Иарбан хырхәароу Анцәа игәы ҟазҵо?
Ахы 5
Иарбан хырхәароу Анцәа игәы ҟазҵо?
1. Еилылкаарц илҭахзи самариатәи аҧҳәыс ахырхәара аҵыхәала?
ЗНЫКЫР ухы уазҵаахьоума, иарбан хырхәароу Анцәа игәы ҟазҵо ҳәа? Ҧҳәыск абри аҩыза азҵаара лызцәырҵит, Самариа иҟоу ашьха Гаризым азааигәара Иисус Христос даниацәажәоз. Лара хшыҩзцара алҭеит иудеиааи самариааи рхырхәашьа аиҧшымзаара, иагьылҳәеит: «Ҳабацәа хырхәон ари ашьха аҿы, шәара иахьхырхәаша аҭыҧ ахьыҟоу Иерусалим аҿоуп шәҳәоит» (Иоанн 4:20). Иисус самариатәи аҧҳәыс закәытә хырхәаразаалакгьы Анцәа игәы ҟанаҵоит ҳәа аҭак лиҭама? Мамзаргьы уи Анцәа игәыҟаҵаразы ҷыдала акы аҭахыуп иҳәоу?
2. Иисус самариатәи аҧҳәыс аҭакс илиҭазеи?
2 Лара дархәыцит Иисус иҟаиҵаз аҭак: «Иаауеит аамҭа, Аб шәахьиеихырхәалаша ари ашьха аҿгьы, Иерусалим аҿгьы акәымкәа ианыҟалара» (Иоанн 4:21). Акыраамҭа самариаа Иегова ҳаҭыр иқәырҵон, егьырҭ анцәақәагьы иреихырхәон Гаризым ашьхаҿы (4 Аҳрақәа 17:33). Иисус уажәы излеиҳәо ала, ари ашьхагьы акәым, Иерусалимгьы акәым аиаша хырхәараҿы аус злоу.
ДОУҲАЛЕИ ИАШАЛЕИ АХЫРХӘАРА
3. а) Избан самариаа, иааҧҵәаны, Анцәа дзырзымдыруаз? б) Аиашара злаз иудеиааи егьырҭ ауааи Анцәа дырдырырц шҧарылшоз?
3 Анаҩс Иисус самариатәи аҧҳәыс илеиҳәеит: «Шәара ишәыздыруам шәзеихырхәо; ҳара иаадыруеит ҳзеихырхәо; избан акәзар, аҿыхра Иудеиаа рыҟнытә иҟоуп» (Иоанн 4:22). Самариаа рыҩнуҵҟа амцдинхаҵаратә гәаанагарақәа ыҟан; дара Абиблиа раҧхьатәи ахә-шәҟәык ракәын Анцәа иҟынтәоуп ҳәа ирыҧхьаӡоз, урҭгьы дара рхатәы редакциа азырухьан. Уи Самариатәи ахә-шәҟәык ҳәа иеицырдыруан. Убри аҟнытә дара, иаахҵәаны, Анцәа дрыздыруамызт. Иудеиаа ракәын Анцәа Иажәа знапы ианҵаз (Римаа рахь 3:1, 2). Аҩырақәа рҟны иахәҭаз зегьы анын, аиашара злаз иудеиааи егьырҭ ауааи гәаартыла Анцәа деилыркааразы.
4. Иисус иажәақәа рыла, иҟарҵарц ирыхәҭази иудеиааи самариааи, урҭ рхырхәара Анцәа игәы ҟанаҵаразы?
