Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Уара насыҧ лаша уҧеиҧшуп!

Уара насыҧ лаша уҧеиҧшуп!

Ахы 1

Уара насыҧ лаша уҧеиҧшуп!

1, 2. Ииҭахәузеи уара узы Ҳазшаз?

 ИРҔӘҔӘАНЫ уаагәыдикылоит иузааигәоу ауаҩы. Шәыччара ҿкыуп уҩызцәеи уареи аишәа шәанеицахатәоу. Игәырҧшқагоу ахәҷқәа рыхәмарра. Агәырҕьара ҳарҭоит абарҭ реиҧш иҟоу аминуҭқәа. Аха аӡәырҩы аҧсҭазаара ирзаанагоит ҵыхәаҧҵәара змам ауадаҩра ҕәҕәақәа. Уаргьы абри аҩыза уақәшәазар — угәы каумыжьын.

2 Анцәа иҭахыуп, уара насыҧ умазарц, уагьынхаларц иреиҕьӡоу аҭагылазаашьақәа ахьыҟоу, ауаа заманақәа рыгәҭа. Ари гәыҕра мацарам. Анцәа иудигалоит насыҧ лаша зҵоу аҧеиҧш узаазыртуа ацаҧха. Ари ацаҧха ҳәа иҧхьаӡоуп адырра.

3. Иарбан дырроу анасыҧ иацаҧхоу, насгьы ҳара агәра заҳгозеи, Анцәа убри аҩыза адырра ҳаиҭарц илшоит ҳәа?

3 Зыӡбахә ҳамоу адырра ауаҩытәыҩса иҟәышра аасҭа акырӡа иеиҳауп, иҷыдоуп. Ари — «Анцәа изкыу адырроуп» (Ажәамаанақәа 2:5). 2 000 шықәса раҧхьаҟа Абиблиа зыҩуаз ашәҟәҩҩцәа руаӡәк абас иҳәеит: «Иарбанзаалак аҩны аӡәы ила иргылахоит; аха зегьы еиҿызкааз Анцәа иоуп» (Ауриацәа рахь 3:4). Уазхәыцишь, закәытә дыррақәоу имоу Зегьзшаз! Абиблиа иаҳәоит, Анцәа аеҵәақәа иҧхьаӡоит, урҭ ахьӡқәагьы риҭоит ҳәа. Ари уамашәа иубаша акоуп, ҳ-Галактика аҟны мацара шә-миллиардла аеҵәақәа шырацәоу ҳхаҿы иааҳгозар. Астрономцәа изларҳәо акәзар, иҟоуп шә-миллиардк инарзынаҧшуа агалактикақәа (Ҧсалом 146:4). Анцәа, иара убас, ҳара ҳганахьала зегьы идыруеит; дарбан убри аҟнытә изылшарыз еиҳа инхарҭәааны есыҽны иҳазцәырҵуа ҳазҵаарақәа рҭак аҟаҵара? (Маҭфеи 10:30).

4. Анцәа иҟынтә анапхгара ҳақәгәыҕырц зҳалшои, иарбан шәҟәу абри аҩыза анапхгарагьы ҳазҭо?

4 Ухаҿы иааг змашьынақәа ирыгыу ҟазҵо ҩыџьа ахацәа. Иҧҽыз акы аҧыхра азы агәыҕра аницәыӡ, урҭ руаӡәы ашырҳәа имаҭәахәқәа наҟ инкаиршәуеит. Егьи дмыццакӡакәа аҧхасҭа ирҽеиуеит, амашьына аусыруга ацаҧха ирҵәиуеит, аччаҧшьгьы неиҿықәлоит — арныҟәага аус ауит, ибзиангьы еиқәшәоуп. Аилкаара уадаҩым, рыуа дарбаныз иҭзыжьуа азауад ирынаҭаз аексплуатациа азы анапхгара змаз. Иҟәшраӡами, Анцәагьы убасеиҧш ҳаҧсҭазааразы анапхгара ҳаиҭоит ҳәа ҳҳәар? Иҟалап, иудыруазар, Абиблиа ишаҳәо еиҧш, Ҳазшаз инапхгареи уи изкыу адырреи ртәы ахьану шәҟәыс иҟоу иара ахаҭа шакәу (2 Тимофеи иахь 3:16).

