Иарбан мчроу иудукыларц иухәҭоу?
Ахы 14
Иарбан мчроу иудукыларц иухәҭоу?
1, 2. Изакәызаалак амчра уаҩы иҧырхагоума? Иҳаилыркаа.
«АМЧРА» — егьаҩы ирцәымҕыуп ари ажәа. Уигьы еилкаауп, избанда амчра цәгьашақә рхы иадырхәоит — аусураҿы, аҭаацәара аҩнуҵҟа, иара убас хадара зуа аилазаарақәа рҟынгьы. Абиблиа иаартны иаҳәоит: «Ауаҩы ауаҩы дихагылоуп ихацәгьаразы» (Аекклесиаст 8:9). Ааи, аӡәырҩы рыцҳашьарада, рхы ада хәыцырҭа рымамкәа, егьырҭ напхгара рырҭоит.
2 Аха амчрақәа зегьы уаҩы иҧырхагам. Ҿырҧштәыс иаагозар, ҳцәеижь напхгара ҳазнауеит ҳәа ҳҳәарц ҳалшоит. Уи «иҳаднаҵоит» аҧсыҧ лагаҩагара, акрыфара, ацәара. Аха ари ахақәиҭра ҳацәнарӡуама? Мап. Абарҭ аҭахрақәа ҳаҽраҳҭозар, усҟан ҳара ҳхы иазеиҕьу мацароуп иҟаҳҵо. Ҳазымхәыцӡакәа иҧсабаратәу ҳҭахрақәа рымаҵ шаауагьы, иҟоуп ҳара ҳҟынтә еилкааны ҳарзыӡырҩларц зҭахыу амчра ахкқәа. Еилҳаргап ҿырҧштәқәак.
ИРЕИҲАӠОУ АМЧРА
3. Избан Иегова «Зегьзкыу» ҳәа ахьӡ аныҟәгара азин зимоу?
3 Абиблиа изныкымкәа Иегова «Зегьзкыу» ҳәа ихьӡ аҳәоит. Зегьзкыу — ари иреиҳаӡоу амчра знапаҿы иҟоу иоуп. Иегова азин изҭо арбан абри аҩыза аҭыҧ аанкылара? Аартра 4:11 аҟны иҳаҧшаауеит аҭак: «Ахьӡ-аҧшеи, аҽхәаҧхьыӡи, амчи рыдкылара уаҧсоуп, Иҳақәиҭу ҳ-Анцәа, избанзар Уара иушеит зегьы, зегьы Уара Угәаҧхарала иҟоуп иагьшоуп».
4. Иегова имоу имчра ихы ишҧаирхәо?
4 Иегова — Ҳазшаз иоуп, ус анакәха, уи игәы ишаҭахыу ала амчра ахархәара азин имоуп. Ари ашәара узнарҵысуеит, ҷыдала Анцәа «алшара рацәа» шимоу ҳхаҿы иааҳгозар. Иара «Зегьзымчу Анцәа» ҳәа ишьҭоуп. Ари аҳәашьа ауриа текст аҟны зегьы ириааиуа амч ахшыҩҵак аанарҧшуеит (Исаиа 40:26; Аҟазаара 17:1). Аха уеизгьы, Иегова имч анааирҧшуагьы, агәшаҭара злоу Нцәаны даанхоит, избанзар ҟазшьа хадас имоу абзиабароуп (1 Иоанн 4:16).
5. Иегова иҳәатәы ахаҵара зыуадаҩымзеи?