4 Аха Иисус излааирҧшыз ала, иудеиаа реиҧш, самариаагьы рхырхәашьа рыҧсахыр акәын, урҭ Анцәа игәы ҟарҵарц рҭахызҭгьы. Иара иҳәеит: «Иаауеит аамҭа, уажәыгь иҟоуп, аиаша хырхәацәа ҧсылеи [«доуҳалеи», ИА] иашалеи Аб ианиеихырхәалаша, избан акәзар, убас иеихырхәо роуп Абгьы дзышьҭоу Ихы азы. Анцәа дыҧсыҧуп [«ддоуҳауп», ИА], иеихырхәогьы ҧсылеи [«доуҳалеи», ИА] иашалеи иеихырхәалароуп» (Иоанн 4:23, 24). Ҳара Анцәа ҳиеихырхәалароуп «доуҳала», даҽакала иуҳәозар, ахырхәарахь иҳаҧхьозароуп хаҵаралеи бзиабаралеи иҭәу ҳара ҳгәы. «Иашала» Анцәа иеихырхәара иаанаго убриоуп, ҳара уи Иажәа, Абиблиа, ҳҵалароуп, ҳагьиеихырхәалароуп иаҳзаартыу аиаша инақәыршәаны. Иумоума уара абри аҩыза агәаҳәара?
5. а) Иаанагозеи ажәа «ахырхәара»? б) Иҟаҵатәузеи, ҳхырхәара Анцәа игәы ҟанаҵаразы?
5 Иисус инаҵшьны иазгәеиҭеит, Анцәа идикыло аиаша хырхәара шакәу. Ари иҳанаҳәоит, Иегова игәы иаҭахым ахырхәарагьы шыҟоу. Анцәа иеихырхәара иаанаго уи ҳаҭыр иқәҵареи иҧшьоу амаҵура анагӡареи роуп. Иаҳҳәап, амч ду змоу ҳәынҭқарк ҳаҭыр иқәуҵарц уҭахызҭгьы, гәык-ҧсыкала уи имаҵ ауреи игәы иаахәара аҟаҵареи уашьҭазаарын. Ус анакәха, ҳ-Анцәа игәы ҟаҳҵаларц ҳҭахыуп. Уазымхәыцӡакәа, сара сдин ала сгәы ҭәуп ҳәа аҳәара ацынхәрас, еиҕьын ухырхәара Анцәа иҭахрақәа иахьынӡарықәшәо гәоуҭар.
АБ ИГӘАҦХАРА АНАГӠАРА
6, 7. Избан Иисус изидимкыло иҵаҩцәа ракәушәа зҳәо џьоукы?
6 Уааи, ҳаҧхьап Маҭфеи 7:21—23, нас ҳахәаҧшып, закәытә хырхәараоу Анцәа игәы ҟазҵо ҷыдала иаҳзырбо. Иисус иҳәеит: «Иҳақәиҭу! Иҳақәиҭу! ҳәа сазҳәауа зегьы Жәҩантә Аҧсҳара [«Аҳра», ИА] изҭалом, Жәҩантә Саб игәаҧхара зуа ракәымзар. Убри амш азы шьардаҩы исарҳәашт: „Иҳақәиҭу! Иҳақәиҭу! Уара ухьӡ аҿытә акәымзи ҳара ҳашҧааимбаражәаҳәоз? уара ухьӡ ала акәымзи аҩсҭаацәа [цәгьара злоу адоуҳатә шамҭақәа] злаҧхаҳҵоз? Уара ухьӡ ала акәымзи аџьашьатәқәа злаҟаҳҵоз? ҳәа. Убасҟан убарҭ ирыласҳәоит: „Сара ианакәзаалак шәсыздыруамызт; шәысҧырҵ закәандараа“ ҳәа».
7 Аиаша хырхәараҿы даара акраҵанакуеит Иисус Христос Иҳақәиҭу иакәны иҧхьаӡара. Аха, абарҭ ажәақәа ишаҳдырбо еиҧш, Иисус иҵаҩцәа ҳауп ҳәа зхы зыҧхьаӡо аӡәырҩы рхырхәараҿы ирыгыу акы ыҟоуп. Иара иҳәеит, урҭ рахьтә џьоукы «аџьашьатәқәа» шдырҿиауа, иаҳҳәап, иҧсабаратәым ахәшәтәрақәа реиҧш иҟоу. Аха урҭ иреиҩрыжьуеит Иисус крызҵазкуа ҳәа ииҧхьаӡо аҟаҵара. Дара ‘Иаб игәаҧхара руам’. Ҳара Анцәа ҳаигәаҧхарц ҳҭахызар, раҧхьа иргыланы игәаҧхара закәу еилаҳкаароуп, нас уи наҳагӡалароуп.
