Наӡаӡа Анцәа имаҵура хықәкыс ишьҭых
Ахы 18
Наӡаӡа Анцәа имаҵура хықәкыс ишьҭых
1, 2. Ауаҩы Анцәа изкыу адырррақәа аниоу ашьҭахьгьы иҟаиҵарц ихәҭоузеи?
УХАҾЫ иаага, иҵашьыхаа иаркыу ашә уадгылоушәа. Наҟтәирахьала иҵәахыуп ҵҩа змам амазара. Иаҳҳәап, аӡәы ацаҧха уиҭоит, иаауҭахыу зегь агарагьы уақәиҭитәуеит. Ари ацаҧха хәарҭарас иузалоузеи, уи ухы иаумырхәар. Убри аҩыза ҳҳәарц ҳалшоит адыррақәа рзгьы, урҭ ухы иаурхәалароуп, насоуп изыҧсоу анеилукаауа.
2 Ҷыдала ари зызкыу Анцәа изкыу адыррақәа роуп. Избанда Анцәа Иеговеи Иисус Христоси ирызкыу адыррақәа наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь укылыргоит (Иоанн 17:13). Аха ари агәыҕра наӡарцазы, адыррақәа рымазаара мацара азхом. Ацаҧха ухы ишаурхәарыз еиҧш, Анцәа изкыу адыррақәа уҧсҭазаараҿы ухы иаурхәалароуп. Иисус иҳәеит, Анцәа игәаҧхара назыгӡо шракәу «Аҳрахь инеирц зылшо». Абри иеиҧш иҟоу ауаҩы наӡаӡа Анцәа имаҵ иуларатәы аҧыжәара имазаауеит! (Маҭфеи 7:21, ИА; 1 Иоанн 2:17).
3. Анцәа игәаҧхара ҵакыс иамоузеи ҳара ҳганахьала?
3 Анцәа игәаҧхара иаҵанакуа анеилукаа ашьҭахь, акраҵанакуеит уи анагӡара. Угәы ишҧаанаго, уара уганахьала Анцәа игәаҧхара ҵакыс иамоузеи? Уи ҩ-ажәак рыла иуҳәар ауеит: Иисус иҿыҧшра. 1 Пиотр 2:21 аҟны ҳаҧхьоит: «Шәара уи азы шәааҧхьоуп; избанзар Христосгьы ҳара ҳзы дгәаҟит, аҿырҧшы ҳазныжьны, Иара ишьҭақәа ҳархыланы ҳцаларазы». Абасала, Анцәа игәаҧхара анагӡаразы, излауала еиҕьны Иисус уиҿыҧшлароуп. Абасоуп Анцәа изкыу адыррақәа ухы иаурхәарц шулшо.
АНЦӘА ИЗКЫУ АДЫРРАҚӘА ИИСУС ИХЫ ИШАИРХӘОЗ
4. Избан Иисус Анцәа изкны абас ирацәаны изидыруа, насгьы уи имаз адыррақәа ихы ишҧаирхәеи?
4 Иисус Христос егьырҭ раасҭа, акырӡа еиҕьны Анцәа дидыруеит. Уи адгьылахь дааиаанӡа, акыраамҭа инеиҧынкыланы дынхон, Анцәа Иеговагьы аус ициуан ажәҩанаҿы (Колоссаа рахь 1:15, 16). Ирзиуази Иисус абарҭ адыррақәа зегьы? Урҭ ахьимаз мацара азхоит ҳәа иҧхьаӡомызт иара. Иисус иҧсҭазаараҿы ихы иаирхәон абарҭ адыррақәа. Убри азоуп уи абысҟак аразреи, акрычҳареи, абзиабареи ауаа рахь изааирҧшуаз. Абри аус аҟны Иисус жәҩантәи Иаб диҿыҧшуан, Иегова ихаҭареи имҩақәеи ирызкыз адыррақәагьы дрықәныҟәон (Иоанн 8:23, 28, 29, 38; 1 Иоанн 4:8).
5. Иисус аӡы иҽызӡааихзеи, иаргьы иӡӡаахра инақәыршәаны дышҧанхоз?
