Ирҭагылазаашьоузеи иҧсхьоу ҳҭынхацәа?
Ахы 9
Ирҭагылазаашьоузеи иҧсхьоу ҳҭынхацәа?
1. Ирхыргозеи ауаа, ирзааигәоу ауаҩы аҧсра данрымнахуа?
«УГӘЫ шҧаухьуеи, иузааигәоу ауаҩы дануҧхауа; уи иҟамзаара атәы ухаҽы иузаагом». Абас иҳәеит зани заби зыҧхаз ауаҩы. Уи убысҟак ахьаа изнарҵысуан, иоуз ацәыӡ дашьаҳауан, ихы ахьигарыз издыруамызт. Иҟалап, уаргьы абарҭ реиҧш иҟоу ацәаныррқәа ҧушәахьазаргьы. Ухы уазҵаауазар акәхарын усҟан, иабаҟоу уажәы исзааигәоу ауаа, ҳаибабарымашь даргьы саргьы мышкы-зны ҩаҧхьа ҳәа.
2. Иарбан имариам зҵаарақәоу аҧсра инадҳәаланы ицәырҵуа?
2 Зыхшаара зҵәыуа анацәеи абацәеи џьоукы аҭакс абасеиҧш раҳалоит: «Анцәа ажәҩан аҟны ихазы еизигоит иссирӡоу ашәҭқәа». Аха ус иҟаҵәҟьоума, аиашазы? Ҳҭынхацәа адоуҳатә дунеи ахь ицаҵәҟьома? Нирвана ҳәа изышьҭоу,— қьафла аҟазаареи ахьаақәеи агәаҳәарақәеи рҟынтә ахақәиҭреи ирҭыҧума уи? Ҧсра зқәым аҧсҭазаара агәашәқәа аартны џьанаҭ иҭалама бзиа иаабо ауаа? Мамзаргьы, даҽа џьоукы излашьақәдырҕәҕәо ала, Анцәа иҿагыланы агәнаҳара зуаз рзы аҧсра наӡаӡатәи агәаҟрақәа ирышәхымсума? Ҳара иаҳҧырхагахарц рылшома иҧсхьоу? Абарҭ азҵаарақәа ииашаны рҭак ҳаурц азы, ҳазхьаҧшроуп Анцәа Иажәа, Абиблиа.
a?
ИЗАКӘУЗЕИ АУАҨЫТӘЫҨСА «ИҦСЫ» [РУАХ]3. Аҧсцәа ирызкны закәытә гәаанагароузеи Сократи Платони зыдгылоз, насгьы ари иахьа ауаа ишҧарныруа?
3 Ажәытәӡатәи абырзен философцәа Сократи Платони агәра ргон, ахацәеи аҳәсеи шьҭрала ироуз, ацәеижь анҧслак ашьҭахь ибзаны инхо, ахаангьы имҧсуа ҧсык рыҩнуҵҟа ирыҕроуп ҳәа. Иахьа адунеи зегь аҟны миллионҩыла абри агәра ргоит. Абарҭ реиҧш иҟоу агәаанагарақәа лассы-лассы ауаа аҧсцәа рҿаҧхьа ашәара шрыздырҵысуа еиҧш, урҭ рыбзабаа иеиҷаҳаратәгьы иааҭадыргылоит. Аха Абиблиа аҧсцәа ирызкны иаҳнарҵо зынӡа даҽакыуп.
4. а) Иаҳәозеи Аҟазаара ашәҟәы аҟны аҧсы [нефеш] иазкны? б) Анцәа Адам дихәлаҭәҳәаны ииҭазеи, уи иҧсы ҭеиҵарц азы?