АДЫРРА ХЫХЬЧАГОУП
8. Иҟаҳҵарц иаҭахыузеи, насгьы закәытә гәаанагарақәоузеи ҳҽызцәаҳахьчалаша, Анцәа игәаҧхара наҳагӡаларц ҳҭахызар?
8 Анцәа игәаҧхара анагӡаразы, Анцәа Иеговеи Иисус Христоси ирызкыу адырра рҳалатәуп. Ари адырра наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь унанагоит. Убри аҟнытә, ҳәарада, ҳара зегьы хшыҩзышьҭрала ҳазнеилароуп Анцәа Иажәа, Абиблиа, иагәылоу адырра. Џьоукы ари усҵәҟьа крызҵазкуа акәым, гәык-ҧсыкала, ҳазыҳаҵҳаҵуа ҳ-Анцәа ҳиеихырхәалар ҳәа рыҧхьаӡоит. Егьырҭ ус рҳәахуеит: «Имаҷны издыруа — имаҷны иазҵаауеит». Аха Абиблиа ҳгәазыҟанаҵоит, Анцәа игәҭакқәеи иареи ирызкыу адырра аус аҟны ҳаизҳаларацы (Ефесаа рахь 4:13; Филиппа рахь 1:9; Колоссаа рахь 1:9).
9. Ҳазцәнахьчозеи адырра, иагьзаҳҭахыузеи абри аҩыза ахыхьчага?
9 Абри аҩыза адырра ҳхырхәара амцқьара иацәнахьчоит. Апостол Павел аӡбахә иҳәеит «алашара Амаалықь» ихаҿра аазхәо доуҳатә шамҭак (2 Коринфаа рахь 11:14). Абри аҩыза ахаҿра иҭаны, ари адоуҳатә шамҭа — Аҩсҭаа — Анцәа игәамҧхо ҳирҟаҵарц иҽазишәоит. Павел иажәақәа ишаҳдырбо еиҧш, Аҩсҭаа идҳәалоу егьырҭ адоуҳатә шамҭақәагьы ауаа рхырхәара рҟьашьуеит: «Амурҭаҭқәа [«ажәларқәа», АҾ] акәырбанқәа инарго, Анцәа иакәым изызнарго, аҩсҭаацәа рзоуп» (1 Коринфаа рахь 10:20). Аӡәырҩы Анцәа ииашаны иеихырхәошәа ргәы иабозар акәхарын, аха урҭ Анцәа дара рҟынтә ииҭахыз ҟарҵомызт. Дара рхаҭа рхахьгьы иҟамызт ицқьамыз, ииашамыз ахырхәара ишалаҟьашьыз. Наҟ-наҟ аҩсҭаа идемонцәеи иареи зусҭцәоу иҵегь еилаҳкаараны ҳаҟоуп, аха уажәгьы уаҩы ибарҭоуп, абарҭ Анцәа иаҕацәа ауаатәыҩса рхырхәара шырҟьашьыз.
10. Иҟауҵарызеи, аӡәы цасҳәа аӡыҵҵырҭа ахәшә алеиҧсазар, иагьшҧаҳацхраауеи Анцәа Иажәа аҟынтә адырра?
10 Иаҳҳәап, аӡәы цасҳәа аӡы ахьыҵыҵуа аҭыҧ хәшәык шӡааиҧсалаз удырызҭгьы, убри аҟынтә ажәра уаҿызаарызу? Ҳәара аҭахыума, уара ирласны аӡы цқьа ахьыҵыҵуа даҽа ҭыҧк уҧшаарын. Анцәа Иажәа адырра аиаша динхаҵара алкаареи Анцәа иеихырхәара зҟьашьырц зылшо зегьы мап рыцәкреи рус аҟны иҳацхраауеит.