5 Адыррақәа, иара убас, Иисус крызҵазкуаз ашьаҿа идырҟаҵеит. Убас, Галилеинтә иара Иорданҟа дааит, уаҟоуп Иоанн уи аӡы дахьӡааихызгьы (Маҭфеи 3:13—15). Символтә ҵакыс иамази Иисус иӡӡаахра? Иисус дуриан — зыҧсҭазаара Анцәа изызкхьаз ажәлар дрылиааит. Абасала, Иисус даниз инаркны иҧсҭазаара Анцәа изкын (Ақәҵымҭа 19:5, 6). Аӡы иҽӡаахны, уи Иегова инапы иҽаниҵеит, Анцәа игәаҧхара иара изы ҵакыс иамаз неигӡарц азы (Ауриацәа рахь 10:5, 7). Ааи, Иисус дынхон, иӡӡаахра ҵакыс иамаз инақәыршәаны. Уи имчқәа зегьы адиҵон Иегова имаҵура, ианакәзаалакгьы Анцәа изкыу адыррақәа ауаа ирамҳәакәа, дреиҩсуамызт. Иисус агәырҕьара изаанагон Анцәа игәаҧхара анагӡара, иагьиҳәон, ари иара изы фатәык ишаҩызаз (Иоанн 4:34).
6. Иисус «ихы мап шҧацәики»?
6 Иисус ибзиаӡаны еиликаауан, шаҟа ахә ҳаракыз иара изы Иегова игәаҧхара анагӡара — уи иҧсҭазаара ахҭниҵар акәын. Аха уеизгьы, Иисус «ихы мап ацәикит», ихатәы интересқәа аҩбатәи аҭыҧаҿы иргыланы. Анцәа игәаҧхара иара изы еснагь актәи аҭыҧ ааннакылон. Аха ҳара Иисус иҿырҧшы наӡа ҳашҧақәныҟәари?
НАӠАӠАТӘИ АҦСҬАЗААРАХЬ УНАЗГО АШЬАҾАҚӘА
7. Иарбан шьаҿақәоу аӡӡаахра иаҧхьагылоу?
7 Иисус ҳазлаиеиҧшым убриоуп: ҳара инаӡоу уаам, аӡӡаахрахь анеирагьы анҳалшо, анаҩстәи крызҵазкуа ашьаҿақәа аныҟаҳҵалак ашьҭахь ауп. Раҧхьа иргыланы гәык-ҧсыкала иҳадаҳкылароуп Анцәа Иеговеи Иисус Христоси ирызкыу адыррақәа. Ари ахаҵара ааҳарҧшратәы, инарҵаулангьы Анцәа бзиа даҳбаратәы ҳҟанаҵоит (Маҭфеи 22:37—40; Римаа рахь 10:17; Ауриацәа рахь 11:6). Анцәа изакәанқәеи, ипринципқәеи, инормақәеи рықәныҟәара Анцәа ишигәаҧхо ала уаанӡатәи ҳагәнаҳарақәа рзы ҳахьхәратәы ҳгәазыҟанаҵароуп. Ари абзиара азхьаҧшрахь, даҽакала иуҳәозар, Анцәа даҳдыраанӡа изеиҧшразаалак ииашамыз аусқәа иҳарҿиауаз рыҧсахреи мап рыцәкреи рахь ауп ҳахькылнаго (Аусқәа 3:19). Ҳәара аҭахыума, қьиарала ахымҩаҧгара ахаҭыҧан, уажәраанӡагьы ихәыҵаҵәахны гәнаҳарак аҟаҵара ҳаҿызар усҟан ииашаҵәҟьаны ҳаҽҳмыриашацт ауп иаанаго, иара убасгьы, Анцәа ижьара ҳақәҿиарым. Иегова ауаа рҟны игәеиҭоит изаҟаразаалак агәыҩбара (Лука 12:2, 3).
8. Иҟауҵарц иухәҭоузеи, Аҳра иазкны ажәабжьҳәара аус ухы алаурхәырц уҭахызар?
