Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Избан Анцәа агәаҟрақәа зичҳауа?

Избан Анцәа агәаҟрақәа зичҳауа?

Ахы 8

Избан Анцәа агәаҟрақәа зичҳауа?

1, 2. Ауаа лассы-лассы изынио агәаҟрақәа шҧарыдыркылои?

 АУАА иаазымҩатәны зегь ықәызхуа, аҧсҭазаарақәагьы зго аҧсабара иахылҽиаауа арыцҳарақәа аныргәыдҳало, абарҭ ахлымӡаахрақәа зыхҟьо рзеилкаауам. Егьырҭ агәаҟра иҭашәоит, ацәгьауреи амчымхареи ахьышәҭуа иахҟьаны. Иҟалап, ухы уазҵаауазар: избан Анцәа агәаҟрақәа зичҳауа?

2 Аӡәырҩы ргәы иаахәаша абри азҵаара аҭак зларзымҧшаауа ала, урҭ Анцәа иахь ахаҵара рцәыӡуеит. Урҭ Анцәа ауаатәыҩса хьаас имаӡам ҳәа ргәы иаанагоит. Даҽа џьоукы, агәаҟрақәа хырҧашьа змам, аҧсҭазаараҽы иҟаҵәҟьоу роуп ҳәа изыҧхьаӡо даара рыҽдырџьбароит, насгьы ауаатәыҩсатә еилазаара зынио арыцҳарақәа зегьы Анцәа ихарартәуеит. Абарҭ реиҧш иҟоу ацәаныррақәа узцәырҵуазар, хымҧада, интересс иуоуеит абри аганахьала Абиблиа иаҳәо аилкаара.

АНЦӘА УАҨ ДИРГӘАҞУАМ

3, 4. Агәра ҳгарц зҳалшозеи, Иегова ацәгьареи агәаҟрақәеи иус шрылам ала?

3 Абиблиа агәра ҳнаргоит, иааҳакәыршаны иаабо агәаҟрақәа Анцәа Иегова иус шрылам. Ҿырҧштәыс иаагозар, ақьырсиантә ҵаҩы Иаков абас иҩуан: «Ацәыгьҧышәараан узусҭазаалак иумҳәан: „Анцәа сҧишәоит“ ҳәа; избанзар Анцәа ацәгьара аҟны Ихы ҧишәом, Ихаҭагьы уаҩ дҧишәом» (Иаков 1:13). Ари иаанаго убриоуп: Анцәа ауаатәыҩса зыниахьоу арыцҳарақәа жәпакы рзы аҭакҧхықәра идым. Уи ауаа ҧишәом, урҭ ажәҩан ҧсҭазаара иазыҟаиҵарц, иагьахьирхәуам иреиҩсхьоу рыҧсҭазаараҿы идырҽиахьаз аус цәгьақәа рзы (Римаа рахь 6:7).

4 Уи адагьы, Анцәеи Христоси рыхьӡала ихлымӡаахыз аусқәа акыр шыҟалахьазгьы, Абиблиаҿы џьаргьы, инықәырҧшны акәзаргьы, иаабаӡом, Анцәеи Христоси зныкыр уи иақәшаҳаҭызшәа. Анцәеи Христоси урҭ рымаҵ аауеит ҳәа зҳәои, арахь зхаҭа ҕьычуа, амц зҳәо, ауаа зшьуа, иқәыло уҳәа убас ауаа егьырҭ агәаҟрақәа ирықәзыршәои ирзеилоу ҳәа акгьы ыҟам. Ҵабыргны, «Иҳақәиҭу иҿаҧхьа хәымгарас иҧхьаӡоу амцқьа имҩоуп». Анцәа «амцқьақәа дырцәыхароуп» (Ажәамаанақәа 15:9, 29).

5. Иегова ҟазшьақәас иааирҧшуазеи, насгьы уи ишамҭақәа дышҧарызныҟәои?

5 Абиблиа излаҳәо ала, Иегова «даара дыгәшаҭоуп, зегьы хьаас имоуп» (Иаков 5:11). Уи иҳанаҳәоит, «Иҳақәиҭу аиаша бзиа ибоит» ҳәа (Ҧсалом 36:28; Исаиа 61:8). Иара илам ашьаура. Уи ргәы дақәшәоит, дреиҷаҳауеит ишамҭақәа, урҭ аҧсҭазаара нагӡа роурц азы, зда ихәарҭам ала еиқәиршәоит (Аусқәа 14:16, 17). Иегова адгьыл аҿы аҧсҭазаара шьақәгылазар аахыс ари аус даҿуп.

