Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Анцәа ҳаҭыр иқәызҵаша аҭаацәара шаҧҵатәу

Анцәа ҳаҭыр иқәызҵаша аҭаацәара шаҧҵатәу

Ахы 15

Анцәа ҳаҭыр иқәызҵаша аҭаацәара шаҧҵатәу

1—3. Џьоукы аҭаацәареи ахшаара рааӡареи ирыдҳәалоу апроблемақәа рыӡбра зрылымшозеи, насгьы Абиблиа абри аус аҟны ишҧаҳацхраауа?

 ИАҲҲӘАП, уара иуӡбеит аҩны ургыларц. Раҧхьа иргыланы, адгьыл ааухәоит. Ухшыҩ аҿы иҭухуеит иҿыцу аҩны асахьа. Аха иуҧсыхәоузеи, иахәҭоу амаҭәахәқәеи аргылараҿы аҧышәеи умамзар? Шаҟа ибашахоз усҟан уааҧсарақәа!

2 Насыҧ змоу аҭаацәара аҧҵаразы агәыҕра зманы ҿыц аҭаацәара иалало аӡәырҩы уи азы иахәҭоу «амаҭәахәқәеи» аҧышәеи дмырҳацт. Ачара ашьҭахь дук хара имгакәа аҟазшьа ҿаасҭақәа аацәырҵуеит. Аисрақәеи аицәҳарақәеи ҵасны иҟалоит. Ахшаара аниилак, иҿоу ани аби иаалырҟьаны рхаҿы иааиуеит, ахәыҷааӡара аганахьала ирдыруа аҭаацәара алалара аасҭа ишеиҳам.

3 Насыҧшәа, Абиблиа ацхыраара замана ҳнаҭоит. Уи апринципқәа насыҧ змоу аҭаацәара аҧҵара аус аҟны ухы иаурхәаша амаҭәахәқәа ирҩызоуп (Ажәамаанақәа 24:3). Уааи, ҳахәаҧшып, ари ҟалашьас иамоу.

НАСЫҦ ЗМОУ АҬААЦӘАРА АҦҴАРАЗЫ «АМАҬӘАХӘҚӘА»

4. Избан аҭаацәараҿы апроблемақәа зцәырҵуа, закәытә бжьгарақәоузеи Абиблиа иҳанаҭогьы?

4 Хаҵеи-ҧҳәыси иагьа иеиқәнагазаргьы, уеизгьы, урҭ рдунеихәаҧшышьақәа еиуеиҧшым, рҩыџьагьы рхатәы хәыҷреи рхатәы ҭаацәареи рыман. Убри аҟнытә ачара ашьҭахь хырҧашьа змам апроблемақәа цәырымҵыр аушам. Аха ишҧаӡбатәу урҭ? Аргылаҩцәа аҩны андыргыло, архитектор иплан иқәныҟәоит. Урҭ ируалуп архитектор идҵақәа рынагӡара. Абиблиаҿы иануп насыҧ змоу аҭаацәаратә ҧсҭазаара ашьақәыргыларазы Анцәа иҳадиҵо. Уааи, еилҳаргап урҭ рахьтә акык-ҩбак.

5. Агәреибагара шаҟа акраҵанакуа Абиблиа инаҵшьны ишҧазгәанаҭо?

5 Агәреибагара. Иисус иҳәеит: «Анцәа иеидикылаз, ауаҩы иеиҟәимгааит» a (Маҭфеи 19:6). Апостол Павел иҩуан: «Зегьы шәҭаацәаратә насыҧ цқьаны иныҟәыжәгала, убасеиҧш шәиарҭагьы; ацәыбзацәеи акалҭшьҭаныҟәаҩцәеи Анцәа дрықәыӡбоит» (Ауриацәа рахь 13:4). Абасала, аҭаацәара иалоу ауаа Анцәа иҿаҧхьа аҭакҧхықәра шрыду рдыруазароуп, насгьы аҧсҭазаараҿы ирымҩалоу гәык-ҧсыкала ирзыҟазароуп (Аҟазаара 39:7—9).

6. Агәреибагара аҭаацәара аиқәырхара ишҧацхраауа?