4 Иҧсхьоу ирҭагылазаашьоу еилҳаргарц ҳҭахызар, иаадыруазароуп, ҳара ҳазхылҵыз Адам хазы иҟоу аҧсы шимамыз. Иара ихаҭа дуаҩҧсын. Апатуқәҵара ду узцәырнагаратәы Анцәа ауаҩы адгьыл аелемент хадақәа дрылхны дишеит, нас «иҧсыҧ лазга-ҩазгаша аҧсҭазаара» ихеиҵеит. Аҟазаара 2:7 аҟны иаҳәоит: «Дагьишеит Иҳақәиҭу Анцәа ауаҩы анышә далхны, дагьиҿаҭәҳәаны аҧсыҧ лага-ҩагаразы аҧсҭазаара ииҭеит, дагьыҟалеит уи зыҧсы ҭалаз уаҩҧсны». Адам иҧсҭазаара зкыз аҧсыҧ лага-ҩагара акәын. Аха Анцәа Адам ииҭаз иҧсыҧ лазга-ҩазгаша аҧсҭазаара ауаҩы ирыҧҳақәа рахь еиҧҟьарада аҳауа аҩашьҭра аиҳа аҵанакуан. Абиблиа адгьылаҿы зыҧсы ҭоу ашамҭақәа рыҧсҭазаара еибаркны изкыу «аҧсҭазааратә мчы» (АҾ) атәы ҳанаҳәоит (Аҟазаара 7:22).
5, 6. а) Изакәузеи «аҧсҭазааратә мчы»? б) Иҟалозеи, «аҧсы» [руах] ацәеижь аныннажьуа, Ҧсалом 145:4 аҟны ишаҳәо еиҧш?
5 Изакәузеи «аҧсҭазааратә мчы»? Ари Анцәа ҧсы зхамыз Адам ицәеижь иахеиҵаз аҧсҭазаара иакәицуп. Аҧсыҧ лага-ҩагара ари амч иацхраауан. Ус анакәха, Ҧсалом 145:4 аҟны иаҳҧыло ажәа «аҧсы» [руах] ҵакыс иамоузеи? Ари атекст аҿы иаҳәоит: «Иҧсы [руах] ихыҵуеит, нас иаргьы анышәахь дхынҳәуеит; убри аҽныҵәҟьа ихәыцрақәа зегь неиҧхьбоит». Абри аконтекст ала ажәа «аҧсы» [руах] рхы иархәаны, Абиблиа зыҩуаз аҧсра ашьҭахь ибзаны инхо, иаҳныруа иҟам аҧсы акәӡамызт зыӡбахә рымаз.
6 Ауаҩы данҧсуа аламҭалазы ихыҵуа «аҧсы» [руах] ҳәа иҟоу,— ари Ҳазшаз иҟынтә иаауа ҧсҭазааратә мчуп (Ҧсалом 35:10; Аусқәа 17:28). Ари аҧсҭазааратә мчы зыҧсҭазаара еибаркны иакыу ауаҩы иҟазшьа аҷыдарақәа ҳәа акгьы амаӡам, афымца аус знаруа аиқәыршәага аҟазшьақәа шамам еиҧшҵәҟьа. Ауаҩы данҧсуа аламҭалазы, иҧсы [руах] (иҧсҭазааратә мчы) ицәеижь аклеткақәа рҟны аҧсҭазаара ацхыраара аҭара иаҟәыҵуеит; ари афымца андырцәалак, алашара шҿыцәаауа еиҧш ауп. Аҧсҭазааратә мчы ауаҩы ицәеижь ацхыраара аҭара ианаҟәыҵлак, ауаҩҧсы дыҧсуеит (Ҧсалом 103:29; Аекклесиаст 12:1, 7).
«АНЫШӘАХЬ УАГЬЫХЫНҲӘУЕИТ»
7. Адам изыҧшызи, уи Анцәа дизымӡырҩызҭгьы?
