Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Ауаатәыҩса рҿыхразы Анцәа ииӡбыз

Ауаатәыҩса рҿыхразы Анцәа ииӡбыз

Ахы 7

Ауаатәыҩса рҿыхразы Анцәа ииӡбыз

1, 2. а) Излеиликааи римтәи ар рҧыза, Анцәа Иҧа дызусҭаз? б) Иегова Иисус иҧсра зичҳазеи?

 2 000 шықәса раҧхьаҟа ааҧынразы ашьыбжьышьҭахь римтәи ар рҧыза ашьшьыҳәа аҧсра иаҿыз хҩык ахацәа дрыхәаҧшуан. Лымкаала уи илаҧш зыдхалаз урҭ руаӡәк иакәын — Иисус Христос. Иисус амҿтәы шьаҟа даларҟаца дыкнаҳан. Уи иҧсра ааигәан, шьыбжьонтәи ажәҩ ангьы мааҳәӡо аиқәылашьцара иаҿын. Уи данҧсы ашьҭахь адгьыл ҕәҕәала иаахыџхыџит, шәҩык иреиҳабызгьы ҿааиҭит: «Ииашаны, Ари Ауаҩы Анцәа диҧан» (Марк 15:39).

2 Анцәа Иҧа! Шәҩык ирхыз диашан. Уи абыржәы адгьылаҿы зегь реиҳа акрызҵазкуаз ахҭыс шаҳаҭс даиуит. Уаанӡа зны Анцәа Иисус бзиа избо Сҧа ҳәа ихьӡ иҳәахьан (Маҭфеи 3:17; 17:5). Избан, нас, Иегова Иҷкәын иҧсра зичҳаз? Избанзар абас акәын Анцәа ауаатәыҩса агәнаҳареи аҧсреи иацәынирхарц иҽшазикыз.

АУААТӘЫҨСА РҾЫХРАЗЫ ДАЛХЫН

3. Избан изақәнагаз, ауаатәыҩса рҿыхразы Анцәа ихшаазаҵәу Иҧа дахьалихыз?

3 Абри ашәҟәы аҟынтә ишаадырыз еиҧш, Иисус адгьылаҿы диаанӡагьы дынхон. Уи Анцәа «ихшаазаҵәу Иҧа» ҳәа ихьыӡҵан, избанзар иара дызшаз Иегова ихаҭа иоуп. Ашьҭахь Анцәа Иисус ихы даирхәеит егьырҭ зегьы ршараҿы (Иоанн 3:16, Колоссаа рахь 1:16). Иисус ҷыдала ауаатәыҩса бзиабарала дрызныҟәон (Ажәамаанақәа 8:30, 31). Уамашәа ибатәӡам, ауаатәыҩса аҧсра анрықәӡбаз аамҭазы рҿыхразы Иегова ихшаазаҵәу Иҧа дахьалихыз!

4, 5. Амессиатә Жәла азы Абиблиа иаҳәахьази, Иисус адгьылахь длыбаанӡагьы?

4 Едемтәи абаҳчаҿы Анцәа Адами, Евеи, нас Аҩсҭааи рус аниӡбы нахыс, уи ҧхьаҟатәи Аиқәырхаҩы «ажәла» ҳәа ихьӡитәит. Абри Ажәла, мамзаргьы ахылҵ, аамҭала Аҩсҭаа Аџьныш, «ажәытәӡатәи амаҭ», ииуз аҧырхага аҧырихыр акәын. Убри инеиҳангьы, ҳазқәргәыҕыз Ажәла Аҩсҭаа ишьҭанеицәеи иареи ықәнахроуп (Аҟазаара 3:15; 1 Иоанн 3:8; Аартра 12:9).

5 Ашәышықәсақәа акыр рыҩнуҵҟа Анцәа хәыҷы-хәыҷла абри Ажәла, Мессиа ҳәа захьӡугьы, изкны еиҳа-еиҳа ирацәаны аилкаақәа ҳаиҭон. 37-тәи адаҟьаҿы иаагоу атаблица ишаҳнарбо еиҧш, аҧааимбаражәақәа акыр акы аагмыжьӡакәа иҳарҳәон уи адгьылаҿы иҧсҭазаара зынӡа еиуеиҧшымыз аганқәа ртәы. Иаҳҳәап, Анцәа игәҭакаҿы ироль неигӡарц азы, иара мбатәыла иахьизныҟәоз ичҳар акәын (Исаиа 53:3—5).