8 Абар, уажәшьҭа ҳамҭакы ҵуеит, Анцәа иеилкаара уаҿуижьҭеи, иаамҭаӡами удоуҳатә хықәкқәа урызхәыцыр? Уара уҭаацәеи, уҩызцәеи, егьырҭ ауааи иудырыз атәы рзеиҭоумҳәар узымчҳауазар акәхап. Уажәгьы убас шыҟауҵо ҩашьом. Иисус ианилшоз егьырҭ ажәабжь бзиа рыцеиҩишон (Лука 10:38, 39; Иоанн ). Иҟалап, уажәы иҵегь еиҳаны иулуршарц уҭахызар. Ақьырсиантә еиҳабацәа уеигәырҕьаны иуацәажәап, Иегова Ишаҳаҭцәа иааиҧмырҟьаӡакәа имҩаҧырго ажәабжьҳәаратә усура ахалархәра уазхиазар гәарҭарц. Ааи анакәха, аиҳабацәа Анцәа имаҵурахьы Ашаҳаҭцәа иреиуоу аӡәы уицҵаны урышьҭып. Иисус иҵаҩцәа ирыдиҵоз иқәныҟәон, рҽеиҿкаангьы Анцәа имаҵ руан ( 4:6—15Марк 6:7, 30; Лука 10:1). Ҩнаҭа-цыҧхьаӡа, мамзаргьы даҽакала Аҳра иазкыу ажәабжь ауаа ианрылаурҵәало, иухәарҭахоит абри аҩыза ацхыраара (Аусқәа 20:20, 21).
9. Ауаҩы иҧсҭазаара Анцәа ишҧеизикуа, насгьы уи иҧсҭазаара ишҧаныруеи?
9 Аизара иахьаҵанакуа аҭыҧаҿы ажәабжь бзиа аларҵәара — ари згәы ҭыҕьҕьаа иҟоу ауаа рыҧшаашьақәа иреиуоуп, иара убас, ари ахаҵара ааурҧшратәы алшара унаҭоит (Аусқәа 10:34, 35; Иаков 2:17, 18, 26). Иааиҧмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еиҧыларақәа рахь уанныҟәо, насгьы хшыҩзышьҭрала ажәабжьҳәара аус уҽаналаурхәуа, уиала иааҧшуеит, ушахьхәыз, насгьы уҽшуҧсахыз, уажәшьҭа Анцәа изкыу адыррақәа инарықәыршәаны унхаларц шуӡбазгьы. Анаҩс иарбан шьаҿоу закәанла иҟаҵатәу? Анцәа Иегова уҧсҭазаара изукроуп. Ари иаанаго убриоуп: уара Анцәа уиҳәаны, угәы анизаауртуа, иоуҳәоит, иугәарҧханы, гәык-ҧсыкала уҧсҭазаара иара инапы ишануҵо, игәаҧхарагьы анагӡара шугәаҳәо. Абасоуп Иегова уҧсҭазаара изукырц, Иисус Христос ибзабаау иуҕә удукыларцгьы шулшо (Маҭфеи 11:29, 30).
АӠӠААХРА — УИ УАРА УЗЫ ИААНАГО
10. Иегова уҧсҭазаара анизук ашьҭахь, аӡы уҽӡааухырц зухәҭоузеи?
10 Иисус иҳәеит, иҵаҩцәа зегьы аӡы рыҽӡаархырц шрыхәҭоу (Маҭфеи 28:19, 20). Абас аҟаҵара заҭахыузеи, уҧсҭазаара Анцәа ианизук ашьҭахь? Иегова уҧсҭазаара ахьизукыз аҟнытә, уи бзиа дшубо идыруеит. Аха уара, хымҧада, Анцәа иахь иумоу абзиабара егьырҭгьы идурбарц уҭахыуп. Анцәа Иегова уҧсҭазаара шизукыз зегьы ироуҳәартә алшара узҭо аӡӡаахроуп (Римаа рахь 10:9, 10).
11. Аӡӡаахра ҵакыс иамоузеи?