6 Агәреибагара аҭаацәара ахьчоит, аҳаҭыргьы шьҭнахуеит. Зыгәра еибаго хаҵеи-ҧҳәыси ирдыруеит, акы ааҟаларгьы, аӡәи-аӡәи шеицхыраауа (Аекклесиаст 4:9—12). Шаҟа иреиҧшымзеи урҭ раҧхьатәи аицәҳара ашьҭахь иаразнак зҭаацәаратә насыҧ хзырбгало! Абас еиҧш иҟоу ауаа «аҭаацәараҿы иҳамҩалоу иалхраҿы агха ҳахьит», «уажәшьҭа бзиа ҳаибабом», ҧсыхәас иҟоугьы акы заҵәык ауп — даҽаӡәы иҧшаара ҳәа иаразнак алкаа ҟарҵоит. Аха абри аҩыза агәаанагара урҭ зцәаныррақәа ҭышәынтәалахьоу уааны аҟалараҿы ирҧырхагоуп. Насгьы, агәреибагара зыбжьам хаҵеи-ҧҳәыси ҿыц иалырхыз ауаа рҟны апроблемақәа рхыргоит. Аӡәы аҩны замана имазар, аха уи ахыб шкылҵәаз машәыршәа иангәеиҭалак, ҳәара аҭахыума, уи қәиршәырц иҽазишәоит. Иаразнак даҽа ҩнык ахь нхара диасуам. Убасеиҧш аҭаацәараҿы иумҩалоу иҧсахра апроблемақәа хараӡа иазыӡбом. Ауадаҩрақәа анцәырҵуа, аҭаацәара шҧахсырбгалари ҳәа умхәыцлан,— умчқәа еизыркәкәаны уи аиқәырхара уашьҭала. Абри аҩыза агәреибагара аҭаацәа ахьчоит, иагьеиқәнархоит.

7. Избан аиҽцаара лассы-лассы аҭаацәара иеицалоу рыҧсыҽрақәа изреиуоу, аха зегьы рыҽшҧарҧсахуа, «иҿыцу ауаҩы» исахьа ааҳхәар?

7 Аиҿцаара. «Еилабжьара ахьыҟам, апланқәа хыбгалоит»,— аҳәоит Абиблиа иану ажәамаанақәа руак аҟны (Ажәамаанақәа 15:22). Аха уеизгьы, аиҿцаара — аҭаацәара иеицалақәоу џьоукы рыҧсыҽрақәа иреиуоуп. Избан? Избанзар аиҿцаара аганахьала ауаа рҭахрақәа еиҧшым. Ари лассы-лассы уаҩы еилиргартә иҟоу аилибамкаареи агәахшәареи рахь иианагоит. Уи ааӡара иахаразаргьы ауеит. Иаҳҳәап, џьоукы ҵыхәаҧҵәара змамыз рҭаацәа реицәҳарақәа ирылааӡан. Уажәшьҭа дара рхаҭа аҭаацәара иалоуп, аха аҭаацәараҿы ирымҩалоу ҭынч, ирхааны рацәажәашьа иақәшәом. Аха уеизгьы, иҟауҵаша ыҟоуп, уҩны «аизҕыҕра» иаҭыҧны иҟамларц азы (Ажәамаанақәа 17:1). Абиблиа инаҵшьны иазгәанаҭоит, «иуаҩ ҿыцны» аҟалара шаҭахыу, уи аҟны агәаламӡареи, аҳәҳәареи, ацәҳареи ҭыҧ шрымам (Ефесаа рахь 4:22—24, 31).

8. Идыртәу арбану, агәаанагарақәа анеиқәымшәо?

8 Иҟауҵарц иулшозеи, аиқәымшәарақәа аныҟало? Аҭагылазаашьа анеилашуа, зегь реиҳа еиҕьын Ажәамаанақәа рышәҟәы 17:14 иану абжьгарақәа рықәныҟәара: «Уаҟәыҵ наҟ ацәҳара, уи амца ацралаанӡа». Ааи, уара аицәажәара аамҭала наҟ инышьҭоуҵароуп, агәеилашрақәа еиқәтәаанӡа (Аекклесиаст 3:1, 7). Ишакәхалакгьы, «аӡырҩра уазхиаз, ажәақәа урхымццакын, аҧсеибакра уахымццакын» (Иаков 1:19). Уара аҭагылазаашьа аҭыҧ ақәҵара уашьҭазароуп, аицәҳара аҟны аиааира агара акәымкәа (Аҟазаара 13:8, 9). Аҭаацәараҿы иумҩалоуи уареи шәзырҭынчша ажәақәа ралҧшаара уҽазышәала (Ажәамаанақәа 12:18; 15:1, 4; 29:11). Уи адагьы, агәаҕ угәаҿы еизумгалан — Анцәа иҟны ацхыраара аҧшаара уашьҭаз, насгьы аҭаацәараҿы иумҩалоуи уареи хынрааларыла Анцәа шәиҳәала (Ефесаа рахь 4:26, 27; 6:18).