7 Иегова агәнаҳа зуыз Адам еилырганы иеиҳәеит, аҧсра закәу. Анцәа иҳәеит: «Ҧхӡашала уча аарыхны иуфалап, узлыхыу адгьылахь ухынҳәаанӡа; избанзар унышәуп уара, анышәахь уагьыхынҳәуеит» (Аҟазаара 3:19). Дхынҳәырц абаихәҭаз Адам? Иара дызлыхыз адгьылахь, анышәахь. Адам данҧсы ашьҭахь, уи уаҳа дҟамлаӡеит!
8. Ауаа аҳаиуан аҿаҧхьа аҧыжәара зларымамзеи?
8 Абри аганахьала ауаҩы иҧсреи аҧстәқәа рыҧсреи иеиҩыргауа ҳәа егьыҟам. Аҧстәқәагьы — ҧсы [нефеш] зхоу роуп, урҭгьы рыҧсҭазаара еибаркны изкыу убри аҧсы [руах], мамзаргьы аҧсҭазааратә мчы ахаҭаҵәҟьоуп (Аҟазаара 1:24). Ашәҟәы Аекклесиаст 3:19, 20 аҟны ауаҩ ҟәыш Соломон иҳәеит: «Убарҭ шыҧсуа еиҧш, убасҵәҟьа абарҭгьы ҧсуеит, зегьы рыҧсыҧ лазга-ҩазго акоуп [«ҧсыкоуп [руах] ирхоу», асноскаҿы ИА], ауаҩгьы аҳаиуан аҿаҧхьа [аҧсра аганахьала] ҧыжәара имам... ...Зегьы анышә иалҵит, анышәахь иагьыхынҳәуеит». Ауаҩы аҧстәқәа излараҧигауа убриоуп, уи Анцәа ихаҿра иҭаны дшан, Иегова иҟазшьа ссирқәа ааирҧшратәгьы дыҟоуп (Аҟазаара 1:26, 27). Аха уеизгьы, ауаагьы аҧстәқәагьы анҧсуа, урҭ анышәахь ихынҳәуеит.
9. Аҧсцәа ирҭагылазаашьоузеи, иагьабацои дара?
9 Соломон аҧсра иазкны даҽакгьы иҳәеит: «Зыҧсы ҭоу шыҧсуа рдыруеит, аха иҧсхьоу акгьы рыздыруам». Ааи, иҧсхьоу акгьы рыздыруам. Убри аҟнытә Соломон иҳабжьеигеит: «Унапы иалшаша алыршала, умч ақәхаратәы; избанзар адамраҿы [уриа бызшәала шео́л] уахьнеиуа усурагьы ыҟам, хәыцрагьы, дыррагьы, ҟәышрагьы» (Аекклесиаст 9:5, 10). Иабацои, нас, иҧсыз? Шеол ахь — ауаатәыҩса рзеиҧш нышәынҭрахьы. Иҧсхьоу ҳҭынхацәа акгьы рыздыруам. Урҭ агәаҟра иҭагылам, ҳаргьы иаҳҧырхагам.
10. Аҧсра, хымҧада, аҵыхәтәа акәым иаанаго ҳәа ҳҳәарц зҳалшозеи?
10 Аха абри иаанагома, ҳҭынхацәеи ҳареи аамҭа кьаҿк ҳанхоит, нас наӡаӡа аҧсҭазаара ҳаҧырҵырц ҳәа? Абиблиа излаҳәо ала — мап. Адам агәнаҳа аныҟаиҵа ашьҭахь, иаразнак Анцәа Иегова ауаатәыҩса рыгәнаҳа иахылҿиааз аҧырхзарц деиҷаҳаит. Анцәа зынӡа иҭахымызт, ауаа ҧсларц (Иезекииль 33:11; 2 Пиотр 3:9). Убри аҟнытә, хымҧада, аҧсра ҳҭынхацәеи ҳареи ҳзы иҵыхәтәоуп ҳәа иҧхьаӡатәӡам.
«ДЫЦӘЕИТ»
11. Дышҧахцәажәеи Иисус иҧсыз иҩыза Лазар иҭагылазаашьа?