5 Иегова иахьымхәо агәнаҳаҟаҵаҩцәа шахьирхәуа азы ргәырҽаниҵозаргьы, Моисеи Иегова дидыруан „Зажәа иамеижьауа, Иара бзиа дызбои иҧҟарақәа назыгӡои рахь агәрыцҳашьара аазырҧшуа Нцәа иашак“ иаҳасабала (Ҩынтәзакәан 7:9). Уазхәыци! Адунеи ахьынӡанаӡааӡо иреиҳаӡоу амчра знапаҿы иҟоу мчыла имаҵ ҳирурц даҽым. Уи ус акәым, аха ҳара ҳахь иааирҧшуа абзиабароуп Уи ҳидызҧхьало (Римаа рахь 2:4; 5:8). Иегова имчра ацныҟәара агәырҕьароуп изызҳәоу, избанзар изакәанқәа хырҳага мацароуп иаҳзаарго (Ҧсалом 18:8, 9).
6. Едемтәи абаҳчаҿы амчра азҵаара шҧашьҭыхыз, иагьабакылнагеи уи?
6 Ҳара ҳазхылҵыз ауаа Анцәа иаҳра рыдрымкылеит. Дара ирҭаххеит, ацәгьа-абзиа закәу рымала ирыӡбаларц (Аҟазаара 3:4—6). Убри иахырҟьаны, урҭ рыџьанаҭ ҩны иахырцеит. Ашьҭахь Иегова ауаа инаӡам, аха иеиҿкаау ауаажәлар реилазаараҿы инхаларц рылзыршаша амчра аструктурақәа аҧырҵартә азин риҭеит. Иарбақәан урҭ рахьтә амчра формақәак, насгьы урҭ ҳабанӡарзыӡырҩлаша, Анцәа игәы ҟаҳҵаларц азы?
«ИРЕИҲАУ АМЧРАҚӘА»
7. Изакәузеи «иреиҳау амчрақәа», насгьы урҭ Анцәа имчра иадаҳкылозар, ҭыҧс иааныркылои?
7 Апостол Павел иҩуан: «Ҧсы зхоу дарбанзаалак иреиҳау амчрақәа рҳәатәы хеиҵалааит; избанзар Анцәа иаҧимҵаз мчра ыҟаӡам». «Иреиҳау амчрақәа» ҳәа изышьҭоу арбан? Анаҩстәи атекстқәа рҟны Павел иажәақәа излаҳдырбо ала, «иреиҳау амчрақәа» — аҳәынҭқарратә мчрақәа роуп (Римаа рахь 13:1—7; Тит иахь 3:1). Иегова иаҧимҵеит арҭ амчрақәа, аха урҭ аҟазаара азин риҭоит. Убри аҟнытә Павел иҩуан: «Иҟоу амчрақәа Анцәа ила ишьақәыргылоуп». Адгьылаҿтәи амчрақәа ирхырҳәаауазеи абарҭ ажәақәа? Урҭ Анцәа имчра иахьҧшуп, мамзаргьы уи аасҭа иеиҵоуп (Иоанн 19:10, 11). Убри аҟнытә, ауаҩытәыҩса изакәанқәеи Анцәа изакәанқәеи анеиҿагыло, ақьырсианцәа Абиблиала ирыларааӡаз рыламыс иқәныҟәоит. «Ауаа раасҭа, Анцәа иоуп еиҳа иззыӡырҩлатәу» (Аусқәа 5:29).
8. Излаҳахәарҭоузеи иреиҳау амчрақәа, даргьы рҳәатәы хаҳҵаларц шҧаҳалшо?
8 Аха иреиҳау аҳәынҭқарратә мчрақәа еиҳа лассы-лассы ‘ҳара ҳзы абзиара иашьҭоу Анцәа имаҵуҩцәа’ раҳасабала ҳамаҵ руеит (Римаа рахь 13:4). Ишҧа? Уазхәыц, иреиҳау амчрақәа заҟаџьара иҳацхраауа, ҿырҧштәыс иаагозар: аҧошьҭатә еимадара, амилициа, абылра аҽацәыхьчара, аӡымҩангагеи аканализациеи рсистемақәа, иара убас аҵарадырра аиуразы алшарагьы. «Убри азоуп шәаргьы ашәахтәқәа зышәшәо,— иҩуан Павел,— избанзар урҭ Анцәа имаҵуҩцәоуп, абри аус еснагь знапалакыу» (Римаа рахь 13:6). Ашәахтәқәеи азакәан иҳақәнаҵо егьырҭ ауалқәеи рганахьала «ламыс-цқьала ҳхы мҩаҧаҳгалароуп» (Ауриацәа рахь 13:18).