9. Аиҿцаара цаҧхас иамоу агәоуп ҳәа ҳҳәарц зҳалшозеи?

9 Абиблиа иану ажәамаана иаҳәоит: «Аҟәыҕа игәы ибз арҟәыҕоит, иҿы иҭыҵуа адыррагьы азнарҳауеит» (Ажәамаанақәа 16:23). Аиашазы, ақәҿиара змоу аиҿцаара цаҧхас иамоу аҽы акәым, аха агәоуп. Ушҧеизыҟоу аҭаацәараҿы иумҩалоу ауаҩы? Абиблиа ақьырсианцәа ирабжьанагоит, «агәрыцҳаибашьара» аадырҧшларц (1 Пиотр 3:8). Уазхиоума абри, аҭаацәараҿы иумҩалоу даара акы игәы аназхьаауа? Ааи анакәха, уара иақәнагоу ажәақәа уҧшаарц улшоит (Исаиа 50:4).

10, 11. Ахаҵа 1 Пиотр 3:7 аҟны иану абжьгара ихы иаирхәарц шҧаилшо?

10 Аҳаҭырқәҵареи апатуи. Ахацәа-ақьырсианцәа ираҳәоуп, рыҳәсақәа «ҟәыҕарала... иҵаҕаӡоу ҩнымаҭәак еиҧш, патуқәҵарала» ирызныҟәаларц (1 Пиотр 3:7). Аҧҳәыс пату лықәҵара иаанаго лыхә ҳаракны ашьароуп. «Ҟәыҕарала» зыҧҳәыс илызныҟәо ахаҵа инарҵауланы иеиликаауеит лцәаныррақәа, ихаҿы иааигоит лымчқәа, ҳасаб азиуеит лхәыцшьа, насгьы ҳаҭыр ақәиҵоит лыуаҩра. Уи, иара убас, Иегова аҳәсақәа дшырзыҟоу, егьырҭгьы урҭ ирызныҟәаларц шиҭахыу аилкаара дашьҭазароуп.

11 Иаҳҳәап, уара аҩны даара узеиҷаҳауа иуашәшәыроу аваза умоуп. Уи ҷыдала ҳаҭыр ақәумҵаӡалари? Убасеиҧш Пиотр ихы иаирхәеит ажәақәа «иҵаҕаӡоу аҩнымаҭәа»; абри аиҿарҧшра ақьырсиан иҧҳәыс длеиҷаҳаны, ирҟәымшәышәны длызныҟәо дҟанаҵароуп.

12. Аҧҳәыс лхаҵа ҳаҭыр иқәылҵарц шҧалылшо?

12 Аха аҳәсақәа ирабжьанагозеи Абиблиа? Павел иҩуан: «Аҧҳәыс лакәзар, лхаҵа ҳаҭыр иқәылҵалароуп» (Ефесаа рахь 5:33, ИА). Аҧҳәыс лхаҵа пату шлықәиҵо, бзиагьы дшибо лгәы ианылнаҭо акыр шаҵанакуа еиҧш, убас ахаҵа изгьы акраҵанакуеит, уи ҳаҭыр аниқәырҵо. Аҳаҭырқәҵара злоу аҧҳәыс, иаҳҳәап, лхаҵа игхақәа ауаа рҿы ицәырылгом, иара дқьырсианзаргьы, ма дқьырсианымзаргьы. Лара уи иуаҩра лалырҟәуам, днеиҿагыланы, мамзаргьы ауаа ишырбо ицәа ихыхуа (1 Тимофеи иахь 3:11; 5:13).

13. Ҭынч ухатә гәаанагара уҳәарц шҧаулшо?

