Иисус Христос — Анцәа изкыу адырра ацаҧха
Ахы 4
Иисус Христос — Анцәа изкыу адырра ацаҧха
1, 2. Ишҧаҧхасҭартәи адунеи иатәу адинқәа Анцәа изкыу адырра ацаҧха?
УЦАҦХАҚӘА рххауа уҩн ашә улагылоуп. Амардуан уахьыҩыхәнауа абарҵаҿы ихьҭоуп, иагьлашьцоуп, ирласынгьы аҩны уҟаларц уҭахгәышьоуп — аха арахь ашә аартышьа уақәшәом. Уара иахәҭаз ацаҧха угазшәа уҟоуп, аха уи ашә аанартуам. Ари уамакала уҧсы ҧнажәоит! Уцаҧхақәа еиҭагәоуҭахуеит. Иара акәушь иалухыз? Издыруада, уи аӡәы иҧиҵәазар?
2 Ари аҿырҧштәы ибзианы иаҳнарбоит, Анцәа изкыу адырра аганахьала иааҳакәыршан иҟоу адунеи иатәу адинқәа рҟны аилахәара шыҟоу. Аиашазы, аӡәырҩы абри адырра ҳзаазыртыша ацаҧха ҧхасҭартәит, Иисус Христос инеигӡо ароль еицакны. Динхаҵаратә гәыҧқәак зынӡаск икарыжьӡеит ари ацаҧха, Иисус хьаасгьы дымкыкәа. Егьырҭ Иисус ироль еицаркит, уи Зегьзымчу Нцәак иеиҧш иеихырхәауа. Ишакәхалакгьы, Иисус Христос инаигӡо ароль шаҟа акраҵанакуа еилаҳамкаакәа, Анцәа изкыу адырра ҳара ҳзы ишаркыц иаркызаауеит.
3. Избан Иисус Анцәа изкыу адырра ацаҧха ҳәа ихьӡаҳтәырц зҳалшо?
3 Иҟалап, уара иугәалашәозар Иисус иажәақәа: «Наӡаӡатәи ҧсҭазаарас иҟоу, Уара — Иаӡәкыу Анцәа иаша — удырреи Уара Иааушьҭыз Иисус Христос идырреи роуп» (Иоанна 17:3, АҾА). Иисус дыҽхәомызт, абарҭ ажәақәа аниҳәоз. Абиблиа изныкымкәа инаҵшьны иазгәанаҭоит, Иисус изкыу ииашоу адыррақәа рыда, ҧсыхәа шыҟам (2 Пиотр 1:8; 2:20; Ефесаа рахь 4:13; Колоссаа рахь 2:2). «Аҧааимбарцәа зегьы Иара [Иисус Христос] изышаҳаҭуеит»,— азгәеиҭоит апостол Пиотр (Аусқәа 10:43). Апостол Павел иҩуан абас: «[Иисус] иҟноуп иахьыҵәахыу аҟәшреи адыррақәеи рмазарақәа» (Колоссаа рахь 2:3). Уи адагьы, Павел иҳәеит, Иегова Иисус ила игәҭакқәа зегьы шынеигӡо (2 Коринфаа рахь 1:20). Убас, Иисус Христос Анцәа изкыу адырра дацаҧхоуп. Иисус изкны иҳамоу ҳдыррақәа еицакра рымамзароуп: уи ихаҭара аганахьала акәыз, Анцәа игәҭакқәа рҿы инаигӡо ароль аганахьала акәыз. Аха уеизгьы, Иисус ишьҭанеицәа Анцәа игәҭакқәа рҿы ихадароу ароль зизалырхуазеи?
ҲАЗҚӘЫРГӘЫҔУ МЕССИА
4, 5. Иарбан гәыҕрақәоу Мессиа идырҳәалоз, насгьы уи иҵаҩцәа рырҵаҩы дышҧарыҧхьаӡоз?