9, 10. а) Анцәа ишьақәгылашьаҿы иарбан рольу инарыгӡо иреиҳау амчрақәа? б) Изиашамхарызеи иреиҳау амчрақәа рҿагылара?
9 Зны-зынла, аиашазы, иреиҳау амчрақәа цәгьашақә рхы иадырхәоит рнапынҵақәа. Ари дара рҳәатәы ахаҵаразы аҭакҧхықәра иҳаду аҟынтә ҳхы ҳақәиҭнатәуама? Мап. Иегова ибоит урҭ ииашам русқәа (Ажәамаанақәа 15:3). Иара ауаа рнапхгара ахьичҳауа иаанагом, акоррупциа иеиҩижьуеит ҳәа; убасеиҧш уи ҳара ҳҟынтәгьы дазыҧшым абри аҩыза. Ииашаҵәҟьаны, Анцәа иаарласны ‘иқәихуеит, иагьхирбгалоит аҳрақәа зегьы’, ихатәы еиҳабырала урҭ ҧсахны (Даниил 2:44). Аха макьаназы иреиҳау амчрақәа хәарҭарак рылоуп.
10 Павел иҳаилиркаауеит: «Амчра иаҿагыло, Анцәа ишьақәиргылаз ауп дызҿагыло» (Римаа рахь 13:2). Иреиҳау амчрақәа — ари Анцәа «ишьақәиргылаз» ауп. Уи иабзоураны, изаҟаразаалак еиҿкаарак ыҟоуп, уи ыҟамзар, аиҿымкаареи аилаҩынтреи аҳра руларын. Абиблиа агәаанагарала, амчрақәа рҿагылара иашам, хшыҩгьы аҵам. Ухаҿы иаага, иаҳҳәап, уҧырҟеит, ухәрагьы рӡахит. Аӡахырсҭа уцәеижь иацәтәымзаргьы, уи аамҭала акы иазкыуп. Аҿҳәара ааӡаанӡа ухәра ҧуртлазҭгьы, ухы ацәгьара азуурын. Убасеиҧш аҳәынҭқарратә мчрақәагьы Анцәа аханатә имаз игәҭакы иахәҭакмызт. Аха уеизгьы, Аҳра адгьыл зегьы шынеибакыу макьана напхгара ахьынӡанамҭо ала, ауаатәыҩса реиҳабырақәа ауаажәлар реилазаара иацхраауеит, иахьатәи аамҭазы Анцәа ирзалихыз ароль нагӡауа. Убри аҟнытә ҳара иреиҳау амчрақәа ҳарзыӡырҩлароуп, раҧхьа иргыланы иҳадаҳкыло Анцәа изакәанқәеи имчреи шракәугьы.
АМЧРА АҬААЦӘАРА АҨНУҴҞА
11. Уаҩы ишҧаиеилуркаауа хыс аҟазаара апринцип?
11 Аҭаацәара — ауаажәлар реилазаара иашьагәыҭуп. Уаҟа хаҵеи-ҧҳәыси ирыҧшаарц рылшоит ихырҳагоу аиҩызаратә еиҿцаара, ахшаара ракәзар, ихьчахарц, ақәранаӡара иазыҟаҵахарц рылшоит (Ажәамаанақәа 5:15—21; Ефесаа рахь 6:1—4). Абри аҩыза ашьақәгылашьа џьашьахәы убас еиҿкаатәуп, аҭаацәа ирылахәу аҭынчреи аиқәшаҳаҭреи рыманы инхалартә еиҧш. Иегова ари ашьақәгылашьа еиҿикаауеит 1 Коринфаа рахь 11:3 иану апринцип ала: „Дарбанзаалак ахаҵа хыс имоу Христос иоуп, аҧҳәыс хыс длымоуп лхаҵа, Христос хыс димоуп Анцәа“.
