инарҭбаау арҵара апрограмма. Уи азы рхы иадырхәалоит иҿыцу «ашәҟәқәа». Ишаабо еиҧш, ари — адгьыл иқәынхо аҵара дырҵара шьаҭас иазыҟалаша Анцәа иҩны ириҭало адҵақәа ракәхоит (Аартра 20:12). Ауаа, аибашьышьа акәымкәа, ҭынч анхашьа рҵалоит. Наӡаӡа ииаӡаауеит аҧсра зырҿио абџьарқәа зегьы (Ҧсалом 45:10). Адунеи ҿыц иқәынхало ауаа бзиабаралеи ҳаҭырқәҵаралеи аизныҟәашьа рҵалоит.

14. Адунеи аҽшҧаҧсахри, ауаатәыҩса ҭаацәаракны ианыҟало?

14 Ауаатәыҩса усҟан аиҩызара зыбжьоу ҭаацәарахоит. Аидгылареи аешьареи ирҧырхагахо акгьы зыҟалом (Ҧсалом 132:1—3). Иарбан ҩнызаалакгьы аҕьычцәа зыҩнамларатәы ашәқәа аркра аҭаххарым. Иарбан гәызаалакгьы, иарбан ҩнаҭазаалакгьы, адгьыл акәакьқәа зегьы рҟны ишьақәгылоит аҭынчра (Михеи 4:4).

ИГӘЫРҔЬАХӘУ АҦСҬАЛАРА

15. Изусҭцәада адгьылаҿы зыҧсы ҭаҵахо ҩ-гәыҧк ирыҵанакуа ауаа?

15 Азқьышықәса иалагӡаны иҟалоит аҧсҭалара. Идырны Анцәа иҧшьоу идоуҳа, аус зуа имч, иаҿагыланы агәнаҳа зуаз, насгьы иахьымхәӡакәа, еилыкка иаарҧшыз Анцәа игәаҧхара иаҿагыланы зхы мҩаҧазгоз ауаа рыҧсы ҭаҵахом (Маҭфеи 23:15, 33; Ауриацәа рахь 6:4—6). Ҳәарада, Анцәа ихаҭа иӡбуеит, иҧшьоу адоуҳа иаҿагыланы агәнаҳа ҟазҵази иҟазымҵази зусҭцәоу. Аха еилкаауп, ҩ-гәыҧк ирыҵанакуа ауаа рыҧсы шҭаҵахо — арҭ «иқьиази иқьиамзи» роуп (Аусқәа 24:15). Аҧсҭаҵараан еишьҭагылашьак ыҟазарц злахәҭоу ала, аҟәыҕара иатәын, раҧхьа иргыланы адгьылаҿы аҧсҭазаарахь ирхынҳәхо гәык-ҧсыкала Иегова имаҵ зуаз ақьиацәа роуп ҳәа агәаанагара (Ауриацәа рахь 11:35—39).

16. а) Адгьылаҿы зыҧсы ҭаҵахо «ақьиацәа» рахь иҧхьаӡоу дарбан? б) Ажәытә аамҭақәа ирхааныз амаҵуҩцәа иашақәа рахьтә уара хаҭала узабадырырц уҭахыдаз, насгьы избан?

16 Аибашьрақәеи, аҧсабара иахылҿиаауа арыцҳарақәеи, иҭахази ртәы зҳәо адырраҭарақәа рцынхәрас, Иегова имаҵуҩцәа аҧсҭалара иазкыу, игәырҕьахәу адырраҭарақәа роулоит. Шаҟа иџьашьахәузеи, Авель, Енох, Нои, Авраам, Сарра, Иов, Моисеи, Раав, Руф, Давид, Илиа, Есфир уҳәа реиҧш иҟаз ахацәеи аҳәсеи иашақәа рыҧсҭалара атәы аилкаара. Шаҟа инҭкааны урҭ иаҳзеиҭарҳәарызеи угәы зырхыҭхыҭуа абиблиатә хҭысқәа ртәы! Гәыҩбара ыҟам, ааигәа иҧсыз ауааи дареи насыҧ змоу ракәны рхы шырҧхьаӡало, Аҩсҭаа исистема аҵыхәтәеи, Иегова ихьӡ ширыцқьаз, иаҳрагьы ширқьиаз анырдырлак.

17. Анцәа имаҵуҩцәа иашақәа егьырҭ зыҧсы ҭало ауаа ишҧарыцхраауа?

17 Абарҭ амаҵуҩцәа иашақәа хәы змаӡам ацхыраара ҳарҭарц рылшоит аҧсҭалара анаҩстәи аетап аҟны, миллиардҩыла «иқьиам» аҧсра ашьамҭлаҳәқәа рҟынтә ахақәиҭра анроуа аамҭазы! Ауаа рыбжеиҳараҩык Иегова деилыркаартә ахаан алшара рымамызт. Аҩсҭаа «[урҭ] рыхшыҩ ирлашәит» (2 Коринфаа рахь 4:4). Аха Аҩсҭаа иааҧсарақәа зегь башахоит. Иқьиам иҧшӡоу, иҭынчу адгьылаҿы аҧсҭазаарахь еиҭахынҳәуеит. Урҭ салам рырҭалоит Иеговеи уи аҳра зуа Иҧеи, Иисус Христоси, ирызкны аҵара дырҵаразы ибзиаӡаны иеиҿкаау ажәлар. Миллиардҩыла зыҧсы ҭалаз Ҳазшаз данеилыркаалак, бзиагьы данырбалак ашьҭахь, Иегова изкыу адырра ахаан адунеи ишамбац ала адгьыл иахаҵәоит.