5. Изыҧсоузеи Абиблиа иагәылоу адыррақәа?

5 Абиблиа иаҳәо иашазар, уазхәыц, зыхә ҳараку шаҟа дырра уи иагәылоу! Ажәамаанақәа 2:1—5 рҟны Абиблиа ҳгәазыҟанаҵоит аҟәшра аҧшаара, ихәыҵажу амазарақәа шырыҧшаауа еиҧшҵәҟьа,— ауаатәыҩса ргәаанагарақәа «рыдгьыл» аҟны акәмкәуа, Анцәа Иажәа аҟны. Ҳара Абиблиа аҟны ҳаҧшаауазар, усҟан, хымҧада, «иҳаҧшаауеит Анцәа изкыу адырра». Анцәа ҳалшарақәа шмаҷу, иара убас, ҭахрақәас иҳамоу заҟа идыруа аҟара, уи ҳамҩақәиҵоит иҭынчу, насыҧ лаша зҵоу аҧсҭазаара аныҟәгараҿы дҳацхрааларц (Ҧсалом 102:14; Исаиа 48:17). Уи адагьы, Анцәа изкыу адырра уаҩы иднагалоит угәы зырхыҭхыҭуа ажәабжь бзиа.

НАӠАӠАТӘИ АҦСҬАЗААРА!

6. Анцәа изкыу адырра аганахьала Иисус ауаа зықәиргәыҕзеи?

6 Иисус Христос, ҭоурыхла ибзианы иеицырдыруа, еилфаҷа дахцәажәеит абри аганахьала Анцәа изкыу адырра. Уи иҳәеит: «Наӡаӡатәи ҧсҭазаарас иҟоу, Уара — Иаӡәкыу Анцәа иаша — удырреи Уара Иааушьҭыз Иисус Христос идырреи роуп» (Иоанн 17:3, Аиҭага Ҿыц аҧсышәала). Уазхәыци,— ари адырра наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь унанагоит!

7. Иарбан изырҵабыргуа, Анцәа ҳара ҳаҧсларц шиҭахымыз?

7 Наӡаӡатәи аҧсҭазаара иҟамлаша гәыҕрак еиҧш иҧхьаӡаны мап ацәкра уахымццакын. Уи ацынхәрас, уахәаҧш, ҿырҧштәыс иаагозар, Анцәа ауаҩы деибыҭаны дшишаз. Иара иҟны зегьы уамашәа еидхәыцлоуп, абасала ҳара ҳлымҳақәа ираҳауеит, ҳаблақәа ирбоит, агьама еилаҳкаауеит, ҳафҩысҳауеит, акьысрагьы ҳныруеит. Адгьылаҿы убысҟак ирацәоуп ҳцәанырратә органқәа ирыбзоураны агәырҕьара ҳазҭо: афатә хаа, бжьыла еиқәшәоу аҵарақәа рашәаҳәабжь, зыфҩы лаҳалаҳауа ашәҭқәа, исахьаркыу апеизажқәа, угәы иаахәаша аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа! Абарҭқәа зегьы ҳрылаҭхаџьларц ҳалшоит иџьашьахәу ҳахшыбаҩ иабзоураны. Уи иарбанзаалак зхаҭабзиара ҳаракыу акомпиутер аасҭа акырӡа иеиҳауп. Нас, угәы иаанагома, Ҳазшаз ҳара ҳаҧсыр, нас абарҭ зегьы ҳцәыӡыр иҭахыуп ҳәа? Еиҳа иҟәшраӡами иара наӡаӡа насыҧ ҳаманы ҳанхалозарц иҭахыуп ҳәа алкаа аҟаҵара? Уажәшьҭа иубоит, Анцәа изкыу адырра уара узы иаанаго.