13 Ари иаанагом, аҧҳәыс лхатә гәаанагара аҳәара дақәиҭым ҳәа. Уи акы лгәы иалазар, ҳаҭырла илҳәарц лылшоит (Аҟазаара 21:9—12). Ахаҵа иақәнагоу ажәа иаҳәара — ампыл ыршәны изынаушьҭыр иаҩызоуп. Аҧҳәыс уи ма ашьшьыҳәа илыршәыр, лхаҵа џьабаада икратәы, ма ишлылшо ала, ахьаа иоуртә еиҧш, игәыдылҵар ауеит. Шаҟа еиҕьузеи, хаҵеи-ҧҳәыси аӡәи-аӡәи ахара рибаҭара рҽацәырхьчозар, ҭынч, еиҩызарала аицәажәарагьы рҽазыршәозар! (Маҭфеи 7:12; Колоссаа рахь 4:6; 1 Пиотр 3:3, 4).

14. Иҟауҵарц иухәҭоузеи, аҭаацәара иуцалоу абиблиатә принципқәа ихы иаирхәарц иҭахымзар?

14 Ишаабаз еиҧш, абиблиатә принципқәа — насыҧ змоу аҭаацәара аҧҵаразы хәы змаӡам цхыраагӡоуп. Аха иҟаҵатәуи, аҭаацәара иуцалоу Абиблиа иаҳәо интересс икымзар? Ус иагьа иҟазаргьы, Анцәа изкыу адыррақәа уара ухы ишаурхәо ауп аус злоу. Пиотр иҩуан: «Шәара, аҳәсақәа, шәхацәа рҳәатәы хашәҵала, ажәа иазымӡырҩуа рахьтә џьоукы Анцәа шәышицәшәо аазырҧшуа шәынхашьа цқьа анырбалак, ажәада ишәыдшәыҧхьалартә еиҧш» (1 Пиотр 3:1, 2). Ҳәара аҭахыума, ари убасҵәҟьа зыҳәсақәа Абиблиа интересс измам ахацәагьы ирызкыуп. Аҭаацәараҿы иумҩалоу ихы шымҩаҧигозаалакгьы, абиблиатә принципқәа шьахәла уара анырра узыруртә иҟаҵа. Анцәа изкыу адырра, иара убас, уанызаргьы-уабызаргьы, шьахәла иуныҧшырц ауеит.

АНЦӘА ИЗКЫУ АДЫРРА ИШАҲӘО ЕИҦШ, АХӘЫҶҚӘА ШААӠАЛАТӘУ

15. Избан ииашам ааӡашьақәа зны-зынла биҧарак аҟынтә даҽа биҧарак ахь изиасуа, иагьшҧалшо абри аҵыхәа аҧҵәара?

15 Ауаҩы ахьархьи ажьаҳәеи имоуп ҳәа, уи иаанагом, иара иҟазоу уасҭоуп ҳәа. Убасҵәҟьа, аӡәы ахшаара имоуп ҳәа, уи иаанагом, иара аҧышәа змоу абуп, ма лара аҧышәа змоу ануп ҳәа. Ирдырны акәу, ма ирзымдыруаны акәу, ани аби еиҳараӡак рыхшаара дара рхаҭақәа шааӡаз еиҧш ауп ишырааӡо. Абас ииашам ааӡашьақәа биҧарак аҟынтә даҽа биҧарак ахь ииасуеит. Ажәытәтәи уриа жәаҧҟак иаҳәоит: «Абацәа ажь ҵәыҵәы ирфоз ахәыҷқәа рхаҧыц аҿеит». Аха Аҧшьаҩыра излаҳәо ала, ауаҩы иуалым, иани иаби илыргаз амҩа даныланы дцаларц. Уи Иегова изакәанқәа ирықәшәаша даҽа мҩак алихыр илшоит (Иезекииль 18:2, 14, 17).

16. Акраҵанакуа изыҟоузеи ахатәы ҭаацәара аныҟәгара, насгьы уахь иаҵанакуазеи?

16 Иегова дазыҧшуп, иқьырсианцәоу ани аби рыхшаара ииашоу анапхгара рырҭап, ишахәҭоу алагьы иреиҷаҳалап ҳәа. Павел иҩуан: «Дарбанзаалак зыуацәеи, еиҳараӡак зыҩнатәқәеи рныҟәгара иашьҭам, ихаҵара мап ацәикит ауп, ахаҵара змам иаасҭагьы деицәоуп» (1 Тимофеи иахь 5:8). Шаҟа иҕәҕәоузеи арҭ ажәақәа! Анцәа ицәшәо ауаҩы изы ахәыҷқәа рныҟәгара, даҽакала иуҳәозар, ахәыҷқәа рцәеижьтәи, рдоуҳатәи, рцәанырратәи ҭахрақәа реиҷаҳара,— ҧыжәара дуӡӡоуп, иагьҭакҧхықәроуп. Абиблиа иагәылоуп ахшаара реизҳаразы иссиру аҭагылазаашьақәа раҧҵараҿы ани аби ирыхәаша апринципқәа. Ҳарзааҭгылап урҭ рахьтә акык-ҩбак.