ИНАӠАЗ АЛАГАМҬА

6. Легендақәак рҟны ауаҩытәыҩса даниз аламҭалазы иҟаз аҧсҭазаара иазкны иаҳәозеи?

6 Ҳара ахьааи агәаҟрақәеи ҳрышьцылахьеит. Убри аҟнытә урҭ рыда, аҧсҭазаара ахаҿаагара акыр иуадаҩуп. Аха абас акәын ишыҟаз ауаатәыҩса рыҧсҭазаара алагамҭазыҵәҟьа. Убри атәы аҳәоит жәларқәак рлегендақәа рҿгьы. Абырзен мифологиа аҿы, иаҳҳәап, ашәышықәсақәа хәба рахьтә аҧхьатәи «ахьтәы аамҭа» ҳәа иашьҭан. Усҟан ауаа насыҧ рыманы инхон, умч казыҧсо аџьабааи, ахьааи, ажәра иацу аграқәеи идыргәаҟуамызт. Акитаи жәлар изларҳәо ала, рмиф аҿы иарбоу аимператор ҩежь (Хуан-ди) аҳра аниуаз аамҭазы ауаа аҭынчнхара рыман, аҧсабара аҧшӡареи аинаалареи ирылачон. Аџьамцәеи, мсырааи, атибетцәеи, аперуанцәеи, амексиканцәеи еиқәырханы иааргеит ауаҩытәыса даниз иҟаз анасыҧи анаӡареи ианраамҭаз атәы зҳәо алегендақәа.

7. Изишазеи Анцәа адгьыли ауааи?

7 Ажәларқәа рмифқәа ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу ашәҟәы — Абиблиа — иану еиҭарҳәоит аҟароуп. Уи излаҳанаҳәо ала, Анцәа раҧхьатәи ҩыџьауаа, Адами Евеи, Едемтәи абаҳча ҳәа изышьҭаз џьанаҭ аҟны инирхеит, иагьрыдиҵеит: «Шәыҿиала, шәеизҳазыҕьала, адгьылгьы ықәшәырҭәаа, иагьшәымаз иара» (Аҟазаара 1:28). Ҳара ҳазхылҵыз уаанаӡақәан, урҭ раҧхьаҟа ирзышьҭан аҧеиҧш лаша, ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара наӡа аҭынчнхареи анасыҧи ахьрымазаауа адгьыл зегьы џьанаҭны ишыҟало анырбаша аамҭа. Ари Анцәа адгьыли ауааи анишоз гәҭакыс имаз акәын (Исаиа 45:18).

ИААХЖӘАНЫ ИҞАҴОУ ААҦХЬАРА

8. Иарбан ҧҟароу Адами Евеи зықәныҟәашаз, аха иҟалазеи?

8 Адами Евеи Анцәа дшырзыразу иаанхарц азы, «абзиеи ацәгьеи уеилзыркаауа аҵла» аҟынтә ашәыр ҿыхны ирфар рыхәҭамызт (Аҟазаара 2:16, 17). Урҭ абри Иегова изакәан иқәныҟәозҭгьы, агәаҟрақәа ахаангьы ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара дырлашьцарымызт. Анцәа иҧҟара иаҳәо иазыӡырҩуа, урҭ Иегова иахь абзиабара аадырҧшырц рылшон, насгьы уи гәыкала ишизыҟоу шьақәдырҕәҕәарын (1 Иоанн 5:3). Аха, абри ашәҟәы афбатәи ахы аҟны ишеилаҳкааз еиҧш, даҽакала иҟалеит аусқәа. Аҩсҭаа ацәгьаура иазыҟаиҵаз Ева даалаган абзиеи ацәгьеи уеилзыркаауа аҵла иҿаз ашәыр агьама лбеит. Уи ашьҭахь Адамгьы ззин ыҟамыз ашәыр ифеит.

9. Иегова дызҵанакыз иарбан зҵаароу еимактәыс Аҩсҭаа ишьҭихыз?

