Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа ишизааигәахатәу

Анцәа ишизааигәахатәу

Ахы 16

Анцәа ишизааигәахатәу

1. Излеиҧшузеи адинқәа акыр?

 ҦҲӘЫСК азиатәи атәылаҿы даныҟаз, џьашьахәыс иҟалҵеит абуддистцәа руахәамаҿы имҩаҧыргоз адинхаҵаратә ритуалқәа. Убраҟа Христоси Мариеи рсахьақәа шыҟамызгьы, уаатәи ақьабзқәа акыр лара луахәама лгәаланаршәон. Ҿырҧштәыс иаагозар, лара игәалҭеит, Анцәа дхазҵоз ауаа рҭеисҧыҳәқәа шеихарҧсоз, ашәаҵасгьы Анцәа ишиҳәоз. Мраҭашәареи Мрагылареи рҟны Анцәа дхазҵо ауаа Анцәа ма изымҵахырхәо амаҭәар уҳәа ирзааигәахарц рыҽшазыршәо аганахьала уамашәа иубаратәы иеиҧшуп.

2. Изакәузеи аныҳәара, насгьы аӡәырҩы Анцәа изиҳәозеи?

2 Аӡәырҩы ҷыдала Анцәа изааигәахарц рҽазыршәоит, иара иахь рхы рханы иҳәауа. Ишаҧу еиҧш, аныҳәара иаанаго «Анцәа ма иҧшьоу рахь ахырхара» ауп (17 томк рыла ишьақәгылоу «Иахьатәи аурыс литературатә бызшәа ажәар»). Аха џьоукы Анцәа иахь рхы здырхо, раҧхьа иргыланы иара иҟынтә акы роурц рҭахыуп азоуп. Ҿырҧштәыс иаагозар, ҽнак-зны хаҵак Иегова Ишаҳаҭцәа иреиуаз аӡәы абас диазҵааит: «Шәара сара сзы Анцәа шәиҳәар, иӡбахарыма сҭаацәара аҩнуҵҟеи сусураҿи исымоу апрблемақәа зегьы, иара убас иеиҕьхарыма сгәабзиарагьы?» Ишаабо еиҧш, ахаҵа абри дақәгәыҕуан, аӡәырҩыгьы Анцәа иҳәоит, аха апроблемақәа шыҟац иаанхоит. Убри аҟынтә ицәырҵуеит азҵаара: Анцәа ҳаизааигәахарц заҭахыузеи?

АНЦӘА ИЗААИГӘАХАРА ЗАҬАХЫУ

3. Ҳанныҳәо зышҟа ҳхы ҳархарц ахәҭада, насгьы уи мзызс иамоузеи?

3 Аныҳәара — ари ҵакы змам ритуалым, насгьы Анцәа иҟынтә акы злаҳауша акакәым. Анцәа ҳазхаизааигәахаша амзыз хадақәа ируакыуп,— иареи ҳареи иеизааигәоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҵара. Убри аҟнытә Анцәа Иегова иоуп ҳзыҳәалаша. «Иҳақәиҭу даазыҧхьо зегьы дырзааигәоуп» — иҩуан аҧсаломқәа ашәаны изҳәоз Давид (Ҧсалом 144:18). Иегова иҳадигалоит, иареи ҳареи аиҩызара ҳабжьаҳҵарц (Исаиа 1:18). Абри зыбжьы ақәзырго, аҧсаломқәа ашәаны изҳәоз иажәақәа ирықәшаҳаҭуп: «Сара сзы инасыҧуп Анцәа изааигәахара!» Аха избан? Избанда Анцәа Иегова изааигәахо анасыҧ иашаҵәҟьеи агәҭынчреи роуеит (Ҧсалом 72:28).

4, 5. а) Избан Анцәа иҳәара акырзаҵанакуа? б) Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа зеиҧшрахарызеи, аныҳәара иабзоураны?