АҴАРАҚӘА — АУАҨЫТӘЫҨСА ИҦҞАРАҚӘА
11. Ииашамыз арбан иудеиаа аӡәырҩы рхырхәараҿы?
11 Иисус адгьылаҿы даныҟаз, иудеиаа аӡәырҩы, Анцәа изкыу адырра ишаҳәо еиҧш, рхы мҩаҧыргомызт. Убри аҟнытә Иегова иҿаҧхьа урҭ акы згымыз рыпату лаҟәит. Урҭ ирызкны Павел иҩуан: «Шаҳаҭра зуеит, урҭ Анцәа ишизыҳаҵҳаҵуа, аха хымдыррала» (Римаа рахь 10:2). Анцәа изыӡырҩра ацынхәрас, дара рхала ирӡбеит, уи иеихырхәара шаҭахыу.
12. Изҟьашьуаз арбан израилаа рхырхәара, насгьы уи дара рахь ишҧааҳәи?
12 Раҧхьанатә ауриацәа Анцәа ириҭаз рдин цқьа иқәныҟәон, аха ишааиуаз уахь иаларгалеит ауаҩытәыҩса иҵарақәеи афилософиатә гәҭахәыцрақәеи (Иеремиа 8:8, 9; Малахиа 2:8, 9; Лука 11:52). Ауриа жәлар рдин анапхгаҩцәа, афарисеицәа ҳәа еицырдыруаз, рхырхәара Анцәа игәы иаахәоит ҳәа шырҧхьаӡозгьы, Иисус иреиҳәеит: «Исаиа шәара агәыҩбацәа шәзыҳәан бзиа дҧааимбаражәаҳәон, ишҩыу еиҧш: „арҭ ауаа Сара ҳаҭыр сықәырҵоит ҿыла, ргәы Сара хара исҟәыгоуп; аха амала ҳаҭыр сықәырҵоит аҵарақәеи ауаҩытәыҩс ҧҟарақәеи дырҵауа“ ҳәа» (Марк 7:6, 7).
13. Иҟаларц шҧалшои, афарисеицәа реиҧш, ҳхы мҩаҧаҳгауа?
13 Ҳаргьы убас, афарисеицәа реиҧш, ҳхы мҩаҧаҳгалар залшома? Ааи, уи аҩыза ҟалар алшоит, Анцәа ахырхәара азы ииҳәо азыӡырҩра ацынхәрас, аамҭа иеиқәнархаз адин иатәу атрадициақәа ҳрықәныҟәозар. Абри иҟоу ашәарҭа ҕәҕәа азы ҳгәаҳҽанҵауа, Павел иҩуан: «Адоуҳа еилырганы иаҳәоит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы џьоукы ахаҵара шаанрыжьуа, ухызхуа адоуҳатә мчқәеи аҩсҭаацәа рҵарақәеи ирҳәо иазыӡырҩны» (1 Тимофеи иахь 4:1). Ишаабо еиҧш, ҳхырхәара Анцәа игәаҧхоит ҳәа ҳхы ҳақәгәыҕны ахәыцра мацара азхом. Иисус иқәшәаз самариатәи аҧҳәыс леиҧш, иҟалап, ҳаргьы ҳазхылҵыз ирҭынханы иаҳзынхазар ахырхәара. Аха ҳара агәра ҳгароуп, иҟаҳҵо Анцәа ишҳамаирҽхәо.
АНЦӘА ИГӘАМҦХО АҞАҴАРА УҼАЦӘЫХЬЧАЛА
14, 15. Изаҭахыузеи агәаҽанызаара, Анцәа игәаҧхара иазкыу дыррақәак ҳамазаргьы?