9 Еилукаауама уара, иҟалаз заҟа ишәарҭаз? Аҩсҭаа Иегова Зегьирхакыу иаҳасабала имаз азин имеикуан. «Мап, шәыҧсӡом» ҳәа шьақәырҕәҕәо, Аџьныш Анцәа «ҧсышьала уҧсуеит» ҳәа иеиҳәахьаз иажәақәа гәрамгарҭас иҟаиҵеит. Анаҩс Аҩсҭаа Иегова Адами Евеи еилкаарак римҭаӡошәа, даргьы, Анцәа иеиҧш, рхала абзиа-ацәгьа закәу аӡбра рылшошәа, аринахыс иара имада изынхошәа дцәажәеит. Абасала, Аҩсҭаа иааҧхьарала Иегова Адунеи Аҳак иаҳасабала иааникыло аҭыҧ шзакәануи иагьшиашоуи иамеикуан (Аҟазаара 2:17; 3:1—6).

10. Ауаа инарыдҳәаланы Аҩсҭаа гәыҩбарас иҟаиҵазеи?

10 Аҩсҭаа Аџьныш, иара убасгьы, инықәырҧшны иҳәеит, ауаа иахьынӡарыхәарҭоу мацара акәушәа Анцәа иахьынӡаизыӡырҩуа. Даҽа жәақәак рыла, уи ауаа рыцқьара гәрамгарҭас ишьҭихит. Аҩсҭаа уаҩҧсыкгьы хатәгәаҧхарала Анцәа гәыкала дшизыҟоу даанхарым ҳәа шьақәирҕәҕәон. Аҩсҭаа абас иаахжәаны аҳәамҭақәа шыҟаиҵаз злаадыруа Абиблиа иану Анцәа Иегова имаҵуҩ иаша Иов изкыу ажәабжь аҟынтә ауп. Иов, инықәырҧшны иуҳәозар, 1600 шықәсазы ҳ.ҟ. аҧышәара ҕәҕәақәа ихигеит. Иов ишәҟәы раҧхьатәи аҩ-хык урыҧхьар, еилукаауеит ауаатәыҩса ргәаҟрақәа зыхҟьо, Анцәагьы урҭ зхаичҳауа.

11. Дзакәытә уаҩызи Иов, аха Аҩсҭаа уи ихаритәызеи?

11 Аҩсҭаа «ицқьоу, аиашара злоу ауаҩы», Иов, диқәлеит. Раҧхьа Аҩсҭаа Иов иҽеим агәҭакқәа имоушәа иҳәеит, нас иқәиргылеит азҵаара: «Ишҧа, амала Анцәа дицәшәону Иов?» Ашьҭахь Аџьныш Анцәеи Иови ирџьеит. Иов ииашара зыхҟьаз, уи Иегова дахьихьчази, дагьхьизылҧхази ауп иҳәеит, уиалагьы Иегова ииҭахыз наигӡазшәа дцәажәеит. «Аха унапы аҿаархеишь,— Аҩсҭаа Иегова дааиҧхьеит,— нас унаркьысишь имоу зегьы,— абзиара узиҳәару Уара?» (Иов 1:8—11).

12. а) Иарбан зҵаарақәоу зҭак еилкаахаз, Анцәа Аҩсҭаа Иов дҧишәарц алшара ахьииҭаз иабзоураны? б) Ҵыхәтәас иаиузеи Иов иҧышәара?

12 Иов Анцәа иҟынтә еиуеиҧшым абзиарақәа ахьизиуаз азы мацароума Иегова имаҵ зиуаз? Уи ицқьара изыхьчарызма аҧышәарақәа раан? Иегова иакәзар, уи инагӡаҵәҟьаны диқәгәыҕуазма имаҵуҩы, насгьы иалиршарыма уи иҧышәара? Абарҭ азҵаарақәа рҭак аҟаҵаразы, Иегова Аҩсҭаа Иов дҧишәарц алшара ииҭар акәын. Иов ишәҟәы аҟны ишаҳәо еиҧш, Анцәа аҧышәарақәа шалиршазгьы, Иов ихьчеит ииашара, убриалагьы Иегова иқьиареи ауаа рыцқьареи рус иашахеит (Иов 42:1, 2, 12).

13. Едем иҟалази Иов ихҭигази ҳаргьы ҳашҧаҵанакуеи?

13 Едемтәи абаҳчаҿы иҟалази уи ашьҭахьгьы Иов ихҭигази хараӡа рҵакы дуӡӡоуп. Аҩсҭаа еимактәхаз азҵаарақәа ықәиргылеит, уахь иаҵанакуеит ауаатәыҩса зегьы, иахьа ҳаргьы ҳнарылаҵаны. Иара Анцәа ихьӡ ирџьеит, насгьы Иаҳра имихырц дашьҭалеит. Анцәа иишаз ауаа гәык-ҧсыкала рыҟазаара гәҩарас иҟаҵан. Абарҭ еимактәхаз азҵаарақәа аӡбра рҭахын.

