Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Избан ҳара ҳзажәуа, ҳзыҧсуа?

Избан ҳара ҳзажәуа, ҳзыҧсуа?

Ахы 6

Избан ҳара ҳзажәуа, ҳзыҧсуа?

1. Аҵарауаа ауаҩытәыҩса иҧсҭазаара аганахьала аилкаа ҳаҭараҿы иарбан рымч зқәымхауа?

 АҴАРАУАА ирыздыруам, ауаа зажәуа иагьзыҧсуа. Аклеткақәа реиҭаҿыцхара апроцесс аангылар ахәҭаӡам, ҳаргьы наӡаӡа ҳанхалозароуп ҳәа ҳгәы иаҳнаҭоит. «Агистологиа ашьаҭақәа» («Hyojun Soshikigaku») захьӡу ашәҟәаҿы иаҳәоит: «Аклеткақәа ражәреи ауаҩы иажәреи иҧсреи реидҳәалашьа — ари зеилкаара амуа маӡоуп». Аҵарауаа аӡәырҩы изларҧхьаӡо ала, ари шьаҭас иазыҟоу «иҧсабаратәу, шьҭрала иҳауз» аҧсҭазаара аҵыхәтәоуп. Угәы ишҧаанаго, урҭ иашахару?

2. Иҟарҵози џьоукы, аҧсҭазаара ирласны ишымҩасуаз анырбалак?

2 Ауаа еснагь ақәра ду анҵыра иашьҭан, амҧсра аҟынӡагьы инаӡарц рҽазыршәон. Аҧшьбатәи ашәышықәса ҳ. ҟ. инаркны китаитәи амалуаа рхы-рыхшыҩ азырышьҭуан амҧсра узҭоз ҳәа ирыҧхьаӡоз ахәшәқәа. Ашьҭахь китаитәи императорцәақәак аџьуа иалырхуаз, аҧсҭазаара аиҵарҧхьа џьбарақәа ҳәа изышьҭаз ржәуан, нас рыҧсҭазаара иалҵуан. Адгьыл ахьынӡанаӡааӡо иқәынхоит аҧсра аҟазаара иаҵыхәтәоуп ҳәа изымҧхьаӡо ауаа. Абуддистцәа, аиндусцәа, аҧсылманцәа уҳәа убас егьырҭ аӡәырҩы аҧсра ашьҭахь анхаразы ирымоу ргәыҕра иеиҷаҳауеит. Ақьырсиантә дунеи аҟны аӡәырҩы нарцәы ажәҩан қьафура анроуа иазыҧшуп.

3. а) Избан ауаа наӡаӡа инхаларц зырҭахыу? б) Аҧсра иазкны иарбан зҵаарақәоу еилҳаргаша?

3 Аҧсра ашьҭахь насыҧ зҵоу аҧсҭазаара азы иҟоу агәаанагарақәа шаҳаҭра руеит наӡаӡа анхара агәазыҳәара азы. «Иара... наӡаӡа аҟазаара ргәаҿы иҟаиҵеит»,— аҳәоит Абиблиаҿы Анцәа иҳалиҵаз анаӡаӡа аҟазаара аидеиа аганахьала (Аекклесиаст 3:11, АМИ). Уи раҧхьатәи ауаа ишеит, наӡаӡа адгьылаҿы инхалартә аҧеиҧш рыҭаны (Аҟазаара 2:16, 17). Избан, нас, ауаа зыҧсуа? Аҧсра адунеи ишҧақәнагалеи? Анцәа изкыу адырра абарҭ азҵаарақәа ҳаилнаркаауеит (Ҧсалом 118:105).

ИГЬАНГЬАШУ АГӘҬАКЫ

4. Дарбан, Иисус иажәақәа рыла, ауаа рыҧсра зыхҟьаз ацәгьауаҩ?

4 Ацәгьауаҩ ацәгьара ашьҭақәа ирӡырц иҽазишәоит. Убри аҩызаҵәҟьа даҿуп миллиардҩыла аҧсра рзаазгаз ацәгьаура зхароу аӡәы. Абри аӡәы излауала иҽынканҵо дашьҭоуп, ауаҩытәыҩса иҧсра шымаӡоу иаанхарц. Аамҭала Иисус Христос аҧсра изеиҕьазшьоз џьоукы данрацәажәоз, абри ацәгьауаҩ ихьӡ иҳәеит: «Аҩсҭаа иоуп шәара шәаб; шәаргьы шәеилаҳауеит шәаб игәахәа аҟаҵара; уи аханатә дуаҩшьыҩны дыҟан, иҽизнымкылт аиаша аҿы, избан акәзар, уи илам аиаша» (Иоанн 8:31, 40, 44).