18. Уара утәала, угәы шҧаҟалари, зыҧсы ҭалаз уҭынхацәа уанырҧыло?

18 Шаҟа гәырҕьара ҳзаанагашеи аҧсҭалара! Дарбан ҳауа, анс уҳәа-егьыс уҳәа, иаҳзеиҧшу ҳаҕа — аҧсра — арыцҳара иақәнамыршәац? Дарбан имгәырҩац, ачымазареи, ажәреи, амашәыри ирыхҟьаз аҧсра абзиеибареи аиҩызареи анимнахуаз, изааигәоу ауаҩы даницәагоз? Уазхәыц, шаҟа игәырҕьарахо, дареи уареи Џьанаҭ аҟны ҩаҧхьа шәанеицыҟало. Анацәеи абацәеи, аҧацәеи аҧҳацәеи, аҩызцәеи аҭынхацәеи иааигәыдибаҳәҳәалоит, агәырҕьареи алаҕырӡи еимаркуа.

АҴЫХӘТӘАН ИНАӠОУ АУАА!

19. Иарбан џьашьахәу иҟало Азқьышықәса иалагӡаны?

19 Христос зқьышықәсатәи инапхгара аамҭазы иҟалоит аџьашьахәы. Ишаабо еиҧш, ауаа рзы ари ухы-угәы аҟынӡа инеиша цәырҵрахоит. Иегова инапхгарала уи Иҧа уҿызхуа иҧсра ахә дарбанзаалак гәыкала иҟоу, аҳәатәхаҵара злоу ауаҩы ихәарҭахараазы ихы иаирхәоит. Абас агәнаҳа адунеи ианыӡаауеит, ауаагьы анаӡарахь икылсуеит (1 Иоанн 2:2; Аартра 21:1—4).

20. а) Иуаҩынаӡаны аҟазаара иаанагои? б) Армагеддон иацәынхази зыҧсы ҭалази инагӡаҵәҟьаны рыҧсы ҭалоит ҳәа ианбаҧхьаӡахо?

20 Анаӡара! Изакәузеи ари? Ари иаанаго Адами Евеи Анцәа Иегова иҿагыланы агәнаҳа ҟарҵаанӡа ирымаз аҧсҭазаара аҩыза ҩаҧхьа аиура ауп. Цәеижьлеи, хшыҩлеи, цәанырралеи, гәаҧхашәалеи, доуҳалеи уҳәа егьырҭ аганқәа зегь рылеи инаӡоу ауаа инагӡаны Анцәа инормақәа ирықәшәо иҟалоит. Аха ари иаанагома, ауаа зегь неибеиҧшхоит ҳәа? Ҳәарада, мап! Иегова ишамҭақәа: аҵлақәа, ашәҭқәа, аҧстәқәа — урҭ зегьы шаҳаҭра руеит, Анцәа аиҧшымзаара бзиа ишибо. Инаӡоу ауаа зегьы дасу даҽакы иаламҩашьо аҟазшьеи рхатәы баҩхатәрақәеи рымазаауеит. Дара зегьы Анцәа ирызирхиаз аҧсҭазаара иалачалоит. Аартра 20:5 аҟны иаҳәоит: «Егьырҭ иҧсхьоу рахьтә аӡәгьы иҧсы ҭамлеит, зқьышықәса нҵәаанӡа». Армагеддон иацәынхаз шьарда ауаа рацәа реиҧш, зыҧсы ҭалаз ауаагьы, абри ажәа ишиашоу аҵакала иуҳәозар, рыҧсы ҭалоит, анаӡарахь ианкылслак ашьҭахь.

21. а) Иҟалашеи Христос зқьышықәсатәи иаҳра анҵәамҭазы? б) Изықәшәараны иҟоузеи Аҵыхәтәаны Аҩсҭааи уи идгылои?

21 Инаӡоу ауаа ирҧеиҧшуп аҵыхәтәантәи аҧышәара. Азқьышықәса анҵәамҭазы Аҩсҭаа идемонцәеи иареи атыша иҭыгахоит аамҭа кьаҿк рыҭаны, аҵыхәтәангьы урҭ азин рыҭахоит ауаа Иегова иҟәыгара аҽазышәара. Џьоукы Анцәа иахь ирымаз рыбзиабара рхаршҭны, инырҵәагоу ргәазыҳәарақәа ҩаҧхьа инарызхьаҳәуеит, аха урҭ иаҧшьырго аилаҩынтра хәаҽызаауеит. Иегова иахьирхәуеит зхада хәыцырҭа змам ауаа, иара убас, Аҩсҭааи уи идемонцәеи зегьы. Ацәгьара зырҿио зегьы наӡаӡа иқәӡаауеит (Аартра 20:7—10).