12, 13. Дарбан аҭаацәара иахагылоу, насгьы Иисус хыс иҟазаара аҿырҧшы иаҳнарҵарц иалшозеи?
12 Ахаҵа аҭаацәа хыс дрымоуп. Аха иаргьы ихагылоу дыҟоуп — Иисус Христос. Павел иҩуан: «Ахацәа, шәыҳәсақәа бзиа ижәбала, Христос Ауахәама [«аизара», АҾ] бзиа ишибаз, Ихгьы шақәиҵаз еиҧш» (Ефесаа рахь 5:25). Ахаҵа Христос дшизыӡырҩуа ааирҧшуеит, Иисус еснагь аизара дшазныҟәоз еиҧшҵәҟьа, убас иаргьы иҧҳәыс длызныҟәозар (1 Иоанн 2:6). Иисус амчра дуӡӡа иаҭәашьоуп, аха уи зеиҧшыҟам ҟәымшәышәралеи, бзиабаралеи, хшыҩлеи ихы иаирхәон (Маҭфеи 20:25—28). Иисус дуаҩны дыҟанаҵы, иааникылоз аҭыҧ ахаан цәгьашақә ихы иаирхәомызт. Уи „дҭынчын, гәылагьы длаҟәын“, ишьҭанеицәагьы «атәы» ҳәа акәымкәа, «аҩызцәа» ҳәа дрышьҭан. «Сара шәсырраҳаҭып»,— иргәыҕит урҭ Иисус, ус иагьыҟаиҵеит (Маҭфеи 11:28, 29; Иоанн 15:15, ИА).
13 Иисус иҿырҧшы ахацәа иднарҵоит, ақьырсианра аҟны хыс аҟазаара рҽырџьбараны аҽыҟаҵара азин шырнамҭо. Ус акәымкәа, уи уалны ирыднаҵоит апатуқәҵареи хамеигӡаралатәи абзиабареи рааҧшра. Араҟа зынӡа аӡбахә ыҟамзароуп аҧҳәыс иаахжәаны лызныҟәара — махәҿалеиҧш, ажәалагьы (Ефесаа рахь 4:29, 31, 32; 5:28, 29; Колоссаа рахь 3:19). Ақьырсиан иҧҳәыс иҽеимкәаны длызныҟәозар, егьырҭ иус бзиақәа хәарҭарак рылам, иаргьы Анцәа даниҳәо, иажәақәа Анцәа иҟынӡа имнаӡар рылшоит (1 Коринфаа рахь 13:1—3; 1 Пиотр 3:7).
14, 15. Анцәа изкыу адырра аҧҳәыс лхаҵа иҳәатәы халҵаратәы ишҧалыцхраауеи?
14 Ахаҵа Христос даниҿыҧшуа, аҧҳәыс илзымариоуп Ефесаа рахь 5:22, 23 иану ажәақәа рықәныҟәара: «Аҳәсақәа, шәхацәа рҳәатәы хашәҵала, Иҳақәиҭу иеиҧш, избанзар ахаҵа иоуп аҧҳәыс хыс илымоу, Христос Ауахәама [«аизара», АҾ] хыс дшамоу еиҧш». Ахаҵа Христос иҳәатәы шхеиҵо еиҧш, убас аҧҳәысгьы лхаҵа иҳәатәы халҵалароуп. Абиблиа, иара убас, еилыкка излаҳнарбо ала, аҳәса бзиақәа Анцәа игәаҧхо аҟәыҕареи аусура абзиабареи ахьаадырҧшуа азы, аҳаҭыри аҽхәаҧхьыӡи ирыҧсоуп (Ажәамаанақәа 31:10—31).