14 Ҳгәаҳҽанымзар, Анцәа игәамҧхо акы аҟаҵара мариахар алшоит. Ҿырҧштәыс даагозар, апостол Иоанн амаалықь иҿаҧхьа ҿыцха иҽынкаижьит, «уи диеихырхәарацы». Аха амаалықь уа дааникылеит: «Ус умуын; сара Иисус изышаҳаҭуа уашьцәеи уареи Анцәа имаҵ шәыцызуа соуп; Анцәа уиеихырхәа» (Аартра 19:10). Убри аҟнытә еилукаауама, ухырхәара аныха амҵаныҳәара иадҳәалоу акы иалаҟьашьызар гәоуҭарц шухәҭоу? (1 Коринфаа рахь 10:14).
15 Ақьырсианцәа џьоукы Анцәа игәамҧхоз адин ҵасқәа ирықәныҟәо ианалага, Павел урҭ дразҵааит: «Шәеиҭазырзыхынҳәуазеи ииаӡаахьоу, ҵакы змам азакәанқәа, урҭ ҩаҧхьа тәысгьы шәхы зрышәҭарызеи? Шәрықәҧшуеит амшқәа, амзқәа, аамҭақәа, ашықәсқәа. Сшәыцәшәоит, шәара шәҟны баша сааҧсазар ҳәа» (Галатаа рахь 4:8—11, ИА). Урҭ ауаа Анцәа изкыз адырра роуит, аха ашьҭахь хымхәыцрала рхы мҩаҧарго иалагеит, адинхаҵаратә ныҳәақәа азгәаҭо, Иегова игәамҧхоз аҵасқәа ирықәныҟәауа. Павел ишиҳәаз еиҧш, ҳара ‘иҧаҳшәозароуп Анцәа игәаҧхо’ (Ефесаа рахь 5:10).
16. Иоанн 17:16, нас 1 Пиотр 4:3 ртекстқәа Анцәа игәаҧхои игәамҧхои аныҳәақәеи аҵасқәеи реилыргараҿы ишҧаҳацхраауеи?
16 Ҳара Анцәа ипринципқәа ирҿагыло адинхаҵаратә ныҳәақәеи аҵасқәеи ҳхырцәаҳгалароуп (1 Фессалоникаа рахь 5:21). Ҿырҧштәыс иаагозар, Иисус ишьҭанеицәа рзы абас иҳәеит: «Урҭ адунеи иахәҭакым, сара адунеи сшахәҭакым еиҧш» (Иоанн 17:16, АҾ). Уара иутәу адин иамоума ари адунеи аусқәа рҽаламырхәра ҕәҕәала иаҿагыло аҵасқәеи аныҳәақәеи? Ууахәамахь иааиуа зны-зынла рхы рыладырхәуама апостол Пиотр ишиҳәаз еиҧш рхы ахьымҩаҧарго аҵасқәеи аныҳәақәеи. Уи иҩуан: «Ишәызхоуп уажәшьҭа, шәыҧсҭазаара ишәаҩсхьоу аамҭазы, амурҭаҭцәа ишрыҟазшьоу еиҧш, шәхы ахьымҩаҧажәгоз, амцқьарақәеи, ацәеижьтә гәазыҳәарақәеи, аҩыжәреи, мыцхәы афатә-ажәтә аҽадцалареи, иара убас игәымхоу аныха амаҵ азуреи шәыҽрыҭауа» (1 Пиотр 4:3, АЕ).
17. Избан ҳара ари адунеи адоуҳа зныҧшуа зегьы ҳаҽзырцәаҳахьчалаша?