4 Авель ихаан аахысгьы Анцәа имаҵуцәа иашақәа ргәы хыҭхыҭуа изыҧшын Анцәа Иегова заа зыӡбахә иҳәахьаз Ажәла иаара (Аҟазаара 3:15; 4:1—8; Ауриацәа рахь 11:4). Анцәа иааиртит, Уи игәҭакқәа рҿы Ажәла ишынеигӡало Мессиа, мамзаргьы «Иҧшьоу», ироль. Мессиа ‘ихиҩуеит агәнаҳарақәа’, иара убасгьы, Аҧсаломқәа рҟны заа иаҳәахьан уи Иаҳра адура атәы (Даниил 9:24—26; Ҧсалом 71:1—20). Дарбан Мессиа ҳәа иҟалаз?
5 Уазхәыц, закәытә цәаныррақәаз изцәырҵуаз Андреи захьӡыз ауриа ҷкәын, Назареҭтәи Иисус иажәақәа данырзыӡырҩуаз. Андреи дыҩны иашьа Симон Петра иҟны днеины иеиҳәеит: «Ҳара даабеит Мессиа» (Иоанн 1:41). Иисус иҵаҩцәа агәра ргаҵәҟьон, иара — ҳазқәыргәыҕыз Мессиа шиакәыз (Маҭфеи 16:16). Аиаша қьырсианцәа Иисус заа зыӡбахә ҳәаз Мессиа, мамзаргьы Христос, шиакәыз ала агәрагара ирымаз рыҧсы ақәҵара иазхиан. Урҭ абри аҩыза агәрагара ирымаз ҵаҵҕәыс иамази? Уааи, ҳарзааҭгылап Иисус имессиара аршаҳаҭга хадақәа хҧа.
ИИСУС ИМЕССИАРА АРШАҲАҬГАҚӘА
6. а) Иарбан хылҵшьҭроу дызтәхоз иаараны иҟаз ҳазқәыргәыҕыз Ажәла, ҳаргьы иабантәаадыруеи, Иисус абри ахылҵшьҭра дшатәыҵәҟьаз? б) Избан 70 шықәса ҳ. ҳ. ашьҭахь уажәшьҭа аӡымзар-аӡәгьы изизышьақәмырҕәҕәо, Мессиа иара шиакәу ала?
6 Иисус ишьҭра — имессиара раҧхьаӡатәи аршаҳаҭгоуп. Иегова имаҵуҩы Авраам иеиҳәеит, ҳазқәыргәыҕыз Ажәла иара иҭаацәара дшахылҵуаз. Убри аҩыза иақәыргәыҕын Авраам иҧа Исаак, Исаак иҧа Иаков, иара убас Иаков иҧа Иуда (Аҟазаара 22:18; 26:2—5; 28:12—15; 49:10). Ашәышықәсақәа рышьҭахь Мессиа ишьҭра ацәаҳәа Аҳ Давид иҟынӡа иааӡеит. Уигьы иаҳәан, акыраамҭа иззыҧшыз Ажәла иара ишьҭра дшатәхоз (Ҧсалом 131:11; Исаиа 11:1, 10). Маҭфеии Лукеи ревангелиақәа излашьақәдырҕәҕәо ала, Иисус абри ашьҭраҵәҟьа ауп дызхылҵыз (Маҭфеи 1:1—16; Лука 3:23—38). Иисус аҕацәа рацәаҩны ишимазгьы, урҭ рахьынтә аӡәымзаракгьы иамеикуамызт зегьы иеицырдыруаз ашьҭратә шықәсынҵа (Маҭфеи 21:9, 15). Ишаабо еиҧш, уи ишьҭра аганахьала гәыҩбарак уаҩы изцәырҵуамызт. Аха 70 шықәса ҳ. ҳ. азы римаа Иерусалим анрымпыҵархала, ауриацәа рышьҭра атәы зҳәоз ақьаадқәа ццышәха ирблит. Убри нахыс уаҳа аӡәгьы амессиара иара ишитәу ала ашьақәырҕәҕәара илшом.