15 Ақьырсиан ҧҳәыс лхаҵа иганахьала иаалырҧшуа аҳәатәхаҵара ҳәаак амоуп. Ари иаанаго убриоуп: ахаҵа изыӡырҩра уск аҟны Анцәа изакәан еиланагозар, усҟан ауаҩы иаасҭа, Анцәа иоуп еиҳа иззыӡырҩлатәу. Абри аус аҟынгьы иахәҭоуп, аҧҳәыс ҕәҕәала иаанылкыло аган «иҭынчу, ҿымҭ-ҧсымшьҭ иҟоу лдоуҳала» илырҧсыҽуазарц. Уаҩы ибарҭазароуп, Анцәа изкыу адырра иабзоураны, ҧҳәыск лаҳасабала лара еиҳа дшеиҕьхаз (1 Пиотр 3:1—4). Убри аҩызаҵәҟьа ҳҳәарц ҳалшоит Анцәа дхазымҵо аҧҳәыс дызмоу ақьырсиан изгьы. Уи иреиҕьу хаҵаны дҟанаҵароуп абиблиатә принципқәа рхархәара.
16. Иарбан ҿырҧшу Иисус даныхәҷыз ахәыҷқәа ирзынижьыз?
16 Ефесаа рахь 6:1 аҟны ҷыдала хшыҩзцара рыҭоуп ахшаара: «Ахәыҷқәа, шәани шәаби рҳәатәы хашәҵала Анцәа иҵасала, избанзар абри ауп аиашара иаҭахыу». Ақьырсианцәа қәыҧшцәа Иисус иҿырҧшы иқәныҟәоит: уи дызҳауанаҵы, иҭаацәа рҳәатәы хеиҵон. Аҳәатәхаҵара злаз ҷкәынак иаҳасабала Иисус «изҳауан ҟәышралеи қәралеи, Анцәеи ауааи рҿы абзиабара иманы» (Лука 2:51, 52).
17. Ани аби ирымоу азинқәа рхархәашьа ахшаара ишҧарныруа?
17 Ани аби ирыду аҭакҧхықәра ишазнеиуа еиҧш, ахшаарагьы амчра ма ҳаҭыр ақәырҵалоит, ма уи иаҿагылалоит (Ажәамаанақәа 22:6). Убри аҟнытә ани аби рхы иазҵаароуп: схы ишҧасырхәо исымоу азинқәа, цәгьашақә акәу, мамзаргьы бзиабарала акәу? Мыцхәы сыгәшаҭацәазар? Анцәа ицәшәо ани аби рыхәҭаахьала абзиабареи аҳаҭырқәҵареи аадырҧшуазароуп, аха убри аамҭазгьы рыҽдырҕәҕәароуп, Анцәа ипринципқәа рыӡбахә аныҟоу. Убри атәы акәын Павел иҩуазгьы: «Шәара, абацәа, шәыхшаара рыҧсы еибашәмырклан [ишиашоу иуҳәозар: «аҧсахыҧжәара иақәшәмыршәалан»], аха урҭ шәааӡала, Иҳақәиҭу иҵасала аҵара дырҵо, имҩақәҵо» (Ефесаа рахь 6:4; Колоссаа рахь 3:21).
18. Ани аби рыхшаара шҧарааӡалаша?
18 Ани аби рыхәҷааӡашьақәа ирызхәыцлароуп, еиҳараӡакгьы дара рыхшаара рҳәатәы харҵо, рыгәгьы дыргәырҕьо иҟаларц рҭахызар (Ажәамаанақәа 23:24, 25). Абиблиаҿы ааӡара еиҳараӡак иаанаго амҩақәҵароуп (Ажәамаанақәа 4:1; 8:33). Уи мҩаҧысуеит напеикәыршалеи, бзиабаралеи, ҟәымшәышәралеи, аҧсеибакреи ажәа хжәақәеи ацымкәа. Убри аҟнытә аҭаацәа-ақьырсианцәа ҟәыҕарала рхы аадырҧшуазароуп, рҽагьныркылозароуп, рыхшаара анахьдырхәуа (Ажәамаанақәа 1:7).