МЕССИА ДЫҦСЫРЦ ЗИХӘҬАЗ

6. Даниил ишәҟәы 9:24—26 излаҳәо ала, Мессиа иҟаиҵарц ихәҭази, насгьы ишҧа?

6 Даниил ишәҟәы 9:24—26 аҟны ианыз аҧааимбаражәаҿы заа иаҳәахьан, Мессиа — Анцәа Ииҧшьаз — ароль дуӡӡа шынеигӡоз. Уи адгьылахь даауеит, «ихҩазарц ацәгьаура, иҵәахызарц агәнаҳарақәа, иаҧырхзарц азакәандарақәа, иара убас, инагӡахарц аиаша наӡаӡа». Мессиа ауаа иашақәа ирықәҵаз аҧсра рхыихыр акәын. Аха абри аҩыза аҟаҵара шҧаилшоз? Аҧааимбаражәаҿы уи «дшыршьуа» ала аилкаа ҳауеит.

7. Избан ауриацәа ашьтәақәа акәырбан нагарҭаҿы изыршьуаз, арҭ акәырбанқәагьы хаҿырҧшыс иззыҟази?

7 Ажәытәтәи израилаа ирдыруан агәнаҳарақәа рзы ахҿыхра аидеиа атәы. Урҭ рхырхәараҿы, Моисеи ила Анцәа ириҭаз Азакәан ишаҳәоз еиҧш, еиҧмырҟьаӡакәа ашьтәақәа акәырбан нагарҭаҿы иршьуан. Ари израилаа иргәаланаршәон, ауаа рыгәнаҳарақәа рҿыхра, мамзаргьы рыхҩара, шырҭахыз. Апостол Павел абри аҩыза апринцип абас иааизакны далацәажәеит: «Шьакаҭәарада агәнаҳа анажьра залшаӡом» (Ауриацәа рахь 9:22). Ақьырсианцәа Моисеи изакәан иаҵагылам, иагьыруалым уи аҭахрақәа рынагӡара, урҭ ирыхәҭаӡам, иаҳҳәап, ашьтәашьрақәа рымҩаҧгара (Римаа рахь 10:4; Колоссаа рахь 2:16, 17). Урҭ, иара убас, ирдыруеит: ашьтәақәа наунагӡа рыгәнаҳрақәа рыхнахуам. Аиашазы, ашьтәашьрақәа хәы змаӡамыз акәырбан — Мессиа, мамзаргьы Христос иихаҿырҧшын (Ауриацәа рахь 10:4, 10; иаҿырҧш Галатаа рахь 3:24). Аха уеизгьы, уазҵаар алшоит, ииашаҵәҟьаны, Мессиа дыҧсырц ихәҭазма ҳәа.

8, 9. Ирцәыӡзеи Адами Евеи, егьшҧарныҧши уи урҭ ирхылҵыз?

8 Ааи, ауаатәыҩса рҿыхразы, Мессиа дыҧсыр акәын. Ҳара убри еилаҳкаарц ҳалшоит, Едемтәи абаҳчаҿы имҩаҧысыз ахҭысқәа ҳгәалаҳаршәар, Адами Евеи Анцәа ианиҿагыла ашьҭахь ирцәыӡыз закәу ҳахшыҩ азаҳашьҭыр. Урҭ раҧхьаҟа ишьҭан наӡаӡатәи аҧсҭазаара азы аҧеиҧш! Урҭ Анцәа ихәҷқәа зларакәыз ала, хаҭала иара иацәажәаларц рылшон. Аха Адами Евеи Анцәа инапхгара мап анацәырк нахыс, дара абарҭ зегьы рцәыӡит, нас агәнаҳарагьы аҧсрагьы ауаа зегь рхы инҭадырҧеит (Римаа рахь 5:12).

9 Ҳазхылҵыз илакәушьашаз рмазара ныхны, ауалқәа иркызар еиҧш ауп аусқәа шыҟоу. Адами Евеи ирхылҵыз ауал иаҵарҵеит. Ҳауа дарбанзаалак днаӡаны, гәнаҳа имаӡамкәа дмииӡеит азы, ҳазынтәыкгьы агәнаҳа ҟаҳҵоит, ҳаҧсуеит. Ҳанычмазаҩхо, мамзаргьы ҳзыхьхәыша акы анҳамхаҳәо, шьҭрала иҳауз ауал — ауаҩы инамӡара — еидараҵас ҳаҵоуп ауп иаанаго (Римаа рахь 7:21—25). Мҩа заҵәыкны иҟоу Адам ицәыӡыз архынҳәроуп. Аха ҳара иҳамчым инаӡоу ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара аҟынӡа анеира. Инаӡам ауаа зегьы агәнаҳа ҟарҵоит аҟнытә, ҳазынтәыкгьы иҳақәнагоу аҧсроуп (Римаа рахь 6:23).