7. а) Иарбан аҩбатәи ршаҳаҭгас иҟоу, Иисус Мессиа шиакәыз ҳзырбо? б) Иисус иҟны ишҧанагӡахеи Михеи ишәҟәы 5:2 аҟны ианыз аҧааимбаражәа?
7 Инагӡахаз аҧааимбаражәақәа — аҩбатәи аршаҳаҭгоуп. Ауриа Ҩырақәа иргәылоу аҧааимбаражәақәа жәпакы еиуеиҧшым ган рацәала Мессиа иҧсҭазаара атәы ҳаилдыркааит. VIII-тәи ашәышықәсазы ҳ. ҟ. аҧааимбар Михеи заа иҳәеит, абри аҳәынҭқар ду Вифлеем ақалақь хәҷы аҟны дшииуаз. Израил иҟан ҩ-Вифлеемк, убри аҟнытә аҧааимбаражәа ҷыдала изыдҳәалаз урҭ рахьтә акы акәын: Вифлеем — Ефрафа, аҳ Давид дахьиз (Михеи 5:2). Иисус иҭаацәа, Иосифи Мариеи, Назареҭ инхон, Вифлеем аҟынтә ҩадахьала 150-ҟа километра ахьыбжьаз. Мариа лцәалтәымкәа даныҟаз, аимператор Цезар Август зегьы шьҭрала иахьатәыз ақалақьқәа рҿы ашәҟәы рҽанырҵарц рыдиҵеит a. Убри аҟнытә Иосиф зцәазтәымыз иҧҳәыс даашьҭыхны Вифлеемҟа дцар акәхеит. Уаҟоуп Иисус дахьизгьы (Лука 2:1—7).
8. а) Ианбалагеи 69 «мчыбжьа», насгьы иарбан хҭысыз урҭ злалагаз? б) Шаҟаамҭа аҵанакзеи 69 «мчыбжьа», нас иҟалазеи урҭ анынҵәоз аламҭалазы?
8 VI-тәи ашәышықәсазы ҳ. ҟ. аҧааимбар Даниил заа иҳәеит, «Иҳақәиҭу Христос» Иерусалим аиҭашьақәыргыларазы ажәа аҭыҵра 69 «мчыбжьа» анахыҵлак дшаауаз (Даниил 9:24, 25). Абарҭ амчыбжьақәа рыцыҧхьаӡа абжьышықәсақәа ираҟаран b. Абиблиеи адунеизегьтәи аҭоурыхи изларҳәо ала, Иерусалим аиҭашьақәыргыларазы ажәа ҭыҵит 455 шықәсазы ҳ. ҟ. (Неемиа 2:1—8). Убри аҟнытә Мессиа даар акәын 455 шықәса ҳ. ҟ. инаркны 483 шықәса (69×7) рышьҭахь. Ари 29-тәи ашықәсахь ҳкылнагоит, Иегова Иисус адоуҳа цқьала даниҧшьаз ашықәс азы. Абас Иисус «Христос» («Иҧшьоу» ҳәа ҵакыс измоу), мамзаргьы Мессиа иакәны дҟалеит (Лука 3:15, 16, 21, 22).
9. а) Ишҧанагӡахеи Ҧсалом 2:2? б) Иарбан ҧааимбаражәақәоу иҵегь Иисус иҟны инагӡахаз? (Уахәаҧш атаблица.)