17 Апостол Иоанн инаҵшьны иазгәеиҭеит, Нцәа дызмам абри адунеи адоуҳа зныҧшуа ахымҩаҧгашьақәа рҽырцәыхьчара шаҭахыу. Иоанн иҩуан: «Бзиа ижәымбан адунеи, адунеи аҿы иҟоугьы: адунеи бзиа избо, Аб ибзиабара илаӡам; избанзар адунеи аҿы иҟоу зегьы: ацәеижь иаҭахыу, аблақәа ирҭахыу, аҧсҭазаара агәадурагьы, Аб иҟынтә акәым, аха ари адунеи аҟынтәоуп. Адунеигьы ииасуеит, уи иаҭахыугьы, Анцәа игәаҧхара назыгӡо наӡаӡа дыҟазаауеит» (1 Иоанн 2:15—17). Ухшыҩ азушьҭыма, ‘Анцәа игәаҧхара назыгӡо’ шракәу наӡаӡа иҟазаауа? Ааи, ҳара Анцәа игәаҧхара наҳагӡозар, насгьы ари адунеи адоуҳа зныҧшуа ахымҩаҧгашьақәа ҳхырцәаҳгозар, усҟан наӡаӡатәи аҧсҭазааразы агәыҕра ҳамоуп!
ИҲАРАКЫУ АНОРМАҚӘА УРЫҚӘНЫҞӘАЛА
18. Ахымҩаҧгашьа аганахьала коринфаа ргәы ишҧажьоз, насгьы иаҳнарҵозеи абри?
18 Анцәа иҭахыуп, иара иеихырхәо иҳаракыу агәаҧхашәатә нормақәа ирықәныҟәаларц. Ажәытәӡатәи Коринф ақалақьаҿы инхоз ақьырсианцәа џьоукы ииашамкәаны ргәы иаанагон, Анцәа ипатудаз рхымҩаҧгашьа ичҳалоит ҳәа. Аха 1 Коринфаа рахь 6:9, 10 рҟны ишаабо еиҧш, урҭ даараӡа ргәы иажьон. Уи ҳара ҳхырхәара идикыларц ҳҭахызар, игәы ҟаҳҵалароуп ажәала мацара акәымкәа, услагьы. Абас акәу уара Анцәа ушиеихырхәо? (Маҭфеи 15:8; 23:1—3).
19. Ииашоу ахырхәара егьырҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ишҧарныҧшуеи?
19 Ауааи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәагьы Анцәа инормақәа рныҧшуазароуп. Иисус Христос ҳгәазыҟаиҵеит, егьырҭ ҳара иҳазныҟәаларц шаҳҭахыу еиҧш, даргьы убас ҳрызныҟәаларц,— ари аиаша хырхәара крызҵазкуа ахәҭоуп (Маҭфеи 7:12). Уахәаҧш, иара убас, аешьаратә бзиабара аарҧшра аганахьала уи ииҳәаз: «Абзиеибабара шәыҩнуҵҟа ишәымазар, убри ала зегьы шәырдыршт, Сара сҵаҩцәа шшәакәу» (Иоанн 13:35). Иисус иҵаҩцәа бзиа еибабозароуп, урҭ ирыцеихырхәо реиҧш, егьырҭгьы абзиара рзырулароуп (Галатаа рахь 6:10).
ГӘЫКАЛА АХЫРХӘАРА
20, 21. а) Иарбан хырхәароу Анцәа игәы ҟазҵо? б) Избан Иегова Малахиа ихаан Израилаа рхырхәара зидимкылаз?
20 Уара Анцәа ишигәаҧхо ала уиеихырхәаларц уҭахызар акәхап. Ус акәзар, Иегова ахырхәара аганахьала имоу игәаанагара уадгылозароуп. Аҵаҩы Иаков инаҵшьны излазгәеиҭаз ала, иарбан зҵааразаалакгьы ҳара ҳшахәаҧшуа акәым, Анцәа дшахәаҧшуа ауп аус злоу. Иаков иҳәеит: «Анцәа-Аб иҿаҧхьа ицқьоу аиаша хаҵара ҳәа иҧхьаӡоу аиаҭымцәеи аибацәеи ргәырҩақәа рҟны рыцхраареи, насгьы ари адунеи аҽаламҟьашьреи роуп» (Иаков 1:27). Анцәа игәыҟаҵара ашьҭазаара ҳаҩнуҵҟа дарбанзаалак агәацҧыҳәара инаҭоит, ихырхәара Нцәа дызцым аусқәа ирылаҟьашьызар гәеиҭарацы. Иара убас, агәра ганы ҳаҟазароуп, Анцәа крызҵазкуа ҳәа дызхәаҧшуа акы шҳаиҩҳмыжьуа ала (Иаков 1:26).