ИҞАУҴАРЦ ИУГӘИҬОУЗЕИ УАРА?

22. Иҟауҵаларц угәы ззыҳәозеи Џьанаҭаҿы?

22 Анаӡаӡара ашәқәа ҟьаҟьаӡа ирзаанартуеит аџьанаҭ дгьыл иқәынхои Анцәа Иегова бзиа дызбои. Ҳхаҿы аагара уадаҩуп уаҟа аҳра зуло агәырҕьара; аха урҭ ауаа рыгәҭа уаргьы уҟалар ауеит. Инаӡоу ауаа амузыкаҿы, аҟазараҿы уҳәа егьырҭ азанааҭқәа рҟынгьы рырҿиамҭақәа ари адунеи жәытә аҟазацәа дуқәа иреиҕьӡоу ршедеврқәа акырӡа инархыҳәҳәалоит! Избанзар ауаа анаӡара роуеит, аамҭагьы уаҳа дара рзы ҳәаак амазаауам. Ухаҿы иаага, ууаҩынаӡахар, иулшараны иҟоу. Уазхәыц, иара убас, уареи егьырҭ ауааи Иегова ишамҭақәа — ҳ-Дунеи иалаҧсоу миллиардла агалактикақәа инадыркны имаҷӡоу асубатомтә хәҭақәа рҟынӡа — ирызкны шаҟа ирацәаны еилышәкааша. Ауаатәыҩса рықәҿиарақәа зегьы бзиа ҳазбо жәҩан иҟоу ҳ-Аб Иегова игәы дыргәырҕьалоит (Ҧсалом 150:1—6).

23. Избан Џьанаҭаҿы аҧсҭазаара агәҿыҕьра зацымзаауа?

23 Аҧсҭазаара агәҿыҕьра ацзаауам. Наҟ-наҟ ҳнаскьа-цыҧхьаӡа, аҧсҭазаара еиҳа-еиҳа аинтерес аҵалоит. Абасала, уара иубоит, Анцәа изкыу адырра нҵәара шақәым (Римаа рахь 11:33). Наӡаӡа аҟазаара аҩнуҵҟала иаатлоит иҿыцу аҭҵаарақәа рымҩаҧгаразы ҳәаа змам алшарақәа (Аекклесиаст 3:11). Наҟ-наҟгьы Анцәа Иегова деилукаалар, уҧсҭазаара иацуҵоит — шықәсқәак рыла акәымкәа, наӡаӡа! (Ҧсалом 21:27).

24, 25. Избан иара уажәгьы Анцәа изкыу адыррақәа урықәныҟәаны унхаларц зухәҭоу?

24 Иаҧсаӡами аџьанаҭ дгьылаҿы аҧеиҧш ссир излауала ахақәҵареи аџьабаа адҵареи? Абри аганахьала изаҟаразаалак гәыҩбарак ыҟам! Иегова иуиҭоит зеиҕьыҟам аҧеиҧш иатәу ацаҧха. Ари ацаҧха — Анцәа изкыу адырроуп. Убри уара ухы иаурхәарушь?

25 Уара Иегова бзиа дубозар, хымҧада, иуҧшаауеит агәырҕьара иашаҵәҟьа, уи игәаҧхара анынаугӡо (1 Иоанн 5:3). Абри амҩа уананыла нахыс, иааурыхуеит иџьоушьаша азылҧхарақәа! Анцәа изкыу адырра ухы ианаурхәо, еиҳагьы анасыҧ уоуеит аҭахара иаҿу абри адунеи аҟынгьы. Уаҧхьаҟа иузыҧшу аҳамҭа акәзар, уи зынӡа хәы амаӡам, избанда ари адырра наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь укылнагоит! Абыржәоуп зегь реиҳа аусура ианаамҭоу. Зегь рыла уҽеибыҭа, Анцәа изкыу адырра ишаҳәо еиҧш, анхаразы. Иаарҧшла Иегова иахь убзиабара. Иҧшьоу ихьӡ ҳаҭыр ақәҵала, иагьышьақәырҕәҕәала, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу. Анцәа Иегова иакәзар, аҟәышра хаҭаҵәҟьеи адыррақәеи Ирхыҵхырҭоу, гәык-ҧсыкала даауқәгәырҕьап (Иеремиа 31:3; Софониа 3:17). Иаргьы наӡаӡа бзиа уибалап!

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Изакәузеи «аҧсҭазаара иашаҵәҟьа»?

Иҟалои адгьылаҿы Армагеддон ашьҭахь?

Зыҧсы ҭаҵахода адгьылаҿы?

Ауаатәыҩса анаӡарахь ишҧакылсуеи, иагьшҧаҧышәахои урҭ аҵыхәтәаны?

Узықәгәыҕуеи уара, Џьанаҭ уаназхәыцуа?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Асахьа, адаҟьақәа 188, 189]

Уақәгәыҕуама Џьанаҭ аҟны наӡаӡа анхара, Анцәа изкыу адырра адгьыл ианахаҵәалак?