АМЧРА АИЗАРА АҨНУҴҞА
19. Анцәа ақьырсиантә еизара аҩнуҵҟа аиҿкаара бзиа аҟалара дышҧеиҷаҳаи?
19 Иегова — аиҿкаара злоу Нцәоуп аҟнытә, аҟәыҕара иатәын, уи ижәлар рзы узықәгәыҕша, ибзиангьы иеиҿкаау анапхгара деиҷаҳаит ҳәа ҳгәы иаанагар. Ааи, уи Иисус ақьырсиантә еизара Хадас дазикит (1 Коринфаа рахь 14:33, 40; Ефесаа рахь 1:20—23). Анцәа иаҧиҵеит Христос иҳамбаратәы напхгара зиҭо ашьақәгылашьа. Абри аҩыза ашьақәгылашьа иабзоураны, еизара-цыҧхьаӡа иалхыу аиҳабацәа гәыкала, иргәаҧханы, бзиабарала агәарҭа иахылаҧшуеит (1 Пиотр 5:2, 3). Урҭ иахьрыцхраауа рацәоуп амаҵуратә цхырааҩцәа. Акыр иаҧсоуп аизараҿы даргьы рымаҵура.
20. Иалхыу ақьырсиантә еиҳабацәа рҳәатәы хаҳҵаларц зҳахәҭоузеи, насгьы уи ҳара излаҳахәарҭоузеи?
20 Ақьырсиантә еиҳабацәа ирызкны Павел иҩуан: «Рҳәатәы хашәҵала шәымҩақәҵаҩцәа, ражәагьы ҩбашәымтәлан, избанзар урҭ имтәа-имыцәа шәара ишәеиҷаҳауеит, аҭакҧхықәра зду раҳасабала; игәырҕьаҵәа рус нарыгӡалааит, иқәыҧсычҳауа акәымкәа, избанзар уи шәа шәзы ихәарҭам» (Ауриацәа рахь 13:17). Анцәа иҟазшьоу иҟәышрала ақьырсиантә хылаҧшцәа рнапы ианиҵеит аизара адоуҳатә ҭахрақәа реиҷаҳара. Арҭ аиҳабацәа адоуҳаныҟәгаҩцәа рыкласс шьақәдыргылом. Дара Анцәа имаҵуҩцәеи итәцәеи роуп, рҩызцәа ақьырсианцәа рҭахрақәа иреиҷаҳауеит, ҳ-Арҵаҩы Иисус Христос ишыҟаиҵоз еиҧш (Иоанн 10:14, 15). Абиблиа агәаанагарала, иаҧсоу ахацәа ҳара ҳақәҿиарақәеи доуҳала ҳаизҳареи ишрызҿлымҳау анаадырлак, урҭ аус рыцуреи рҳәатәхаҵареи ҳгәазыҟарҵоит (1 Коринфаа рахь 16:16).
21. Закәытә доуҳатә цхыраароузеи иалхыу аиҳабацәа рҩызцәа ақьырсианцәа ирырҭарц изышьҭоу?
21 Зны-зынла ауасақәа агәарҭа иацәҟьалахарц, мамзаргьы уҭазырхо адунеи анырра иҟанаҵо ашәарҭа иҭанаргыларц алшоит. Ахьча Хада инапаҵаҟа иҟоу аиҳабацәа рнапы ианырҵаз ауаа рҭахрақәа ирызҿлымҳауп, насгьы абарҭ ауасақәа хаҭала хшыҩзышьҭра рырҭоит (1 Пиотр 5:4). Урҭ аизара иалахәу рыҩны ирҭаауеит, ргәы дырҕәҕәоит. Аиҳабацәа Аҩсҭаа Анцәа ижәлар рҭынчра еилеигарц дшашьҭоу злардыруа ала, жәҩантәи аҟәышра рхы иархәаны, ирыӡбоит еиуеиҧшым апроблемақәа (Иаков 3:17, 18). Дара рымчқәа зегьы адҵаны хаҵаралеи хәыцшьалеи акзаараҿы ирыцхраауеит. Убри акәын Иисус ихаҭа дзыҳәозгьы (Иоанн 17:20—22; 1 Коринфаа рахь 1:10).