9 Аха, ҳәара аҭахыума, Иисус ҳазқәыргәыҕыз Мессиак иеиҧш зегьы дрыдрымкылеит, абри атәгьы Ауриа Ҩырақәа рҟны заа иаҳәахьан. Анцәа игәацҧыҳәарала аҳ Давид Ҧсалом 2:2 аҟны заа абас иҳәахьан: «Иаақәгылоит адгьыл аҳцәа, аҭауадцәагьы еилацәажәоит, Иҳақәиҭу Ииҧшьази Иареи ирҿагыларацы». Ари аҧааимбаражәа уаҩы инарбон, иакымкәа аҳәынҭқаррақәа реиҳабацәа Иегова Ииҧшьаз, мамзаргьы Мессиа, иқәларц рыҽшеидыркылоз. Убас иагьыҟалеит. Иудеиаа рдин анапхгаҩцәеи, аҳ Ироди, римтәи аҳәынҭқар Понти Пилати, анс уҳәа — арс уҳәа, Иисус ишьра аус рнапы алан. Аиҕара бааҧсы зыбжьаз Ироди Пилати иаалырҟьаны еиҩызцәа гәакьацәахеит (Маҭфеи 27:1, 2; Лука 23:10—12; Аусқәа 4:25—28). Иисус имессиара анаҩстәи аршаҳаҭгақәа риуразы, уахәаҧш атаблица «Иналукааша мессиатә ҧааимбаражәақәак».
10. Иегова шаҳаҭра шҧаиуи, Иисус ҳазқәыргәыҕыз Иҧшьоу шиакәыз ала?
10 Анцәа Иегова ииуз ашаҳаҭра — Иисус имессиара шьақәзырҕәҕәо ахҧатәи ршаҳаҭгоуп. Иегова амаалықьцәа ишьҭит, урҭ Иисус ҳазқәыргәыҕыз Мессиа шиакәыз ауаа ирыларҳәарц (Лука 2:10—14). Уи инаҷыдангьы, Иисус адгьылаҿы данынхоз, Иегова ихаҭа ажәҩан аҟынтә ибжьы иргалон, игәаҧхара ҳалал уи изаарҧшуа (Маҭфеи 3:16, 17; 17:1—5). Анцәа Иегова Иисус аџьашьахәқәа ирҿиаратәы амч ииҭеит. Абарҭ аџьашьахәқәа зегьы Иисус дышмессиаз дырҵабыргуан, избанзар Анцәа аџьашьахәқәа рырҿиаразы имч ахаан амцҳҳәаҩцәа ириҭомызт. Иегова иҧшьоу идоуҳа убасеиҧш ихы иаирхәеит, Аевангелиақәа имчала ирыҩратәы, абасалагьы Иисус имессиара аршаҳаҭгақәа аҭоурыхаҿы зегь реиҳа ирылаҵәахьоу, абызшәақәа реиҳараӡак рахь иеиҭаргахьоу ашәҟәы Абиблиа иахәҭакны иҟалеит (Иоанн 4:25, 26).
11. Иабанӡашьақәырҕәҕәоу, Иисус Мессиа шиакәыз?
11 Абарҭ аршаҳаҭга хадақәа рахь иаҵанакуеит Иисус ҳазқәыргәыҕыу Мессиа шиакәу шьақәзырҕәҕәо шәкыла афактқәа. Еилкаауп, аиаша қьырсианцәа уи «аҧааимбарцәа зегьы ззышаҳаҭуа» иакәны дрыҧхьаӡартә еиҧш аҵаҵҕәы рымоуп. Ааи, ақьырсианцәа иара иоуп Анцәа изкыу адырра иацаҧханы ирбо (Аусқәа 10:43). Аха Иисус Христос имессиара шьақәзырҕәҕәо афактқәа рнаҩсгьы, уи изкны иеилаҳкааша еиҳагьы ирацәоуп. Иаадыруазеи, иаҳҳәап, иара ихылҵшьҭра иазкны? Дызусҭадаз иара?
ИИСУС ДУАҨХААНӠА ИҞАЗААРА
12, 13. а) Иабантәаадыруеи, Иисус адгьылахь даанӡа ажәҩан аҟны дшынхоз? б) Дызусҭадаз «Ажәа», насгьы иҟаиҵози уи дуаҩхаанӡа?