4 Анцәа ҳазиҳәахуеи, ‘[Иара ҳиҳәаанӡагьы]... ҳара ҳзызгәаҟуа идыруазар’? (Маҭфеи 6:8; Ҧсалом 138:4). Анцәа ҳаниҳәо, уи шаҳаҭра ауеит, Анцәа дышхаҳҵо, насгьы иара «иарбанзаалак иҳалалу акәырбани инаӡоу аҳамҭеи» Ирхыҵхырҭоу иакәны дшаҳаҧхьаӡо ала (Иаков 1:17; Ауриацәа рахь 11:6). Иегова деигәырҕьаны идикылоит ҳныҳәарақәа (Ажәамаанақәа 15:8). Уи игәы иаахәоит, гәыҭыҕьҕьаала иҭабуп ҳәа шиарҳәо, дышдырҽхәо аниаҳауа, дарбан абызаалакгьы ихәыҷы иҭабуп ҳәа аниеиҳәо, игәы ишаахәо еиҧшҵәҟьа (Ҧсалом 118:108). Аби-ҷкәыни реизыҟазаашьақәа бзиазар, урҭ реицәажәарагьы гәык-ҧсыкала иҟалоит. Ахәыҷы еснагь иаб диҿцааларц иҭаххоит, уи бзиа дшибо ангәеиҭалак. Абасҵәҟьа ҳҳәарц ҳалшоит Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рзгьы. Ҳара Иегова изкны еилаҳкаауа ииашаҵәҟьаны пату ақәаҳҵозар, уи ибзиабара ҳаиҷаҳауазар, усҟан Анцәа ҳаниҳәо, ҳцәаныррақәа изааҳартларц агәазыҳәара ҕәҕәа ҳамазаауеит (1 Иоанн 4:16—18).

5 Зегьирхакыу Анцәа иахь ҳхы анҳархо, аҳаҭырқәҵара ааҳарҧшуазароуп, ҳажәақәа шаҟа ииашоу мыцхәы ахьаагара шҳахәҭамгьы (Ауриацәа рахь 4:16). Ҳара еснагь Иегова ҳиҳәаларц ҳалшоит. Шаҟа иҧыжәара дуӡӡоузеи — ‘Анцәа иҿаҧхьа агәаартра’, уи ҳаниҳәо! (Ҧсалом 61:9). Иегова иахь аџьшьара аарҧшра имаҵуҩ иаша Авраам — «Анцәа иҩызеи» — Иареи ирыбжьаз гәыҭыҕьҕьаалатәи аизыҟазаашьақәа ҳабжьалартә еиҧш, амҩа ҳзаанартуеит (Иаков 2:23). Аха адунеи Аҳас иамоу иахь ҳхы рханы ҳиҳәаларц азы, иалкаау ҭахрақәак ҳрықәшәозароуп.

АНЦӘА ИЗААИГӘАХО РЗЫ ҬАХРАҚӘАС ИҞОУ

6, 7. Аныҳәарақәа рганахьала Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыҧшузеи, урҭ рзы аҧарақәа дшырмыҳәогьы?

6 Аҧарақәа аҭахыума, Анцәа иахь ҳхы ҳархаларц азы? Аӡәырҩы апапцәа аҧара рырҭоит, дара урҭ рзы Анцәа иҳәарц. Џьоукы ихарҵоит, шаҟа аҳамҭақәа рацәоу аҟара, убри аҟарагьы ирласны Анцәа изызиҳәаз иаҳауеит ҳәа. Аха Анцәа Иажәа иаҳәаӡом, Иегова иахь ҳхы рханы ҳиҳәаларц азы, аҧара шәалатәуп ҳәа. Уи ҳара ҳҟынтә акгьы даҳәаӡом, уи иҳәара иабзоураны, иҳауа адоуҳатә цхыраареи азылҧхарақәеи рзы (Исаиа 55:1, 2).