5. а) Иабантәаанагеи ашьҭахь Иаҩысҭааны, Иџьнышны иҟалаз ахаҭара? б) Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа «Аҩсҭаа», «Аџьныш»?

5 Ааи, Аџьныш — игьангьашу «уаҩшьҩуп». Абиблиа излаҳнардыруа ала, уи — иҟаҵәҟьоу хаҭароуп, ауаҩы игәы иҭаҵәахыу баша ацәгьара акәым аха (Маҭфеи 4:1—11). Иара аиашара злоу маалықьны Анцәа дшишазгьы, «иҽизнымкылт аиаша аҿы». Иақәнагаҵәҟьаны уи Аҩсҭаа Аџьныш ҳәа ахьӡ иоуит! (Аартра 12:9). Уи «Аҩсҭаа», мамзаргьы «аҕа» ҳәа ихьыӡҵан, избанзар иара Иегова диҿагылеит. Ари ацәгьауаҩ, иара убас, «Аџьныш» ихьӡуп («ацәгьаҳәаҩ» ауп иаанаго), избанзар уи Анцәа дызлаҟам ала дааирҧшит.

6. Избан Аҩсҭаа Анцәа дзиҿагылаз?

6 Аҩсҭаа Анцәа диҿагылартә еиҧш агәаҳәара изҭеи? Аҧсымҭәра. Уи даараӡа дазгәышьуан, ауаа иара иеихырхәаларц, Иегова иеиҧш. Аџьныш ихы иҭимцеит зинла Ҳазшаз заҵәык дызқәиҭыз ахырхәара инапаҿы иааигарацы иоуз агәаҳәара. (Иаҿырҧш Иезекииль 28:12—19.) Уи ахаҭыҧан, Иаҩысҭаахаз амаалықь игәаҿы иазирҳауан абри нкылашьак змамыз агәаҳәара, абасалагьы уи аҵыхәтәаны агәнаҳарахь дкылнагеит (Иаков 1:14, 15).

7. а) Ауаа зыҧсуазеи? б) Изакәузеи агәнаҳа?

7 Убас, ҳара еилаҳкааит, ауаа рыҧсра зхароу дызусҭоу. Аха, уеизгьы, ауаа зыҧсуазеи? Абиблиа иаҳәоит: «Аҧсра шҳамс иамоу агәнаҳауп» (1 Коринфаа рахь 15:56). Изакәузеи агәнаҳа? Абри ажәа аҵакы еилаҳкааразы, шәааи, ҳазааҭгылап, Абиблиа зларыҩуаз абызшәақәа рҟны уи ҵакыс иамаз. Ауриеи абырзени ҟаҵарбақәа, «агәнаҳаура» ҳәа еиҭаргало, ҵакыс ирымоуп «аижьара», мамзаргьы ацәҟьара ақәмыршәара. Иарбан цәҟьароу ҳазынтәыкгьы иаҳзақәмыршәо? Ари ацәҟьара — инагӡаны Анцәа изыӡырҩра ауп. Аха агәнаҳа адунеи ишҧақәнагалеи?

ИГЬАНГЬАШУ АГӘҬАКЫ АҾИАШЬА

8. Игәы иҭеикзеи Аҩсҭаа, ауаа иара иеихырхәауа иҟаиҵарц дақәгәыҕны?