11 Аӡӡаахра асимволтә ҵакы амоуп. Уара аӡы уанӡааршьыло, мамзаргьы, инықәырҧшшәа иуҳәозар, аӡы аҵаҟа «уаныржуа», уаанӡа иныҟәугоз аҧсҭазаашьа азы уҧсит ҳәа иҧхьаӡоуп. Аӡы уанҭыҵлак, аҧсҭазаара ҿыц ахь ушьаҿа еихыуга иаҩызоуп. Уи аҧсҭазаарагьы уажәшьҭа уара угәы иаҭахыу акәымкәа, Анцәа игәаҧхароуп изыцныҟәо. Ҳәарас иаҭахыузеи, ари иаанагом, уаҳа ахаан агхақәа ҟауҵарым ҳәа, избанда ҳазынтәыкгьы инаӡоу уаам, есымшагьы агәнаҳа ҳзацәцом. Аха уеизгьы, Иегова зыҧсҭазаара изызкхьоу, аӡгьы зыҽӡаазххьоу маҵуҩык иаҳасабала Анцәеи уареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа шәыбжьалоит. Иегова ушахьхәыз, хынрааларалагьы аӡы уҽшӡааухыз анибалак, дазхиоуп уҿызхуа Иисус иҧсра аҳаҭыраз угәнаҳарақәа уанажьра. Абасала, аӡӡаахра Анцәа иҿаҧхьа аламыс цқьа унаҭоит (1 Пиотр 3:21).
12. Ҵакыс иамоузеи аӡы аҽӡаахра: а) «Аб ихьӡала»? б) «Аҧа ихьӡала»? в) «Иҧшьоу Адоуҳа ахьӡала»?
12 Иисус ишьҭанеицәа ирыдиҵеит, «Аби, Аҧеи, Иҧшьоу Адоуҳаи рыхьӡала» аҵаҩцәа ҿыццәа аӡы иӡаархларц (Маҭфеи 28:19, АҾ). Зызбахә имаз арбан Иисус? «Аб ихьӡала» аӡы аҽӡаахра иаанарҧшуеит, аӡы зыҽӡаазхуа ауаҩы гәык-ҧсыкала Анцәа Иегова Ҳазшаз, Адунеи Аҳас ахагылазаара азин змоу иаҳасабала дышидикыло (Ҧсалом 35:10; 82:19; Аекклесиаст 12:1). «Аҧа ихьӡала» аӡы аҽӡаахра иаанаго убриоуп: ауаҩы Иисус Христос — ҷыдала ҳҿызхуа иҧсра — Анцәа еиқәырхага заҵәыкны иҳаиҭаз иакәны диҧхьаӡоит (Аусқәа 4:12). «Иҧшьоу Адоуҳа» ахьӡала аӡы аҽӡаахра иҳанаҳәоит, аӡӡаахразы акандидат Иегова идоуҳа, мамзаргьы аус зуа имч, Анцәа игәҭакқәа зланеигӡо хархәаганы ишиҧхьаӡо. Иара убас, уи еиликаауеит, Анцәа идоуҳала напхгара ззиуа иорганизациа иацҿакны игәаҧхара иаша нарыгӡаларц азы, имаҵуҩцәа амч шриҭо (Аҟазаара 1:2; Ҧсалом 103:30; Иоанн 14:26; 2 Пиотр 1:21).
УАЗХИОУМА АӠЫ АҼӠААХРА?
13, 14. Ҳшәаларц зҳахәҭамзеи, Анцәа Иегова имаҵ ҳуларц анаҳаӡбо?
13 Аӡӡаахра аҵакырацәара аманы, ауаҩы иҧсҭазаараҿы крызҵазкуа хҭысны излаҟоу ала, иахәҭоума уи ацәшәара? Амалахазгьы! Уазымхәыцӡакәа аӡы аҽӡаахра аӡбра шаҭахымгьы,— ари зегь реиҳа ҟәыҕарала иуӡбыз акоуп, хымҧада.