7 Иахәҭоузеи, нас, убри азы? Даара акраҵанакуеит агәыцқьара (2 Ашықәсынҵа 6:29, 30; Ажәамаанақәа 15:11). Ҳара ҳгәы наӡала ихаҳҵалароуп, Анцәа Иегова «аныҳәарақәа шиаҳауа», «Иара иҧшаара иашьҭоугьы ацынхәра шриҭо» (Ҧсалом 64:3; Ауриацәа рахь 11:6). Ҳара, иара убас, ахынрааларагьы ҳалазароуп (4 Аҳрақәа 22:19; Ҧсалом 50:19). Иисус Христос иажәамаанак аҟны иаҳирбеит, ахынраалара аарҧшны Анцәа иҳәоз, ашәахтәеизгаҩы еиҳа дқьианы дшааҧшыз, аҽхарззалаҩ афарисеи иаасҭа (Лука 18:10—14). Анцәа ҳаниҳәо, иаҳхаҳмыршҭуазароуп, «гәыла зҽыҳаразкуа Анцәа иҿаҧхьа дшыхәымгоу» (Ажәамаанақәа 16:5).

8. Анцәа ҳаниҳәо, аҭак ҳаиҭаларц азы, ҳҽызцәаҳрыцқьари?

8 Анцәа ҳаниҳәо, иаҳаларц ҳҭахызар, иҟаҳҵо агәнаҳарақәа зымҩа инҳажьлароуп. Аҵаҩы Иаков егьырҭ Анцәа изааигәахаларц ргәазҭаҵо, абасгьы нациҵеит: «Шәнапқәа шәрыцқьа, гәнаҳара змоу, шәыгәқәа шәыриаша, агәыҩбацәа» (Иаков 4:8). Агәнаҳаҟаҵаҩцәагьы Иеговеи дареи аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьалар ауеит, иахьхәыр, насгьы уаанӡатәи рыҧсҭазаашьа нрыжьыр (Ажәамаанақәа 28:13). Иегова дылбааҧшны ҳгәеиҭоит ҳәа ҳзақәгәыҕуам, дәахьала ҳусқәа ҳарҽеизшәа ҳхы ааҳарҧшуазар. «Иҳақәиҭу илаҧш зхыу, илымҳақәа кыдҵаны дыззыӡырҩуа ақьиацәа рныҳәарақәа роуп, аха Иҳақәиҭу лаҧшы цәгьала дызхәаҧшуа ацәгьаҟаҵаҩцәа роуп»,— аҳәоит Анцәа Иажәа аҟны (1 Пиотр 3:12).

9. Иегова иахь зыла ҳхы ҳархалаша дарбан, насгьы избан?

9 Абиблиа иаҳәоит: «Абзиа ҟазҵоны, агәнаҳа иаҵамло адгьылаҿы аӡәгьы дыҟаӡам» (Аекклесиаст 7:20). Убри аҟнытә, иҟалап, ухы уазҵаауазар: ус анакәха, Анцәа Иегова иахь ҳхы злаҳархари? Абиблиа иҟанаҵоит аҭак: «Аӡәы агәнаҳа иамхаҟаҵаргьы, ҳара дҳамоуп Аб иҿаҧхьа Абжьацәажәаҩ Иисус Христос, Ақьиа» (1 Иоанн 2:1). Ҳара агәнаҳа ҳалазаргьы, ҧхамшьарада Анцәа иахь ҳхы ҳархаларц ҳалшоит, зхы ҳақәызҵаз Иисус Христос ила (Маҭфеи 20:28). Иара аӡәы заҵәык иоуп, зыла Анцәа Иегова иахь ҳхы ҳархаларц ҳалшо (Иоанн 14:6). Ҳара ҳҿызхуа Иисус иҧсра ишабалак ҳазымнеилароуп, ишаадыруа агәнаҳарақәа ҟаҵо (Ауриацәа рахь 10:26). Аха уеизгьы, ҳамчқәа еизыркәкәаны ҳхымҩаҧгашьа ҳмырцәгьаларц ҳшаҿугьы, зны-зынла агәнаҳара аныҟаҳҵо, ҳахьхәырц, Анцәа иҳанаижьразы ҳиҳәарц ҳалшоит. Хынрааларыла уи иахь ҳхы ҳархозар, иаҳҳәо иаҳауеит (Лука 11:4).