ЕИМАКТӘХАЗ АЗҴААРАҚӘА ШЫӠБАТӘУ

14. Иҟаиҵарц илшои ауаҩы, аӡәы ииашамкәа ахара идиҵозар?

14 Агәра узырго ҿырҧштәык аҳасабала: ухаҿы иаага, насыҧ зҵоу аҭаацәареи ҧыҭҩык ахәыҷқәеи умоушәа. Иаалырҟьаны угәыла, уара абык иаҳасабала уалс иуду узынамыгӡошәа ауаа амц рылаирҵәо далагоит. Иара излеиҳәо ала, ухәуҷқәа бзиа урбом, иагьызуцынхо уаҳа царҭа ахьрымам азы мацароуп, ишаарықәманшәалахаз еиҧш, инауҧырҵны ицоит. «Ҧхашьарак зҵам амц!» — уҳәашт уара. Ааи, мцуп ари, аха уи злашьақәурҕәҕәари? Излаабо ала, анацәеи абацәеи џьоукы ари рыҧсахы ҧнажәарын. Аха апроблема аӡбра ахаҭыҧан, абас еиҧш иҟоу ҧсеибакрала аус азнеира имцу ахарадҵара еиҳагьы иацхраауеит ауп. Зегь раасҭа иеиҕьны аус шыӡбатәу абасоуп — угәы нзырхаз ауаҩы ахара иудиҵаз шьақәирҕәҕәартә алшара иуҭароуп, ухәуҷқәагьы гәык-ҧсыкала бзиа ушырбо аадырҧшыртә иҟауҵароуп.

15. Иегова Аҩсҭаа иааҧхьара аҭак ҟаиҵарц шҧеиӡбеи?

15 Иегова абри иеиҧш иҟоу абзиабара злоу Аб диеиҧшуп. Адами Евеи уи ихәыҷқәа ирыҿҳарҧшыр ауеит. Аҩсҭаа иакәзар, иқәнагоит агәыла-ацәгьаҳәаҩ ироль. Анцәа Аҩсҭааи, Адами Евеи иаразнак изхақәимхыз, иҵегь ҧыҭраамҭак инхалартә азин зхариҭаз даара агәра узыргаша амзызқәа иман. Ари ҳазхылҵыз ахшаара роуртә, уиалагьы ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара ашьапы адыркыртә алшара рынаҭон, Аџьныш иакәзар, ииҳәаз ахьынӡаиашоу шьақәирҕәҕәартә алшара иоуит, абасалагьы азҵаара ӡбахон. Аха Анцәа аханатә идыруан, ауаа џьоукы гәыкала иара ишизыҟазаауа, иагьшышьақәдырҕәҕәо, Аҩсҭаа дшымцҳәаҩу. Иегова шаҟа иџьаҳшьозеи, уи уаанӡеиҧш уажәгьы бзиа дызбо дахьырзылҧхои дахьрыцхраауеи рзы! (2 Ашықәсынҵа 16:9; Ажәамаанақәа 15:3).

ИШЬАҚӘЫРҔӘҔӘАЗ АРБАН?

16. Аҩсҭаа инапаҵаҟа ишҧаҟалеи адунеи?

16 Ауаатәыҩса рҭоурых зегьы аҩнуҵҟа Аҩсҭаа ауаа дырхагылазарц имаз игәҭакы гьангьаш ҧырхагак имамкәа инеигӡаратәы ахақәиҭра нагӡа иман. Убарҭқәа раамҷыдарахаз, иара аполитикатә мчқәа дырныруан, дагьацхраауан адинқәа рыҟалара. Ауаагьы рхы-ргәы иҭамкәа, Иегова иакәымкәа, иара иеихырхәон. Абас Аџьныш «ари адунеи данцәаны» даақәгылеит, «адунеи аҳ» ҳәа ахьӡгьы ихылеит (2 Коринфаа рахь 4:4; Иоанн 12:31, ИА). Уажәы «адунеи зегьы цәгьарала иҭәуп [«агызмал инапаҿы иҟоуп», ИА]» (1 Иоанн 5:19). Ари иаанагома, Аҩсҭаа ауаа зегьы Анцәа Иегова ицригарц шилшоз шьақәирҕәҕәеит ҳәа? Ҳәарада, мап! Аҩсҭаа иҟазаара чҳаны, Иегова игәҭакы анагӡара даҿын. Анцәа ацәгьара ззичҳаз аганахьала Абиблиа иҳаилнаркаауазеи?