14 Аӡӡаахра шаҳаҭра ауеит, Анцәа Иегова имаҵура шалухыз. Урызхәыци иудыруа ауаа. Урҭ иреиуоу дарбанзаалак, анс-арс уҳәа, «иаҳ» имаҵ имуӡои? Џьоукы амал амаҵ руеит (Маҭфеи 6:24). Егьырҭ рхы-ргәы ақәкны аусурҭа бзиа иашьҭоуп, ма рхы амацара иеиҷаҳауеит, абасалагьы, ргәаҳәарақәа рынагӡара дара рзы аҧсреи-абзареи ирызҵаараны иаақәгылоит. Ахҧатәиқәа амц-нцәахәқәа рымаҵ руеит. Уара уакәзар, иеиҕьушьеит Иегова — Анцәа иаша — имаҵ ууларц. Уи иеиҧш, даҽаӡәы абысҟак аразреи, агәрыцҳашьареи, абзиабареи ааирҧшуам. Анцәа ауаа аҟазшьа бзиақәа рылаиааӡоит, аиқәырхарахь икылзго хықәкылатәи аусура мҩаҧго. Уи имаҵуҩцәа ириҭоит ишьахәу аҳамҭа — наӡаӡатәи аҧсҭазаара. Ааи, ишәарҭоу ҳәа егьыҟаӡам, Иисус ҳахьиҿыҧшуа, ҳаҧсҭазаарагьы Иегова иахьизаҳкуа. Аиашазы, абри заҵәыкоуп Анцәа игәаҧхо, иаҧсоу акы акәны иҟоугьы (3 Аҳрақәа 18:21).
15. Аӡы аҽӡаахра иаҧырхагахарц иалшои?
15 Аха уи ус шакәугьы, аӡӡаахрахь иугәыҵасларц рыхәҭам егьырҭ ауаа. Ари Иеговеи уареи ишәыбжьоу шәхатәы усуп (Галатаа рахь 6:4). Уара адоуҳатә қәҿиарақәа злаҟауҵахьоу ала, иҟалап, уазхәыцуазар: исҧырхагоузеи аӡы аҽӡаахраз? (Аусқәа 8:35, 36). Иулшон ухы уазҵаар: сҭаацәа ахьысҿагыло сыннакылозар? Абиблиа агәаанагарала, уажәраанӡагьы ииашам акы салаҟьашьызар, насгьы гәнаҳарак ҟасҵозар? Иҟалар алшоит, ауаажәлар ргәаанагара сацәшәозар? Араҟа иҟоуп узызхәыцша, аха зегьы цқьа иукапанроуп.
16. Хәарҭас иузаанагари Иегова имаҵура?
16 Аҟәыҕара иатәым, Иегова имаҵура аҧыжәара иамоу ухаҿы иаамгакәа, ацәыӡқәа еидухәыцлозар. Ҿырҧштәыс иаагап, уҭаацәа иузыруа аҿагылара. Иисус ҳақәиргәыҕит, иҵаҩцәа иара ишьҭаланы рҽынархар, убри азгьы рҭынхацәа рцәыӡыргьы, иреиҳау адоуҳатә ҭаацәара шдырҳауа ала (Марк 10:29, 30). Анцәахаҵара уцеиҩызшо уара уахь аешьаратә бзиабара аадырҧшып, аҧхаҵарақәа рыхгареи аҧсҭазаарахь амҩа узнуи рҟны иуцхраап (1 Пиотр 5:9). Апроблемақәеи егьырҭ ауадаҩрақәеи уриааиртә еиҧш, ҷыдала аизара аиҳабацәа ацхыраара урҭап (Иаков 5:14—16). Ари адунеи агәаанагара акәзар, иулшон ухы уазҵаар: Адунеи Зшаз дансзыразуи иалсхыз амҩа иара изаанаго агәырҕьареи ирыдыскыло исымоузеи? (Ажәамаанақәа 27:11).
АНЦӘА УҦСҬАЗААРА ИЗКРЕИ УӠӠААХРЕИ ИНАРЫҚӘЫРШӘАНЫ УШЫНХАЛАША
17. Избан аӡӡаахра амҩа анҵәамҭа акәым, аха алагамҭоуп ҳәа азхәыцра заҭахыу?