ЏЬАНАҬ АҾЫ АҦСҬАЗААРА

8. Иаҳәозеи Абиблиа ауаатәыҩса рҧеиҧш азы?

8 Абиблиа адгьыли ауаатәыҩсеи рҧеиҧш иазкны иаҳәо ажәакала иуҳәар ауеит: Џьанаҭ! Абри акәын Иисус Христос зыӡбахә имаз, аҧсра иаҿыз аӡәы ианиеиҳәоз: «Џьанаҭ усыцҟалоит» (Лука 23:43). Џьанаҭ ақәыргәыҕра, хымҧада, уи ауаҩы игәаланаршәеит ҳара ҳазхылҵыз, Адами Евеи, насыҧ згымыз рынхарҭаҭыҧ. Анцәа урҭ аниша, иуаанаӡақәан, иагьынхон Изшаз ирызирхиаз, апарк иеиҧшыз абаҳчаҿы. Иақәнагаҵәҟьаны уи хьӡыс иаиуит Едемтәи абаҳча, «абаҳча гәыҟаҵага» ҳәа ҵакыс измоу.

9. Изеиҧшрази џьанаҭ аҿы аҧсҭазаара?

9 Шаҟа иссирыз ари абаҳча! Ари џьанаҭ хаҭа акәын. Ибыбышӡа иҟаз аиаҵәара агәҭа ирызҳауан ашәырҵлақәа, иуҿаӡыҭуаз ашәырқәа зҿалоз. Адами Евеи иҭырҵаауан рыдгьылқәа, иржәуан ихааз, ицқьакәакәараӡа иҟаз аӡы, иагьырҭаауан ашәырҵлақәа — урҭ ауадаҩ иалазҵашаз, иагьзыршәашаз акы ыҟамызт. Аҧстәқәаҵәҟьагьы изаҟаразаалак ҧырхага рырҭомызт, Анцәа Адами Евеи ирыдиҵеит урҭ бзиабарала ирхылаҧшларц. Уи инаҷыданы, раҧхьатәи ҩыџьауаа ирыман агәабзиара замана. Дара Анцәа изыӡырҩуанаҵы, раҧхьаҟа ирзыҧшын насыҧ лаша зҵаз наӡаӡатәи аҧсҭазаара. Урҭ рнапы ианҵан зегь реиҳа аинтерес зҵаз аус — иҟаимаҭыз рыџьанаҭ-ҩны иахылаҧшларц. Анцәа Адами Евеи ирыдиҵеит: «Иқәшәырҭәаа адгьыл, иагьшәымаз иара». Урҭ ирхылҵшази дареи џьанаҭ аҳәаақәа дырҭбаалар акәын, апланета зегьы аҧшӡареи аџьашьахәи ирҭыҧны иҟалаанӡа (Аҟазаара 1:28).

10. Иисус зыӡбахә имази, Џьанаҭ атәы даналацәажәоз?

10 Аха Иисус џьанаҭ аӡбахә аниҳәоз, уи аҧсра иаҿыз ауаҩы наҟ хара иҳаҩсхьоу амшқәа раантәи ахҭысқәа рахь дхьеирҧшырц иҽазишәомызт. Иисус иҟалаша атәы акәын дызлацәажәоз! Иара идыруан, иаҳзеиҧшу ҳадгьыл-ҩны мышкы-зны ишџьанаҭхоз. Анцәа, абасала, инеигӡоит ауаатәыҩсеи адгьыли рзы аханатә аахыс имаз игәҭакы (Исаиа 55:10, 11). Џьанаҭ еиҭашьақәыргылахоит! Изеиҧшрахарызеишь уи? Ари азҵаара аҭак аҭара иақәиҭаҳтәып Анцәа Иажәа, Абиблиа.

ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАХО ЏЬАНАҬ АҾЫ АҦСҬАЗААРА

11. Ирыхьраны иҟоузеи ачымазарақәеи, ажәреи, аҧсреи еиҭашьақәыргылахо џьанаҭ аҿы?

11 Уаҳа иҟалаӡом ачымазарақәеи, ажәреи, аҧсреи. «Усҟан иаахтышт алашәцәа рыблақәа, адагәацәагьы рлымҳақәа ираҳашт. Усҟан ацыркь дҩаҵҟьашт, абынҽа еиҧш, аҿаҳагьы ибыз шәаҳәалашт» (Исаиа 35:5, 6). «Анцәа Ихаҭагьы урҭ [ауаатәыҩса] дрыцҟазаауеит... Иагьирыцқьоит Анцәа урҭ рылабжышқәа, аҧсрагьы уаҳа иҟалом; аҵәыуарагьы, аҳәҳәарагьы, ачымазарагьы уаҳа иҟалаӡом; избанзар ииасхьеит ажәытәра» (Аартра 21:3, 4).

12. Избан ҳара агәра заҳго, наҟ-наҟ иҟалаша џьанаҭ аҿы ацәгьоурақәеи, амчымхареи, ацәгьеи ҟалаӡом ҳәа?

12 Наӡаӡа иаҟуҵуеит ацәгьаурақәеи, амчымхареи, ацәгьеи. «Ацәгьа ҟазҵо нырҵәахоит... Даҽа маҷк ауп, нас ахәымгагьы диаӡаауеит; уанынаҧшлак... дыҟаӡам. Иҧагьақәам адгьыл рзынхоит» (Ҧсалом 36:9—11). «Азакәандацәа адгьыл иқәӡаауеит, ақәылаҩцәагьы уа рдацҧашә аанхарым» (Ажәамаанақәа 2:22).

13. Анцәа ишҧашьақәиргылои аҭынчра?

13 Адгьыл зегьы аҟны аҳра аулоит аҭынчра. Анцәа «адунеи анаӡаранӡа аибашьрақәа аанкылауа, ирхәашеит ахыц, иагьҧиҵәеит аҧса» (Ҧсалом 45:10). «Дышәҭыкакаҷуеит ақьиа, иагьыҟазаауеит аҭынчра нагӡа, амза алашара ацәыӡаанӡа» (Ҧсалом 71:7).

14, 15. Иаҳәозеи Абиблиаҿы еиҭашьақәыргылахо Џьанаҭ аҿы анхарҭеи, аусуреи, афатәи ирызкны?

14 Иҟалоит анхарҭа бзиеи угәы иаахәаша аусуреи. «Иагьдыргылоит аҩнқәа, иагьынхалоит уаҟа... Идыргылаӡом, даҽаӡәы дынхаларацы, еиҭарҳалаӡом, даҽаӡәы ифаларацы; избанзар Сыжәлар ақәра ду рымазаауеит, аҵла ақәра ду шамоу еиҧш, Сара иалсхқәазгьы акыраамҭа рхы иадырхәалоит рнаплыхқәа. Баша аџьа рбалаӡом, иагьырхылҵлом ахшаара агәрҩазы» (Исаиа 65:21—23).

15 Иҟалоит ибарақьаҭха иухаҳауа афатә. «Ибарақьаҭхоит ача адгьылаҿы, ашьхара ақәцәаҿы» (Ҧсалом 71:16). «Адгьыл иҳанаҭеит аҽаҩра: даҳзылҧхааит Анцәа, ҳара ҳ-Анцәа» (Ҧсалом 66:7).

16. Избан изгәыҟаҵагахо Џьанаҭ аҿы аҧсҭазаара?