АНЦӘА ИАХЬ АХЫРХАРА ИАНААМҬОУ

10. Анцәа ҳаниҳәауа, Иисус ҳаиҿыҧшларц шҧаҳалшо, иагьанбаҭыҧу хаҭала Анцәа иҳәара?

10 Иисус Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа даара рыхә ҳаракны ишьон. Уи ҷыдала аамҭа азалихуан, Анцәа иацәажәаразы, ихала дныҳәауа (Марк 1:35; Лука 22:40—46). Иисус ҳаиҿыҧшны, иааиҧмырҟьаӡакәа Анцәа ҳиҳәалозар бзиоуп (Римаа рахь 12:12). Иахәҭоуп, Анцәа уиҳәаны амш уаҧылозар, иара убасгьы, ацәара уанцо, ииашахон, иухыугаз амш азы Анцәа иҭабуп ҳәа иоуҳәар. Ҽынла «ианакәзаалак» Анцәа иҳәара уҽазышәала (Ефесаа рахь 6:18). Гәанылагьы Анцәа уиҳәаларц улшоит, Иегова, зегь акоуп, ҳабжьы шиаҳауа дырны. Хаҭала Анцәа иахь ҳхы анҳархо, иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҕәҕәахоит, уи адагьы, есыҽны Иегова ҳаниҳәо, уи еиҳагьы ҳаизааигәанатәуеит.

11. а) Аҭаацәа рҽеибаркны Анцәа иҳәаларц зрыхәҭоузеи? б) Аныҳәара анҵәамҭаҿы ирҳәо ажәа «амин» иаанагозеи?

11 Иегова убасеиҧш гәыҧҩыуаак рзы ҳаниҳәогьы, даҳзыӡырҩуеит (3 Аҳрақәа 8:22—53). Ҳара ҳшынҭаацәоу Анцәа иахь ҳхы ҳархаларц ҳалшоит, усҟан иныҳәауа аҭаацәа ирхагылоу иоуп. Ари аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәа арҕәҕәоит, уи адагьы, ахәыҷқәа рани раби хынрааларыла Анцәа ишиҳәо анраҳауа, Иегова дара рзы иҟаҵәҟьоу хаҭараны дҟалоит. Иҟаҵатәузеи, иаҳҳәап, аӡәы Иегова Ишаҳаҭцәа реизараҿы гәыҧҩыуаак рзы Анцәа диҳәозар? Ҳара аиҧылараҿы ҳаҟазар, шәааи, ҳлымҳақәа кыдҵаны ҳазыӡырҩып аныҳәара, аҵыхәтәангьы гәык-ҧсыкала иаҳҳәап «амин», «ус акухааит» ҳәа ҵакыс измоу (1 Коринфаа рахь 14:16).

АНЦӘА ИАҲАУА АНЫҲӘАРАҚӘА

12. а) Избан Анцәа ныҳәарақәак рҭак зыҟаимҵо? б) Анцәа ҳаниҳәо, ҳхы амацара ҳазхәыцларц зҳахәҭамзеи?