17. Ацәгьауреи агәаҟрақәеи ирызкны еилаҳкаарц иҳахәҭоузеи?

17 Иегова ирҿиауам ацәгьареи агәаҟрақәеи. Аҩсҭаа ари адунеи напхгаҩысгьы нцәасгьы дызламоу ала, уи идгылаҩцәеи иареи роуп ауаатәыҩса реилазаара иахьатәи аҭагылазаашьеи ауаа ргәаҟрақәа зегьи рзы аҭакҧхықәра зду. Абри аус аҟны аӡәгьы Анцәа ахара изидҵом (Римаа рахь 9:14).

18. Ишьақәырҕәҕәахеи Анцәа иҟынтә ахьҧшымра аганахьала, Иегова ацәгьауреи агәаҟрақәеи ахьичҳаз иабзоураны?

18 Иегова ацәгьареи агәаҟрақәеи ахьичҳаз иабзоураны, ишьақәырҕәҕәахеит, Анцәа иҟынтә ахьҧшымра иреиҕьу аҭынчра шаанамго. Аҭоурых иагәылсуеит арыцҳарақәа аки-аки неишьҭаргыланы. Уи мзызс иамоугьы убриоуп: ауаа Анцәа ихьҧшымзарц рыӡбеит, урҭ уи иажәеи игәаҧхареи пату рықәырҵом. Иегова ажәытәӡатәи ижәлар рнапхгаҩцәеи дареи «рхатәы мҩа» иананылоз, Анцәа иажәагьы мап анацәыркуаз, иҟарҵоз иахҟьоз иҭанархон. Анцәа иҧааимбар Иеремиа ила урҭ иреиҳәеит: «Хьымӡҕы ргеит аҟәыҕацәа, иҧхашьеит, акаҭагьы иахаҧеит; абар, урҭ Иҳақәиҭу иажәа рыдрымкылеит; ирылоузеи дара ҟәышрас?» (Иеремиа 8:5, 6, 9). Ауаатәыҩса Иегова инормақәа ианрықәымныҟәа, урҭ афырҭын ахьықәсуа амшын аҟны наҟгьы-ааҟгьы икыднаҟьо ҧсҟы змам аҕба иаҩызахеит.

19. Аҩсҭаа ауаа зегьы Анцәа иҿаиргыларц шилымшо зырҵабыргуа арбан?

19 Анцәа ацәгьареи агәаҟрақәеи ахьичҳаз иабзоураны, ишьақәырҕәҕәахеит, Аҩсҭаа ауаатәыҩса зегьы Иегова ицрыгара имч шақәымхо. Аҭоурых шаҳаҭра злауа ала, еснагь иҟан, аҧышәарақәеи арыцҳарақәеи шырхыргозгьы, гәык-ҧсыкала Анцәа изыҟаз ауаа. Абар уажәшьҭа акыр шықәса инеиҧынкыланы Иегова имаҵуҩцәа дрыцхраауеит, иара ихьӡгьы адгьыл зегьы иахаҵәоит (Ақәҵымҭа 9:16; 1 Аҳрақәа 12:22). Ауриацәа ирзынархоу асалам шәҟәы 11-тәи ахы аҟны Авел, Енох, Нои, Авраам, Моисеи уҳәа рыӡбахә цәыргоуп, иара убасгьы, еиқәыҧхьаӡоуп егьырҭ Анцәа имаҵуҩцәа иашақәа аӡәырҩы. Ауриацәа рахь 12:1 аҟны урҭ «ашаҳаҭцәа рыҧҭа» ҳәа рыхьӡҵоуп. Урҭ Иегова иахь ахаҵара ҕәҕәа аарҧшразы иҿырҧшыган. Убас иахьагьы ахацәеи аҳәсеи аӡәырҩы Анцәа иҿаҧхьа рыцқьара ахьчара рыҧсҭазаара ақәырҵеит. Урҭ иаадырҧшыз ахаҵареи абзиабареи рыла аҵыхәтәанынӡа ишьақәдырҕәҕәеит, Аҩсҭаа ауаа зегьы Анцәа иҿаиргыларц шилымшоз.

20. Ишьақәырҕәҕәахеи Анцәеи ауаатәыҩсеи рганахьала, Иегова ацәгьауреи агәаҟрақәеи ахьичҳауа иабзоураны?