12 Иисус иҧсҭазаара х-периодкны иушар ауеит. Актәи апериод алагеит уи адгьылаҿы диаанӡа акыр шыбжьаз. Михеи 5:2 аҟны иаҳәоит, Мессиа «алагамҭа, наӡаӡатәи амшқәа» рҟынтә дшааз. Иисус аргама иҳәеит, иара «хыхьтәиқәа» дышреиуоу, даҽакала иуҳәозар, ажәҩан аҟынтә дшааз (Иоанн 8:23; 16:28). Уи шаҟаамҭа ажәҩанаҿы дынхози, арахь адгьылахь длыбаанӡа?
13 Иисус Анцәа ихшаазаҵә ҳәа хьӡыс иоуит, избанзар иара Иегова ихаҭа иоуп дызшаз (Иоанн 3:16). Ашьҭахь Иегова Иисус, «ашамҭақәа зегьы раҧхьа ииз», ихы даирхәеит егьырҭ иаанхаз зегьы ршара аус аҟны (Колоссаа рахь 1:15; Аартра 3:14). Иоанн 1:1 аҿы ишаҳәо еиҧш, «Ажәа» (Иисус дуаҩхаанӡа) «аханатә» Анцәа иҿы иҟан. Ус анакәха, «дгьыли-жәҩани» аншаз аамҭазы Ажәа Иегова иҟны иҟан. Анцәа Ажәа дадҵаалон, ианиҳәоз: «Даҳшап ауаҩы Ҳара ҳхаҿра иҭаны» (Аҟазаара 1:1, 26). Уи адагьы, Ажәа, ишаабо ала, «сахьаҭыхҩыс» («иҟазоу цхырааҩыс», ИА) Анцәа иман. Ажәамаанақәа 8:22—31 рҟны уи аарҧшуп Иегова инапхгарала иҟоу зегьы ршара аџьабаа адызбалоз, аҟәшра ацәа зыҟәныу акәны. Ажәа аншаз ашьҭахьгьы, иуаҩны адгьылаҿы иҟалаанӡагьы, уи акыраамҭа ажәҩанаҿы Анцәа ицын.
14. Избан Ииус «иаҳамбаӡо Анцәа ихаҿра» ҳәа зихьӡҵахаз?
14 Уамашәа ибатәӡам, Колоссаа ирзынархоу ашәҟәы 1:15 аҟны Иисус «иаҳамбаӡо Анцәа ихаҿра» ҳәа ихьӡ ахьарбоу! Аҳәатәхаҵара злаз Аҧа Иаб Иегова акыр диеиҧшхеит, уи акыр шәышықәса дахьиҿцаауаз иабзоураны. Ари — Иисус аҧсҭазаара узҭо Анцәа изкыу адырра дзацаҧхоу ҳаилзыркаауа даҽа мзызуп. Иисус адгьылаҿы иааҟаиҵоз зегьы Иегова ихаҭа иҟаиҵарыз иақәшоит. Убри аҟнытә, Иисус иҵегь еиҕьны деилаҳкаа-цыҧхьаӡа, ҳара Иегова изкыу ҳдыррақәа ҳарҭбаауеит (Иоанн 8:28; 14:8—10). Абасала, зынӡа иубарҭоуп, Иисус Христос иҵегь еиҕьны дшеилкаатәу.
АДГЬЫЛАҾЫ ИИСУС ИҦСҬАЗААШЬА
15. Избан Иисус дуаҩынаӡаны дызииз?
15 Иисус иҧсҭазаара аҩбатәи апериод мҩасит абраҟа, адгьылаҿы. Уи игәы иаҭахны дазыразхеит, Анцәа иара иҧсҭазаара ажәҩан ахьынтә Мариа, Анцәа ицәшәоз ауриа ҧҳәызба, лымгәаҭахьы диаигарц. Амч ду змоу Иегова идоуҳа цқьа, аус зуа имч, Мариа «дыхнаҩан», лцәалтәымкәа дҟалеит, инаӡоу асабигьы длыхшеит (Лука 1:34, 35). Иисус шьҭрала изнымхеит анамӡара, избанзар уи инаӡаз Ахыҵхырҭа аҟынтә аҧсҭазаара иоуит. Уи иҭынчыз аҭаацәараҿы драаӡон, ауасҭа Иосиф ҧас иҟаиҵаз иакәын, ихшаарагьы дреиҳабын (Исаиа 7:14; Маҭфеи 1:22, 23; Марк 6:3).