16 Наӡаӡатәи аҧсҭазаара адгьыл џьанаҭаҿы игәыҟаҵагахоит. «Ауаа қьиақәа адгьыл рзынхоит, иагьықәынхалоит уи наӡаӡа» (Ҧсалом 36:29). «Илахҿыххашт ацәҳәыреи адгьыл шабеи, иагьгәырҕьашт уаҩы дахьықәнымхо атәылагьы, иагьышәҭышт нарциссшәа» (Исаиа 35:1).

АДЫРРЕИ ҦХЬАҞАТӘИ УҦЕИҦШИ

17. а) Иҟауҵарц иухәҭоузеи, Џьанаҭ аҿы унхаларц уҭахызар? б) Иабантәаадыруеи, Анцәа адгьылаҿы шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа мҩаҧигарц шигәиҭоу?

17 Уара Џьанаҭ аҿы унхаларц уҭахызар, Анцәа изкыу адыррақәа риураҿы акгьы уҧырхагамхароуп. Анцәа ауаа бзиа ибоит, дагьацхраауеит адгьыл џьанаҭны аҟаҵара. Насгьы, адунеиаҿы иҟоу агәаҟрақәеи азалымдарақәеи зегьы рҵыхәа ҧуҵәартә еиҧш амчра унапаҿы иҟазҭгьы, иҟаумҵаӡарызеи уара убри аҩыза? Уи азы Анцәа ҳиқәгәыҕыр ҳахәҭаӡами? Абиблиа иаахтны иаҳәоит Анцәа аиҿыхарақәа еимыржәжәауа ари адунеи анықәихуа, насгьы уи инаӡоу, ииашоу еиҳабырала ианиҧсахуа аамҭа атәы (Даниил 2:44). Аха Абиблиа уи атәы мацара акәым иаҳәо. Уи иааиуа ақәӡаара ишацәынхатәуи Анцәа ҳзықәиргәыҕыз адунеи ҿыц аҿы ишынхатәуи ҳаилнаркаауеит (2 Пиотр 3:13; 1 Иоанн 2:17).

18. Анцәа изкыу адырра иара уажәгьы уҧсҭазаара ианыҧшырц шҧалшои?

18 Анцәа изкыу адырра ухәарҭахарц алшоит иара уажәгьы. Абиблиаҿы иҟоуп зегь реиҳа иҵаулоу, ихьухьууа ҳгәы иҵоу, ҳаҧсҭазаара иадҳәалоу азҵаарақәа рҭакқәа. Уара уи анапхгара удукылар, усҟан Анцәа уиҩызахарц улшоит. Ари иаанаго аҧыжәара ду амазаароуп! Уара угәаҵаҿы иҟалоит аҭынчра, уи узҭарц зылшо Анцәа заҵәык иоуп (Римаа рахь 15:13, 33). Абарҭқәа зегьы еилукаарц уӡбазар, уара уҧсҭазаараҿы зегь реиҳа акрызҵазкуа, иаҧсоу аус уҽазукит. Уара ахаан уахьхәраны уҟаӡам, наӡаӡатәи аҧсҭазаарахь уназго Анцәа изкыу адырра урҳарц ахьуҭаххаз.

19. Иарбан зҵаароу еилыргахо анаҩстәи ахы аҟны?

19 Ҳара Абиблиа ҳхы азаҳашьҭуеит, избанзар уаҟоуп иахьыҵәахыу Анцәа изкыу адыррақәа. Аха иабантәаадыруеи, ари ауаҩы иҟәшра иатәу баша шәҟәык шакәым? Ари азҵаара еилҳаргап анаҩстәи ахы аҟны.

ИҦЫШӘА УДЫРРАҚӘА

Избан Анцәа изкыу адырра наӡаӡатәи анасыҧ ахь унанагарц залшо?

Изеиҧшрахарызеи иааираны иҟоу адгьыл Џьанаҭ аҿы аҧсҭазаара?

Излаухәарҭоузеи Анцәа изкыу адырра иара уажәгьы?

[Аҵаразы иҟоу азҵаарақәа]