11 Иегова игәиҭоуп, иаҳзааигәоуи ҳареи Адам ила иҳауз аҧсра аҟынтә ахақәиҭра ҳаиҭарц. Убри аҟнытә Анцәа Иажәа иҧсхьоу ицәоу џьоукы реиҧш ауп рыӡбахә шаҳәо. Аҿырҧштәы: Иисус Христос иҩыза Лазар дшыҧсыз аниаҳа, иҵаҩцәа иреиҳәеит: «Ҳауа Лазар дыцәеит, сцоит дсырҿыхаразы». Иҵаҩцәа азныказы иреиҳәаз иажәақәа шырзеилымкааз ала, уи аргама иреиҳәеит: «Лазар дыҧсит» (Иоанн 11:11, 14). Убри ашьҭахь Иисус иҿынеихеит Вифаниа ақалақь хәҷы ахь, Лазар иаҳәшьцәа Марфеи Мариеи рашьа дахьырҵәыуаз. Иисус Марфа «дгылоит башьа» ҳәа анлеиҳәа, лара аҧсра иахҟьаны ауаҩытәыҩсатә ҭаацәара иаиуз аҧхасҭа ҕәҕәа Анцәа ирҽеирц шиҭахыу агәра шылгоз аалырҧшит. Уи абас лҳәеит: «Издыруеит, агылараан, аҵыхәтәантәи амш азы, дышгылаша» (Иоанн 11:23, 24).
12. Иарбан гәыҕроу иҧсхьоу рганахьала Марфа илымаз?
12 Марфа аҧсра ашьҭахь ибзаны инхо имҧсуа аҧсы аӡбахәала акымзарак лымҳәеит. Лара ихалҵомызт, Лазар доуҳатә дунеик аҿы иҧсҭазаара иациҵоит ҳәа. Марфа гәыҕрас илымаз аҧсра ахьынтә агылара акәын. Лара илдыруан, изакәызаалак имҧсуа ҧсык Лазар ицәеижь иаҧырҵны џьаргьы ишымцаз, аха иҧсыз лашьа уаҳа дшыҟамлаз. Цхыраара заҵәыкны иҟаз аҧсҭалара акәын.
13. Иарбан мчу Иисус Анцәа иҟынтә имаз, нас уи ихы ишҧаирхәоз?
13 Анцәа Иегова Иисус Христос ауаатәыҩса рҿыхра идиҵеит (Осиа 13:14). Убри аҟнытә Марфа лажәақәа рҭакс Иисус иҳәеит: «Сара соуп агыларагьы абзазарагьы; Сара схазҵауа, дыҧсыргьы, дыбзахоит» (Иоанн 11:25). Иисус идирбеит Анцәа иҟынтә имаз амч — уи ҧшьымш раахыс иҧсны иҟаз Лазар идамрахьы днеин, аҧсҭазаарахь дирхынҳәит (Иоанн 11:38—44). Уазхәыци, закәытә гәырҕьароу ирнырыз абри аҧсҭалареи Иисус Христос уаанӡа ирҿиахьаз егьырҭ аҧсҭаҵарақәагьы зыблақәа рыла избаз! (Марк 5:35—42; Лука 7:12—16).
14. Избан аҧсҭалареи имҧсуа аҧсы иазкыу аҵареи — еидҳәалашьа змам еилкаарақәаны изыҟоу?
14 Секәндк уаанҿасны, уазхәыц: аҧсра ашьҭахь ибзаханы инхо имҧсуа аҧсы ыҟазҭгьы, усҟан аӡәгьы иҧсы аҭаҵара зынӡа иаҭаххарымызт. Иагьиашахарымызт Лазар иеиҧш иҟаз ауаа инаӡам аҧсҭазаарахь рырхынҳәра, дара уажәшьҭа зеиҕьыҟам ажәҩан ҳамҭа роузар. Ааи, Абиблиа аҟны знызаҵәыкгьы иуҧылаӡом ажәақәа «имҧсуа аҧсы». Уи ахаҭыҧан Аҩыраҿы иаҳәоит, агәнаҳара ҟазҵо ауаҩҧсы дшыҧсуа (Иезекииль 18:4, 20). Убас, Абиблиа излаҳнарбо ала, аҧсра хацәгашьа иашас иҟоу аҧсҭалароуп.