16, 17. а) Иисус аџьашьахәқәа ирҿиаратәы амч изҭада, нас иарбан џьашьахәқәоу уи ирҿиауаз? б) Иарбан ҟазшьақәоу иааирҧшуаз Иисус?
16 Иисус 12 шықәса анихыҵуаз, иааҧшит, уи Анцәа Иегова гәыкалаҵәҟьа дшизыҟаз (Лука 2:41—49). Иисус даныҩеидас, ҩажәи жәаба шықәса шихыҵуаз Анцәа имаҵура иҽаназик, уи ауаа рахь абзиабара ҵаула ааирҧшуан. Иҧшьоу Анцәа идоуҳа аџьашьахәқәа ирҿиаратәы амч анинаҭа, уи ачымазаҩцәеи, ацыркьцәеи, аҿаҳацәеи, алашәцәеи, адагәацәеи, ацәеилабаара зыхьуази рыцҳашьаны ихәышәтәуан (Маҭфеи 8:2—4; 15:30). Иисус акрырҿеиҵон зықьҩыла амлашьцәа (Маҭфеи 15:35—38). Зны, иҩызцәа еиқәиырхоит ҳәа, афырҭын еиқәикит (Марк 4:37—39). Убри инеиҳангьы, уи иҧсхьоугьы рыҧсы ҭеиҵон (Иоанн 11:43, 44). Абарҭ аџьашьахәқәа — мцра злам ҭоурыхтә фактқәоуп. Иисус иаҕацәагьы уи ‘шьарда џьашьатәқәа шыҟаиҵахьаз’ мап рзацәкуамызт (Иоанн 11:47, 48).
17 Иисус атәылаҿацә дналсны акыр дныҟәон, ауаа Анцәа Иаҳра атәы дырҵауа (Маҭфеи 4:17). Уи вба змам акрычҳареи аҟәшреи ҿырҧшыс иаҳзынижьит. Иҵаҩцәа даныржьаҵәҟьагьы, уи дара рыцҳашьаны убас иҳәеит: «Аҧсы ҕәҕәоуп [«лахҿыхыуп», ИА], ацәеижь кәадоуп» (Марк 14:37, 38). Аха уеизгьы, Иисус аиаша атәазымбауаз, цхырааҩ дызмамыз ауаа зыргәаҟуаз рҿы агәымшәареи аҕәҕәареи ааирҧушан (Маҭфеи 23:27—33). Убасеиҧш иара инагӡаҵәҟьаны Иаб ибзиабара даҿыҧшуан. Иисус аҧсрагьы дазхиан, инаӡам ауаа раҧхьаҟа агәыҕра роурц азы. Ажәакала, ҳара зегь рыла Иисус Анцәа изкыу адырра дацаҧханы дҳаҧхьаӡаратәы ҳаҟоуп! Ааи, уи — зыҧсы ҭоу цаҧхоуп! Аха избан зыҧсы ҭоу ҳәа заҳҳәо? Абри азҵаара аҭак аҟаҵаразы, ҳахәаҧшып уи иҧсҭазаара ахҧатәи апериод.
ИИСУС ИАХЬА
18. Иисус Христос иахьа ҳхаҿы дышҧааҳгаша?