22. Иарбан цхыраароу аиҳабацәа ирҭо, аӡәы агәнаҳа даҵалар?
22 Ҧсыхәас иамоузеи, иаҳҳәап, ақьырсиан уск аҵыхәала хьаак имазар, мамзаргьы ииуз агәнаҳа иахҟьаны игәы каҳазар? Аиҳабацәа угәы нызкылаша абиблиатә бжьгареи гәыҭыҕьҕьаалатәи рныҳәарақәеи рыла уи идоуҳатә гәабзиара аиҭашьақәыргылраҿы ицхраауеит (Иаков 5:13—15). Иҧшьоу адоуҳа иалнахыз абарҭ ахацәа, иара убас, агәнаҳара амҩа иану, мамзаргьы аизара доуҳалеи гәаҧхашәалеи ацқьара азы ишәарҭоу дарбанзаалак ириашареи лахь иҭареи рнапы ианҵоуп (Аусқәа 20:28; Тит иахь 1:9; 2:15). Аизара ацқьара ахьчаразы, иуадаҩу ахымҩаҧгашьақәа ртәы анаацҳалатәу ҟалалоит (Алевит 5:1). Агәнаҳара ҕәҕәа зуыз ақьырсиан, Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны, дандыриашои лахь анирҭои идикылозар, насгьы уи ииашаҵәҟьаны дахьхәуазар, усҟан ацхыраара иоуеит. Аха иаҿаршәны мап зкуа, иахьымхәуа Анцәа изакәанеилагаҩцәа, хымҧада, аиҿцаара иалхәдаахоит (1 Коринфаа рахь 5:9—13).
23. Иҟарҵозеи ақьырсиантә хылаҧшцәа, аизара бзабаала иҟаларц азы?
23 Абиблиаҿы заа ишаҳәоз еиҧш, Аҳ Иисус Христос инапхгара аҵаҟа иалххоит доуҳала ишәхьоу ахацәа, Анцәа иуаажәлар ргәынкылареи, рыхьчареи, рырҕәҕәареи рзы (Исаиа 32:1, 2). Урҭ анапхгара рхахьы иргозароуп ажәабжьҳәаҩцәеи, ахьчацәеи, арҵаҩцәеи раҳасабала, насгьы доуҳала аизҳара иацхраауазароуп (Ефесаа рахь 4:11, 12, 16). Ақьырсиантә хылаҧшцәа зны-зынла анцәахаҵара рыцеиҩызшо лахь рырҭозаргьы, ргәырҽанырҵозаргьы, Анцәа Иажәа шьаҭас измоу аиҳабацәа рабжьгара иашақәа зхы иазырхәо зегьы аҧсҭазаарахь узго амҩа аҟны ирыцхраауеит (Ажәамаанақәа 3:11, 12; 6:23; Тит иахь 2:1).
ИУДКЫЛА АМЧРА АЗЫ ИЕГОВА ИГӘААНАГАРА
24. Иарбан ҧышәароу есыҽны ҳзынио?
24 Раҧхьатәи хаҵеи-ҧҳәыси рзы амчра ақәныҟәара ҧышәарахеит. Уамашәа ибатәым, ҳаргьы есаашар убри аҩыза аҧышәара ҳахьанио. Аҩсҭаа Аџьныш ауаа рыбжьара абунтҟаҵаратә доуҳа ирҽиоит (Ефесаа рахь 2:2). Ахьҧшымра амҩа еиҳа уаҩы дыхнахуеит, аҳәатәхаҵара амҩа аасҭа.
25. Изхәарҭоузеи ари адунеи абунтҟаҵаратә доуҳа мап ацәкреи, насгьы Анцәа ихы иаирхәо, мамзаргьы аҟазаара азин зиҭо амчрақәа рҳәатәхаҵареи?