8 Аҩсҭаа агызмалра зҵаз аплан шьақәиргылеит. Уи игәы излаанагоз ала, ари ауаатәыҩса дырханаргылар, насгьы ауаа зегьы иара иеихырхәауа иҟанаҵар акәын. Уи раҧхьатәи ҩыџьауаа, Адами Евеи, Анцәа иҿагыланы агәнаҳа иаҵалартә ихихит. Иегова ҳара ҳазхылҵыз наӡаӡатәи аҧсҭазаара иақәзыргәыҕшаз адыррақәа риҭахьан. Урҭ ирдыруан, Ҳазшаз даара дшырзыразыз, избанда иара иоуми урҭ Едемтәи абаҳча ссир иҭазгалаз. Адам инырит жәҩантәи Иаб лымкаала иара иахь иааирҧшыз агәыразра, Анцәа цхырааҩыс аҧҳәыс зҭеиҭыҧш блахкыгаз данииҭа (Аҟазаара 1:26, 29; 2:7—9, 18—23). Наҟ-наҟтәи рыҧсҭазаара шынеибакыу Анцәа изыӡырҩра акәын изыдҳәалаз.

9. Закәытә ҧҟарази Анцәа раҧхьатәи ауаҩы ииҭаз, иагьзҟәыҕарази убри?

9 Анцәа Адам ҧҟарас ииҭеит: «Иарбан ҵлазаалак иҿало афара уақәиҭуп; аха абзиеи ацәгьеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә исфоит ҳәа уаламган; избанзар уи аҟынтә зыҽны иуфаз аҽны ҧсышьала уҧсуеит» (Аҟазаара 2:16, 17). Зегьзшаз иаҳасабала Иегова азин иман ишамҭақәа рзы агәаҧхашәатә нормақәа рышьақәыргылареи дара рзы абзиа-ацәгьа закәу аҳәаақәҵареи. Ари аҧҟара аҟәышра иатәын, избанзар Адами Евеи имшәа-имырҳа абаҳча иҭагылаз егьырҭ ашәырҵлақәа ирҿаз афара рылшон. Урҭ ироуаз анапхгара иаша азы Иегова иҭабуп ҳәа иарҳәарц рылшон, абри азакәан нагӡауа, рхатәы гәаҧхашәатә нормақәа шьақәдыргылар аасҭа.

10. а) Аҩсҭаа ауаа иган шааныркылаша агәра диргарц дышҧарызнеи? б) Иарбан иҽеим гәҭакыу Аҩсҭаа Иегова идикылаз? в) Уара угәы иаанагозеи Аҩсҭаа Иегова дахьиқәлаз азы?

10 Аџьныш раҧхьатәи ауаа Анцәа иҟәигарц игәы иҭеикит. Урҭ ржьареи иара иганахь риагареи рзы Аҩсҭаа амцҳәарахь деихеит. Артист акьанџьа ихы ишаирхәо еиҧш, Аџьныш амаҭ ихы иархәаны, Ева длазҵааит: «Ииашаны иҳәама Анцәа, џьанаҭ иҭагылоу иарбан ҵлазаалак иҿоу ҿыхны ишәымфан ҳәа?» Ева Анцәа иҧҟара шаҳаҭс ианыҟалҵа, Аҩсҭаа ус иҳәеит: «Мап, шәыҧсӡом». Анаҩс уи Иегова иҽеим агәҭакқәа змоу аӡәы иакәушәа дихцәажәеит: «Идыруеит Анцәа, зыҽны ашәыр шәфаз аҽны шәыблақәа шыхтуа, шәаргьы анцәақәа реиҧш [«Анцәа иеиҧш», ИА], ацәгьеи абзиеи здыруа шәакәны шәшаақәгыло» (Аҟазаара 3:1—5). Абасала Аҩсҭаа Анцәа ишамҭақәа ибзиоу акы рцәиҵәахуашәа шьақәирҕәҕәон. Закәытә цәгьаҳәара гәымхоузеи зыламыс цқьоу, абзиабара злоу жәҩантәи Аб, Иегова, изиҳәаз!

11. Адами Евеи Аҩсҭаа ишҧаилахәхеи?

11 Ева даҽа знык аҵла дҩаҵаҧшит — уажәык уи иҿаз ашәырқәа зынӡа ухырхӡошәа лгәы иабеит. Лара ашәыр ааҿыхны илфеит. Ашьҭахь лхаҵагьы ихатәы мҩа ылихит, иҽагьлыдикылеит абри игәнаҳараз Анцәа изымӡырҩра аус аҟны (Аҟазаара 3:6). Ева дшыҟаҭәазгьы, Адами лареи Аҩсҭаа ауаатәыҩса рхагыларазы агәҭакы имаз анагӡара иацхрааит. Абасала иареи дареи ацәгьаҿы иеилахәхеит (Римаа рахь 6:16; 1 Тимофеи иахь 2:14).