17. Анцәа изакәан ахшаара ргәаҿынӡа анагара шҧалшо?

17 Аҿырҧшы бзиа дшәырбала. Израилтәи ани аби ирыҭан аҧҟара: «Урҭ [Анцәа иажәақәа] ухәыҷқәа рхы иҭагалала, уагьрылацәажәала, уҩны уантәоу, амҩа уанану, уанышьҭалои уангылои». Ани аби рхәыҷқәа Иегова изакәанқәа дырҵара руалын. Ари адҵа абарҭ ажәақәа рыла иалагон: «Иҟалааит абарҭ ажәақәа, иахьа ҧҟарас иусҭо, уара угәаҿы» (Ҩынтәзакәан 6:6, 7). Ааи, ани аби рхаҭа ирымам рыхшаара ирызрыҭом. Анцәа изакәанқәа шәхәыҷқәа ргәаҿы иҟаларц шәҭахызар, зегь раҧхьа иргыланы иахәҭоуп урҭ шәара шәгәаҿы иҟалартә шәеиҷаҳарц (Ажәамаанақәа 20:7; иаҿырҧш Лука 6:40).

18. Иарбан ҿырҧшу абзиабара аарҧшра аганахьала Иегова иҳаиҭаз?

18 Шәыбзиабара иақәшәыргәыҕла. Иисус аӡы иҽанӡааих, Иегова иҳәеит: «Уара уоуп Сара Сҧа бзиа избо; Уара уҿы иҟоуп сгәаҧхара ҳалал!» (Лука 3:22). Абас Иегова иаартны Иҧа дидикылеит, уи иахь иааирҧшит игәаҧхара ҳалал, дагьақәиргәыҕит ибзиабара. Ҳамҭакы ашьҭахь Иисус Иаб абас иеиҳәеит: «Уара... аҧсабара ашьаҭа кхаанӡа бзиа субеит» (Иоанн 17:24). Убри аҟнытә, Анцәа ицәшәо ани аби раҳасабала, шәацәыҧхамшьалан, шәыхшаара рахь абзиабара анаашәырҧшуа. Излауала лассы-лассы урҭ рыргәыбзыҕра шәашьҭаз. Еснагь шәгәы иҭаз: «Абзиабара — хшыҩрҵагоуп» (1 Коринфаа рахь 8:1).

19, 20. Ахшаара ииашаны рааӡарахь иаҵанакуазеи, насгьы ани аби Иегова иҿырҵаауазеи?

19 Шәыхшаара мҩақәышәҵала. Абиблиа инаҵшьны иазгәанаҭоит, абзиабара зҵоу амҩақәҵара даара акыр шаҵанакуа (Ажәамаанақәа 1:8). Ани аби, ахшаара рымҩақәҵара аганахьала ишабалак зус иазнеиуа, хымҧада, ргәы иалсша ахҿиаарақәа ирыниоит. Аха ани аби ихарҟьацәоу даҽакы иацәыхьчатәуп. «Абацәа,— иҩуан Павел,— шәыхшаара рыҧсы еибашәмырклан, ргәы камҳарц азы» (Колосса рахь 3:21). Ани аби еснагь рхәыҷқәа рыхҭакра, рыгхақәа раҽҧныҳәара, рааҧсарақәа ратәамбара рҽацәырыхьчалароуп.

20 Анцәа Иегова, жәҩан иҟоу ҳ-Аб, ииашоу ааӡашьа аҿырҧшы ҳирбоит. Уи аӡәы данахьирхәуа, ахаан иахеирҟьацәом. Анцәа иуаажәлар иреиҳәеит: «Уахьсырхәуеит иахьынӡахәҭоу» (Иеремиа 46:28). Абри аганахьала ани аби Иегова иҿыҧшлароуп. Ариашареи амҩақәҵареи аханатә хықәкыс ирымоу, иҟәыҕароу рҳәаақәа ирхыҵуа алабжьара, ҳәарада, ахшаара рыҧсы еибанаркуеит.