12 Џьоукы ргәы иаанагоит, урҭ Иисус ихьӡала Анцәа ишиҳәогьы, Иегова рныҳәарақәа рықәҿиҭуам ҳәа. Аха апостол Иоанн иҳәеит: «Уи игәаҧхо азы ҳаниҳәо, даҳзыӡырҩуеит» (1 Иоанн 5:14). Убас, ҳара Анцәа игәаҧхара иақәшәо азы ҳиҳәалароуп. Иара ҳдоуҳатә бзабаа дызлазҿлымҳау ала, иахәҭоуп, ҳдоуҳа иадҳәалоу азы Анцәа ҳиҳәалар. Ҳара ҳцәеижьтә ҭахрақәа рымацара рызхәыцра аҟазшьа бааҧс ҳаҿагыланы ҳақәҧалароуп. Ачымазараан, иаҳҳәап, аҟәыҕареи агәамчи рзы Анцәа иҳәара шиашоугьы, агәабзиара хьаас аҟаҵара адоуҳатә интересқәа амхәаҽуазароуп (Ҧсалом 40:2—4). Қьырсиан ҧҳәыск машәыршәа иазгәалҭеит, лгәабзиара мыцхәы «ишыхҭалкыз», убри аҟнытә лара Иегова диҳәеит, лчымазара ииашаны дазнеилартә длыцхрааразы. Аҵыхәтәаны лгәабзиара иадҳәалаз апроблемақәа уажәшьҭа ддыргәаҭеиуамызт, ларгьы илнырит, «инамцхәны амч» шлоуз (2 Коринфаа рахь 4:7). Уи илҭаххеит, егьырҭ ауаа адоуҳатә цхыраара еиҳагьы ирылҭаларц, убри аҟнытә заамҭа зегьы Аҳра азы ацҳаражәҳәара иазызкуа лакәны дҟалеит.

13. Анцәа ҳзызиҳәаларц иахәҭоузеи, Маҭфеи 6:9—13 аҟны ишарбоу еиҧш?

13 Анцәа ҳаниҳәо, ҳажәа иалаҳҵарц иҳалшои, уи Иегова игәы ҟанаҵартә еиҧш? Иисус Христос иҵаҩцәа идирҵеит Анцәа иҳәашьа. Маҭфеи 6:9—13 аҟны иану иҿырҧшыгоу аныҳәараҿы уи инеизакны далацәажәеит, Анцәа иҳәараан ҳажәа иалаҳҵалаша атәы? Анцәа ҳаниҳәо, хшыҩзышьҭра заҳҭалаша арбану? Раҧхьа иргыланы — Анцәа Иегова ихьӡи Иаҳреи. Убасеиҧш ииашахон, зда ҳхәарҭам ҳҭахрақәа рзы Анцәа ҳиҳәалозар. Уи адагьы, акраҵанакуеит ҳагәнаҳарақәа ҳанажьхарци, ацәыгьҧышәарақәа ҳарцәынхарци, нас агызмал (Аҩсҭаа Аџьныш) ҳаицәыхьчахарци рзы Анцәа иҳәара. Иисус иҭахымызт, ари аныҳәара ашәаҵас иаҳҳәаларц, мамзаргьы уи аҵакы ҳазымхәыцӡакәа, уажәы-уажәы инеиҭаҳҳәаларц (Маҭфеи 6:7). Реизыҟазаашьақәа зеиҧшрахарыз, ахәыҷы иаб даниацәажәо, уажәы-уажәы ииҳәо неиҭаҳәо даҿызҭгьы?

14. Аҳәарақәа рыдагьы, Анцәа ҳаниҳәо, ҳажәа иалаҳҵарц иҳахәҭоузеи?

14 Гәаартыла аҳәара анаҩс, ҳара Анцәа ҳаниҳәо, ихьӡ ҳараҳкуазароуп, дагьҳарҽхәозароуп (Ҧсалом 33:2; 91:2; 1 Фессалоникаа рахь 5:18). Ҳара егьырҭ ауаа рзгьы Анцәа ҳиҳәаларц ҳалшоит. Арыцҳара иақәшәаз, ма иҧхарҵо доуҳала иҳашьцәоуи иҳаҳәшьцәоуи рзы Анцәа ҳаниҳәо, иааҳарҧшуеит урҭ ҳашрыхӡыӡаауа, уи Иегова игәы иаахәоит (Лука 22:32; Иоанн 17:20; 1 Фессалоникаа рахь 5:25). Абри инадҳәаланы апостол Павел иҩуан: «Иарбанзаалак акы хьаас иҟашәымҵалан, аха Анцәа шәаниҳәо аамҭазы, уи изаашәыртла шәгәы ззыҳәо зегьы,— нас хшыҩс иҟоу зегь раасҭа иеиҳау Анцәа иҭынчра шәыгәқәеи шәыхшыҩи ахьчалоит Иисус Христос иҟны» (Филиппаа рахь 4:6, 7).