«АДАМРАҚӘА ИРҬОУ ЗЕГЬЫ»
15. а) Иаанагозеи ажәа «аҧсҭалара»? б) Избан Анцәа Иегова изицәыуадаҩым ауаҩы иҧсҭаҵара?
15 Иисус иҵаҩцәа рхы иадырхәаз ажәа, «аҧсҭалара» ҳәа иеиҭагоу, ишиашоу иуҳәозар, иаанагоит «агылара». Аҧсҭалара — ари ҧсҭазаара ахьыҟам аҧсра аҭагылазаашьа, мамзаргьы ауаа рзеиҧш нышәынҭра аҟынтә агылароуп иаанаго. Анцәа Иегова изы зынӡаск иуадаҩӡам ауаҩы иҧсҭаҵара. Избан? Избанзар Иегова — аҧсҭазаара Дахыҵхырҭоуп. Иахьа ауаа ахацәеи аҳәсеи рыбжьқәеи рсахьақәеи авидеоҭыхымҭа ианырҵарц, нас урҭ анҧслак ашьҭахь ирыхәаҧшларц рылшоит. Убасеиҧш зегьзымчу Ҳазшаз дарбанзаалак ауаҩы ихаҭара аҷыдрақәа игәалашәоит, уи ацәеижь ҿыц иҭаны, уаанӡа дзеиҧшраз еиҧш, иҧсы аҭаҵарагьы илшоит.
16. а) Ҳзықәиргәыҕзеи Иисус адамрақәа ирҭоу зегьы рганахьала? б) Ауаҩы изы аҧсҭалара закәхауа аҵыхәала аус злоу арбан?
16 Иисус Христос иҳәеит: «Анцәа Иҧа ибжьы адамрақәа ирҭоу зегьы ианраҳаша аамҭа аауеит; абзиара ҟазҵоз, ибзаханы аҧсҭазаарахь ицоит, ацәгьара ҟазҵоз, ибзаханы аӡбырҭахь ицоит» (Иоанн 5:28, 29). Иегова игәалашәараҿы иҟоу иҧсхьоу зегьы рыҧсы ҭалоит, нас иара имҩақәагьы рҵоит. Анцәа изкыу адырра иаҳәо иқәныҟәало рзы ари аҧсҭалара аҧсҭазааразы аҧсҭалара акәхоит. Аха Анцәа иҵарақәеи инапхгареи здызымкыло рзы уи аӡбразы аҧсҭалара акәхоит.
17. Дарбан зыҧсы ҭаҵахо?
17 Ҳәара аҭахыума, рыҧсы ҭалоит Иегова имаҵ зуази аҧсҭазаара иаша аныҟәгара иашьҭази. Аӡәырҩы аҧсра алакҭа ианҭаҧшуаз, аҧсҭалара ақәгәыҕра амч рнаҭеит, бааҧсыла ианрышьҭашәарыцоз аамҭазгьы. Урҭ ирдыруан, Анцәа аҧсҭазаарахь ирхынҳәырц шилшоз (Маҭфеи 10:28). Аха миллионҩыла рыҧсҭазаара иалҵит, Анцәа инорма иашақәа ишырзыҟоу уаҳа аарҧшыха рмаӡакәа. Урҭгьы убасеиҧш рыҧсы ҭаҵахоит. Апостол Павел инагӡаҵәҟьаны абри агәра игон, уи иҳәеит: «Анцәа иҟынтә агәыҕра ҳамоуп, иҧсхьоу, иқьиази иқьиамызи, рыҧсҭалара шыҟало ала» (Аусқәа 24:15).