25 Аха ҳара ари адунеи абунтҟаҵаратә доуҳа ҳадҳамкылозароуп. Абас аныҟаҳҵалак, иаҳбарҭахоит, Анцәа игәаҧхо аҳәатәхаҵара аҳамҭа ду шаҳзаанаго. Иаҳҳәап, ҳара амчрақәа рҟны угәы иаамыхәара ауадаҩрақәа заурц зҽазҵәылхны иашьҭоу џьоукы ирхьаауа агәҭынчымрақәеи агәырҩақәеи наҟ хара иаҳҟәыгазаауеит. Ҳара аҭаацәарақәа акыр рҟны иаҧу аиҿыхарақәа ирыгҳархоит. Насгьы ҳрылагәырҕьалоит ҳҩызцәа ақьырсианцәеи ҳареи иҳабжьоу гәыҭыҕьҕьаала иҟоу, бзиабарала иҭәу ҳаиҿцаарақәа. Аха зегь реиҳа ихадароу, Анцәа игәаҧхо аҳәатәхаҵара ааҳарҧшлар, уи иреиҳаӡоу амчра Знапаҿы иҟоу Иговеи ҳареи аизыҟазаашьа бзиақәа ҳабжьанаҵоит.
ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА
Иегова имоу амчра ихы ишҧаирхәо?
Изусҭцәада «иреиҳау амчрақәа», насгьы ҳара урҭ рҳәатәы ҳашҧақәныҟәо?
Хыс аҟазаара апринцип аҭаацәа ирылахәу ирыднаҵозеи?
Ақьырсиантә еизара аҩнуҵҟа аҳәатәхаҵара ааҳарҧшларц шҧаҳалшои?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Арамка, адаҟьа 134]
АМЧРА ЕИҴАЗҞЬО РАКӘЫМКӘА, ИӠЫРҨУА
Иегова Ишаҳаҭцәа, иаартны ажәабжьҳәаратә усура мҩаҧго, аҭынчреи ашәарҭадареи зҭахыу ауаа иддырбоит, гәыҕра заҵәыкны иҟоу Анцәа Иаҳра шакәу. Аха абарҭ згәы ҳаҵҳаҵо Анцәа Иаҳра ацҳаражәҳәаҩцәа знапхгара аҵаҟа инхо реиҳабырақәа рыпату зынӡаск еиҵарҟьом. Ус акәымкәа, Ашаҳаҭцәа — зегь реиҳа аҳаҭырқәҵара злоу, азакәангьы иазыӡырҩуа ауааҧсыра иреиуоуп. «Адинхаҵаратә гәыҧқәа зегьы Иегова ишаҳаҭцәа иреиҧшызҭгьы,— иҳәеит Африка атәылақәа руак аҟны аҳәынҭқарратә усзуҩы,— ауаҩшьрақәеи, аҧхасҭа зцу аҕьычрақәеи, абахҭа иҭакыу зықәра намӡац ацәгьауцәеи, иара убас атомтә бомбақәеи ҳамазаауамызт. Ауаа еснагь рыҩнашәқәа ыҵашәаҳаны иадыркларымызт».
Абри пату ақәҵаны, атәылақәа акыр рҟны амчратә органқәа Ашаҳаҭцәа, ҧырхага рымамкәа, ражәабжьҳәаратә усура мҩаҧаргалартә азин рырҭоит. Егьырҭ атәылақәа рҟны амчрақәа Иегова Ишаҳаҭцәа ауаа иҵегь еиҕьны рыҟалара ишацхраауа анеилыркаа, ирымырххьаз азинқәа рыздырхынҳәит. Апостол Павел амчра азыӡырҩра аганахьала ишҩуаз еиҧш: «Абзиара ҟаҵала, нас уи аҟынтә аҽхәаҧхьыӡ уаҭәашьахап» (Римаа рахь 13:1, 3).