АНЦӘА УИҲӘАЛА

15. Иаҳхаҳмыршҭларц иҳахәҭоузеи, Анцәа иаҳҳәо ақәҿимҭуашәа ҳгәы иабозар?

15 Уара Анцәа изкыу адыррақәа шурҳауагьы, зны-зынла Анцәа уаниҳәо, аҭак умоуашәа угәы иабар алшоит. Убас ҟалар ауеит, избанзар Анцәа ҷыдала узызиҳәаз анынеигӡаша макьана аамҭа мааицт (Аекклесиаст 3:1—9). Иегова аамҭала зегьы шыҟоу иаанижьыр ҟалоит, аха ииашаҵәҟьаны ҳныҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит, иагьидыруеит, ус аҟаҵара еиҳа ианеиҕьу (2 Коринфаа рахь 12:7—9).

16. Анцәа ҳиҳәаларц зҳахәҭоузеи, насгьы уи иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ишҧарныруеи?

16 Анцәа ҳаниҳәо, иааҳарҧшуеит, уи иаҳҳәо ҳара ҳзы шаҟа акраҵанакуа (Лука 18:1—8). Иаҳҳәап, ҳара Иегова ҳиҳәаларц ҳалшоит, уи ҳцәа иалоу ҧсыҽрак ҳаиааиртә дҳацхраарц азы. Абри азы Анцәа ҳаниҳәо, нас ҳзыҳәаз инақәыршәаны ҳхы анымҩаҧаҳго, иааҳарҧшуеит, гәык-ҧсыкала ҳахьынӡаҟоу. Ҳара акы ҳанаҳәо, инҭкааны, гәаартыла ҳцәажәозароуп. Анцәа иҳәара ҷыдала акраҵанакуеит, ацәыгьҧышәара ҳаналашәо (Маҭфеи 6:13). Ҳныҳәо, игәнаҳароу ҳгәазыҳәарақәагьы гәаҭо, наҟ-наҟ Иегова дышҳацхраауа ҳбо ҳалагоит. Ари ҳхаҵареи Анцәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәеи арҕәҕәоит (1 Коринфаа рахь 10:13; Филиппаа рахь 4:13).

17. Анцәа иҳәара зныҧшуа ҳхәыцшьа Анцәа имаҵура ишҧаныруеи?

17 Анцәа Иегова имаҵура ҧшьа аус аҟны Анцәа иҳәара зныҧшуа ахәыцшьа анҳалаҳааӡо, еилаҳкаауеит, ари амаҵура ҳара ҳхаҭа ҳамч шақәымхо. Уи Иегова иоуп изыбзоуроу (1 Коринфаа рахь 4:7). Ҳара абри еилаҳкаауазар, ахынраалара злоу ҳакәхоит, убасалагьы иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҕәҕәахоит (1 Пиотр 5:5, 6). Ааи, ҳара зегь рыла аҵаҵҕәы ҳамоуп, Анцәа ҳиҳәаларатәы. Гәык-ҧсыкала ҳанныҳәо, иара убас, бзиа ҳазбо жәҩан иҟоу ҳ-Аб ишизааигәахатәу аганахьала адыррагьы анҳамоу, насыҧ иашаҵәҟьа ҳауеит.

ИЕГОВА ИҾЦААРА ГАНКАЛА ИҞАМ

18. Анцәа ҳаизыӡырҩларц шҧаҳалшои?