21. Ани аби еилыркаарц шҧарылшо, иҟарҵо алабжьара шаҟа амч амоу?

21 Ани аби еилыркаарц шҧарылшо, алабжьара иҟарҵо шаҟа амч амоу? Урҭ рхы иазҵаарц рылшоит: ари ахәыҷы ишҧеиныри? Ахьырхәра рҵаганы иҟалароуп иара изы. Ахәыҷы еиликаауазароуп, уи дзахьдырхәуа. Ани аби, иара убас, ахьырхәра иалҵшәахо заа игәарҭароуп. Ҳәара аҭахыума, ахәыҷқәа анахьдырхәуа, азныказы игәаар алшоит (Ауриацәа рахь 12:11). Аха ахәыҷы дандыриашо, ахаан ашәара изнамырҵысыроуп, иара убас, уи мап зцәыркыз ма иузымбжьо аӡәы иакәны ихы иҧхьаӡартә агәаанагара имоуроуп. Иегова ижәлар ахьирхәаанӡа, абас реиҳәеит: «Умшәан... избанзар Сара суцуп» (Иеремиа 46:28). Ааи, ахәыҷы убас илабжьатәуп, уи бзиа дшыжәбо, шәагьшиеиҷаҳауа еиликаартә еиҧш.

«ИҞӘЫШУ АБЖЬГАРАҚӘА» ШЫҦШААТӘУ

22, 23. Насыҧ змоу аҭаацәара аҧҵаразы иҟәышу абжьгарақәа уҧшаарц шҧаулшо?

22 Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәозароуп, уи насыҧ змоу аҭаацәара аҧҵаразы зда ҳхәарҭам «амаҭәахәқәа» ахьҳаиҭо азы. Аха абарҭ амаҭәахәқәа рымазаара мацара азхом. Ҳара урҭ ииашаны ҳхы иаҳархәозароуп. Ҿырҧштәыс даагап аргылаҩ, зымаҭәахәқәа ииашаны рхархәашьа ззымҵаз. Аха иара ихы иаирхәо иахәҭоу амаҭәахәқәа ракәымзар? Аҵыхәтәаны, ари иусура ахаҭабзиара ианыҧшуазар акәхап. Уажәы, иҟалап, уара уҭаацәа ирыгыу убазар. Урҭ рыцәцара ус имариамхар ауеит. Аха уеизгьы, Абиблиа иҳабжьанаго ақәныҟәара иаҧсоуп: «Аҟәыҕа даныӡырҩлак, идырра азирҳауеит, хшыҩгьы змоу иҟәышу абжьгарақәа иҧшаауеит» (Ажәамаанақәа 1:5).

23 Уара иҟәышу абжьгарақәа уҧшаауеит, наҟ-наҟгьы Анцәа изкыу адырра арҳара уҽазукыр. Ухшыҩ рзышьҭла аҭаацәаратә ҧсҭазаара иазкыу абиблиатә принципқәа, иаҭаххозаргьы, уҽыҧсах. Урҿыҧшла ишәхьоу ақьырсианцәа, иреиҕьӡоу хаҵеи-ҧҳәыси, ани аби ракәны зхы аазырҧшыз. Урыҿцәажәа урҭ. Уи адагьы, Иегова уаниҳәо, упроблемақәа ртәы иаҳәала (Ҧсалом 54:23; Филиппаа рахь 4:6, 7). Уи ҳаҭыр иқәызҵаша, насыҧ змоу аҭаацәара аҧҵараҿы дуцхраауеит.

[Албаага]

a Аилыҵреи ҩынтәны аҭаацәара алалареи рзы библиатә ҿыҵга заҵәыкны иҟоу «акалҭшьҭаныҟәароуп», даҽакала иуҳәозар, аҭаацәара иуцалам аӡәы ицныҟәара (Маҭфеи 19:9).

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Агәреибагареи, аиҿцаареи, иара убас, хаҵеи-ҧҳәыси рыпатуеиқәҵашьеи аҭаацәара насыҧ аиура ишҧацхраауа?

Ани аби рыхшаара бзиа ишырбо агәра ддыргарц шҧарылшои?

Ахшаара ииашаны рымҩақәҵарахь иаҵанакуазеи?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Адаҟьа зегь хазырҭәаауа асахьа 147]