18. а) Иарбан нашаноу аҧсҭалара иазкны иоуз апостол Иоанн? б) Инырҵәахо арбан «аӡиа мцабыз» аҟны, насгьы ари «аӡиа» символтә ҵакыс иамоузеи?
18 Апостол Иоанн Анцәа иқәтәарҭа аҿаҧхьа зыҧсы ҭалаз ауаа шгылаз иссиру анашана ибеит. Анаҩс Иоанн ианиҵеит: «Амшын иамаз аҧсцәа архынҳәит, аҧсрагьы џьаҳанымгьы [бырз. га́дес] ирымаз аҧсцәа дырхынҳәит; дызусҭазаалакгьы иусқәа иқәыӡбын, аҧсрагьы џьаҳанымгьы аӡиа мцабыз иалажьын. Ари — аҩбатәи аҧсроуп» (Аартра 20:12—14). Уазхәыци! Иҧсхьоу зегьы, Анцәа игәалашәараҿы иҟоу, гадес ма шеол (ауаатәыҩса рзеиҧш нышәынҭра) аҟынтә рхы ишақәиҭхо ала агәыҕра рымоуп (Ҧсалом 15:10; Аусқәа 2:31). Урҭ Анцәа имаҵ руырц шырҭахыҵәҟьоу аус аҟны иаадырҧшыртә алшара роуеит. Анаҩс «аҧсрагьы џьаҳанымгьы» «аӡиа мцабыз» иалажьхоит, «геенна» аиҧш, уигьы анырҵәара нагӡа иасимволуп (Лука 12:5). Аҧсҭалара анхыркәшахо аамҭазы, ауаатәыҩса рзеиҧш нышәынҭра ҭацәуеит, уаҳа иагьыҟалом уи. Шаҟа игәыҟачагоузеи, Анцәа аӡәымзарак дшимыргәаҟуа Абиблиа аҟынтә ианудыруа! (Иеремиа 7:30, 31).
ИАБАНХАЛО ЗЫҦСЫ ҬАЛАЗ?
19. Избан џьоукы ажәҩан ҧсҭазааразы рыҧсы зҭаҵахо, иарбан цәеижьу Анцәа урҭ иагьриҭо?
19 Зхыҧхьаӡара шьақәыргылоу ахацәеи аҳәсеи рыҧсы ҭаҵахоит ажәҩан ҧсҭазааразы. Дара аҳцәеи аҧшьауааи ракәны Иисус ивагыланы раҧхьатәи ауаҩы Адам иҟынтә ауаа ирҭынхаз аҧсра амзызқәа раҧыхра рҽаладырхәлоит (Римаа рахь 5:12; Аартра 5:9, 10). Анцәа шаҟаҩы ажәҩанахь игода, Христос напхгара ицҟарҵаларц? Абиблиа излаҳәо ала, 144 000-ҩык рымацара роуп (Аартра 7:4; 14:1). Урҭ ажәҩанаҿы инхаларц азы, Иегова дара иреиуоу дарбанзаалак адоуҳатә цәеижь ииҭоит (1 Коринфаа рахь 15:35, 38, 42—45; 1 Пиотр 3:18).
20. Ирҧеиҧшузеи аҳәатәхаҵара злоу ауаатәыҩса, иара убас зыҧсы ҭалараны иҟоугьы?
20 Иҧсхьоу реиҳараҩык рыҧсы ҭаҵахоит џьанаҭ дгьылаҿы (Ҧсалом 36:11, 29; Маҭфеи 6:10). Џьоукы ажәҩан ҧсҭазааразы рыҧсы зҭаҵахо амзызқәа ируакыуп,— адгьыл азы Анцәа игәҭакы анагӡара. Иисус Христос напхгара ицҟазҵало 144 000-ҩыки иареи хәыҷы-хәыҷла аҳәатәхаҵара злоу ауаатәыҩса ҳазхылҵыз ирцәыӡыз анаӡарахь инаргалоит. Арахь, иара убас, иҧсхьоугьы аҵанакуеит, Иисус иааигәа ицкнарҳаз, аҧсра иаҿыз ауаҩы иеиҳәаз ажәақәа ишаҳдырбо еиҧш: «Џьанаҭ усыцҟалоит» (Лука 23:42, 43).