21 Иегова идикыло ицқьоу, хамеигӡара злоу ахырхәароуп (Маҭфеи 22:37; Колоссаа рахь 3:23). Ауриа жәлар Анцәа ихәҭаз иҭара ианаҟәыҵ, Иегова иреиҳәеит: «Аҧа иаб ҳаҭыр иқәиҵоит, атәгьы — иаҳ; Сара сабызар, Ишәықәиҭугьы сакәзар, иабаҟоу, нас, изаашәмырҧшуазеи Сара сҿаҧхьа аҳаҭырқәҵара?» Урҭ Анцәа дладырҟәуан, илашәыз, ицыркьыз, ачымазара змаз аҧстәқәа кәырбанс изнагауа. Иаргьы идикыломызт абри еиҧш иҟаз ахырхәара (Малахиа 1:6—8). Иегова даҧсоуп ӡыхьҵас ицқьоу ахырхәара, иаргьы идикыло зеиҧшыҟам гәыкала аҟазаара мацароуп (Ақәҵымҭа 20:5; Ажәамаанақәа 3:9; Аартра 4:11).
22. Иарбан ҳхызцәаҳгалаша, мамзаргьы иарбан иҟаҳҵалаша, Анцәа ҳхырхәара идикыларц ҳҭахызар?
22 Иисус иацәажәоз самариатәи аҧҳәыс, ишаабо ала, интересс илкит Анцәа игәаҧхо ахырхәара. Ҳаргьы уи интересс иҳамазар, усҟан ҳҽырцәаҳахьчалоит ҳазҟьашьуа аҵарақәеи аҵасқәеи (2 Коринфаа рахь 6:14—18). Уи ахаҭыҧан, ҳамч-ҳалшара зегьы адҵаны Анцәа изкыу адырра арҳареи игәаҧхара анагӡареи ҳрышьҭазаауеит. Ҳара Анцәа игәаҧхо ахырхәара иҳаднаҵо аҭахрақәа ҳрықәшәаларц ҳҽазаҳшәалоит (1 Тимофеи иахь 2:3, 4). Иегова Ишаҳаҭцәа ус аҟаҵара иашьҭоуп, уаргьы гәыкала уаарыҧхьоит, Анцәа «доуҳалеи иашалеи» иеихырхәараҿы уҽрыдукыларц (Иоанн 4:24). Иисус иҳәеит: «Убас иеихырхәо роуп Абгьы дзышьҭоу Ихы азы» (Иоанн 4:23). Ҳгәыҕуеит, уара урҭ уруаӡәкыуп ҳәа. Самариатәи аҧҳәыс леиҧш, ҳәарада, уаргьы наӡаӡа унхалозарц уҭахыуп (Иоанн 4:13—15). Аха имаӡам ауаа ахьажәуа, иахьыҧсуа. Анаҩстәи ахы иҳаилнаркаауеит, ус зхаҟалаз.
ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА
Иарбан хырхәароу Анцәа игәы ҟазҵо, Иоанн 4:23, 24 аҟны ишаҳәо еиҧш?
Ишҧеилкаатәу Анцәа игәаҧхои игәамҧхои
ишьақәгылахьоу аҵасқәеи аныҳәақәеи?
Иарбан иҳаднаҵо Анцәа игәы ҟазҵо ахырхәара?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Адаҟьа зегь хазырҭәаауа асахьа 44]