18 Анцәа ҳаниҳәо, даҳзыӡырҩларц ҳҭахызар, ҳаргьы иара ҳаизыӡырҩлароуп (Захариа 7:13). Уи агәацҧыҳәара зиҭалоз иҧааимбарцәа рыла уаҳа ауаа драцәажәом, насгьы, ҳәара аҭахыума, уи азы аспиритизм ихы иаирхәом (Ҩынтәзакәан 18:10—12). Аха ҳара Анцәа ҳаизыӡырҩларц ҳалшоит, иара Иажәа, Абиблиа, анаҳҵо (Римаа рахь 15:4; 2 Тимофеи иахь 3:16, 17). Иухаҳауа ачыс агьама ҳҽаҳаршьцылар зҳахәҭоу еиҧшҵәҟьа, убас бзиа иаабароуп «ажәала иҟоу ахш цқьа». Адоуҳатә чыс угәарҧханы иудкыл, есыҽны Анцәа Иажәа уаҧхьо (1 Пиотр 2:2, 3; Аусқәа 17:11).

19. Излаҳахәарҭоузеи, Абиблиаҿы ҳзыҧхьаз ҳаназхәыцуа?

19 Абиблиаҿы узыҧхьаз уазхәыцла (Ҧсалом 1:1—3; 76:12, 13). Узыҧхьаз аҵакы аилкаара уҽазышәала. Ари афатә ахаҳара иаҩызоуп. Уара адоуҳатә чыс урсаларц улшоит, узыҧхьази иудырхьоуи еидҳәало. Уазхәыцла, иаагоу аматериал уҧсҭазаараҿы ухы иаурхәар шулшо, мамзаргьы уаҟа Иегова иҟазшьақәеи ихымҩаҧгашьеи рзы иаҳәо. Абас, хаҭала Абиблиа ахьуҵо иабзоураны, Иегова иуиҭо адоуҳатә чыс ухаҳарц улшоит. Ари Анцәа уизааигәанатәуеит, насгьы есыҽнытәи упроблемақәа рыӡбраҿы иуцхраауеит.

20. Ақьырсиантә еизара аиҧыларақәа рахь аныҟәара Анцәа ҳашҧаизааигәанатәуа?

20 Убасеиҧш Анцәа уизааигәахарц улшоит, ақьырсиантә еизара аиҧыларақәа раан уи Иажәа анеилдырго, ухшыҩ азышьҭны уаныӡырҩуа, израилаа Анцәа Изакәан аҧхьаразы жәлары зегьы анеизыргоз аамҭазы рлымҳақәа кыдҵаны ишыӡырҩуаз еиҧшҵәҟьа. Урҭ рырҵаҩцәа Азакәан деилдыркаауан, изыҧхьаз ажәлар рхы-ргәы аҟынӡа инеиратәы, рыҧсҭазаараҿгьы уи рхы иадырхәаларатәы. Абас еиҧш иҟаз аиҧыларақәа агәырҕьара ду рыцын (Неемиа 8:8, 12). Убас, иааиҧмырҟьаӡакәа Иегова Ишаҳаҭцәа реизара аиҧыларақәа рахь аныҟәара уҽазышәала (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Ари Анцәа изкыу адыррақәа рырҳареи урҭ аҧсҭазаараҿы рхархәареи рус аҟны иуцхраауеит, уи анасыҧ узаанагоит уара узы. Адунеизегьтәи ақьырсиантә ешьара Иеговеи уареи иеизааигәоу аизыҟазаашьақәа шшәымоу шәынхартә еиҧш иуцхраауеит. Анаҩстәи ахы аҟны ишаабо еиҧш, уара Анцәа иуаажәлар рыҩнуҵҟа иуҧшаауеит узықәгәыҕша аҽыҧхьакырҭа.

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Избан уара Иегова уизааигәахарц заҧсоу?

Иҟаҵатәузеи, Анцәа уизааигәахарц азы?

Анцәа уаниҳәо, уажәа иалоуҵарц иулшозеи?

Анцәа уиҳәаларц захәҭоузеи?

Иахьа Иегова ҳаизыӡырҩларц шҧаҳалшо?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Адаҟьа зегь хазырҭәаауа асахьа 157]