10. Иҟаҵатәызи, Адам ирӡыз архынҳәразы?

10 Аха уеизгьы, иалшарыма Адам ицәыӡыз аҧсҭазаара ацынхәра даҽакы адгалара? Анцәа ииашара иаҭахыу хәыла аиҟарара ауп — «аҧсы иахҭынҵатәуп аҧсы» (Ақәҵымҭа 21:23). Убас, иӡыз аҧсҭазаара ҧсҭазаарала ахә шәатәын. Аха иарбанзаалак ауаҩытәыҩсатә ҧсҭазаара ари аҭахра иақәшәом. Ҧсалом 48:8, 9 аҟны инаӡам ауаа рзы иаҳәоит: «Ауаҩы иашьа зынӡа дизҿыхшам, ихазгьы ахҿыхра Анцәа изиҭашам. Ахә цәгьоуп урҭ рыҧсы аҿыхра, иагьыҟалом уи аҩыза наӡаӡа». Иаанагома ари, аҭагылазаашьа уақәгәыҕратә иҟам ҳәа? Ҳәарада, мап.

11. а) Иаанагозеи уриа бызшәала ажәа «аҿыхра»? б) Дарбан ауаатәыҩса рҿыхра зылшаҵәҟьоз, насгьы избан?

11 Уриа бызшәала ажәа «аҿыхра» иаанаго ауаҩы-шас ихақәиҭтәразы иршәо аҧара ауп, иара убасгьы, уи хәыла аиҟарара ҳнарбоит. Инаӡаз ахаҵа имацара заҵәык иакәын Адам ицәыӡыз иақәнагоу ахә ашәара зылшоз. Адам иаамышьҭахь адгьылаҿы диит иуаҩынаӡаз хаҵа заҵәык — Иисус Христос. Убри аҟнытә Абиблиа Иисус «аҵыхәтәантәи Адам» ҳәа ихьӡнаҵоит, ҳаргьы агәра ҳнаргоит, Христос “зегьы рҿыхра Ихы шақәиҵаз” (1 Коринфаа рахь 15:45; 1 Тимофеи иахь 2:5, 6). Адам ихылҵыз аҧсра риҭазар, Иисус урҭ ириҭоит наӡаӡатәи аҧсҭазаара. 1 Коринфаа рахь 15:22 аҟны аилкаа ҳауеит: «Адам ила зегьы шыҧсуа еиҧш, Христос ила зегьы рыҧсы ҭалоит». Убри аҟнытә Иисус иахәҭаны «Наӡаӡатәи Аб» ҳәа ихьыӡҵоуп (Исаиа 9:6, 7, ИА).

АҾЫХРА АХӘ ШАХШӘААЗ

12. Иисус Мессиа иакәны данбаҟалеи, егьшҧаныри уи иҧсҭазаара?

12 Ҭагалан 29 шықәса ҳ. ҳ. азы Иисус иуа Иоанн иҟны дааит, аӡы иҽӡааихразы, Анцәа игәаҧхара анагӡаразы ихы ииҭарц. Убасҟан Иегова Иисус диҧшьеит доуҳа цқьала. Иисус Мессиа, мамзаргьы Христос, даҽакала иуҳәозар, Анцәа ииҧшьаз иакәхеит (Маҭфеи 3:16, 17). Анаҩс Иисус Анцәа имаҵура далагеит, уи мҩаҧысуан хышықәсеи бжаки. Уи дныҟәон изгәакьаз аҭыҧқәа рҟны, Анцәа Иаҳра иазкны дажәабжьҳәауа, ишьҭанеицәа иашақәагьы еидкылауа. Аха, заа ишҳәахьаз еиҧш, акыр иаарласынгьы уи аҿагылара ҕәҕәа даниеит (Ҧсалом 117:22; Аусқәа 4:8—11).

13. Иарбан хҭысқәоу Иисус — ацқьара ахьчаҩ — аҧсрахьы дкылызгаз?