17 Даара акраҵанакуеит аӡӡаахра зынӡаск доуҳала уеизҳара ишаҵыхәтәам агәаларшәара. Ари Анцәа идикылаз имаҵуҩы, Иегова Ишаҳаҭцәа ируаӡәкыу иаҳасабала ҿҳәара змам имаҵура алагамҭоуп. Аӡӡаахра акрызҵазкуа акакәны ишыҟоугьы, уи ушеиқәхо ала агәыҕра унаҭом. Иисус имҳәаӡеит: «Аӡы зыҽӡаазхуа дарбанзаалак деиқәхоит» ҳәа (Маҭфеи 24:13). Убри аҟнытә акраҵанакуеит зегь раҧхьа иргыланы Анцәа Иаҳра аҧшаара, уи уҧсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадароу аҭыҧ азалхны (Маҭфеи 6:25—34).
18. Аӡӡаахра ашьҭахь хықәкыс ишьҭухырц иулшои?
18 Наҟ-наҟгьы Иегова имаҵ ауразы, ибзиан, адоуҳатә хықәкқәа уҿаҧхьа иқәургылалар. Убарҭ иаҧсоу ахықәкқәа ируакыуп Анцәа изкыу удыррақәа рырҵаулара, иааиҧмырҟьаӡакәа хаҭала уи Иажәа ҵауа. Гәҭакыс ишьҭых есыҽны Абиблиа аҧхьара (Ҧсалом 1:1, 2). Иааиҧмырҟьаӡакәа ақьырсиантә еиҧыларақәа рахь уныҟәала, избанзар уаҟа иуоуа аиҿцаара удоуҳатә мчқәа ирыцнаҵоит. Уара ухәҭаахьала, хықәкыс изышьҭумхрызеи аизарақәа рҿы аҭакқәа рыҟаҵара, убриалагьы Иегова ихьӡ аӡыргареи егьырҭ ргәышьҭыхреи? (Римаа рахь 1:11, 12). Иҵегь хықәкыс ишьҭухыр ауеит уныҳәарақәа рҵакы аиҕьтәра (Лука 11:2—4).
19. Иарбан ҟазшьақәоу иааурҧшырц иуцхраауа иҧшьоу адоуҳа?
19 Уӡӡаахра инақәыршәаны унхаларц уҭахызар, еснагь ухшыҩ рзушьҭлароуп ухымҩаҧгашьақәа, иҧшьоу адоуҳа абзиабара, агәырҕьара, аҭынчра, акрычҳара, аҳалалра, агәшаҭара, ахаҵара, аҟәымшәышәра, аҽынкылара уҳәа реиҧш иҟоу аҟазшьақәа уланааӡартә еиҧш, алшара аҭо (Галатаа рахь 5:22, 23; 2 Пиотр 3:11). Иухоумыршҭын: Иегова иҧшьоу идоуҳа зиҭо, уи азы иҳәо, гәыкалагьы иара изыӡырҩуа роуп (Лука 11:13; Аусқәа 5:32). Убри аҟнытә Иегова уиҳәала адоуҳа азы, насгьы Анцәа игәы иаахәо аҟазшьақәа раарҧшраҿы дуцхраарц уиашьапкла. Анцәа идоуҳа иунаҭо анапхгара шаҟа ақәҿуҭуа аҟара, уаҩы ибарҭахоит, абарҭ аҟазшьақәа уажәақәеи ухымҩаҧгашьақәеи ишырныҧшло. Ааи, ақьырсиантә еизара аҟны дарбанзаалак «иҿыцу» уаҩны аҟалара иҽазишәоит, Христос еиҳа диеиҧшхарц азы (Колоссаа рахь 3:9—14). Доусы рхатәы уадаҩрақәа рымоуп, избанзар ҳара доуҳала ҳаизҳашьақәа еиҧшым. Уара ууаҩынаӡам аҟнытә, Христос уиеиҧшхарц азы, даара ухы аџьабаа аурбароуп. Аха угәы каумыжьын ахаангьы, избанзар Анцәа имчала ҧсыхәа змам егьыҟам.
20. Анцәа имаҵураҿы Иисус уиҿыҧшларц шҧаулшо?