18 Абиблиа Иисус иҧсра атәы ҳанаҳәозаргьы, уи иҧсы ҭоуп! Шәҩыла, 1-тәи ашәышықәсазы ҳ. ҳ. аамҭазы инхоз, уи иҧсҭалара иашаҳаҭцәан (1 Коринфаа рахь 15:3—8). Заа ишҳәахьаз еиҧш, убри ашьҭахь арыҕьарахьала Иаб днаиватәеит, ажәҩанаҿы аҳратә мчра Анцәа ианииҭаша аамҭа дазыҧшны (Ҧсалом 109:1; Ауриацәа рахь 10:12, 13). Убри аҟнытә ҳара Иисус ҳашҧеизхәыцлаша? Ҳхаҿы дааҳгароума уи аҽыхәчараҿы ишьҭоу асаби хымхәа иакәны? Мамзаргьы, иҟалап, уи аҧсра абла иҭаҧшуа аӡә иакәны ҳхаҿы дааиуазар? Ҳәарада, мап. Иара — амч дуӡӡа змоу, напхгара зуа Аҳауп! Уажәшьҭагьы, дук хара имгакәа уи напхгаҩык иаҳасабала ҳадгьыл рыцҳа днахагылоит.
19. Иҟаиҵарц игәиҭоузеи Иисус дук хара имгакәа?
19 Аартра 19:11—15 аҟны Иисус Христос амч ду зманы иаауа, ауаа хәымгақәа нзырҵәарц згәиҭоу Аҳ иакәны даарҧшуп. Ишҧеиҭахыу бзиабарала иҭәу ари Анапхгаҩы миллионҩыла ргәаҟрақәа рҵыхәа ҧиҵәарц! Иара убас, уи адгьылаҿы иаанижьыз аҿырҧшы наӡа ақәныҟәара зҽазызшәо зегьы дрыцхраарц иҭахыуп (1 Пиотр 2:21). Уи абарҭ ауаа еиқәирхарц иҭахыуп есааира иааигәахо, Армагеддон ҳәа еиҳараӡак изышьҭоу «Зегьзкыу Анцәа иеибашьра ду амш аҽны», урҭ жәҩантәи Анцәа Иаҳра анапаҵаҟа иҟоу ракәны наӡаӡа адгьылаҿы инхаларц азы (Аартра 7:9, 14; 16:14, 16).
20. Иҟаиҵараны иҟоузеи Иисус ауаатәыҩса рзы зқьышықәсатәи инапхгара аамҭазы?
20 Иисус заа ииҳәахьаз зқьышықәсатәи инапхгараан, аҭынчра аҳра анауло аамҭазы, уи ауаатәыҩса зегьы ирзеиҕьхаша аџьашьахәқәа ирҿиалоит (Исаиа 9:6, 7; 11:1—10; Аартра 20:6). Иисус ачымазарақәа зегьы ихәышәтәуеит, аҧсрагьы аҵыхәа ҧиҵәоит. Уи миллиардҩыла иҧсхьоу рыҧсы ҭеиҵоит, урҭгьы адгьылаҿы наӡаӡа инхалартә еиҧш, алшара роурц азы (Иоанн 5:28, 29). Уара абри ашәҟәы аҟынтә Мессиа Иаҳра иазкны иҵегь иудырраны иҟоу угәаҵанӡа инеиуазар акәхап. Ҳхаҿы иаҳзаагарым, закәытә ҧсҭазаара џьашьахәу иаҳҧеиҧшу Аҳра анапхгара аҵаҟа. Убри аҟнытә иахәҭоуп излауала иҵегь иеиҕьны Иисус Христос иеилкаара! Ааи, даара акраҵанакуеит, Иисус — Анцәа изкыу адырра зыҧсы ҭоу ацаҧха шиакәу ҳахшыҩ азаҳашьҭыр. Убри ауп наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь укылызго.