12. Иабакылнагеи ауаа Анцәа иҿагылара?

12 Адами Евеи иҟарҵаз ацәгьаразы ахьырхәра рзыҧшын. Урҭ Анцәа иеиҧшны изыҟамлеит, насгьы ҷыдалатәи адырра ҳәа акгьы рмоуит. Убри ацынхәрас, урҭ рхы ҧхаршьан, рҽырҵәахит. Иегова Адам дааиҧхьеит, иҟаиҵаз аҭак ишәаразы, анаҩсгьы инақәиҵеит: «Ҧхӡашала уча ааурыхлап, узлыхыу адгьылахь ухынҳәаанӡа; избанзар унышәуп уара, анышәахь уагьыхынҳәуеит» (Аҟазаара 3:19). Ҳазхылҵыз абзиеи ацәгьеи уеилзыркаауа аҵла иҿаз ашәырқәа зыҽны ргьама рбаз «аҽны» Анцәа дрықәыӡбеит, иара иҿаҧхьагьы иҧсхьоу ирҩызахеит. Урҭ Џьанаҭ иҭцан, убриала иагьанылеит аҵыхәтәаны аҧсрахьы икылызгаз амҩа.

АГӘНАҲАРЕИ АҦСРЕИ АУААТӘЫҨСА ИШРЫЛАҼЫЗ

13. Ауаатәыҩса зегьы агәнаҳа шҧарылаҽи?

13 Аҩсҭаа, хымҧада, иқәҿиеит ауаа рҟынтә аҳаҭырқәҵара иоурацы ҽышәала дзышьҭаз аус. Аха уи имчым иеихырхәо ауаа рыҧсҭазаара аиқәырхара. Адами Евеи агәнаҳа ианаҵала нахыс, урҭ уажәшьҭа ирхылҵуаз анаӡара рызрыҭарымызт. Ахаҳә ҭыҿҿаны аҩыра иану еиҧш, агәнаҳа адацқәа ырҵауланы ҳазхылҵыз ршьа иалаҽит. Убри аҟнытә урҭ ирхылҵраны иҟаз инаӡам ауаа рымацара ракәын. Адами Евеи рыхшаара зегьы агәнаҳара аныҟала ашьҭахь иахьиз аҟнытә, урҭ рани раби рҟынтә ирҭынхеит агәнаҳаи аҧсреи (Ҧсалом 50:7; Римаа рахь 5:12).

14. а) Изеиҧшыда зыгәнаҳара мап ацәызкуа ауаа? б) Ишҧадырбаз израилаа рыгәнаҳа?

14 Аха иахьа аӡәырҩы агәнаҳа змоу уааны рхы рыҧхьаӡом. Адунеи ахәҭақәак рҟны иаҳҭынхаз агәнаҳа азы аилкаа зынӡа ирымаӡам. Аха уи иҳанаҳәом, агәнаҳа ыҟам ҳәа. Зҿы ҟьашьу аҷкәын хәҷы сҿы цқьоуп иҳәар илшоит; аха уи асаркьа данынахәаҧшлак, уаҳа царҭа имоукәаны даақәхоит. Ажәытәӡатәи израилаа абри ахәҷы иеиҧшын, урҭ Моисеи ила Анцәа Изакәан анроуз. Азакәан еилфаҷа иуеилнаркаауан, агәнаҳара шыҟаз. «Сара азакәан ада, даҽакы иснардыррымызт, агәнаҳара закәу»,— иҳаилиркаауеит апостол Павел (Римаа рахь 7:7—12). Асаркьа аҿаҧхьа зыҽгәазҭо аҷкәын хәҷы иеиҧш, израилаа рхы рбарц рылшон Азакәан асаркьаҿы, иагьааҧшрын, Иегова иҿаҧхьа дара шыцқьамыз.

15. Еилыкка иааҧшуазеи, ҳара Анцәа Иажәа асаркьа ҳахәаҧшуазар?