13 Иисус гәымшәарыла адин анапхгаҩцәа ргәыҩбара ҿаҧиҽуан, убри азы дара иара ишьра иашьҭан. Урҭ игьангьашу аплан еиҿыркааит, уаҟа зегьы ыҟан: аҧсахрагьы, изакәанмыз аҭакрагьы, аусӡбрагьы, аилаҩынтра аҧшьгаразы ииашам ахарадҵарагьы. Иисус дрыпҟон, иҿажьцәон, ихыччон, ҽыҭ-ҽыҭ ижьы ҭызжәоз ҟанчыла исуан. Ашьҭахь римтәи аҳәынҭқар Понти Пилат агәаҟра ашьаҟаҿы дыкнаҳаны ашьра иқәиҵеит. Уи ҵәымҕла ашьаҟа даларҟацаны, зегьы дырбо-драҳауа дышьҭыхны дыкнарҳаит. Зныктәи иқәыҧсычҳара гәаҟҵәаҟран — сааҭқәак ҵит аҟароуп, уи дыҧсаанӡа. Абарҭ иуадаҩӡаз аҧышәарақәа зегьы шихигазгьы, уи Анцәа иҿаҧхьа дшыцқьаз дынхеит.

14. Анцәа Иҧа игәаҟрақәеи иҧсреи зичҳазеи?

14 Абасала, 33 шықәса нисан 14 рзы Иисус иҧсҭазаара «шьардаҩы рҿыхра» иахҭниҵеит (Марк 10:45; 1 Тимофеи иахь 2:5, 6). Иегова ажәҩан аҟынтә ибон бзиа иибоз Иҧа игәаҟрақәеи иҧсреи. Избан, нас, Анцәа абри аҩыза ҟалартә азин зыҟаиҵаз? Избанзар уи ауаа бзиа ибон. Иисус иҳәеит: «Анцәа убас бзиа ибеит аҧсабара [«адунеи», ИА], даиҭеит ихшаазаҵәу Иҧа, дарбанзаалак Убри дхазҵо дҭамхарц ази, наӡаӡатәи аҧсҭазаара имазарц ази» (Иоанн 3:16). Иисус иҧсра, иара убасгьы, иаҳнарҵоит, Иегова — аиашара нагӡа дшанцәоу (Ҩынтәзакәан 32:4). Џьоукы иџьаршьоит, Анцәа “аҧсы иахҭынҵатәуп аҧсы” ҳәа зҳәо, даҽакала иуҳәозар, Адам игәнаҳа ахә ахшәаара зҭахыу ииашара апринцип дзацәхьамҵзеи ҳәа. Ари мзызс иамоу убриоуп: Иегова еснагь изакәанқәа ирҳәо дықәныҟәоит, дагьадгылоит, уи азы ицәыӡуа рацәахаргьы.

15. Иҟаиҵазеи Иегова, Иисус наӡаӡа дыҧсырц алыршара злаиашамхоз ала?

15 Иара убас, Иегова ииашара иаҭахын, Иисус изы аусқәа зегьы лыҧхала еилгарц. Ииашахарызма, аҵабырг злаз Иисус наӡаӡа дмааҧшӡо дыцәазҭгьы? Ҳәарада, мап! Ауриа Ҩырақәа рҟны заа иаҳәахьан, Анцәа имаҵуҩы иаша анышәынҭраҿы даанхарц шалимыршоз (Ҧсалом 15:10; Аусқәа 13:35). Иисус дыҧсны дықәын ихаҭәаамыз хымш, ашьҭахь Анцәа Иегова уи иҧсы ҭеиҵеит амч ду змоу доуҳатә хаҭарак иакәны (1 Пиотр 3:18).

16. Иҟаиҵазеи Иисус, ажәҩан ахь дшыхынҳәыз еиҧш?

16 Иисус иҧсрала наунагӡа мап ацәикит ауаҩытәыҩсатә ҧсҭазаара. Уи иҧсы ҭаҵаны ажәҩан ахь дган, нас дагьыҟалеит аҧсҭазаара узҭо доуҳаны. Убри инеиҳангьы, Иисус бзиа иибоз Иаб иахь Адунеи иҧшьоу рыҧшьаҭыҧ ахь данхала, уи иуаҩытәыҩсатә ҧсҭазаара наӡа ахә изнеигеит (Ауриацәа рахь 9:23—28). Абысҟак зыхә ҳаракыз уи иҧсҭазаара уажәшьҭа аҳәатәхаҵара злоу ауаатәыҩса рзы ихәарҭан. Ари уара узы иаанагозеи?

ХРИСТОС ИҞАИҴАЗ АҾЫХРЕИ УАРЕИ

17. Ҳагхақәа ҳанажьзарц шҧалшои, ҳҿызхуа Иисус иҧсра ҵаҵҕәыс иҟаҵаны?