21. Аҧсра иахьраны иҟоузеи, аҧааимбар Исаиеи апостол Иоанни ражәақәа рыла?
21 Иџьанаҭу адгьылаҿы иахьа абри аҩыза ахьаа ҳазҭо аҧсра наҟ иаҧырхзаауеит (Римаа рахь 8:19—21). Аҧааимбар Исаиа излеиҳәаз ала, Анцәа Иегова деиҷаҳашт «аҧсра наӡаӡа анырҵәара» (Исаиа 25:8). Апостол Иоанн нашанала ибеит аҳәатәхаҵара злоу ауаатәыҩса ахьааи аҧсреи ианырцәынхаша аамҭа. Ааи, «Анцәа Ихаҭагьы урҭ дрыцҟазаауеит р-Нцәа иакәны; иагьирыцқьоит Анцәа урҭ рылабжышқәа, аҧсрагьы уаҳа иҟалом; аҵәыуарагьы, аҳәҳәарагьы, ачымазарагьы уаҳа иҟалаӡом; избанзар ииасхьеит ажәытәра» (Аартра 21:1—4).
22. Аҧсҭалара иазкыу адырра уара угәаҟынӡа ишҧанеиуа?
22 Еилыкка иҟоу Абиблиа аҵарақәа аҧсцәа рзы еиуеиҧшым агәаанагарақәа ҳхырцоит. Аҧшьаҩыра аргама иҳанаҳәоит, аҧсра — «аҵыхәтәантәи аҕа» — шнырҵәахо (1 Коринфаа рахь 15:26). Закәытә мчузеи, закәытә гәыҟачароузеи иҳаурц иҳалшо аҧсҭалара ақәгәыҕра аҟынтә! Насгьы закәытә насыҧузеи иҳаурц иҳалшо, Анцәа игәалашәараҿы иҟоу иҧсхьоу ҳҭынхацәа, иҭаҳәахаа ацәа иалоу реиҧш, ианҿыхалак, раҧхьаҟагьы Анцәа бзиа дызбо ирызирхиаз зегьы ианрылаҭхаџьло! (Псалом 144:16). Абарҭ азылҧхарақәа Анцәа Иаҳра иабзоурахоит. Аха ари Аҳра напхгара аҟаҵара ианбалагои? Уааи, ҳахәаҧшып.
[Албаага]
a Ауриа бызшәа аҟынтә иаагоу ажәақәа «руах» (иаанагоит аҧсҭазааратә мчы), «нефеш» (иаанагоит 1. ахаҭара, 2. аҧстәқәа, 3. урҭ ирымоу аҧсҭазаара) аҧсуа бызшәаҽы еиҳараӡак ажәакалоуп еиҭагашьас иамоу («аҧсы»). Убри аҟнытә, ииашам аилкаара аҽацәыхьчаразы, џьара-џьара ҭыҧқәак рҟны ажәа «аҧсы» иаваргыланы иарбоуп уи ҵакыла иазааигәоу ауриатә ажәа.
ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА
Изакәузеи ауаҩы иҧсы [руах]?
Ушҧахцәажәари уара иҧсхьоу рҭагылазаашьа?
Дарбан зыҧсы ҭаҵахо?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Асахьа, адаҟьа 85]
Иисус иҳәатәала Лазар адамра дышҭыҵыз еиҧшҵәҟьа, миллионҩыла иҧсхьоу рыҧсы ҭалоит.
[Асахьа, адаҟьа 86]
«Аҧсра наӡаӡа ианнырҵәахалак», агәырҕьара ҳәаак амазаауам.