15 Анцәа Иажәа асаркьа ҳахәаҧшлозар, уи анормақәагьы ҳахшыҩ рзаҳашьҭлозар, усҟан иаразнак иаҳбарҭахоит ҳанамӡара (Иаков 1:23—25). Уазхәыц, ҿырҧштәыс иаагозар, Иисус Христос Маҭфеи 22:37—40 аҟны Анцәеи иаҳзааигәоуи рахь иаарҧшлатәу абзиабара аганахьала иҵаҩцәа иреиҳәаз. Ауаа заҟа уи рхахьы иаарымгаша! Аӡәырҩы рыламыс иацәыҧхашьом, Анцәеи ирзааигәоуи рахь абзиабара анаадмырҧшуа (Лука 10:29—37).

АҨСҬАА ИШЬАЦҲӘАҚӘА УҼЫРЦӘЫХЬЧАЛА!

16. Иҟаҵатәузеи, Аҩсҭаа иеиҵаҟәаҟәарақәа ҳрыламӡырц азы, насгьы уи зымариами?

16 Аҩсҭаа гәнаҳарала иҭәу аҧсҭазаара ҳалаиҟьашьырц иҽазишәоит (1 Иоанн 3:8). Уи иеиҵаҟәаҟәарақәа урыламӡыртә аразҟы цәгьа ухацәугарц улшома? Ааи, аха убри азы игәнаҳароу агәазыҳәарақәа ирабашьлатәуп. Ари ус мариам, избанзар ҳазынтәыкгьы иҳамоуп агәнаҳа аҟаҵаразы иҳациз агәазыҳәара ҕәҕәа (Ефесаа рахь 2:3). Павел абри аҩыза агәазыҳәара даҿагыланы дықәҧон. Аха избан? Избанзар уи иҩнуҵҟа инхон агәнаҳа. Анцәа иҽхәаҧхьыӡ ҳҽаҧсаҳтәырц ҳҭахызар, ҳаргьы иҳациз игәнаҳароу ҳгәазыҳәарақәа ҳрабашьлароуп (Римаа рахь 7:14—24; 2 Коринфаа рахь 5:10).

17. Изыруадаҩуазеи игәнаҳароу ҳгәазыҳәарақәа рабашьра?

17 Аҩсҭаа еснагь ҳаижьаларц, Анцәа изакәанқәа еилаҳгаларц ҽышәала дызлашьҭоу ала, агәнаҳара ҳаҿагыланы ақәҧара ус иаҳзымариам (1 Пиотр 5:8). Павел иҩызцәа-ақьырсианцәа хьаас икны, абас иҳәеит: «Сшәыцәшәоит, амаҭ гызмалрала Ева дшыхнахыз еиҧш, шәаргьы убас шәыхшыҩ ҧхасҭахап, Христос илоу аизадара шәацәхьаҵып ҳәа» (2 Коринфаа рахь 11:3). Аҩсҭаа иахьагьы убарҭ реиҧш иҟоу агызмалрақәа ихы иаирхәоит. Уи Иегова иҳалалреи иҧҟарақәеи рзыӡырҩра хәарҭарас иалоуи рганахьала агәыҩбара леиҵарц иҽазишәоит. Аџьныш иҽазҵәылхны дашьҭоуп, иҳалиааз игәнаҳароу ҳгәазыҳәарақәа ихы иаирхәарц, ҳара ахышьҭыхреи, аҳарамреи, ацәымҕреи, аилибамкаареи рымҩа ҳаниҵарц.

18. Аҩсҭаа адунеи ихы ишҧаирхәо, агәнаҳара змоу аҧсҭазаара ҳалаиҟьашьразы?

18 Аџьныш дызлаҳнырқәо ируакыуп инапаҿы иҟоу адунеи (1 Иоанн 5:19). Ҳара ҳгәаҳҽанымзар, ари адунеи иатәу иҧхасҭоу, зыламыс цқьам ауаа гәнаҳара згым аҧсҭазаара ҳаларҟьашьырц, насгьы Анцәа игәаҧхашәатә нормақәа хьаас иҳамкратәы ҳҟарҵарц рҽазыршәоит (1 Пиотр 4:3—5). Аӡәырҩы Анцәа изакәанқәа хьаас иркым, рхахьгьы иааргом аламыс ацәыҧхашьара, уиалагьы уи цәанырраданы иааҟарҵоит (Римаа рахь 2:14, 15; 1 Тимофеи иахь 4:1, 2). Џьоукы ҳамҭакы анҵлак ашьҭахь уаанӡа инаӡам рыламыс иднамырҟаҵозгьы аҟаҵара иалагоит (Римаа рахь 1:24—32; Ефесаа рахь 4:17—19).