17 Уааи, ҳарзааҭгылап уҿызхуа Иисус иҧсра иара уажәгьы излаузеиҕьу ҳзырбо аганқәа хҧа. Акыс, уи агәнаҳарақәа хнаҩоит. Иисус ашьа шкеиҭәаз хаҳҵозар, уи «ҳаҿнахуеит», «ҳагәнаҳарақәа хнаҩоит» (Ефесаа рахь 1:7). Убри аҟнытә, гәнаҳара ҕәҕәак ҳамхаҟаҵаргьы, Анцәа ҳагха ҳанаижьырц Иисус ихьӡала ҳиҳәарц ҳалшоит. Ҳара ииашаҵәҟьаны ҳахьхәызар, Иегова Иҧа иҧсра ахә ҳара ҳзы деигӡарым. Иҟаҳҵаз агәнаҳара азы ашьра ахьҳақәҵатәу ахаҭыҧан, Анцәа даҳзылҧханы ҳагха ҳанаижьуеит, насгьы аламыс цқьа ҳаиҭоит (Аусқәа 3:19; 1 Пиотр 3:21).

18. Иарбан гәыҕроу иҳанаҭо Иисус иҧсра?

18 Ҩбагьы, ҳҿызхуа Иисус иҧсра ҧхьаҟатәи аҧеиҧш ақәгәыҕразы аҵаҵҕәы ҳнаҭоит. Апостол Иоанн амбатә ибеит, «шьарда ауаа рацәа, уаҩы изымҧхьаӡоз», иааиуа абри адунеи аҵыхәтәа ишацәынхоз. Избан урҭ рыҧсы ҭаны изаанхо, Анцәа аӡәырҩы анықәихуа аамҭазы? Амаалықь Иоанн иеиҳәеит, шьарда ауаа рацәа «рымаҭәақәа шырӡәӡәаз, рымаҭәақәа шдыршкәакәаз Асыс ашьала», Иисус Христос ишьала (Аартра 7:9, 14). Иисус Христос ашьа шкеиҭәаз шхаҳҵо ааҳарҧшуанаҵы, насгьы Анцәа иҭахрақәа ҳрықәшәо ҳанхонаҵы, ҳара Анцәа иҿаҧхьа ҳацқьазаауеит, иагьҳамазаауеит наӡаӡатәи аҧсҭазааразы агәыҕра.

19. Иисус иҧсра шаҳаҭра шҧауеи, Иисус Иаби иареи уара бзиа ушырбо ала?

19 Ихҧахаз, ҳҿызхуа Иисус иҧсра — ари Иегова ибзиабара иаршаҳаҭга дуӡӡоуп. Иисус иҧсра еиднакылоит Адунеи аҭоурыхаҿы иаарҧшыз иналукааша ҩ-бзиабарак: 1) ҳара ҳзы дыҧсырц зҧа даазышьҭыз Анцәа ибзиабара; 2) ҿыхрак аҳасабала иазыразны зыҧсҭазаара ҳақәызҵаз Иисус ибзиабара (Иоанн 15:13; Римаа рахь 5:8). Ҳара гәык-ҧсыкала ахаҵара ааҳарҧшуазар, ари абзиабара ҳазынтәыкгьы ҳаҵанакуеит. Апостол Павел иҳәеит: «Анцәа Иҧа сара бзиа сибеит, Ихгьы сықәиҵеит» (Галатаа рахь 2:20; 1 Иоанн 4:9, 10; Ауриацәа рахь 2:9).

20. Избан ҳара Иисус иҧсрала ҳашҿихыз зхаҳҵалаша?

20 Шәааи, нас, убри аҟнытә аџьшьара ааҳарҧшлап Анцәеи Христоси рыбзиабаразы, Иисус иҧсра ҳшыҿнахуа хаҳҵауа. Ари наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь ҳкылнагоит (Иоанн 3:36). Аха ҳара ҳаиқәырхара акәым Иисус адгьылаҿы иҧсҭазаареи иҧсреи зегь реиҳа хықәкы хадас ирымоу. Мап, зегь раҧхьаӡагьы Иисус игәы иҵхоз адунеи зегьы зҵанакуа еимактәхаз азҵаара акәын. Анаҩстәи ахы аҟны ишаабо еиҧш, ари азҵаара ҳазынтәыкгьы ҳаҵанакуеит, избанзар уи ала еилкаахоит, Анцәа абысҟаамҭа ацәгьареи арыцҳарақәеи зичҳауа.

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Иисус ауаатәыҩса рыҧсҿыхразы дыҧсырц зихәҭази?

Аҿыхра ахә шҧахшәааз?

Аҿыхра уара излаухәарҭоузеи?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Адаҟьа зегь хазырҭәаауа асахьа 67]