20 Аҵыхәтәаны, Анцәа ацәгьареи агәаҟрақәеи ахьичҳаз иабзоураны, ишьақәырҕәҕәахеит, Ҳазшаз Иегова заҵәык шиакәу ауаа анапхгара рыҭара азин змоу, иагьамароу урҭ наӡаӡатәи рыбзабааи рынасыҧи рыхьӡала. Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟала ауаа зеиуа хкы уҭахыу анапхгра аформақәа ҧыршәеит. Иабакылнагеи ари? Иахьа ажәларқәа зынио иуадаҩу апроблемақәеи акризисқәеи шаҳаҭра руеит, Абиблиа иҟанаҵо аҳәамҭа ахьынӡаиашоу: «Ауаҩы ауаҩы дихагылоуп ихацәгьара азы» (Аекклесиаст 8:9). Иегова заҵәык иоуп ацхыраара ҳаҭареи аханатә аахыс имаз агәҭакы анагӡареи зылшо. Аха ари ҟаҵашьас иаиҭарызеи, насгьы ианба?

21. Аҩсҭаа ихьраны иҟоузеи, дагьақәзыршәода уи аҩыза?

21 Адами Евеи Аҩсҭаа иеиҵаҟәаҟәарақәа ишрылаӡыз еиҧшҵәҟьа, Анцәа ирылеиҳәеит ауаатәыҩса реиқәырхаразы имаз агәҭакы. Абар, Иегова Аҩсҭаа изы ииҳәаз: «Аиҕара шәыбжьасҵап аҧҳәыси уареи, ужәлагьы лыжәлагьы; иара ухы ҭаҧнаҽып, уара уи ашьхәа уацҳашт» (Аҟазаара 3:15). Абри агәра ҳнаргоит, Аҩсҭаа дааҟәымҵӡакәа иус хәымгақәа ирҿиаларц азин шимамзаауа ала. Амессиатә Аҳра иахагылоу Аҳак иаҳасабала ҳазқәыргәыҕыу Ажәла, Иисус Христос, ‘Аҩсҭаа ихы ҭаҧиҽраны дыҟоуп’. Ааи, «иаарласны» Иисус ари абунтҟаҵаҩ дҧыххааса дықәиҵоит! (Римаа рахь 16:20).

УАРА УХЫ ШҦАМҨАҦУГАРИШЬ?

22. а) Иуӡбырц иухәҭоузеи уара? б) Зыгәра ргарц рылшозеи Анцәа имаҵуҩцәа иашақәа, Аҩсҭаа игәаҕ дара ишырхигогьы?

22 Уажәшьҭа еимактәхаз азҵаарақәа ртәы анудыр, иарбан гану иаанукыло? Иааурҧшрыма аус аҟны, уара Иегова гәыкала изыҟоу имаҵуҩы шуакәу? Аҩсҭаа иаамҭа шкьаҿхаз идыруеит аҟнытә, уи Анцәа иҿаҧхьа зыцқьара зыхьчарц иашьҭоу игәаҕ рхигарц излауала иҽазишәоит (Аартра 12:12). Аха уара Анцәа ицхыраара уақәгәыҕырц улшоит, избанзар «идыруеит Иҳақәиҭу, ауаа қьиақәа ацәыгьҧышәара ишацәыхьчатәу» (2 Пиотр 2:9). Уи иузышьҭымхуа аҧышәарақәа урыниарц алиршом, урҭ ухыугартә еиҧш дагьуцхраауеит (1 Коринфаа рахь 10:13).

23. Ҳгәы хыҭхыҭуа ҳаззыҧшузеи?

23 Шәааи, нас, ҳазыҧшызаап убри аҩыза амш, Аҳ Иисус Христос Аҩсҭаа идгылаҩцәеи иареи дырҿагыланы рус аниӡбаша (Аартра 20:1—3). Иисус ауаатәыҩса злашәаз агәырҩеи аилаҩынтреи зхароу зегьы аҧырихуеит. Уажәыҵәҟьа ауаа ргәы ахәра анызҵо иуашәшәыроу ахьаақәа ируакыуп аҭынхацәа рцәыӡра. Уаҧхьа анаҩстәи ахы, нас еилукаап урҭ зықәшәо атәы.

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Иабантәаадыруеи, Иегова ауаа агәаҟра ишақәимыршәо?

Иарбан Иов ихаан еилкаахаз зҵаара еимактәқәоу Аҩсҭаа Едемтәи абаҳчаҿы иқәиргылаз?

Ишьақәырҕәҕәахазеи, Анцәа агәаҟрақәа ахьичҳаз иабзоураны?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]