20 Уара удоуҳатә хықәкқәа ирылазароуп, иара убас, абри аҩыза ахықәкы — агәырҕьара аарҧшра аҟны иҵегь еиҕьны Иисус иҿыҧшра (Ауриацәа рахь 12:1—3). Уи Анцәа имаҵура бзиа ибон. Аҳра иазкыу ажәабжьҳәара аҽалархәра ҧыжәарас иумазар, ажәабжьҳәара иаҧу ҵаск иаҩызахарц алумыршан. Иисус иеиҧш, уаргьы агәахәара уоурц уҽазышәала, егьырҭ Анцәа Иаҳра закәу андурҵо. Иреиҕьӡоу Анцәа Иажәа арҵаҩы уакәхарц азы, аизараҿы иуоуа абжьгарақәа ухы иархәала. Агәра ганы уҟаз: Иегова наҟ-наҟгьы имаҵ уулартә еиҧш, амчқәа уиҭалоит (1 Коринфаа рахь 9:19—23).
21. а) Излаадыруеи, Иегова гәыкала изыҟоу, аӡы зыҽӡаазххьоу ауаа ҳаҭыр шрықәиҵо? б) Излаабозеи, Анцәа ари адунеи асистема цәгьа ақәхразы игәы иҭеикыз анынеигӡо аамҭа ҳацәынхарц азы, аӡӡаахра даара акыр шаҵанакуа?
21 Зыҧсҭазаара Анцәа изызкыз, аӡы зыҿӡаазхыз ауаҩы, гәыкала Иисус иҿыҧшра иашьҭоу, ҷыдала Анцәа изы акыр даҧсоуп. Иегова миллиардла ауаатәыҩса рыгәқәа ибоит, иагьидыруеит, абарҭ реиҧш иҟоу ауаа зынӡа ишмаҷу. Иара урҭ мазарак, «угәы ззыҳәо» акеиҧш ауп дышрыхәаҧшуа (Аггеи 2:7, АҾ). Абиблиатә ҧааимбаражәақәа излаҳдырбо ала, Анцәа урҭ ари адунеи асистема цәгьа азы игәы иҭеикыз анынеигӡо амш аан иеиқәирхарц азы, адырга риҭеит (Иезекииль 9:1—6; Малахиа 3:16, 18). Ииашаны уазнеиуама уара наӡаӡатәи аҧсҭазаара? (Аусқәа 13:48). Иуҭахӡами, Анцәа имаҵуҩык иаҳасабала адырга уоурц? Анцәа уҧсҭазаара изкреи аӡы аҽӡаахреи — абри еиҧш иҟоу адырга иахәҭакыуп, урҭ рыдагьы, ҧсыхәа ыҟам ахеиқәырхаразы.
22. «Шьарда ауаа рацәа» зықәгәыҕырц ирылшои?
22 Адунеизегьтәи аӡхыҵра ашьҭахь Нои иҭаацәеи иареи аковчег иҭыҵны, ицқьахаз адгьыл ршьапы нықәдыргылеит. Убасеиҧш иахьагьы, Анцәа изкыу адыррақәа зыҧсҭазаараҿы зхы иазырхәо, Иеговагьы илҧха зауа «шьарда ауаа рацәа» агәыҕра рымоуп, ари адунеи асистема ақәыӡаара ишацәынхо, зегь рыла ирыцқьоу адгьыл аҟны наӡаӡа ишынхало ала (Аатра 7:9, 14). Изеиҧшрахарызеи усҟан аҧсҭазаара?
ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА
Иегова игәаҧхара инақәыршәаны, иара изкыу адыррақәа ухы иаурхәарц шҧаулшо?
Аӡы аҽӡаахра аҧхьа иарбан шьаҽақәоу иҟаҵатәу?
Избан аӡӡаахра амҩа анҵәамҭа акәым, аха уи алагамҭа ауп ҳәа изыҧхьаӡоу?
Анцәа ҳаҧсҭазаара изкреи ҳаӡӡаахреи инарықәыршәаны ҳанхаларц шҧаҳалшо?
[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]
[Асахьа, адаҟьа 172]
Уара Анцәа уҧсҭазаара изукырц шугәиҭоу иоуҳәахьоума?
[Асахьақәа, адаҟьа 174]
Иуҧырхагоузеи аӡы аҽӡаахраз?