19. Изазымхозеи гәаҧхашәала ицқьоу аҧсҭазаара аныҟәгара мацара?

19 Ҳдунеи аҟны ицқьоу агәаҧхашәатә ҧсҭазаара аныҟәгара — ари маҷӡам. Аха Ҳазшаз игәыҟаҵара иаҭахыу иҵегь иеиҳауп. Ҳара Анцәа дхаҳҵозароуп, насгьы ҳахшыҩ азаҳашьҭуазароуп уи иҿаҧхьа аҭакҧхықәра иҳаду (Ауриацәа рахь 11:6). «Абзиара шыҟаҵатәу еилызкаауа, аха иҟазымҵо, уи агәнаҳара идуп»,— иҩуан аҵаҩы Иаков (Иаков 4:17). Ааи, Анцәеи уи иҧҟарақәеи идырны зхаҿы иаазымго, агәнаҳара ҟаиҵоит.

20. Аҩсҭаа иашала ахымҩаҧгараҿы дуҧырхагахарц шҧаилшои, аха абри еиҧш иҟоу ажәылара уаҿагылартә иуцхраауазеи?

20 Аҩсҭаа ауаа азыҟаиҵар алшоит, урҭ Абиблиа аҵареи Анцәа изкыу адырра арҳареи рус аҟны иуҧырхагахаларацы. Ҳара даара ҳақәгәыҕуеит, абарҭ реиҧш иҟоу аҧықәсыларақәа иашала ахымҩаҧгараҿы иуҧырхагахарым ҳәа (Иоанн 16:2). Иисус Анцәа имаҵ аниуаз аамҭазы ахылаҧшцәа аӡәырҩы дышхарҵазгьы, урҭ уи ус шакәыз рӡон, избанзар рааигәара аӡәгьы дымнеир ҳәа ишәон (Иоанн 12:42, 43). Аҩсҭаа, зынӡа рыцҳашьарак ҟамҵакәа, Анцәа изкыу адыррақәа рырҳара иашьҭоу дарбанзаалак диршәарц иҽазишәоит. Аха уеизгьы, иухаумыршҭуазароуп, патугьы ақәуҵозароуп Иегова иааҟаиҵаз зегьы. Издыруада, уҳаҵҳаҵо узышьҭоу аус аҕацәагьы еилыркаар, пату ақәырҵаргьы.

21. Адунеии игәнаҳароу ҳгәазыҳәарақәеи ҳариааирц шҧаҳалшои?

21 Ҳара ҳнаӡауаам, убри аҟнытә агәнаҳа ҟаҳҵалашт (1 Иоанн 1:8). Аха ус иагьа иҟазаргьы, ҳақәҧараҿы ҳзаҵәым. Ааи, аиааира ҳгарц ҳалшоит агызмали (Аҩсҭаа Аџьныши) ҳареи ҳаидыслараҿы (Римаа рахь 5:21). Иисус адгьылаҿтәи имаҵура ахыркәшамҭазы иҵаҩцәа ргәы ирҕәҕәеит абарҭ ажәақәа рыла: «Аҧсабараҿы [«адунеиаҿы», ИА] алахьеиқәҵара шәымазаашт; аха шәымшәан, избан акәзар, аҧсабара [«адунеи», ИА] саиааит» (Иоанн 16:33). Анцәа имчала инаӡам ауаагьы адунеи иаиааирц рылшоит. Аҩсҭаа иҿагылази ‘Анцәа зыҽизҭази’ рҟны мчы ҳәа акгьы имам (Иаков 4:7; 1 Иоанн 5:18). Наҟ-наҟ ишаабо еиҧш, Анцәа деиҷаҳаит агәнаҳаи аҧсреи руҕә аҟынтә ахақәиҭра ҳаҭара.

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Дызусҭада Аҩсҭаа Аџьныш?

Избан ауаа зажәуа иагьзыҧсуа?

Изакәузеи агәнаҳара?

Аҩсҭаа ишаадыруа Анцәа ҳаиҿагыланы агәнаҳа ҳирҟаҵарц иҽшҧазишәо?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]

[Адаҟьа зегь хазырҭәаауа асахьа 54]