[Албаагақәа]
a Абри аиҧш ауаа ашәҟәы ранҵара Римтәи аимпериа ашәахтәқәа реизгаразы алшара анаҭон. Убас, ихаҭа изымдырӡакәа, Август «атәылаҿы ашәахтәқәа реизгаразы ауаҩы дзышьҭраны иҟоу» аҳәынҭқар изкыз аҧааимбаражәа анагӡахара дацхрааит. Абри аҧааимбаражәаҿы заа иҳәан, ари аҳәынҭқар дзыҧсахуа ихаан «ауасиаҭ аҧыза», мамзаргьы Мессиа, «дшықәырхуаз». Иисус дыршьит Август дзыҧсахыз Тибериа напхгара аниуаз аамҭазы (Даниил 11:20—22).
b Ажәытәӡатәи ауриацәа рыҩнуҵҟа инарҭбааны ирылаҵәахьан ашықәс мчыбжьақәа рзы агәаанагара. Ҿырҧштәыс иаагозар, абыжьбатәи амш асабша иамшны ишыҧхьаӡаз еиҧш, абыжьбатәи ашықәсгьы асабша иашықәсны иҧхьаӡан (Ақәҵымҭа 20:8—11; 23:10, 11).
ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА
Иисус ишьҭра ишҧашьақәнарҕәҕәо, уи Мессиа шиакәу?
Иарбан мессиатә ҧааимбаражәақәоу Иисус иҟны инагӡахаз?
Анцәа иааҭкааны ишҧеиҳәеи, Иисус иара Ииҧшьаз шиакәуз?
Избан Иисус — Анцәа изкыу адырра зыҧсы ҭоу ацаҧха зиакәу?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Атаблица, адаҟьа 37]
МЕССИА ИДҲӘАЛОУ ИНАЛУКААША ҦААИМБАРАЖӘАҚӘАК
АҦААИМБАРАЖӘА АХҬЫС АНАГӠАХАРА
ЗААТӘИ ИҦСҬАЗААРА
Исаиа 7:14 Аӡҕаб лҟынтә аира Маҭфеи 1:18—23
Иеремиа 31:15 Иира ашьҭахь асабицәа Маҭфеи 2:16—18
рышьра
УИ ИМАҴУРА
Исаиа 61:1, 2 Анцәа уи аҭакҧхықәрақәа Лука 4:18—21
инапы ианиҵеит
Исаиа 9:1, 2 Уи имаҵура иабзоураны ауаа Маҭфеи 4:13—16
алашара дуӡӡа рбеит
Ҧсалом 68:10; Иегова иҩны ахыбаара Иоанн 2:13—17
Исаиа 53:1 Уи дхарҵомызт Иоанн 12:37, 38
Захариа 9:9; Аҽада хәҷы дақәтәаны Иеру- Маҭфеи 21:1—9
Ҧсалом 117:26 салим ақалақь дналалеит;
уи Иегова ихьӡала иаауа
аҳак иеиҧш ихьӡ ҳараркуан
ИАРА ИҬИИРЕИ ИШЬРЕИ
Ҧсалом 40:10; 108:8 Апостолцәа руаӡәы дыгәра- Аусқәа 1:15—20
гамхеит, уи Иисус диҭиит,
убри азы иара иҭыҧ даҽаӡәы
иааникылеит
Захариа 11:12 30 раӡны ҳәа дырҭиуеит Маҭфеи 26:14, 15
Ҧсалом 26:12 Уи иҿадыргылеит амц- Маҭфеи 26:59—61
шаҳаҭцәа
Ҧсалом 21:19 Имаҭәа аҵәы азҭадыршәуан Иоанн 19:23, 24
Исаиа 53:12 Ацәгьауцәа Маҭфеи 27:38
дырхыҧхьаӡалан
Ҧсалом 21:8, 9 Данҧсуаз аламҭалазы Марк 15:29—32
дладырҟәуан
Ҧсалом 68:22 Абжьеи неиҿаркуан Марк 15:32, 36
Исаиа 53:5; Аҧса иларкшеит Иоанн 19:34, 37
Захариа 12:10
Исаиа 53:9 Ауаҩбеиа иҟны дыржит Маҭфеи 27:57—60
Ҧсалом 15:8—11 Ицәеижь баанӡа иҧсы ҭалеит Аусқәа 2:25—32;
13:34—37
[Асахьа, адаҟьа 35]
Анцәа Иисус ачымазаҩцәа ихәшәтәыртә еиҧш, амч ииҭеит.